Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аԥсуаа Арӡынба изыҳәан аԥсра иаԥылон": Римма Коӷониаԥҳа лгәалашәарақәа

© Sputnik / Томас Тхайцук Римма Когония
Римма Когония - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.07.2023
Анапаҵаҩра
Апоет Таиф Аџьба иԥшәмаԥҳәыс Римма Коӷониаԥҳа илгәалалыршәоит Аԥсны Аџьынтәылатәи аибашьра алагамҭеи, иара убас аӷа инапаҵаҟа иҟаз Аҟәа даныҟаз лыбла иабаз ахҭысқәеи. Аамҭа иаԥсаҟьаз рацәазаргьы, лара лгәалашәраҿы инхаз маҷым, лыԥшәма лыла ишабоз ақырҭуа гвардиауаа даныргоз налаҵаны.

Акартош ыҵаҳхит, аџьықәреи ҳлагеит

- Аԥхынтәи аԥсшьарамшқәа раан, ахәыҷқәа Аҷандараҟа исышьҭит. Таиф Аҟәа дыҟан. Сара Кәтолҟа сцеит сан лахь. Акартош лаҵаны иҳаман иҵысхп, шылак, шәык зҳәаз еиԥш фатәык, жәтәык уҳәа ак аазгақәарц. Убри аамаҭазы аилахарақәа ыҟан, аулафахәы маҷхеит, Асовет еидгыла аилаҳара аамҭазы, даара ахныҟәгара уадаҩын. Сани сареи ҳаицхырааны акартош ыҵаҳхит, аџьықәреи ҳлагеит. Нас, аҵәа еизаҳгеит аиларш ҟаҳҵарц. Ашампанҵәа шаҟа уҭахыз ыҟан, уажә иҿалаӡом избан сыздыруам. Сани сареи ачуан азна еилаҳаршит. Ус август 14 рзы ҳаҩны Табаӷәуа ҷкәынак днеит аибашьра ҟалеит ҳәа. Ҳашьа Валериан (Нана) аҩны дыҟамызт. Абри аҷкәын аҭуан дхалан аимдара далагеит абџьар ҵәахны иҟоуп ҳәа. Ҳашьа агвардиа даламзи, акыр имазар ҳәа акәхап дзеимдоз. Убри ашьҭахь ҩымшҟа сыҟан аҩны, нас шьапыла сдәықәлеит Аҟәаҟа. Раԥхьатәи амшқәа рзы аибашьра ду ҟалеит ҳәа агәра уго иҟаӡамызт. Сан илҭахӡамызт сахьдәықәлоз, ахәыҷқәа ақыҭахь иҟоуп, Таифгьы далҵып ихала бабацо шылҳәоз амҩа сықәлеит. Тамшьынӡа шьапыла сааит. Уа ҩыџьа аҷкәынцәа сықәшәеит, Тамшьтәиқәазар ҟаларын, иақырҭқәан, аха макьана агәаӷ зыла ихыхәҳәылоз ракәмызт. Жәыргьыҭынтәи иаауаз автобуск ҳақәтәеит даргьы саргьы. Аӡҩыбжьанӡа ҳаанагеит. Нас шьапыла ҳдәықәлеит еицқәаз. Кьалашәыр ҳааиуаны машьынак ҳахьӡеит. Сшьапқәа аӡаӷьа ҟарцахьан сахьныҟәоз. "Икарус" аауан убри ҳақәтәеит. Аҟәа абри Турбаза ҳәа иахьашьҭоу ҳанналала, аума шыҟалаз збеит. Апаспорт егьи ҳәа акгьы сыцӡамызт сара. Сашьа агәыбжьанытә изын аиқәаҵәа сшәын. "Икарус" ааныркылт (азна ауаа ҭан), нас ауаҩы дынҭалан аԥсуаа шәҭыҵ иҳәеит. Сара сахьала аԥсуаа среиԥшӡам, даҽа милаҭк сатәыз џьыршьазар акәхап, саргьы сыҽсырԥсит аҟынтә, аӡәгьы сҭимгеит. Ус акәзаргьы, иҭатәаз зегь ҳаурыжьит.
Ахра Голандзиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.07.2023
Аԥсны
"Ақырҭқәа ари арратә операциа ргәы рымнарҟьеит": Ахра Гәаланӡиа иультәи ажәыларазы

Ар маҭәа зшәу ауаа чахқәа

- Абыржәы Турбаза агәаны асасааирҭа ахьыҟоу агәабанқәа шьҭаҵаны ар маҭәа зшәу ауаа чахқәа маҟҿаҳәара еилыхны иқәиан. Излеилысказ ала, ари дара рзона акәын. Ара уааныркылар урытҟәон. Нас, анҭ Тамшьынтәи исыцдәықәлаз аҷқәынцәа срыхьчан сиаргеит. Ҳара ҳганахь ҳаниас даргьы аӡәгьы дрыламкьысит ицеит иахьырҭахыз. Изызкыз сгәалашәом, аха абри Зураб Маршьан иҿы неитәыс исыман нацҳатәык аҵыхәала. Иҩны саннеи аума бгәаӷьит, бышԥааи арахь иҳәеит. Ашьҭахь саҳәшьа Ира лҿы снеит Аҭынчра апроспект аҿы. Уигьы дшәаҟьаны дыҟан, бышԥааи, арсынтәи ауаа наҟ ицоит лҳәеит. Ашьҭахь шьапыла Аҳабла ҿыц ахь аҩныҟа сцеит. Саннеи Таиф, быҩнал, быҩнал, бышԥааи ара даара ишәарҭоуп иҳәеит. Ателевизор аҿакын, қырҭшәала акы рҳәон иара дазыӡырҩуан. Раԥхьаҵәҟьа уиаҟара исзеилкаауамызт аибашьра ишалагаз. Таифгьы Аҷандара дцаны ахәыҷқәа баны даахьан, сшаауаз игәы азҩон азы. Ателевизор ҳахәаԥшуан, агәылацәеи ҳареи ҳаиҭанеи-ааиуан ҳаԥсы ӡаны, иҟаз ианыз еилаҳкаауан раԥхьатәи амшқәа рзы. Ахԥатәи аҩнаҿы аԥсуаа еиҳа ирацәаҩны инхон убарҭ рахь дцаны даауан Таиф, саргьы сиццон зны-зынла. Абас иалагеит аибашьра.

Асабрада зҿызхыз

- Ҽнак зны ҳаҩны еихагылак аҿы амца ацралеит. Ҳгәыла қырҭуа ԥҳәыск - инҵәааит абарҭ аԥсуаа, зегь лалабылны ицааит лҳәеит. Хаҵак ус аалаҭеикт - бара арҭ анбылуа бхала бныжьны ицо џьыбшьома амца қьауқьад? Баргьы балабылуеит иҳәеит. Ҳаиҳабыра рыцҳашьан ацәажәара саналалгалакгьы, быԥхамшьаӡакәа еиҭа ирыцҳабшьома зҳәоз ыҟан. Абри схашҭӡом ахаан. Зны саныҟамыз сыҩны ԥҽны иҩналеит, аҩны зегь еиладырҩынтит, иргазгьы хьаас исымаӡамызт, мал дукгьы ҳамаӡамызт усгьы. Ачашылаҭра иҭалан еиԥхьдырттеит хьык ҭазар ҳәа. Маҭәақәак иргәаԥхаз ргазар акәхап исгәалашәом. Марттәи ажәылара ашьҭахь даара ргәы ҵкапуа иҟан ақырҭқәа. Сгәыла хаҵак исзыҟаиҵахьан аихалых лаба алыкә аҳасабала илаҵаны ашә асыркларц. Схала сыҟан азы, уахынла сшәон. Убри аамҭазы уахык ҳгәыла Резо захьӡыз гыруак ашә асра далагеит. Даҟәымҵит асра. Уаанӡа быԥсы ҭоума ҳәа дагьысзымҵаацызт. Крыбфама, крыбжәыма ҳәа имҳәацызт. Аԥсуаа ажәылара аныҟарҵа, издыруада акы исыхәар ҳәа акәхап дзааиз. Иара абџьар икымызт, аха автобус дақәтәан, аԥсцәа ралгараҿы дрыцхраауан. Дара дрыдгылон ҳәарада. Уазусҭада ашә иасуа сҳәеит. Резо соуп, Римма ашә аарты иҳәеит. Уахынла сара ашә аасыртӡом сҳәеит. Асааҭ 2 иахысхьеит, сара сӡыӡо сыҩнатәоуп сызшьуада ҳәа - ача бҭахызар Римма ҳәа дсазҵааит иара. Ача сҭахӡам сара сҳәеит. Исфо сымоуп сҳәеит. Ача бысҭарц шысҭахыз бымҳәо иаҭаххар иҳәеит ашә анаасмырт. Уи иаанагоз, аԥсуаа ааир ихы аиқәырхара иҭахын.
Джамила Ануа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.07.2023
Аԥсны
Џьамила Ануаԥҳа: ақырҭқәа рҷан сҭахым ҳәа дыгәрымуан саб

Арӡынба ипортрет

- Сентиабр мза аҽеиҩшамҭазы ҳцоит ҳәа сабхәында Славик, Таиф сара ҳдәықәлеит аха, ирмуӡеит ақырҭқәа. Ҽнак Таиф сабхәында днаскьаганы дшаауаз ауп ҳәа сыҟоуп агвардиауаа дааныркылт. Таиф ихы наиқәкны наҟ дышәшьы ҳәа ҿааиҭит руаӡәы. Аӡәы срыцҳаишьеит иҳәеит Таиф - Аӡҩыбжьа уанааныркылаз, аӡәы урыцҳаимшьар иахьа уабаҟалоз иҳәазаап руаӡәы. Нас, доурыжьит иламкьыскәа. Абри уажә исҳәо ахаан исымҳәац - аҩны данааи, убас дахьыладырҟәыз игәы арԥшааит, аҵәуара далагеит иԥсадгьыл аҿы анеиааира азин ахьимамыз азы. Илаӷырӡ ааит, аха ҳара ҳаҵахоит ҳәа ихахьгьы иааиуамызт. Иара игәы каҳаны дыҟаӡамызт, гәамчк иман ҩнуҵҟала. Арӡынба ҳаишьит ҳәа зҳәозгьы аԥсуаа здыруеит, аха иара аиааира агәра игон. Абра иаԥхьатәи иџьыба иҭаҵаны иман Владислав Арӡынба иҭел аномер. Уара абри наҟ иҭыг уџьыба, ирбар уршьуеит сҳәон. Уа иҭазааит иҳәан иџьыба инапы надикылеит. Арӡынба ипортрет аибашьра шцозгьы ҳакҿыҩра аҭӡамц аҿы икыдын. Иара игәы каижьӡомызт. Зегь дара роуп аурысқәа дрықәгәыӷуан иара. Ҳара ҳазлаз, аха еилыбгаз Асовет еидгыла амаа зкыз аурсқәа ҳрыхьчоит ҳәа игәы иаанагон. Аурысқәа ақырҭқәа ҳрырҭарым усҵәҟьа иҳәон. Абри телевизорла ақырҭқәа данырзыӡырҩуаз сара исзычҳаӡомызт. Ақырҭқәа рыбжьы сзыхгом ателевизор аҿоумкын анысҳәалакгьы - урҭ ишырҭахӡоу иҟаӡам санырзыӡырҩлак рҭагылазаашьа еилыскаауеит, алыхәҭа икылхны исраӡоит ирҳәо иҳәон. Таиф адәахьы еиҳа имаҷны ддәылҵуан, сара аӡы аазгар акәын, фатәык, жәтәык ҟасҵон. Ҳҭелқәа аҿырхит нас ҳашнеишнеиуаз џьара ҳзамысуа.

Ауаа бзиақәа

- Амлаҵәҟьа ҳамкӡеит аибашьра анцоз, избанзар, агәылацәа-азлацәа бзиақәа ҳаман. Исыцхраақәоз, сгәы ҟазҵоз ыҟан Таиф данырга ашьҭахь схала санынха. Декабр 14 1992 шықәсазы Лаҭа авертолиот шкаҳаз саҳаит, аха ҳара ҳҭаацәа иреиуаз уа иҭатәан ҳәа сыздыруамызт. Иван Саӡба иԥҳәыси иареи ирҵәахырц аурысқәа рбазахь иргеит Аҳабла ҿыц аҵыхәахь. Уахь сыргалон саргьы. Каҳуак, чаик сдыржәлон. Саргьы ҭаҭынк соур изызгон Иван Николаи-иԥа. Ҩынтәҟа дара рахь снеихьан. Убра сахьнеиз авертолиот аӡбахә цәырыргеит, аха ишысзымдыруаз анырба идмырзеит. Хаҵеи ԥҳәыси неихәаԥш-ааихәԥшуа избеит, аха иҟаз сзеилымкааит. Зны Коӷониак дҭан ҳәа саҳахьан, аха сыгәҩарақәа дырԥсаҟьеит Саӡаа. Нас, Арӡынба дыршьит ҳәа гәарарҵеит ақырҭқәа. Аҵәыуара салагеит сара. Бымшәан рҳәеит, уи дҟамларгьы егьырҭ ыҟоуп рҳәан сгәы дырӷәӷәеит Саӡба иԥҳәыси иареи. Сара Арӡынба дыршьызар ҳанҵәеит ҳәа схәыцуан. Иван Саӡба аԥса иҿоу аԥсараџь иалхны ацәашьы зҭадыргыло ҳамҭас исиҭахьан. Иахьагьы исымоуп иара. Заур Коӷониа иҭаацәа адгылара сырҭон. Дара анцагьы, ианхәа (лара лыбжа қырҭуан, лыбжа урысын) убри есымша - бааи ара ҳәа сызҿылҭуан. Ҳгәыла Витали Ҷыҭанаа иан зны амгьал лӡит ашьақар аҭаны, чашылак џьара илыԥшаазаап. Убри агьама слырбеит. Ахаан убри еиԥш ихааны мгьалк сымфацт. Сгәылацәа схылаԥшуан. Ԥсыуак дыргеит ҳәа анраҳалакгьы сырҵәахуан. Зегь реиҳа далскаауеит Константин Ануа иԥшәмаԥҳәыс Света. Амла садмыркӡеит урҭ. Лара лан Ҵабал дынхон. Уи афатә аалҭиуан, ицоз иаауаз ыҟан азы. Лашьа даҳхылаԥшуан, иаргьы ақырҭқәа дырцәыбналаны дыҟан, ихы дирбомызт...
Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2023
Аԥсны
Инапылаҟаҵарам абаҟа

Октиабр 9 1992 шықәса

- Таифраа аныргоз аҽны, санхәыԥҳа кәацк сылҭан супк изыҟасҵап ҳәа иақәсыргылеит. Уажәшьҭа имазеиуп уааи ҳәа иасҳәап ҳәа сгәы иҭан. Иара Џьота Амыҷба иҿы дыҟан. Аԥенџьыр аҟынтәи ҳанԥшлак Џьота иԥенџьыр ҳаҿаԥшуан. Быжьқәак саҳаит. Схы нкылырҳәҳәан санԥшы Џьотагьы Таифгьы лбааганы ишыргоз збеит. Агвардиауаа хагаханы ҳаҩны иакәшаны иҟан. Иаразнак сылбааит ҵаҟа. Сахьылбаауаз агвардиауаа гылан. Сыԥшәма дыргеит снашәышьҭроуп - сҳәеит. Ааит, шәара аԥсылманцәа, иҳәан ацәҳара далагеит игылаз. Сгәыла ԥҳәыск уи дыԥсылыманым лҳәеит. Ҩыџьа гылан автоматқәа кны. Сыҩны снеит Таифи Џьотеи автобус иҭатәан. "Амшынҵа наҟ иҵәахы" иҳәеит аԥсышәала Таиф. "Не говори на своем поганом языке" иҳәеит ақырҭуа. Уи ахаан исхашҭуам. Џьота, баба исышьоу ачхьарпқәа маншәалам, бхаланы еимаак сзаага иҳәеит. Нелли лҿы сахьхалаз, уа агвардиауаа аҩны аарҳәны акаамеҭ иаҿын. Нас, аимаақәак сылҭеит Нелли. Есымша убри лгәалашәон - исҭаз аимаақәа ишьапы идырхьуан ҳәа. Нелли лыҭра дыҭҟьаны дзыҟаз аҩны ахьдырҳәуаз акәӡамызт, Џьота дахьыргози лбарҵаҿы ахәыҷы дызманы зҽызҵәахыз ҳгәыла Емма Ҳашԥҳа дгәарҭар ҳәа дахьшәози рзы акәын. Насыԥны дара ақырҭқәа уахь идәылымҵӡеит. Нас, ҳгәылацәа Салаҟаиак иԥҳәыси иареи лбааргеит. Иара дбыргын 75 шықәса раҟара ихыҵуан, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду даветеранын, иԥҳәыс даурсын дмедиаҳәшьан. Дабажәго аҭаҳмада ҳәа урысшәала аҿыҭра даналага ларгьы дрыманы ицеит. Уаҳа ихнымҳәӡеит иаргьы ларгьы. Есава зыжәлаз дылбааргеит, нас Самсониак. Џьапуакгьы Артиом ихьӡын егьи аҩнаҿы дынхон, уигьы дыргеит. Уи ателефон аномер сиҭеит сҭаацәа бырзасны сшыргаз раҳә ҳәа. Сасит, сасит, аха ишьҭырымхит… Иԥҳәыс лыҩны ддәылганы дырҵәахызаап ара агвардиауаа анҳақәла. Нас, саргьы џьара сганы сырҵәахит, аха нас схынҳәит, џьара уабанӡатәазауа.
Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.10.2022
Аԥсны
"Саџьал ааигәазаргьы - сгәыӷра хароуп": 30 шықәса Таиф Аџьба ихабар ыҟамкәа

Лорик Маршьан

- Џьота иԥҳәыс Нелли сареи ақалақь аҿы ҳнеит авоенкомат ахьыҟоу Таифраа анырга ашьҭахь, аха ара аӡәгьы дыҟаӡам рҳәеит. Таиф ақырҭқәа аӡәгьы диздырӡомызт, убра аус ахьиуаз аӡәы, ҩыџьа ракәымзар. Џьота Қарҭ далгеит аҵара, аҩызцәагьы иман, аха аӡәгьы изымԥшааит рхабар. Лорик Маршьан аиҳабыра рыҩны ахьыҟаз дтәамзи. Света Ануа саалгеит убра Таиф ихабарк ҳзеилкаауазар ҳәа. Сидикылеит. Иргаз зегь ртәы иасҳәеит. Аинтеллигенциа маҷӡак иадамзаргьы иудыруазар, арҭ рыӡбахә уаҳахьазароуп сҳәеит. Таиф дазусҭаз издырамызт зынӡа. "Шәара ишәзеилкааӡом Арӡынба иҟаиҵаз иҳәеит. Уи аҩны ахыб ала аргылара далагеит" иҳәеит. Сара ара Арӡынба ицәгьа сҳәарц смааӡеит сҳәеит. Сара сыԥшәма дыргеит, убри ихабар сашьҭоуп сҳәеит. Акымзарак исыхәоз сеимҳәеит. Ҽнак Нелли сареи амилициа ахьыҟаз ҳнеит. Гәулуа ижәлан ҳәа сыҟоуп аӡә даҳбеит. Ҳашбакгьы Гәылрыԥшь аус зуаз убра дыҟан - шәара шәықәгыланы ишәҳәароуп иҳәеит аибашьра аанкылатәуп, ҳааинаалароуп ҳәа. Нелли сареи ҳдәылҵны ҳцеит арҭқәа анҳаҳа. Гәулуа зыжәлаз ус иҳәеит – абандитцәа аурыжьҭит, иазусҭцәоу сеидроу изгаз.

Ачеченцәа рыцәаара

- Зны абарҵа аҟны сдәылҵын Нелли лахь снапы сҟьеит. Қырҭуа гәыла ԥҳәыск ачечен адырга илырбеит ҳәа сзылҳәеит ари анылба. Ачеченцәа рыӡбахә раҳар аԥсра ирзаҩызан дара, рыцәаара иацәшәон. Ара ачеченцәа ыҟазар ҟалап ҳәа ргәы иаанагон еснагь. (Раԥхьа ачечен дахьызбаз, абри аиааира адырхаҽноуп. Абрахь Аҟәа санаауаз амҩан дызбеит. Иаргьы арахь даауан). Агәылацәа ашә аҿы абызкаҭаҳа амазар иалакьысӡомызт, ачечен ҽыҵәахра даазар иалаҳдыруеит ҳәа. Ауадақәа реиҳарак рышәқәа аркымзи. Убри аҟара ишәон аӡә абызкаҭаҳа амихыр апаника шьҭырхуан ара маӡала ачеченцәа ҩналеит ҳәа. Ҳара ишаҳбоз анаркотикатә маҭәашьарқәа рыларҵон ҳашҭаҿы агвардиауаа. Массив еиҳа ишәарҭан азы, ара иааны рҽеимыртаӷа ҳашҭаҿы итәон. Аҩнқәа зегьы рымпыҵахалан иҟан. Абомбақәа анкаҳауаз ҳаҩны аӷәраҵахьы ҳалбаауан зегьы. Асолдаҭцәа анцәыҵалозгьы убырын. Убра ҳшыҵатәаз қырҭуа хаҵак ус иҳәеит "Ҳара Шеварнаӡе изыҳәан аӡәгьы ҳҽаҳшьӡом, аԥсуаа Арӡынба изыҳәан аԥсра иаԥылоит. Ҳара уи иҩыза аԥхьагыла дҳамаӡам" ҳәа.
Нодар Шакрыл - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.06.2023
Аԥсны
"Шеварднаӡе спалата дааҩналеит", ма ақырҭуа политикатә спектакль: Нодар Шьаҟрыл иҭоурых

Х-абиԥарак рҟәых

- Март мза анҵәамҭазшәа Костиа иԥҳәыс Света хаҵак длыцны дааит суадаҿы. Сахьынхоз аҭыӡҭыԥ зныз ақьаад иманы ҳаҩнаҿы дааит, аха Костиараа рҿы дақәшәеит. Бымшәан, сара саԥсыуоуп с-Занҭариоуп иҳәеит. Абри аԥҳәыс дааумгакәа арахь умаан ҳәа адҵа сымоуп Гәдоуҭантәи сааит иҳәеит. Светагьы бца лҳәеит. Аарла ҳәа сыҟан исыгханы. Сабхәа иабхәа ҳамҭас ииҭахьаз Таиф икабинет аҿы икнаҳаз аҟама, инсыжьыр иргоит сҳәан ишьҭысхит сумка хәыҷык инҭаҵаны, нас маҭәа хәыҷқәак ахасҵеит. Аухантәарак сышҵәыуоз исыршеит. Алашарбага аҳабла абаӷәазаҿы инеитәын, аӷба маҷ ала ҳалыргон. Ауаа рацәаны еизаны иҟан. Шьапыла ҳцеит. Света Ануа снаскьалгеит. Уа сахьнеиз еилыхароуп, ицо арахь шәааи рҳәоит. Гетто шәымдыруеи? Убри еиԥшын сыла иабаз. Сыԥшызар издыруаз Руслан Ченгелиа Џьота-иԥа (иан даԥсыуан) днаиааиуеит. Санааихәаԥш иаргьы даасыдгылеит. Уара, уаншьцәа урҿагылама, Руслан сҳәеит. "Ус аҭахуп" ҳәа аҭак сиҭеит урысшәала иныҵакны. Нас, ишеилысказ ала, иара рбызшәа идыруан азы, иҽырҩашьаны арсынтәи ҳа ҳтәқәа дрыцхраауазаарын. Аибашьра ашьҭахь идунеи иԥсахит. Ари ссумка аагәарҭар сҟама ргоит, уи хьаас искит уажәы. Х-абиԥарак рҟәых, имырӡӡакәа абранӡа ианааи ишԥасырӡри сымҳәеи. Нас, Руслан иасҳәеит. Иара сниаиган, ибзоурала еиқәхеит аҟама. Сшәаҟьаны сыҟан цәгьала. Гәдоуҭа саннеи ауаа санырҿаԥшы, даҽакала ишыҟаз збеит рҭ́еиҭыԥш. Аҟәа иаланхоз аԥсуаагьы иара ақырҭқәагьы ргәы ҭҟьаны иҟан. Избеит Гәдоуҭа иаҳа аԥсҭазаара ыҟаны. Ауаа среигәырӷьон ианызбалак. Ҭырқәтәылантәи иааз аибашьцәа анызбалак игәыдыскылон. Гәдоуҭа ауп иахьсаҳаз сашьа иҭаацәеи иареи авертолиот аҿы ишҭахаз…
ОВНА - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.12.2019
Зсахьаҵәҟьа нымхаз Елана: Лаҭатәи ахлымӡаах иалаӡыз асаби

Ауҭрақәа ҭыҵны ицон

- Аҟәа ргеит ҳәа Гәдоуҭа исаҳаит. Аҟәҟәаҳәа ихысуан. Ара изхысуеи уахь изыҟами сҳәон. Ахқәа баша иҭдырҟьоз сгәы иалан, избанзар убри зегьы аахәара зуалыз Арӡынба аԥхьа днаргыланы ҳаиҳабыра ракәымзи. Аҟәаҟа сааит мышқәак рышьҭахь. Сыҩны ашә акӡомызт, нас барқәамк ҿаҳҵеит ҳаицхыраан. Нас, Кәтолҟа сан лахь сцеит. Аибашьра аналагоз лареи сареи иҳаршыз сыхәҭа аҵәеиларш сан исзыҵәахны илыман, Римма даар илысҭоит ҳәа. Мама, ауаа ирҿабҵаруааз анысҳәа, ауаа ирысҭоз маҷхәызма лҳәеит. Исалҳәеит лгәылацәеи лареи аибашьцәа рхәы рхианы ишырҭиуаз. Лара лҟазшьала ачеиџьыка змаз уаҩын, ладеи ҩадеи ииасуаз акрырҿалҵон. Аибашьра ашьҭахь саннеи убри аԥҳәыс акәты, ауҭраҭых уҳәа илымамыз акгьы ыҟамызт. Луҭрақәа ҭыҵны ицон. Илфоз, илжәуаз зегь лыман аибашьра шыҟазгьы…
Ажәабжьқәа зегьы
0