Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аџьар зныз абираҟ шкәакәа: аветеранцәа Марина Бжьаниеи Лариса Ҳаџьымбеи рҭоурых

© Foto / из семейного архива Ларисы ХаджимбаЛариса Хаџьымбеи Марина Бжьаниеи
Лариса Хаџьымбеи Марина Бжьаниеи - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.03.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, маркәылаа рҭацацәа Марина Бжьаниеи Лариса Ҳаџьымбеи рҭоурых ҳзеиҭалҳәоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Аибашьра аналага, иахьа зыӡбахә шәзеиҭасҳәо ҩыџьа аиҩызцәа, маркәылаа рҭацацәа, азныказ иаарласны еилгарашәа днарбеит. Рқыҭаҿы раԥхьатәи амшқәа рзы ақырҭуа гвардиауаа ртанкқәа ирықәтәаны арҳәреи аӷьычреи ракәын изҿыз. Амародиорцәа ргәы ҭәыр ирласны еилгап ҟарҵеит даргьы. Агәыӷра рыман Урыстәылантәи архәҭақәа ааны, Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ахаҭарнакцәа ықәырцап ҳәа. Агвардиауаа уажәы-уажә ирбоз еидыҳәҳәаланы иалганы иргон ақыҭа.
Ус Лакәыт (Заур) Зарандиа Гәдоуҭантәи иманы дааит Николаи Луц дызлаз аибашьцәа ргәыԥ, урҭ Маркәыла ақыҭан рпозициа ааныркылеит. Цәыббрамза 26 рзы агвардиауаа дырҩегьых рқыҭахь рҿанаарха, ргәырҽанӡамкәа аԥшәмацәа аҿагылара рырҭеит.
"Раԥхьатәи аидыслараҿы ҳара ҳганахь ахәцәа ҟалеит, аӡәы дҭахеит. Даргьы ааха ӷәӷәа роуит", - лҳәоит сажәабжь иалахәу Лариса Ҳаџьымба.
Абри ашьҭахь ауп, занааҭла имедиаҳәшьцәаз Марина Бжьаниеи Лариса Ҳаџьымбеи (Кәыпраа) ианрылс аибашьра ду ишалагаз. Рҩыџьагьы маркәылаа ишырҭацацәазгьы, изеибадыруамызт, избанзар Лариса аҩнра ҳәа аибашьра аԥхьаҵәҟьа Ҳаџьымаа рҿы даннанага, ачараҿы Марина дзымнеиӡеит. Бжьаниаԥҳа ҩыџьа ахәыҷқәа дранын, аиҵбы Есма 5 шықәса, аиҳабы Елисо 10 шықәса рхыҵуан.
"Иҳалахысуан, аԥсуаа рсиа кны идәықәын иргарцаз. Аха, амза 26 рзы аидыслара аныҟала, Луц данҭаха, схы сазҵааит сабацо сыбналаны ҳәа? Издыруада, ӡәыр ацхыраара сызиҭар ҳәа инҵәомызт схы иасҭоз азҵаарақәа. Занааҭла смедиаҳәшьан, Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы ахәыҷтәы ҟәшаҿы аус зуан, аԥышәагьы сыман. Схәыҷқәа сҭынхацәақәак рахь исышьҭын, ахәшәқәа зҭаз сарҭмаҟ аашьҭыхны Ачаи фабрикаҿы иҟаз аштаб ахь сҿынасхеит", - илгәалалыршәоит Марина.
Аԥҳәыс аштаб аҿы дахьнеиз илдырбеит ҿыц иаартыз амедпункт ахьыҟаз. Уи аҩны аԥшәмацәа лара илдыруан. Лҿыналхеит уахь…
Лариса лакәзар, амза 26 рзтәи ахҭысқәа рышьҭахь, ланхәа длыҳәеит рыҩнаҿы аибашьцәа ацхыраара ахьрырҭо апункт аартра азин лылҭарц.
"Маринеи сареи ҳаибадырра крызҵазкуаз хҭысын ҳаԥсҭазаараҿы. Цәыббрамза 26 рзы раԥхьатәи аидыслара анаҩс, сыԥшәма иҟынтәи ихәу ишьу шыҟоу ансаҳа, ашьыжь санхәа лҿы снеин слыҳәеит амедпункт аартра азин сылҭарц. Санхәа Зарета Калоева занааҭла дветеринарын, аха 1941-45 шш. рзтәи аибашьразы амедиаҳәшьа лкурсқәа дырхысхьан. Ари аҩбатәи еибашьран лара лыԥсҭазаараҿы. "Мама, сара ас сызтәом, смедиаҳәшьоуп. Ара ахәцәеи ишьуи ыҟоуп. Ари еибашьроуп. Абра ҳаҩны амедпункт аасыртырц сҭахуп, азин сышәҭ", - сҳәеит. Лара днатәан, абас салҳәеит: "Бара ибдыруама ибԥеиԥшу? Ари баша агәырҟаҵара акәӡам. Ара ӷәӷәала ихәу ауаа аанагоит. Ԥсҭазаара боуӡом, ишәарҭоуп", - ҳәа. Сара Москва аҵара санҭаз исдырҵеит, урҭқәа зегьы сҳәеит. Закәанла исуалуп аибашьра ацара, арратә билеҭ сымоуп сҳәеит, саҟәыҵуамызт аӷьаҵәыӷьаҵәра. Аҟәатәи 2-тәи, нас Очамчыратәи ахәшәтәырҭақәа рҿы аус сухьан. Акагьы ҟамҵаӡакәа аҩны атәара азин сымам сҳәан, санхәа дазаазгеит", - лҳәеит ԥхынгәымза 17 1992 шықәсазы Зарета Калоева лыҩны иҩнанагалаз аҭаца ҿыц.
© Foto / из семейного архива Ларисы Хаджимба

Лариса Ҳаџьымба

Лариса Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
1/3

Лариса Ҳаџьымба

© Foto / из семейного архива Ларисы Хаджимба

Лариса Ҳаџьымбеи лани, лаби, лареи, лаҳәшьеи

Лариса Ҳаџьымбеи лани, лаби, лареи, лаҳәшьеи - Sputnik Аҧсны
2/3

Лариса Ҳаџьымбеи лани, лаби, лареи, лаҳәшьеи

© Foto / из семейного архива Ларисы Хаджимба

Лариса лхаҵа Артур Ҳаџьымбеи лареи

Лариса лхаҵа Артур Ҳаџьымбеи лареи - Sputnik Аҧсны
3/3

Лариса лхаҵа Артур Ҳаџьымбеи лареи

1/3

Лариса Ҳаџьымба

2/3

Лариса Ҳаџьымбеи лани, лаби, лареи, лаҳәшьеи

3/3

Лариса лхаҵа Артур Ҳаџьымбеи лареи

Артур Хаџьымбеи Ларисеи рчара ҵыхәтәантәин уи ақыҭаҿы аибашьра иалагаанӡа. Аштаб ахьыҟаз 1-тәи ачаи фабрикеи Ларисараа рыҩни шә-метрак ракәын ирыбжьаз. Анхәа дақәшаҳаҭхеит. Ауада архиара иалагеит ҭацеи анхәеи. Лариса илӡахит аџьар зныз абираҟ шкәакәа. Аҩнашә аԥхьа икналҳаит. Нас, ауаа ирылалҳәеит абра амедпункт шаарту азы. Уи аҽныҵәҟьа Марина Бжьаниа илдырбаз аҩны ашҭа данааҭала, ҿылҭит. Лара даалԥылеит аурыс ԥшра змаз, ҿаҳәарак амҿы знапаҿы изкыз ԥҳәыс ԥшӡак. Уи Лариса лакәын.
"Сара смедиаҳәшьоуп, ацхыраара ҟасҵарц сҭахуп сҳәеит сналҿаԥшын. Иаразнак дысгәаԥхеит, ԥхаррак лыҵан. "Бааи, бааи" лҳәан, сыҩналгалеит. Абас ҳаибадырит лареи сареи", - лҳәоит Марина "Хабез" ҳәа адыргахьӡ змаз Маркәылатәи абаталион амедиаҳәшьа.
© Foto / из семейного архива Ларисы Хаджимба Маркәылатәи абаталион "Хабез".
Лариса Хаджимба - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.03.2023
Маркәылатәи абаталион "Хабез".
Лариса лгәырӷьара ҳәаа амамызт ацхырааҩ данылзаа.
"Раԥхьаӡа ари апункт аҿы избазгьы лара лоуп. Сара амҿы хазгалон, избанзар алашара ыҟамызт, аӡыршы сымазар акәын ацхыраара аҭаххар. Убас сгәырӷьеит, ҳәашьа сзаҭом данызба. Уажәшьҭа схала сҟалом ҳәа сгәы иааҭашәеит. Убри амш инаркны шықәсыки ҩымзи ҳаиԥырымҵӡакәа ҳаицын", - лҳәоит Лариса.
© Foto / из семейного архива Ларисы Хаджимба Лариса Ҳаџьымба
Лариса Хаджимба - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.03.2023
Лариса Ҳаџьымба
Зыӡбахә сымоу амедиаҳәшьцәа рымацара ракәмызт афронт иалаз, рхацәагьы ахы иаҿагылан. Марина лыԥшәма Вахо Буаа абаталион авзвод напхгара азиуан, Лариса лыԥшәма Артур Хаџьымба аимадара амаҵ азиуан, уи адагьы атехника аремонт аҟаҵаразгьы аџьабаа ибеит.
© Foto / из семейного архива Ларисы Хаджимба абаталион адҵаҟаҵаҩ Зарандиа Заур Чанҭа-иԥа. Маркәыла
Лариса Хаджимба - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.03.2023
абаталион адҵаҟаҵаҩ Зарандиа Заур Чанҭа-иԥа. Маркәыла

Хашҭшьа змам ахҭысқәа

Аибашьра аамҭақәа ргәаларшәо, Маринеи Ларисеи хашҭшьа змам акәны иалыркаауеит жәабран 27, 28 1993 шықәсазтәи аидыслара. Ҩымш ицон аҭыԥҳацәа зыӡбахә рымоу маркәылааи мхьедирионааи реиҿагылара.
"Напышьашәалатәи аибашьра аҟынӡа инеит ҩымштәи аиҿагылара. Зегьы иреицәаз акәны игәнаҳакылеит ҳаҷкәынцәа тҟәаны ианыргаз. Маркәыла ажәылара анцоз, урҭ ҳаӷацәа ирҿашәеит, ирхаҩаны итәазаарын. Итҟәаны иргеит Александр Жук напхгара зиҭоз аԥшыхәратә гәыԥ, уи Ира Курскаиа далан. Ишьызгьы ыҟан, ихәызгьы. Урҭ рӷьырак рыԥсы ҭан ианыргоз. Арациа ала еилыркааит ҳаҷкәынцәа иргаз рҟынтә зыԥсы ҭоу шыҟаз", - ахҳәаа алҭоит Марина 30 шықәса зхыҵуа ахҭыс.
© Foto / из семейного архива Ларисы ХаджимбаМарина Бжьаниа
Лариса Хаджимба - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.03.2023
Марина Бжьаниа
Лариса уи амш дазхьаԥшуа исзеиҭалҳәеит, аимадара знапы ианыз Рауль Хьиба ақырҭқәа реицәажәара дыбжьаланы ишеиликааз зыԥсы ҭоу атҟәацәа шыҟоу.
"Ақырҭуа командиар "даажәг са сахь ани аурыс" иҳәазаап Жук изы. Раԥхьа уахыки-ҽнаки рхабаргьы ҳаздырӡомызт. Урҭ аума рзаарцон, идырҳәацәон. Курскаиа дхәын, Жук аконтузиа иман. Ишырҳәаз ала, Курскаиа Очамчыра ахәшәтәырҭахь днаргеит аԥхьа, нас абахҭахь дыргеит лҿахәы лҿырхырц", - илгәалалыршәоит Лариса.
Лакәыт аицәажәарақәа рымҩаԥгара далагеит, ҳахәцәеи иршьызи дара ртәқәеи реиҭныԥсахларазы. Ақыҭа иатәыз гыруа ԥҳәыск даашьҭыхны дцарц иақәикит, аха уи аԥҳәыс Марина дҳацымкәа сызцом лҳәазаап.
© Foto / из семейного архива Ларисы ХаджимбаМарина Бжьаниа аибашьра ашьҭахь
Лариса Хаджимба - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.03.2023
Марина Бжьаниа аибашьра ашьҭахь
"Лара лашьа ҳара дҳабашьуан, дшәон азы Марина лыда сцаӡом лҳәеит. Лакәыт иҭахымызт сцарц, аха ишәыхьуа саргьы исыхьып сҳәан, сымцар сымуит. Ҳахҩыкгьы шьапыла ҩ-километрак амҩаду инаныршәланы ҳцеит аицәажәаразы. Дара ртәқәагьы ихәызи ишьызи ҳара иҳаман, убри азы ҳаиԥылара рҭахын. Зыԥсы ҭои, зыԥсы ҭами ҳәа еихшаны еиҭнаҳаԥсахлоит ҳәа ҳаицәажәеит", - лҳәоит Марина аицәажәарақәа рылҵшәазы.
Аха, абраҟа ҳаӷа игәымбылџьабара ааимырԥшыр имуит. Аибашьра аветеранцәа ари амш еиҳа итрагедианы изалыркаауа - ҳаӷацәа зыԥсы ҭаз ҳаибашьцәагьы рыԥсы ҭыхны идыргьежьит.
"Аиҭныԥсахлара аламҭалаз зыԥсы ҭаз зегь ршьит", - еиҭалҳәоит Марина.
Лариса лакәзар, урҭ амш хьанҭақәа дырзыгьежьуа илҳәоит ҳара ҳтәқәа ԥсуаҵас рхы шымҩаԥыргаз.
"Дара ртәқәа иԥсыз зегь ирыцқьаны, амаҭәа ҿыцқәа рышәҵаны, ашьаршьаф шкәакәақәа рықәыршәны ишахәҭаз иҟаҳҵеит. Руаӡәы ираҳәарахқәа ҭыбганы иҟан. Сергеи Адлеибеи сареи даҳӡахит. Ԥсыуа ламысла, ԥсыуа ҵасла ҳхы мҩаԥаҳгеит. Ақыҭа ҳәсақәа рхәыҷқәа зшьуаз рзы аҩныҵҟа маҭәақәа, ашьаршьафқәа ааргеит. Даара ҳгәыӷуан зыԥсы ҭаз ԥыҭҩык ҳзаауеит ҳәа, аха аиҭныԥсахламҭаз иҭадырхеит зегьы", - лҳәоит Лариса дқәыԥсычҳауа.

Уи аҽны ԥсышьацәгьа зырҭаз ҳаибашьцәа иреиуоуп : Џьамал Турнанба, Курскаиа Ирина, Александр Жук, Заур Зарандиа (Кузьмин), Мурман Ашәба, Ҭамази Рудольфи Адлеиаа, Игорь Акаба. Маркәылатәи архәҭа командирс иҟаз Лакәыт Чанҭа-иԥа Зарандиа иакәын. Ихаҭыԥуаҩс Кәакәасқьыр Ҭенгиз Иларион иԥа.

"Лакәыт Гәдоуҭаҟа абџьар, ма аибашьцәа рзы данцоз Ҭенгиз иакәын хадас иҳамаз. Нас иара данҭаха Амиран Шамиль-иԥа Ҳаџьымба. Лакәыт адесанттә жәыларатә баталионгьы хадас дарҭеит, анахь, арахь иҽиҟьон еснагь. Лакәыт даԥхьагылаҩын аиашазы", - еицҿакны ирҳәоит амедиаҳәшьцәа.

Анацәа

Абри ахәҭаҿы Ларисеи Маринеи ранацәа ирыдҳәалоу ажәабжь еиҭасҳәарц сҭаххеит. Ас иҟоу аҭоурыхқәа ибзианы иаадырԥшуеит ҳаӷа ихаҿсахьа. Анацәа ирӡон рыхшара аибашьра ишалахәыз. Лариса лан аӷа инапаҵаҟа иҟаз Очамчыра далахеит. Ҩыџьа лыԥҳацәагьы уа иҟан, Лариса - Маркәыла.
"Саб Гьаргь (Жора) Кәыпраа Очамчыра далҵхьан уи аамҭазы. Иара "Аидгылара" далан азы, иаразнак далыргеит. Аурыс порт ала Москваҟа дрышьҭит. 1989 шықәсазы аидыслара аныҟаз иҷаҷақәа кыддыршәшәахьан ақырҭқәа. Санду мхедрионаа аԥсышәала дахьцәажәаз азы, автоматла лхы иасит. Лара Очамчыра амилициаа рҿы дцеит лхы еиҭалҳәарц. Уаагьы илаадырхеит. Уи ашьҭахь сан санду дылҵәахит ҳауацәа рҿы. Сан лхала даанхеит аҩны. Дабацоз? Ҩыџьа саҳәшьцәа Очамчыра рхәыҷқәа рыманы иаланхон, изалымҵит", – еиҭалҳәоит лан илызку ажәабжь Лариса.
© Foto / из семейного архива Ларисы Хаджимба Лариса Ҳаџьымба лан Галина Ианушкович-Кәыпраа
Лариса Хаджимба - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.03.2023
Лариса Ҳаџьымба лан Галина Ианушкович-Кәыпраа
Лариса лан Галина Ианушкевич дполиак ҭыԥҳан. Маркәыла иҟаз лыԥҳа лхабар еилылкаарц, лҽырҩашьан ачаиҭрақәа дрылсны ақыҭахь дшаауаз ақырҭқәа дааныркылеит. Даҽазны бхабар анаҳба, ибзааҳцо ҳәа иналықәымчит.
"Сан аибашьра анцоз лҿы акуа иалагеит, уаҩҵас дызцәажәомызт. Аҩбатәи аан ачаи плантациақәа дрылсны са сахь даарц дҳәазаны дандәықәла, ақырҭқәа дааныркылт. Маркәыла азааигәара ақырҭуа ҳабла Сақобалиа дыргеит дырҳәазо. Сан илшәыз зегь лшәыхны идыркәыкәит. Ирыԥшаауан аинформациа зныз ақьаад бӷьыц. Лҿахәы лҿырхуан. "Бабацоз арахь" ҳәа ианлазҵаа, лыԥҳа аԥсуа дышимаз аҳәара дацәшәан - сыӡӷаб ерманык дигеит, слышьҭаланы сцон лҳәеит. "Ижәлои уи аерманы" анырҳәа - иабаздыруеи, аибашьра аԥхьоуп данцаз лҳәазаап. Убри лымаҭәақәа еиҟәыжәжәа иҟаз лышәҵаны доурыжьҭит. Даҽазнык баҳбар, ибгәыдҵан баҳшьуеит ҳәа налышьҭаҳәаны. Аҩны дааит. Ҳгәылара дынхон Циури Цколиа ҳәа ԥҳәыск – уи аԥсуаа рыҩнқәа мхедрионаа ҩнаҵаны илыман. Ашәанцәа зны дара рзы иманшәаламхаз ажәылара ашьҭахь сан лҿы иаан, ашьқаԥ днаддыргылан автомат ала илыххысаауа иалгеит. Лыԥсы маҷхеит. Даналҵ, дызцәажәаӡомызт", - ҳәа лан лҭоурых еиҭалҳәоит Лариса.
Убри ашьҭахь дызҭахыз хаҵак дааин, "Галиа, ашәанцәа амаца бықәҵаны ихәмарит, быршьыр ауеит", - иҳәеит. Уахынла асааҭ 2 рзы Галиа харԥзаҵәы аԥенџьыр дкылԥан, аканализациатә цәаҳәақәа рыла Очамчыра 6-тәи араион аҟынӡа днеит лыԥҳаиҵбы дахьынхоз. "Уа агәылацәа сан ашәы лшәырҵан лаԥхьа партретқәак лгәы инкыдҵаны, Кырҭтәыла ала Москваҟа дрышьҭит саб иахь", – ҳәа игәаӷьуацәоу асиужет хлыркәшеит Лариса.
2010 шықәсазы лыԥсҭазара далҵит Галина Ианушкович-Кәыпраа.
Марина Бжьаниаԥҳа лахь ҳаиасуазар, лымацара лакәмызт рҭаацәараҿы еибашьуаз. Ҩыџьа лашьцәа Гәырами Ҭемыри агәыԥ "Катран" иалан.
© Foto / из семейного архива Ларисы ХаджимбаМарина Бжьаниаԥҳа лашьа Ҭемыр Бжьаниа. агәыԥ "Каҭран",
Лариса Хаджимба - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.03.2023
Марина Бжьаниаԥҳа лашьа Ҭемыр Бжьаниа. агәыԥ "Каҭран",
Марина лан Ҭина Кветаӡе милаҭла дақырҭуан, уигьы илӡон лыхшара шеибашьуаз.
"Сан аоккупациа зызуз Тамшь ахәҭаҿы даанхеит. Лара рбызшәа лымдыруази, илыламкьысуаз џьылшьон. Сашьцәа кәтолтәи ацәаҳәахьы иҟан "Катран" иалан. Дара уахынла амҩа еихҵәаны маӡала аҩныҟа иаауан. Ҩымш, хымш ҳаҩны аҭуан аҿы итәан. Уахынла аихамҩақәа рыԥжәаразы ицәырҵуан. Сан лыҩны ақырҭуа гвардиауаа аннеилакгьы, "сыҷкәынцәа Урыстәылаҟа ицеит" лҳәон. Ус ишыҟаз, ҳгәыла агыруа ԥҳәыс сан лԥацәеи лыԥҳаи шеибашьуаз азы ацәгьа лҳәеит. Сан рыцҳа дытҟәаны дыргеит. Ҳаҩны рблит, иҟаз зегь дәылганы иргеит. Дырҟәаҟәеит лара, нас аҳәаҭра дҭакны дрыман. Астма лыман сан. Нас Тамшь аценр аҿы иҟаз аштаб ахь дыргеит. Ҩымш, хымш дҭакны дрыман. Лышьра азҵаара ықәгылан. Нас, ишҳарҳәаз ала, қәҭешьтәи ҷқәынак дрыцҳаишьазаап. Уахынла ддәылганы доуижьҭит. Амотовоз ныҟәон убысҟан, убри дақәдыртәан, Гәылрыԥшьҟа дрышьҭит. Убра инхон лыуацәақәак", - лан лҭоурых салҳәеит Марина.
© Foto / из семейного архива Ларисы ХаджимбаМарина Бжьаниа лан Ҭина Кветаӡе
Лариса Хаджимба - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.03.2023
Марина Бжьаниа лан Ҭина Кветаӡе
Уи аамҭазы Марина лан деибганы дыҟоуп ҳәа дыҟамызт. Нас аиааира аламҭалазы, Кәыдры ҳара ҳаибашьцәа анеиқәшәа, лыҷқәынцәа руаӡәы Агәыӡера диԥшааит.
Ларисеи Маринеи уи аамҭазы Маркәыла амедпункт аҿы иҟан. Арратә ҳақьым Гьаргь Кәакәасқьыр идҵала рус иахәашаз материалқәак дырхион.

"Марина, бдәылҵ, иааз дыббап рҳәеит ҳаҷкәынцәа. Ҳаныԥшы, лан хыхь атанк дақәтәан лыхцәы шлаӷәаӷәаӡа, ахалаҭ лышәҵаны.. Илыгын цәгьала. Марина лан данылба, аҳәҳәара далагеит. Лан дылбааргеит ҵаҟа. Агәыдеибаҳәҳәалара, аҵәыуара, уа иҟаз аиҭаҳәара цәгьоуп. Ҳгәырӷьон. Аха зегь реиҳа ҳзыршанхаз – ан лнапаҿы илкын ачабра илаҳәаз часак", - ҳәа дгәыԥшаа-хыԥшаауа еиҭалҳәоит Лариса.

Ҭина Кветаӡе лдунеи лыԥсахит 2011 шықәсазы.

Аиааира амш аԥылара

Марина лан аҩны днадыртәан, дара дәықәлеит аштаб ахь. Ус дҵас ириҭеит аҩбатәи акомандир Амиран Ҳаџьымба. Ауха уа иҷаԥшьар акәын, адырҩаҽны Очамчыра иалаларц планс ирыман.
"Ҩба-ҩба арҭмаҟ ҳаман, 16 кьыла акапануан акы. Аиааира ааигәан аха, Кәачара аиҿахысрақәа цон. Ашьыжь шаанӡа ҳполк еизан, Тҟәарчалтәи амҩахь икылстәуп рҳәеит. Каре – аруаа ирымоуп уи аҩыза аилкаара. Убас ҳҽеидкыланы ԥшьыркца кәакьла 50 метра ҳабжьаҵаны ҳҿынаҳхеит. Ҳара агәҭа ҳдыргылеит, иҳацәшәон азы. Аџьықәреиҭра ҳалсны ҳцон. Ақырҭқәа ахьтәаз аӡәгьы издыруамызт. Ҳа ҳтәқәа равтоматқәа шьҭыхны ицалар акәын аԥсуа еибашьцәа шракәу рдырразы. Нас, Баслахәтәи агәыԥи ҳареи ҳаиқәшәеит Тҟәарчалтәи атрассаҿы. Аиааира еидаҳныҳәалон, аибашьраҿы акәаԥ шыргыламызгьы. Убри аамҭазы Мрагыларатәи афронт аҟынтә иаауан аԥсуаа иртәыз аколонна. Аиааира, аиааира ҳәа еиқәҿырҭуан зегьы. Ус иаҳбеит амедицина-санитартә машьына. Ашәхымс аҿы Гәырам Шьоууа дгылан. Ҳаниба, ҳаидырын даангылт. Сара сызҷаҷак амамазт, Гәырам уи идыруан. Иџьеишьеит аибашьраҿы саниба. Маринеи иареи еибасырдырт иаразнак. "Анаркотикқәа шәымоума ишәызхаша?" иҳәан, акгьы шҳамамыз иаҳҳәеит. Нас, иҳаиҭеит кәалаԥк-кәалаԥк. Иара Гал аганахь дцеит. Ҳара Очамчыра ҳалалар акәын, избанзар ақалақь бзианы иаҳдыруан, машәырла уа инхоз ҳа ҳтәқәа ҭамхарц азын. Ажәытәтәи Тҟәарчалтәи амҩала Очамчыра ҳалалеит. Рнапы ҳанҵаны ҳдыршәуан иаҳбаз аибашьцәа. Акаҭран гәыдаҳкылон ҳгәырӷьаны. Ахысра ҳәа атәыла бгон. Амала, ақалақь аҿы ҳаруаа рыда аӡәгьы дубаӡомызт. Ауаа рҽырҵәахит. Ҳара ашәҭқәа кны иаҳпылоз џьаҳшьон. Ауаа шәон. Ақырҭқәа ирыларҳәеит ачеченцәа рбаталион амҩа иқәуп, зегь шәыхқәа хырсоит ҳәа", - абас илгәалашәоит Лариса Аиааира амш.
Аибашьра ашьҭахь Марина Бжьаниа лыԥсҭазаараҿы иҟалеит даҽа еибашьракгьы, лыԥшәмеи лареи 1998 шықәсазы Гал имҩаԥсуаз ахҭысқәа ирылахәын. Ҩышықәса рнаҩс, 2000 шықәсазы лыԥшәма Вахо Буаа Гал араион аҿы адиверсантцәа дҭадырхоит. Лаԥхьаҟа ишьҭан лхәыҷқәа лхала ршьапы рықәыргылара. Аибашьра анцоз "бхәыҷқәа кажьны бабацо" ҳәа лазҳәоз рацәаҩын, ркомандир Лакәыт аԥхьа днаргыланы, аха лара даанымкылеит.
© Foto / из семейного архива Ларисы ХаджимбаМарина Бжьаниа лыԥшәма Вахо Буаа
Лариса Хаджимба - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.03.2023
Марина Бжьаниа лыԥшәма Вахо Буаа
"Ҳара ҳанхон аснариадқәа заадырхоз апозициақәа ирымариашаны.Сыԥшәма вертолиотла салигаргьы иҭахын схәыҷқәеи сареи. Џьаргьы сцаӡом сҳәеит. Ара сыҟазароуп, ахәыҷқәа ҳҵәахлап сҳәеит", – лҳәоит Марина аԥсадгьыл ахьчара хықәкы хадас ишьҭызхыз.
Усҟан 5 шықәса зхыҵуаз лыԥҳа Есма дандуха, лгәалашәарақәа рҿы абас лыҩуеит:
"Сара усҟан хәышықәса зхыҵуаз саҳәшьеи сареи ҳауацәа, ҳҭахцәа рҿы ҳаҟан. Сан сааигәа дахьыҟамыз сгәы снархьуан. Бжеиҳан сышҵәуоз ацәа сагон. Аха, сани саби срызгәудууп иахьа, урҭ рыԥсадгьыл рыхьчон"…

30 шықәса ирҭысхьоу аиҩызара

Маринеи Ларисеи реиҩызара иахьанӡагьы иааргоит. Сара раԥхьа хықәкыс исымаз Лариса илызкны анҵамҭа аҟаҵара акәын. Аҭел санылзас, исалҳәеит лҩыза Марина Бжьаниа лыда дшақәшаҳаҭымхо. Шамаха, зегь рхы мацароуп иӡырырго, аиашазы, сгәы иахәеит ас аҩыза дахьылзыҟаз сзацәажәоз.
"Есыҽны ҳаибабоит уҳәар ауеит", - рҳәоит дара еицҿакны. Ҳазҭагылоу аамҭазы Лариса аибашьра иазкны ашәҟәы аҩра даҿуп, Марина лакәзар, аматериалқәа реизгаразы длыцхраауеит. Ҳаицәажәара ахыркәшамҭазы аветеранцәа ирысҭеит алаф зцыз азҵаара – шәышԥааибуеи Ҳаџьымбеи Бжьаниеи ҳәа. Ари дара аҟырҟырҳәа иарччеит. "Ари бара беиԥш иазҵаауа рацәаҩуп", - саҭаркит рҩыџьагьы. Аибашьра аветеранцәа ражәақәа рыла, дара реиҩызара аполитика аԥырхагам. "Ҳара ҳаиҩызара еиҳауп аполитикатә еибарххарақәа реиҳа", - рҳәеит Маринеи Ларисеи.
Аибашьраҿы иаадырԥшыз агәымшәаразы рҩыџьагьы иранашьоуп "Агәымшәараз" амедал.
Ажәабжьқәа зегьы
0