Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аиааира шаҳгоз азы агәыӷра ҳаман": Аида Чачхалиаԥҳа лгәалашәарақәа

© Foto / Елеонора КоӷониаԥҳаАида Чачхалиа
Аида Чачхалиа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.07.2023
Анапаҵаҩра
Ақалақь фырхаҵа Тҟәарчал аблокада иҭакын Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра цонаҵы. Ус шакәызгьы, уи иаланхоз ауааԥсыра аиааира ҟалоит ҳәа агәыӷра рыманы афронт амаҵ азыруан. Аида Чачхалиаԥҳа иахьагьы Тҟәарчал дынхоит, аибашьра аамҭа зегьы убра илхылгеит. Лара илгәалалыршәоит гәыӷрала иҭәыз аибашьра аамаҭазтәи ахҭысқәа.

Аибашьра аԥхьа

1970-1980-тәи ашықәсқәа инадыркны тҟәарчалаа есымша агәҭа игылаз ракәын амилаҭ-хақәиҭратә қәԥараҿы. Аибашьра аԥхьа аԥсуа бираҟ анрыдыркылаз ашьҭахь Аԥсны аҭагылазашьа уадаҩхо иалагеит. "Аидгылара" аофис аартны ирыман аҭыԥантәи апатриотцәа. Даҽакала иаҳҳәозар аилаҭырра ыҟан есымша Тҟәарчал. "Аибашьра ианалагоз исхыҵуан 21 шықәса. Аԥсуа ҳәынҭқарратә университет салгеит уи ашықәсан. Иун азы аҳәынҭқарратә ԥышәарақәа ҭины аҩныҟа сааит Тҟәарчалҟа. Аха, ҳанеиԥырҵуаз ҳкурсаа еибаҳҳәеит август 15 рзы Аҟәа ҳаиқәшәарц, иазгәаҳҭарц ҳҵара ахыркәшара. Амза 14 рзы сҩызеи сареи Очамчыра ҳаиқәшәараны ҳаҟан, убри азын автобус снақәтәаны сдәықәлеит. Ҳашнеиуаз абри арацәаҵхҩы ибаҟа ахьгылоу ҳааҩсуаны Славик Дочиеи Валера Когошвилии автобус ааныркылеит (урҭ еибашьуан, рыԥсҭазаара иалҵхьеит). Иахьеиԥш исгәалашәоит, автобус инҭалан - атанкқәа рацәаӡаны Аҟәа аганахь ицеит, аибашьра иалагеит ҳәа ҳаларҳәеит. Сгәы нҭыԥсааит ҳәарада, аибашьра ҟалеит анырҳәа, аха автобус сҭымҵӡакәа сцеит Очамчыраҟа иҟоу збап ҳәа. Очамчыра авокзал аҿы ҳахьнеиз аилаҭырра цоит агырқәа рацәаҩны еилагылан, рбызшәа саҳауамызт, аха ргәы шҭынчымыз еилсыргеит. Аԥсуаагьы еизо иалагеит. Убра ирҳәеит Очамчыра ахада Игор Гәыргәлиа дытҟәаны дшыргаз. Ус Аҟәантәи Тҟәарчалтәи автобус ааит, усҟан аҭелқәа абаҟаз, сҭаацәа агәырҩа иагоит сҳәан сгьежьырц сыӡбеит аҩныҟа. Иара амашьынарныҟәцаҩ ҳиазҵааит иубазеи амҩан ҳәа? Сара исԥымлеит атанкқәа, аха жәабжьны ирҳәеит ирацәаны еишьҭагыланы Аҟәаҟа ишцаз ҳәа ҳаҭеикит. Тҟәарчал саннеи автобус сҭыҵны шьапыла аҩныҟа сдәықәлеит. Асааҭ 12 ҟалон уажәшьҭа, Аԥсуа телехәаԥшра цәырҵын Зураб Аргәын рылаҳәара даҿын Арӡынба иҟаиҵаз ааԥхьара. Аиашазы ауаа ргәы ҭнарҟьеит, аха шәымшәан абааԥс зҳәозгьы ҟалеит".
Римма Когония - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.07.2023
Аԥсны
"Аԥсуаа Арӡынба изыҳәан аԥсра иаԥылон": Римма Коӷониаԥҳа лгәалашәарақәа

Тҟәарчал аманал ыҟан

"Сара Тҟәарчал сыҟан аибашьра нҵәаанӡа. Ишдыру еиԥш, актәи амш инаркны Тҟәарчал аӷа имацәаз иҭакын. Џьара уцо, уаауа иҟамызт, аха ҳаԥсит, ҳанҵәеит ара ҳҭаршьуеит ҳәа агәалаҟазаара ҳамаӡамызт. Раԥхьатәи амшқәа инадыркны аҷкәынцәа рҽеизгара иалагеит, абџьаргьы ыҟамызт ишыжәдыруа еиԥш, аманал ҳзааргон, нас абарҭ аиха кәалаԥқәа ирҭаԥсаны иҟаҳҵон аԥжәаразы ибзиан азы. Тҟәарчал аманал усгьы иҟан, абри аҟаҵашьа ҳдырҵеит аҷкәынцәа. Ажьешьҭ иалхыз аманал зҭаԥсаз ҳманалқәа Ҟарҟарашвили дахыччозаарын, абри ала аԥсуаа ҳиааирц рҭахуп ҳәа. Афронт аҿы Тҟәарчалаа рманал зхы иазырхәоз рацәаҩын, еиҳаракгьы аԥхьатәи амшқәа рзын", - лҳәоит Аида раԥхьатәи амшқәа лгәаларшәо.

Аинформациа аҟамзаара

Аида Чачхалиаԥҳәа аибашьра аамаҭа дазхәыцуа иазгәалҭоит, афатә-ажәтә, абџьар уҳәа раҵкысгьы, аинформациа аиура ишазгәышьуаз. Аида еиҭалҳәоит дара ажәабжь аилкааразы мҩақәас ирыԥшаауаз: "Нас, Тҟәарчал иалахысуа иалагеит, град уҭахума, Су -25 ала уҭахума. Ҩымз алашара ҳаман, нас уигьы ҳалыхәдаахеит. Тҟәарчал амацәаз иҭакын, афатә-ажәтә азҵаатәгьы ыҟан, аха зегь реиҳа ҳзыргәаҟуаз аинформациа аиура акәын. Аԥсуа телехәаԥшра дара ирҳәоз акәын иаҳәоз, убри аҟынтә уи зынӡа иаҿаҳкӡомызт. Исгәалашәоит убасҟан ҿаҭахьаны ирықәырҵон, абри ҳтелехәаԥшра ҭыҵуа ианыҟало иҟаҳҵаша ҳәа. Тҟәарчалтәи ателехәаԥшра ыҟан, аха уигьы алашара ыҟанаҵ акәын. Урҭгьы аинформациа абри аԥсуа радио иазыӡырҩны акәын ишеиқәдыршәоз. Ҳала ҭраа убри ҳазыԥшын, аха ишԥаҳзыруи? Абри ателербагатә станциа авертолиот аахылан иеихсит. Уи ақырҭқәа рыц иҵаханы иҟан. Иагәыдырҵеит. Нас, зынӡа информациада ҳаанхеит. Усҟан ҳгәы хызҽуаз, аԥсуа радио акәын. Уи ҳазыӡырҩырц азыҳәан, машьынак акуммолиатор ақәхны ҳгәылара убра Маршьанаа нхон арадио рыман, еиҿаԥшьны ҳазыӡырҩуан. Абри аԥсуа радио акәын ԥсеиқәырхагас иҳамаз".
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Бебиаԥҳа аибашьраантәи ашәҟәқәа рышьаҭала афильм аҭыхра шыҟалаз азы - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.06.2023
Арадио
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Бебиаԥҳа аибашьраантәи ашәҟәқәа рышьаҭала афильм аҭыхра шыҟалаз азы

Амахәыда каҳуа

Аибашьра аамҭазы Тҟәарчал даараӡа ирацәан Очамчыра ариаон ақыҭақәа зегь рҟынтәи инеиз ахҵәацәа. Ақалақьуаа ирылшоз ала урҭ ирыцхраауан. "Урыстәылаҟа, ма Гәдоуҭаҟа ицоз ыҟан авертолиотқәа ирҭаланы. Ара иаанхаз зегьы ус хылаԥшрада аӡәгьы дыҟамызт. Сара исгәалашәоит сҩыза Жанна Гәлуаԥҳа лҭаацәа усҟан ахҵәара рықәшәан ҳа хҿы иааит. Нас, ҳгәылара ҩнык ҭацәын иҩнаҳҵеит. Рыҷкәынцәа еибашьуан, ара итәамызт. Иҳамаз ахәыҷы еиҩаҳшон. Исгәалашәоит ибзианы усҟан ашьақар ыҟаӡамызт азын, ацха хәыҷык налаҵаны аҵәа еилаҳаршуан. Даара агьама бзиан. Амахәыда ӡны иаҳххуан, акаҳуеиԥш иаҳжәуан. Амгьал ҳшәырқашь нахьшьны, ҳмахәыда каҳуа надкыланы ҳаидтәалон. Акаҳуа иаԥшуаз абзиабара атемагьы иазхәыцуан. Иҟан ҳгәылацәа аҭыԥҳацәа уи иазҟазаз. Зегь бзиахоит рҳәон аԥшцәа. Нас, ани ииҳәозеишь ҳәа аҭыԥҳацәа анҵаалкгьы - уи бигоит аибашьра еилгар - лҳәон аԥшҩы алафгьы нацҵаны. Исгәалашәоит зны саб иаҳәшьа лҿы ҳаҟан. Ҳмахәыда каҳуа ақәгылан ашразы. Ижәны ҳаԥшуеит анааҳгәахәуаз хыхьынтә артҟәацгақәа ҳаларыжьит. Тҟәарчалтәи 5-тәи ашкол ааигәара акәын. Агәыԥ "Скарпион" убра иҟан. Цәҟьарас ирыман акырҭқәа убри аҭыԥ азын, атәыла дырбгеит, иақәрыжьӡеит. Аҭабиа рыман уа, ҳмахәыда каҳуа нкажьны ҳаҩны уахь ҳцеит. Ианеилга, ҳандәылҵ ҳкаҳуа ҳзымжәит, избанзар ихәыз ҟалеит. Гамгиа ҷкәынак апозициа аҟынтәи дшаауаз аснариад аҟәырҷаха иаахан дахәит. Ауаа еицхыраауан цәгьала. Исгәалашәоит хәылбыҽхак машьына дук аангылеит ҳгәашә аԥхьа, сандәылҵ саб ихьӡ рҳәан ара дынхома рҳәеит, ааи сҳәеит. Абри Вианор Қацәба иааиашьҭит рҳәан аа-калаҭк аџьықәреи сҩыза Баслахәынтәи иааишьҭит. Иара деибашьуан, аха ҳаргьы ҳаихамышҭит. Абас ҳаицхыраауан, ҳҿаҵа еиҩшаны иаҳфон. Ара инхоз аурысқәагьы ҳрыцхраауан. Дара ирымаз сапынума, даҽакума ҳара иҳамази анеиҭанаҳаԥсахлоз ыҟан. Аџьармыкьахь егьарааны сцахьан ахәҳаахәҭразы. Еиҳарак ҳзыргәаҟуаз – аӡәӡәага, ахаԥыц рыцқьага, ахцәыҿашыга. Иуадаҩын аиура, аха иҳаԥшаауан иахьцалакгьы. Нас, авертолиотқәа аныҟәара ианалага, уахьынтәи иаҳзаарҭиуаз ыҟан. Аԥсҭазаара уадаҩын, аибашьра цон, аха аиашазы агәыӷра ҳаман аиааира ҳгоит ҳәа", - лҳәоит Аида.

Аҭацагаарашәа

Еибашьран, аха зегь акоуп аԥҳәысаагареи ахаҵацареи ртема зынӡагьы иаркымызт Аида ишылҳәо ала. Абар лара илхамышҭуа ахҭыс ссир: "Исгәалашәоит ибзиаӡаны аибашьра нҵәарц акгьы агымкәа аԥҳәысаагара иадҳәалоу ахҭыс. Ажәеи ажәеи еихҳәаало, исҳәарц сҭахуп абри иуль 2 рзы абаржа аныӡхыҵыз имҩаԥгаз аоперациа ашьҭахь Ҭырқәтәылантәи еибашьра иааз Имдаҭ Агәас иҩызцәеи иареи ԥыҭҩык ара иаанхеит. Убарҭ аҩны исыман, ажәыларахь ианымцоз са сҿы иҟан. Аԥсшәа ҳбырҵароуп рҳәан, са стәала арҵаҩра сҽазызскит. Август 28 рыҽны аҩны ҳаштәаз ҳгәыла Баҭал Ԥсардиа иашьа дыҩуа дааит, Баҭал ԥҳәыс дааигоит, аха мама илуам ҳәа. Аҭаца дрыманы идәықәлахьеит иҳәеит. Илымур ауазма ԥҳәыс дааигозар? Аибашьра цоит, иарбан ԥҳәысаагароу лҳәазаап. Аҽшьра далагазаап. Арҭ сыҷкәынцәа Имдаҭраа ҩагылан, уахь ҳдәықәлеит зегьы Баҭал иан днаҳкылоит ҳәа. Аҭаца дааҳамгар ҟалаӡом ҳҳәан ҳдәықәлеит. Одик Џьынџьал дыжәдыруеит усгьы, абра агәыԥ далан, уигьы дыҟан аҽны. Баҭал иан лашҭа ҳанҭала, Одик иаразнак аҭацаагарашәа аацәыригеит. Нас, агәылацәа зегь еизан, аишәа ҳархиеит, аҭацагьы дааргеит. Иахьагьы аӷьараҳәа иҟоуп, рмаҭацәеи дареи еиҵаҩҩы. Аԥҳәыс дызгаз Баҭал иакәзар, ахымш рыҽны апозициахь дцеит еибашьра".
Имдат Агуас - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.07.2023
Аԥсны
Аԥсны ҳаибашьразы ҳааит: Имдаҭ Агәас иультәи ажәылара игәалаиршәеит

Амш хлымӡаах

Аибашьра аамаҭазы аԥсҭбарақәа рацәан. Уажәы-уажә ахәцәа ааргон, аԥсӡы гон. Аха, иҟоуп хашҭшьа змама ҳәа дара Тҟәарчалаа зегь неибеиԥшны иалыркаауа амш. Аида Чачхалиа абас лҳәоит уи азы: "Тҟәарчалаа ҳзы мацара акәым, зегь рзын еиҳа иуадаҩыз мшын декабр 14 1992 шықәса. Ҳара аҽны иаҳмаҳаӡеит. Аинформациа ҳамаӡамызт. Адырҩаҽны декабр 15 рзы иҳарҳәеит, уи амш ахаан исхашҭуам. Асы еимагыланы иауан. Ҳара ақалақь ҳацәыхараны ҳанхон, хаҵак даан абас иҟалаз иҳәан ажәабжь хлымӡаах – ишьҭыпрааз авертолиот еихсны иҭадархеит ҳәа ҳаиҳәеит. Шьапыла акәын зегь шныҟәоз, асгьы шьҭан. Зегь ҳдәықәлеит ақалақь ахь. Зшьапы инанагоз зегь ҳцеит иҟалаз еилаҳкаарц. Сара ахаан дысхашҭӡом зҭаацәа ҭахаз Баслахәтәи Ҷыҭанаак. Акасеиқәаҵәа ихы иакәыршаны дыҳәҳәон. Иҟалаз цқьа издырамызт, аха агәҩара иоузар акәхап. Цәгьала иаҳхаҳгеит урҭ амшқәа. Нас, зны аԥсыбаҩқәа Тҟәарчалҟа иааргоит ҳәа ҳаларҳәеит. Нас, уа Гәдоуҭа анышә иамардоит рҳәеит. Ажәакала, ахлымӡаах мшқәа ракәын урҭ".

Агоспиталь

"Сара сашьа гәакьа Гена дқәыԥшӡан усҟан, 20 шықәса даалган аибашьра иалагеит. Абџьаргьы имамызт, аха иԥшаан еибашьра дцеит. Ҩынтәгьы ахәрақәа иоуит, аха лыԥхала далҵит. Саб иашьа иԥацәа, сҩызцәа еибашьуаз рацәаҩын. Усҟан аҭел ҳамаӡамызт, ажәыларақәа аныҟалоз агоспиталь ахь ҳаауан зегьы, аҩны ҳазтәаӡомызт. Убри алаԥшрагьы даара иуадаҩын. Машьынак анааилак ахәцәа ааргеит ҳәа ҳаҩны ҳаԥылон. Зны ахәцәа рацәаҩны иааргеит. Хаҵак дыҩны дхалеит Валераа ҳәа дхәаауа. Иашьа уа дыԥсны дақәзаарын. Уи хашҭшьа амам. Ҳаԥшын иааргода ҳәа. Ус зны, сентиабр мза аҽеҩшамҭазы аӡәы ишиҳәоз саҳаит - Аркади Чачхалиагьы дҭахеит, аха даҳзалымгаӡеит ҳәа. Уи саб иашьа иԥа иакәын, ансамбль "Шьараҭын" аҿы дкәашон. Нас, саахьаҳәын, даҽа знык иҳәеи сҳәеит. Дыбзыҟоума иҳәан, ааи дысзыҟоуп сҳәеит. Нас, исирҳаит ахәы дшалигоз иаргьы иаахан дҭахеит ҳәа. Цагьера дҭахеит Аркади сентиабр 16 рзы. Хымш, ԥшьымш дырзалымгакәа дыҟан. Нас цәгьала далыргеит. Абас ирацәан ҳгәы ҭызшьаауаз", - илгәалаларышәоит аамҭа хьанҭақәа Аида.
Даур Сымсым - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.02.2023
"Алым агәы зызҭаз": Захар Сымсым иҭоурых

Уагьзырччо, уагьзырҵәыуо

Аибашьра ихьанҭаӡоу аамҭоуп аха, сзацәажәоз Чачхалиаԥҳа лгәалашәараҿы инхеит уагьзырччо, уагьзырҵәыуо ахҭысқәа. Аамҭа маҷымкәа ицазаргьы, уажәгьы лгәалашәараҿы иҟоуп урҭ: "Сентиабртәи аоперациа иадҳәалоу хҭыск сгәалашәоит. Ҭырқәтәылатәи сыҷкәынцәа ҳәа сзышьҭоу сҵаҩцәа , еибашьра иахьцаз зегь иреиҵбыз аҟабарда Заиҭ Лигәажьа ахәра ӷәӷәаӡа иоуит. Иԥсы еиқәхоит ҳәа ҳаҟаӡамызт. Ирҳәарахқәа зегь ҟәыбаса иҟан. Дԥырҟеит агоспиталь аҿы. Маврик Чагәаа иоуп дԥызҟаз. Анжела Қәычбериаԥҳаи сареи ҳиазҵааит деиқәхару ҳәа? Иҳалшоз ҟаҳҵеит, егьырахь Анцәа инапы дануп иҳәеит Маврик. Ахәшәтәырҭаҿы абри Заиҭ ҳаихылаԥшуан Анжела, сара, Марина Џьынџьалԥҳа. Изхысҳәаауа, нас далҵуа далагеит аҷкәын. Дшеиқәхоз ҳбан ҳаргәырӷьеит. Ус иҳаларҳәеит агоспиталь еихсраны иҟоуп, ахәцәа асакаса ианҵаны аӷәраҵахь илбаагатәуп ҳәа. Ус иааигәаӡамызт уи аҭыԥ, ҳакәшаны илбааҳгар акәын. Ирацәаҩӡаны ахәцәа шьҭарҵеит уи аӷәраҵаҿы. Абра ҳшыҟаз ихәны ишьҭаз хаҵак дааҟәымҵӡакәа аӷызра далагеит. Ҽеиқәкышьа имамызт уи ахәы. Ус Имдаҭ дааит Заиҭ дшыҟоу збоит ҳәа. Ари иӷызуаз даҟәыҵуамызт, Имдат уи иахь даахьаҳәын – уара ухаҵами уанаџьалбеит, уаангыл уажәшьҭа иҳәеит. Ҳара аччара ҳалагеит. Ани ахәгьы Имдаҭ дааихәаԥшын – ибзиоуп исычҳап иҳәеит..."

Аиааира ашьҭыбжь

Сентиабр мза анҵәамҭахь ианнеи тҟәарчалаа Аиааира ашьҭыбжь раҳауа иалагеит. Дара зеигәыӷуаз ацәаара рбо иҟалеит. Аида лгәалашәараҿы абас иаанхеит урҭ амшқәа : "Аҟәа ахақәиҭтәра амш, мрагыларатәи мраҭашәаратәи афронтқәа реиԥылара уҳәа ажәабжь бзиақәа ҳаҳаит. Иаҳдырит Аиааиара акгьы шагамыз. Ақырҭқәеи агырқәеи иқәҵны ишцоз ҳаҳауан. Сентиабр 30 аҽны агоспиталь аҿы ҳаҟан Заиҭ ҳаихылаԥшуан. Аубых ҷкәын Ерҳан Ҵәлахәагьы ахәра иманы дышьҭан, аха дшәарҭамызт уамак. Сара сцеит иҳәан ддәықәлеит Ерҳан. Егры дцан абираҟ анахадыргылоз дахьӡет. Ажәабжь ҳзеиҭеиҳәеит иара даныгьежь. Гәырӷьаран. Адырҩаҽны Заиҭгьы Гәдоуҭаҟа дыргон, сыҷкәынцәа Имдаҭ иҩызцәеи иареи ракәзар, уахь исыцәцеит. Аиԥырҵра даара иуадаҩын".
Аиааира аламҭалаз: Мраҭашәаратәии Мрагыларатәии афронтқәа Кәыдры ацҳаҿы ишеиԥылаз - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.09.2022
Аиааира аламҭалаз: Мраҭашәаратәии Мрагыларатәии афронтқәа Кәыдры ацҳаҿы ишеиԥылаз

Х-еихагылакны иҟаз аторт

Аибашьра анеилга 1995 шықәса ноиабр 5 рзы Аида Чачхалиаԥҳаи Ерик Ҷкадуеи рыԥсҭазаара еиларҵеит. Сара слазҵааит ҳәарада, ишԥаҟаз усҟантәи ачара, изеиԥшрааз аҭаца лыҵкы ҳәа. Абар Аида исаҭалкыз: "Тҟәарчалтәи Ателехәаԥшраҿы аус еицаҳуан иаргьы саргьы. Иара аԥсшәа издырӡомызт. Аибашьра аамҭазы Ҭырқәтәылантәи иааз аԥсшәа дбырҵон, саргьы исырҵа иҳәан дырҩагьых арҵаҩра салагеит. Аԥсшәа аҵара ҳалагеит, нас аҭаацәара аԥҵараҿы ҳнеит. Ҳчара еиҵыхны иҟамызт, 40-ҩык раҟара ыҟан. Ашәаҳәара, акәашара, уҳәа алахҿыхра ацын. Аҵкы исшәыз уажәтәи аҭацацәа ртәеиԥш илыԥшаахыз акәмызт. Аҵкы сымамызт, аха абра Тҟәарчал аџьармыкьаҿы снеин, усҟантәи аамаҭа иақәшәоз акостиум аасхәеит. Аторт ҳаман х-еихагылакны иҟаз. Санхәа уи дазҟазан, иаҳзылӡит. Аҭыхымҭақәагьы ҳамоуп, ателехәаԥшраҿы аус ҳуан азы".
© Foto / Елеонора Коӷониаԥҳа

Аида Чачхалиаԥҳа лҭаацәа рыгәҭа

Аида Чачхалиаԥҳа лҭаацәа рыгәҭа - Sputnik Аҧсны
1/4

Аида Чачхалиаԥҳа лҭаацәа рыгәҭа

© Foto

Аида Чачхалиаԥҳа

Аида Чачхалиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
2/4

Аида Чачхалиаԥҳа

© Foto / Елеонора Коӷониаԥҳа

Аида Чачхалиаԥҳа

Аида Чачхалиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
3/4

Аида Чачхалиаԥҳа

© Foto / Елеонора Коӷониаԥҳа

Аида Чачхалиаԥҳа

Аида Чачхалиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
4/4

Аида Чачхалиаԥҳа

1/4

Аида Чачхалиаԥҳа лҭаацәа рыгәҭа

2/4

Аида Чачхалиаԥҳа

3/4

Аида Чачхалиаԥҳа

4/4

Аида Чачхалиаԥҳа

Аида Чачхалиаԥҳа 2014-2020 шш рзы Тҟәарчал араион ахадас дыҟан. Аидеи Ерики ирааӡеит ҩыџьа аԥацәа. Иара иаамҭанымкәа идунеи иԥсахит аабыкьа. Лыҷкәын аиҳабы дҭаацәароуп, уажәшьҭа дандухахьеит. Иахьа аус луеит "Тҟәарчалтәи агәумантиартә-ааглыхратә коллеџь" аҿы рҵаҩыс.
Ажәабжьқәа зегьы
0