Аԥсны

Аԥсны ахьчаразы игылаз уралтәи аҭыԥҳа: аибашьра аветеран Надежда Исаева лгәалашәарақәа

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ахымца иаҿагылаз ҳаибашьцәа инарывагылаз аурыс ҭыԥҳа, аибашьра иалагаанӡа Аԥсны ԥсшьара ҳәа иааз, аха ари адгьыл зыԥсы алаханы нхара ҳәа иаангылаз Надежда Исаева илызкуп Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа иахьатәи ланҵамҭа.
Sputnik
"Уамакгьы бзиа избаӡом иаҳхаагаз аибашьра азыхынҳәра, избанзар аибашьреи ахшара иԥсреи иреицәоу акгьы ыҟаӡам аԥсҭазаараҿы", - лҳәоит абарҭ аҩбагьы зхызгаз Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Надежда Исаева.
Акыраамҭа сазыԥшын Надиа лыҿцәажәара, лгәамбзиара, насгьы аҽыхәшәтәразы дахьиз Екатеринбургҟа лцара уҳәа иахҟьаны аамҭа акыр цеит. Уажәы даназаазга, лара илыдҳәаланы издыруаз шмаҷызгьы ааилсыргеит.

Ираҳаҭу адгьыл

"Исхашҭқәазгьы ыҟоуп, аха зегь акоуп иҟоуп сыхшыҩ игәынкыланы иамоу", - ҳәа лнысымҩа иазку аҭоурых цәырылгеит Надиа. Аԥсны аибашьра иалагаанӡа лара лыԥсҭазаара амузыка иадҳәалан, дынхон Агәыӡера.
"Сҩызцәеи сареи уа зегьы ҳардыруан, избанзар агәырӷьаратә хәылԥазқәа зегь ҳрылахәын. Амузыкатә-хореографиатә еилазаара сахыԥхьаӡалан. Уи аҳаблаҿ еиҳарак ақырҭқәа ракәын иҟаз. Русҭавели ихьӡ зхыз аилазаара рыман дара. Даара анационализм ззырҳәо рҿықәыҳәҳәы иҟан", - лҳәоит Исаева, урҭ аамҭақәа дрызхьаԥшуа.
Надежда Исаева
Ԥшреи сахьалеи анцәа ссирла иичаԥаз Надежда Уралтәиуп, диит Екатеринбург. Дшыхәыҷӡаз диаҭымхеит, лаҳәшьеиҳаб лакәын дзықәгәыӷуа илымаз. Надиа илҭахын атеатртә институт дҭаларц, аха лыуацәа лыдымгылеит азын, амедицинатә институт ахь дцет. Аветеран Исаева ишылҳәо ала 4-тәи акурс аныхлыркәша ашьҭахь, ԥсшьара Аԥсныҟа ааԥхьара лиҭеит лҩызак. 1979 шықәсазы Аԥсны дааит 21 шықәса зхыҵуаз аҭыԥҳа. Уи акәхеит, лара иаразнак еилылкааит ари адгьыл лара лзы ишраҳаҭу.

"Сшьапы аннықәсыргыла, сыԥсы алахеит Аԥсны. Сара даара исҭахын схала сыԥсҭазааратә мҩа шьақәсыргыларц. Аԥсны саналаԥш, абри сара истәу дунеины ишыҟоу еилыскааит. Ауаа сгәаԥхеит, аҳаҭырқәҵара, агәыҭбаара рнубаалон. Сыԥсшьара аамҭа нҵәеит, аха агьежьра сҭахымхеит Екатеринбургҟа. Сиаҭымымзи, сыҩны-сгәара акгьы ыҟамызт уаҟагьы. Баангыл рҳәеит сзыднагалаз амузыкантцәа, сагьшәон, аха саангылеит", - лҳәеит амедицинатә институт ааныжьны Аԥсны нхарҭа ҭыԥс ишьҭызхыз Исаева.

Агәыӡера аҳабла

Анаҩс Надиа илгәалалыршәеит Агәыӡера лыблала ишылбахьаз ақырҭуа политика иарҿиоз ахҭыс хьанҭақәа.
"1989 шықәсазы аилаҩеиласрақәа аныҟазгьы, аԥсуаа срыдгыланы ацхыраара ҟасҵон. Агәыӡера аԥсуаа маҷымзи, ақырҭқәа агрессиа ду аадырԥшуан. Убарҭ ахҭысқәа аныҟаз зҭагылазаашьа уадаҩхаз ауаа ралгаразы исылшоз ҟасҵеит. Агәыӡерантәи шьапыла сааит "Аидгылара" аофис ахьыҟаз Сергеи Шамба иҿы. Амҩан ақырҭқәа аума ҟарҵон, апостқәа еиҿкааны ирыман. Амашьынақәа сыцырҵеит, убарҭ рыла иалызгеит Очамчыраҟа ацара зҭахыз ҳуааԥсыра. Изхысҳәаауа, ақырҭқәа сара спозициа рдыруан. Аибашьрахь сцарагьы Аԥсны ашҟа исымаз абзиабара иахҟьеит сҳәар сылшоит", - абас дхәыцуеит Надежда.
Шықәсқәак рнаҩс Надиа аҭаацәара далалеит, длааӡон Виктор захьӡыз аҷкәын, аха лыԥшәмеи лареи рымҩақәа хазхеит. Арҿиаратә коллектив аҿы аҟазаара адагьы, Надиа аус луан аԥсшьарҭаҩны "Агәыӡера" аҿы.
"Уа аҩызцәа бзиақәа соуит - Валери Логәуа, Леуарса Кациа, Сергеи Габуниа, Раиа Саманџьиа. Абарҭ реиԥш иҟаз аԥсуаа схы агәра зго сҟарҵеит. Саҳәшьа илҭахын сгьежьырц аҩныҟа. Бҵара балга лҳәеит, аха сақәшаҳаҭымхеит. Избан Аԥсны бзиа изызбаз? Исгәалашәом знык иадамзаргьы аӡә сгәы нирханы. Бзиабарамзар акгьы сныруамызт аԥсуаа рҟынтәи ", - лҳәоит аветеран.
Надежда Исаева
Надежда лажәақәа рыла, Агәыӡера иҟаз аԥсуа гвардиа ахаҭарнакцәеи лареи аимадареи аиҩызареи рыбжьан. Аршба Владимир ибзиаӡаны дылдыруан.
"Аибашьра ианалага, схәыҷы Агәыӡера апионер лагерь аҿы дыҟан. Сҩыза исалҳәеит баала бхәыҷы даҳгап, аусқәа ҽеим ҳәа. Ҳцан ахәыҷы даҳгеит. Сҩыза ла лахь сналгеит ишәарҭан азы. Ҳара зегь азеиԥшынхарҭаҿы ҳанхон. Ҳҿаԥхьаҵәҟьа ақырҭуа дыҩнан. Ус, амашьынақәа хагахан иалалеит аҳабла. Сышә асра иалагеит. Ларгьы лышә иасит, бгәыла дабаҟоу ҳәа. Ақыҭахь дцеит лҳәеит. Абри аԥсуа гвардиа иалаз ахьысҩызцәаз акәзар ҟалап изсышьҭаз. Рҽеилыхны абнауаа рсахьа рыманы ақырҭқәа ҳалагьежьуан. Нас ҳҭыԥ ҳаԥсахит, даҽа уадак ахь ҳаиасит. Акырынтә сышә иасхьан. Сдокументқәа акгьы сыздәылымгеит суада. Нас, Наташа Филонова ҳәа иаҳдыруаз аӡә дыҟан, уахынла уахь сыргеит. Адырҩаҽны суада ԥырҽит. Убри ашьҭахь аҽеидкылара ҳалагеит Агәыӡера алҵразы. Ашьыжь шаанӡа ҳдәықәлеит. Ауха ақырҭуа гвардиауаа иржәуазар акәхарын, ҳаналҵуаз ҳрызгәамҭеит. Сҩыза илулак спаспорт сзаалгеит", - абас илгәалашәоит аибашьра раԥхьатәи амшқәа Исаева.

Еиҳа ихәарҭоу аус

Уралтәи аҭыԥҳа хықәкыс илыман лыҷқәын хәыҷы лаҳәшьа лахь дганы арахь ахынҳәра. Амҩа дықәлеит лыҩныҟа. Сара схәыцуеит, заҟа бзиа илбозар акәыз аурыс ҭыԥҳа Аԥсны, лхәыҷы заҵәы хара дааныжьны афронт ахь дцаразы?! Лаҳәшьа дшылхьынҳалазгьы, лхәыҷы уа дааныжьны Надиа Москваҟа дԥыруеит, уантәи Шәачаҟа, нас мшынла Гәдоуҭа дазкылсуеит.
"Сҩыза бзиак дышҭахаз саҳаит санааиҵәҟьа. Уи акыр сшьара сықәнарҟьеит. Гәдоуҭа дысԥылеит Владимир Аршба дзыхьчоз, уи Атәылахьчара аминистррахь сигеит. Маӡалатәи аҟәшаҿы аусура салагеит. Аха сҭыԥ сакуамызт, исҭахын еиҳа ихәарҭоу аус сазцарц. Анаҩс, Лев Ачба иахь снанагеит еиҭаҵуа амедицинатә цхыраара садҳәалан, аха сара сгәы сыхон афронтҵәҟьахь. "Шьараҭын" ҳәа агәыԥ еиҿыркаауеит ҳәа ансаҳа, убрахь сцеит. Руслан Кәылаа дҳаман командирс. Ҳҽазыҟаҳҵон ӷәӷәала. Закә ҷкәынцәазеи уи иалаз!" - абас леибашьратә мҩа дазкылсуеит Надиа.
Надежда Исаева
Зегь реиҳа ихьанҭоу, хашҭшьа змам еибашьратә хҭысны лара иалылкаауеит иқәҿиарамхаз Марттәи ажәылара. Абар Надиа илҳәо:
"Марттәи ажәылара хашҭшьа сымам. Зны ҳдәықәлеит, нас ҳдыргьежьит. Нас еиҭа шәца рҳәеит. Амза 16 рзы ианша, ухы узышьҭымхуа иҳалахысуан. Џьоукы Ешыра лбааҟа ирышьҭит, ҳара хыхь Гәымсҭатәи ацҳа аганахь. Уи ҳаназааигәаха, ақырҭқәа ирџьбараны иаҳгәыдырҵеит ахқәа. Шьынқәба ҷкәынак дҭахеит убасҟан. Даҳзалгомызт акыраамҭа. Ацаҟьа ҳҽадаҳҵеит, избанзар ахқәа унарышьҭуамызт дахьыҟаз. Ус артҟәацгақәа иаддырԥаз хаҳә дук шааиуаз сшьапы иаахеит. Сшьапы аасыҵшьуа, ахқәа схыҟьҟьаны ицо саақәхеит. Ацҳа ҳазааигәаан зынӡа. Царҭа ҳамамызт. Ҳахьцоз ҳзымдыруа ҳакҿахеит. Марттәи ажәылара зегь реиҳа иқәҿиарамыз, еиҿкаамыз акәны исыԥхьаӡоит. Инга Жьиба аконтузиа лоузар ҟалап, атрасса данылеит. Уи анызба, саргьы сгылеит. Кан Кәарҷиа сшьапы сыҵшьуа саниба, дсыцхрааит. Ус Зарандиа ҷкәынак, Џьон иашьа иоуп, сымҩашьозар, амҩаду дыхәны дшаныз ҳбеит. Убри далгатәын. "Шьараҭын" иалаз хаҵак уи аҷкәын данышьҭих, избеит иҷаҷақәа кыдышәшәан ишыҟаз. Амҩа данаҳгеит иаҳаулак. Агәыр изыҟасҵеит ахьаартәага. Нас, илақәа ааиртын, снапы ааникылан, "сара сшеиқәхо здыруеит" иҳәеит, аха агоспиталь аҟынӡа дрызнамгаӡеит. Ари сара сшьара сықәзырҟьаз раԥхьатәи ԥсыҭбаран. Нас, ҳгьежьын инхаз ахәцәа ралгара ҳалагеит. Убри ҳшаҿыз илашьцеит. Ашамҭазшәа аҵыхәтәантәи ахәы далаҳган, агоспиталь ахь дсышьҭит. Схаҭа саналҵуаз, сшьапы сзықәымгыло иҟалеит. Дырҩагьых Кан Кәарҷиа сарҭмаҟ сымихын, дсыцхрааны салигеит. Ацаҟьа аҭӡамц ҳҽадҵаны ҳнеиуан. Аӡӷабцәа ҿырҭуан быҩ ҳәа. Аха сызлаҩуаз? Кан сымахцә санкны салигеит, мамзар схала алҵшьа сымамызт", - абас ихлыркәшоит Надиа марттәи ахҭысқәа ирызку лажәабжь.
Аԥсны
Ҳара ҳаҟоуп, дара ҭахеит: Вика Жьиба лгәалашәарақәа

Мрагыларатәи афронт ахь

Исаева ишеиҭалҳәо ала, дук мырҵыкәа "Шьараҭын" иалаз гәыԥҩык Гена Кәыҵниа, Руслан Киут уҳәа рџьаԥҳаны рыманы Мрагыларатәи афронт ахь идәықәларц рыӡбеит.
"Сара абарҭ срыццарц иақәыскит. Авертолиот ааигәара сышгылаз, Инга Жьибагьы днеит. Лара ақырҭқәа знык дрытҟәахьан, аха еиҭах даангыломызт. Аибашьраҿы ихадоуп узцу ауаа зеиԥшроу. Лареи сареи еснагь ҳаицын. Уи дфырԥҳәызбоуп ҳәа лзысҳәарц сылшоит. Ҳцоит ҳҳәеит, аха аҷкәынцәа ҳаргарц рҭахӡамызт, аԥырра шәарҭан азы. Ҳара авертолиот абарбалқәа ҳархьынҳалеит. Нас, иҟарҵоз, хыхь "зҟәыдыршьшьыга" гьежьуаз авертолиот амч аадыркәадан ҳашьҭырхит", - еиҭалҳәоит Надиа Мрагыларахь лхы шлырхаз.
Еибга-изҩыда Тҟәарчал инеит Надиа лҩызцәеи лареи. Чачхалиа ихьӡ зху амҩаду аҿы ҭаацәарак рҿы инеит.
"Уаанӡа снеихьан Тҟәарчал. Уа даара згәы ҭбаау ауаа нхоит ҳәа исшьон. Аха аибашьра аамҭазы сышрыдыркылаз зынӡа сыхнахит. Мимоза Кәыҵниа-Шьоууа лыҩны ҳнанагеит (лара ковид иахҟьаны лдунеи лыԥсаххьеит). Ҳлыдылкылеит уаҳа наҭахымкәа, краҳҿалҵеит, краҳлыржәит. Ҳанцоз Оҭар Осиа агоспиталь аҿы иаҳҭахыз зегь ҳаиҭеит. Аршба урыстәылатәи ар рформа ҿыц ҳамҭас исиҭан, исшәын. Ауаа ус ргәы иаанагеит Урыстәылантәи хатәгәаԥхарала саазшәа. Нас Ԥақәашь ҳрышьҭит", - абас иалагеит Мрагыларатәи афронт аҿы Надиа лыҟазаара.
Аԥсны
"Аиааира шаҳгоз азы агәыӷра ҳаман": Аида Чачхалиаԥҳа лгәалашәарақәа
Ари ақыҭа "Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ аҭатәуп лҳәоит аветеран лажәа иалаҵаны. Надиа ишылгәалашәо ала, уи уахи-ҽни иалахысуан ақырҭқәа зуахкы уҭаху бџьарла. Уа лара лҩыза Омар Ҳашба командаҟаҵаҩыс дыҟан.
"Омар саниба, бара беилагоуп, арахь бзааи иҳәеит. Сара еилыскааит ара сышхәарҭахо сҳәеит. Дгәымшәан Омар, аиашазы. Аказармаҿ ҳаштәаз ахқәа алыҟьҟа ицон, убас ишәарҭан уа аҟазаара. Инга дсыцын еснагь. Апозициақәа рахь ҳцон. "Быҽкажь", - аниҳәалакгьы Омар, сформа ҟьашьыр ҳәа сшәахуан. "Биа, ихысуеит", - ҳәа дсықәымчуан нас. Зны шьыжь шаанӡа ԥшыхәра ҳцон. Ақырҭқәа зынӡа иааигәаны итәан. Омар сигарц иҭахӡамызт, аха исымуит. Уи аҽны ҳа ҳтәқәа ҳарзымдырӡакәа иҳаихсырц акгьы ҳагымхеит. Нас даҽа позициак агәаҭара ҳдәықәлеит Малыш (Ҭамаз) Џьапуа дҳацны. Ҳаԥшын, атанк ҳгәанаҭеит. Ихысит, аха ҳара ҳаԥсы ҳгеит уанӡа. Атанк иҭнарбыбыз анышә еилыршәшәа ҳақәнаԥсеит ауп, аԥсра ҳахыԥеит уи аҽны", - абас лҳәоит ԥақәашьтәи асахьақәа аарԥшуа аветеран.
Аԥсны
Аџьар зныз абираҟ шкәакәа: аветеранцәа Марина Бжьаниеи Лариса Ҳаџьымбеи рҭоурых

3-тәи аполк амедицинатә маҵзура

Ԥыҭраамҭак ашьҭахь Лаврик Амқәаб хадара ззиуаз аполк ахь Тҟәарчалҟа дрышьҭит Исаева. Лара уаҟа 3-тәи аполк амедицинатә маҵзура ахада ихаҭыԥуаҩс аус лзалырхит.
"Даара игәымшәоу уаҩуп сҳәар сылшоит Лаврик. Иҭынчра мыч дук алан. Уи уицны зехьынџьара уцар улшон, убысҟак уиқәгәыӷуа дыҟан. Ҽнак Бедиа аганахь ихалатәын, усҟан уа иалахысуан цәгьала. Аплен ҳақәшәарц акгьы ҳагымхеит. Инга Жьиба усҟан Дима Амқәаб игәыԥ ахь дцахьан. Дали Шьакаиа дҳацны Бедиа ҳхалеит. Иҳамбаӡакәа ақырҭқәа ҳарҿашәарц аԥсык ҳагхеит. Убасҟан чечен ҷкәынак дҭахеит. Дыԥшӡан ачечен ҷкәын цәгьала, дқәыԥшӡан, игәыҵәҟьа иақәшәеит ахы. Ҳҳәазо ахәцәа ҳаманы албаара ҳалагеит, атанк ҳгәанаҭан, иҳашьклахысит уи аамҭаз, аха иаҳмаахеит. Иара убас, гәыԥтәи арԥыс Даур Агрба ихәдаџьал иақәшәеит ахы. Агәыр иласҵеит, игәы сырӷәӷәеит. Тҟәарчал агоспитальнӡа иԥсы ҭан, шәицхраа, шәицхраа ҳәа сыҳәҳәон, аха иамуит, илацәақәа хиҩеит наӡаӡа. Сара сқьызқьызуа сҵәыуон. Убас сҵәыуон, сӷьазкны сыцәеит Мимоза лҿы саннеи.
Надежда Исаевеи Сулико (Дали) Шьакаиеи

Владислав Арӡынба

Амедицинатә маҵзуара иахылаԥшуаз лаҳасабала Надиа аҵыхәтәантәи ажәылара аԥхьа, аинаалара аныҟаз, Тҟәарчалынтәи Гәдоуҭаҟа дыԥрит амедикаментқәа уҳәа афронт иагыз аалгаразы.
"Арӡынба дахьыҟаз аҩны аԥхьа сиасны сышцоз, урыстәылаа рыр рформа сышәҵаны саниба, агәашә илагылаз ахылаԥшҩы сықәҿиҭит. Сазусҭази сзышьҭази анеиликаа, Владислав иахь снеигеит. 10-ҟа минуҭ ҳаицәажәеит. Исҭахыз сҳәеит. Машәыршәа снанагеит уҳәар ауеит. Раԥхьаӡа акәны абас дааигәаны дызбеит. Владислав дызбаз дигәамԥхар ауӡомызт, убас гәыкырак иҵан. Адырҩаҽны сызлаԥыруаз авертолиот ахь исҭахыз зегь наргеит, иара убас, ҷыдала Арӡынба имҭаны атапанча", - ҳәа еиҭалҳәоит аветеран ар рхадеи лареи реиқәшәара иадҳәалоу ахҭыс.
Владислав Арӡынба иажәеи иаамҭеи

Еснагь аграната сыцын

Надежда Исаева дрылахәын Мрагыларатәи афронт аҿы имҩаԥысуаз ахҭысқәа зегьы. Иультәи Тамшьтәи арратә операциаҿы ахәцәа рацәаӡан лҳәоит лара. Уа ааигәа ҩнык рыԥшааан, иалыргоз аԥхьа уахь инаргон, анаҩс - џьгьардатәи агоспиталь ахь. Аҵыхәтәантәи ажәылара акәзар, Надиа дызлаз агәыԥ Кәыдры аганахь ирышьҭит. Зеиԥш ҟамло акгьы ыҟам, ацҳа ԥжәатәхар, инарыгӡар акәын.
"Сара еснагь аграната сыцын. Сытҟәаны срымгароуп сҳәон. Уи ҟалашьа змамыз акәын са сзы. Иҳаздырӡомызт ацхыраара ҳауоу иаҳмоуоу Кәыдры аганахь ҳанцоз - аԥсҭазаара амҩа Ахалдаба ҳаналсуаз. Уахынлан. Ишеит амҩа ҳшаныз, уи дара ишәарҭан, ҳҭадырхар алшон. Славик Сангәлиа ча ҿаҵақәак ҳзааиган, убри ҳнацҳаит. Ашьҭахь иара дҭахеит... Уарчантәи ихысит, ишысгәалашәо ала. Уа аԥсуа гәыԥқәа маҷымкәа иҟан. Нас, ҳтанк "Тигр" абжьы ҳаҳаит. Иаҳдыруан Аҟәантәи ажәылара шцоз. Ахалдаба уи аамҭаз ажәылара ҟалеит, ҳара иаразнак ахәцәа ахьнаҳгашаз аҭыԥ ҳашьҭалеит. Атрасса ҭацәымызт макьана. Ахалдабатәи ҭаацәарак алызгеит. Аурыс ԥҳәыс лхаҵа дшәаныуан, ахшара лыман ирацәаҩны. Рхацәа бналеит аҳәса ааныжьны. Урҭ амҩаду ианыланы идәықәлеит. Ус ԥҳәыск, "Надиа, бҳацхраа!" ҳәа ҿылҭит. Агәыӡера аԥсшьарҭа ҩнаҿы аус сыцызуаз лакәын. Ихәыз ԥҳәыскгьы ацхыраара лысҭеит. Ирацәаҩын аҳәса ахәыҷқәа зманы инхаз. Нас хаҵак дааит абираҟ шкәакәа иманы. Урҭ ираҳҭеит алшара алҵразы. Ахалдаба аҵыхәтәаны ҳара иаанҳажьит. Сеимаақәа хеит, исышьасҵо сымамкәаны. Амҩаду анҭадырцәы раԥхьаӡа избаз Султан Сосналиев иоуп", - лҳәоит аветеран, аибашьра аҵыхәтәантәи амшқәа рыхҭысқәа хыркәшо.
Аиааира аламҭалаз: Мраҭашәаратәии Мрагыларатәии афронтқәа Кәыдры ацҳаҿы ишеиԥылаз
Надежда Галынӡа днеит дызцыз агәыԥ дацрымҵкәа. Ноиабр мза нҵәаанӡа уа дыҟан аҳәаа ахьчараҿы. Владимир Аршба ҽнак днеиԥхьан, "быҷқәын хәыҷ дыӡит иан дышлышьҭаз, аҩныҟа бцароуп абыржәыҵәҟьа" ҳәа леиҳәеит. Екатеринбург даннеи, лаҳәшьа лыԥсы шҭаз агәра лзымго дыҟамзи, дшанхеит. Лхәыҷы дыгәхьааигаӡан, авокзал, астадион уҳәа деимдо амҩадуқәа дырнылазаап. Надиа лаҳәшьа дшәаҟьаны Аԥсныҟа адырра ҟалҵеит. 10 шықәса зхыҵуаз Надиа лыҷкәын хәыҷы асеимагыла дылаланы иан длызхәыцуа ақалақь астадион аҿы дшыҟаз дылбеит. Абас ауп уи амш лара лхаҿы ишынхаз:
"Ампыласырҭаҿы дсыԥшааит. "Сыҷкәын" ҳәа анҿысҭ, иидыруаз абжьы аниаҳа, даахьаҳәит. Акино аҿеиԥш иҟалеит ҳаиԥылара", - абас игәыҿкаагаз агәалашәарақәа ҳамалдеит.
Надежда еилылкауан Екатеринбург аанхашьа шлымамыз. Лыҷкәын хәыҷ даашьҭылхын, илыхьчоз Аԥсны аҳәынҭқарра дазыхынҳәит. Аха, лаԥхьаҟа ишьҭан аибашьра иашьашәалоу даҽа трагедиак. Надиа лгәыӷрақәа здылҳәалоз лыҷкәын Виктор, Аԥсны Ашәарҭадара амаҵзура аусзуҩс иҟаз, дҭахеит Гал 2008 шықәса ииуль 20 рзын. Иан леиԥш иаргьы аграната идҳәалан. Ан лгәы ишаанаго ала, аӷа димпыҵамшәарц ихала ахархәара аиҭазар ҟалап, ахәрақәа имаз алкаа рзууазар….
Надежда Исаева иланашьоуп Леон иорден, иара убас "Агәымшәаразы" амедал. Дынхоит Аҟәа, Синоп аҳаблаҿы.
Аԥсны
"Аԥсуаа Арӡынба изыҳәан аԥсра иаԥылон": Римма Коӷониаԥҳа лгәалашәарақәа