Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ҳара ҳаҟоуп, дара ҭахеит: Вика Жьиба лгәалашәарақәа

© Foto / из личного архива Вики Жиба Вика Жиба
Вика Жиба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.08.2023
Анапаҵаҩра
Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа Аиааира 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы иазлырхиаз анҵамҭақәа рсериа иацылҵоит. Иахьа иҳадылгалоит "Агәымшәаразы" амедал занашьоу Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Вика Жьиба лҭоурых.
Аиааира 30 шықәса ахыҵара аҳаҭыраз анҵамҭақәа ирыцҵо, ишәдызгалоит аибашьра аветеран "Агәымшәараз" амедал занашьоу Вика Жьиба лгәаларашәақәа. Аибашьра ианалагоз Вика лыҷқәын хәыҷы Гьаргь ихыҵуан ԥшьышықәса, аха Аԥсадгьыл ахьчара ихадараны изшьоз лаҳасабла дцеит еибашьра. Вика Жьиба иахьа Аԥсны амедицинатә ԥгаԥсатә фонд ахантәаҩыс дыҟоуп, дандууп ҩыџьа амаҭацәа лымоуп.
© Foto / Иаалҭиит Елеонора КоӷониаԥхаВика Жиба
Вика Жиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.08.2023
Вика Жиба

Еиҳау сылшоит ҳәа исыԥхьаӡон

- Сара аӡәырҩы реиԥш сгәы иаанагомызт аибашьра ҟалоит ҳәа. Аибашьра аҽны Ҭырқәтәылаҟа сцарц сгәы иҭан. Гәдоуҭеи Лыхни рымҩеихдаҿы сгыланы атранспорт сазыԥшны, 4 шықәса зхыҵуаз сыҷкәын хәыҷы дсыманы. Аҟәа сцаны ахәыҷы ианаӡӡеи лҿы дныжьны Бамборатәи аҳаиртә баӷәаза аҟынтәи Стампылҟа сыԥрырц сгәы иҭан. Ус сышгылаз сан лылыӷырӡ лҿыҵкьасо дыҩны дааит – телевизорла ирҳәеит аибашьра иалагеит ҳәа. Схәыҷы даашьҭылхын аҩныҟа ддәықәлеит, саргьы слышьҭалт иҟалаз цқьа исзеилмырго. Ҳара уа ааиагәаҵәҟьа ҳанхон, аҩны ҳаннеи ателевизор аҿы Зураб Аргәын ажәабжь еиҭеиҳәон.
Аиашазы иаразнак сыхдырааҿы аибашьра ҟалеит ҳәа ашьақәырӷәӷәара сцәыуадаҩын. Убри аҟынтә, сан иласҳәеит, мама, бзиоуп, ахәыҷы ара дыҟаз, сара сымҩа сықәлоит ҳәа. Мап, бысзышьҭуам, иҟалаша уаҩы издыруам лҳәан снылкылт. Анацәа еснагь иҟәыӷақәами, саанылкылт. Анаҩс, иҭахаз ҟалеит, ихәыз ҟалеит, ажәакала ишеибашьраз ҳбеит. Сара иҟасҵара сақәымшәо сынхеит. Сашьцәа еибашьра ицеит, арахь сара схәыҷы дхәыҷын. Ҽнак сан иласҳәеит, мама, саргьы сцоит афронт аҿы ацхыраара ҟасҵоит ҳәа. Сара Қарҭ апедагогигатә институт аҿы абиблиографиа азанааҭ азы аҵара санҭаз арратә кафедра сахысхьан аҟынтә, ахәы иҿаҳәашьа, агәыр аҟаҵашьа уҳәа ацхыраара аҟаҵашьа здыруан. Сан даасыхәаԥшын, бхәыҷы дабабаго ҳәа азҵаара ықәлыргылт. Гәдоуҭатәи агоспиталь ахь анеира сагьазхәыцуамызт, избанзар уа аҳақьымцәеи амедиаҳәшьцәеи уҳәа апрофессионалцәа рацәаҩын. Сара ԥсабарала агәаӷьра змаз сакәын, убри аҟынтә, еиҳау сылшоит ҳәа исыԥхьаӡон. Уи ашьҭахь, сашьа ҳхәыҷқәа зегьы ақыҭахь игеит, ара абомбақәа ақәрыжьыр ауеит ҳәа. Усҟан иубон аибашьра аилгара акәым, еиҳа аҽшарӷәӷәоз.
© Foto / Иаалҭиит Елеонора КоӷониаԥхаВика Жиба
Вика Жиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.08.2023
Вика Жиба

Ахәыҷқәа рыҵәаабжь слымҳа иҭаҩуан…

- Декабр 14 рзы ахәыҷқәеи аҳәсеи зҭаз авертолиот анкарыжь, даара итрагедианы исхызгеит, сара ахәыҷы дызмаз ан лаҳасабала сгәы иасит цәгьала. Уахынла сзыцәомызт. Гәдоуҭа аџьармыкьа азаиагәара Ауахәама ыҟан, убрахь сныҟәон. Убра дсықәшәеит Баҭал Кобахьиа. Уанӡа иареи сареи ҳзеибадыруамызт, аха телевизорла дызбахьан азы дыздырит. Ашьшьыҳәа иааигәара снеин, шәара шәахь снеир ҟалома ҳәа азҵаара исҭеит. Ишәдыруандаз Баҭал дышсыхәаԥшыз. Схы инаркны сшьапаҟынӡа илаԥш аасхиган – уа апаркет ыҟаӡам иҳәеит. Ииҳәаз убри аҟара сгәа иалсит, аха ҿымҭӡакәа сцеит.
© Foto / Иаалҭиит Елеонора КоӷониаԥхаВика Жиба
Вика Жиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.08.2023
Вика Жиба

Афронт ахь ацара аидеиа схы иҭыҵуамызт

- Сан агоспиталь ахь есыҽны дцон, иҭахаз ихәыз еилылкаарц, избанзар лҭахцәа аибашьра иҟаз рацәаҩын. Сара сашьа Анатоли Гәдоуҭа "Ацхыраара лас" дақәтәан. Дәыӷбала ахәцәеи ишьызи анааргалакгьы, Афонынтәи ҳара ҳгоспиталь ахь иааигон. Марттәи ажәылара ашьҭахь Толик иасҳәеит, абра алаҳәара ҟарҵеит амедсанбат азы аҭыԥҳацәа рҭахуп сцоит ҳәа. Бхәыҷы? - абас азҵаара сиҭеит иаргьы сан леиԥш. Сара избоит былақәа сахьырхыԥшыло уахь бцар шыбҭахыу, бхала иӡбы нас иҳәеит. Уара ҳан илаҳәа ахәыҷы ибараҿы ацхыраара шыҟауҵо сҳәеит. Иаргьы ахәыҷқәа иман. Сан ҿымҭӡакәа дсыхәаԥшуан, лара телевизорла илымбоз аҭыԥҳацәа афронт аҿы ацхыраара шыҟарҵоз. Аиеи, нан, амала бхы хьча лҳәан соулыжьит.
Гәдоуҭа апансионатқәа рук аҿы ҳаизыргеит хатәгәаԥхарала амедикатә-санитартә баталион ахь зҽанызҵаз. Ҳганы ахысшьа ҳдырҵон. Ус Иракли захьӡыз ҷкәынак даан, ҩыџьа амедиаҳәшьцәа ҳҭахуп иаарласны иҳәеит. Марина Гәымба, Џьулетта Лакоба, Жанна Ҟаитан ҳицны ҳцеит.
© Foto / Иаалҭиит Елеонора КоӷониаԥхаВика Жиба
Вика Жиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.08.2023
Вика Жиба

Ешыра

- Ҳааргеит лбаа Ешыра аԥсшьарҭа ҭыԥқәа руак аҿы аевакуациатә пункт ахьыҟаз. Убра ҳаибадырит егьырҭ аҭыԥҳацәеи ҳареи. Хымш уа ҳаҟан, аха ҳара уа Ешыра аанхара ҳҭахымызт. Ҳцар ҳҭахуп ҳҳәеит афронт иахьазааигәоу. Викториа Ҳашыги ҳареи уи аҵыхәала ажәақәа еимаҳкит. Лара ҳлышьҭыр лҭахымызт. Мераб Бигәааи Гена Џьыкырбеи – уажә ҳрышьҭуеит адачақәа рганахь, уантәи Каман, нас Шрома шәаала рҳәеит. Вика дҳақәыҳәҳәеит, шәара макьана ишәыххымсаац шәымцан ҳәа. Уа хымш ҳаҟанаҵ ахысрақәа иаҳбазгьы ҳазхоит ҳҳәан амашьына ҳаҽҭаԥсаны ҳцеит. Ишәымуазар шәца нас лҳәеит.
Адачақәа рҿы уахык ҳаанхеит. Убра аевакопункт аҿы мама Мзиа (Мзиа Сухаӡе), Ира Папба, Таниа Цәеиба ҳбеит. Еихатәы каруаҭқәак гылан ауха уа ҳаԥхьеит. Ара ҳазтәом , ҳара иаҳҭахуп еиҳа иахьшәарҭоу ҳцар ҳҳәеит. Ус дааит Баҭал Кобахьиа. Сизымдырӡеит. Дааҳахәаԥшын – арҭ аҿыцқәа роума иҳәеит. Аҿыцқәа аформа ҿыцқәагьы ршәуп иҳәан уигьы азгәеиҭеит. Нас, адачақәа рҟынтәи Каманҟа ҳрышьҭит.
© Foto / Иаалҭиит Елеонора КоӷониаԥхаВика Жиба
Вика Жиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.08.2023
Вика Жиба

Аибашьраҵәҟьа абла ҳҭаԥшит

- Каман ҳаннеи, Гәырам Шьоуа, Асида Кәыҵниа, Фируза Колбаиа уҳәа иаҳбаз рацәаҩуп. Уажәраанӡа шәабаҟаз ҳәа азҵаарақәагьы ҳауит. Уаанӡа ҳаарышьҭӡомызт раҭаҳкит ҳаргьы. Уи уажәшьҭа акгьы аанагом абыржәы Шрома аҭыԥҳацәа ԥсахтәуп, рҳәан ҳдәықәырҵеит. Шрома ҳахьнеиз Нана Наҟәаԥиа даҳбеит. Лара албаара лҽазыҟалҵон. Уа иҟан Рафик Барцыц, Гена, Мераб уҳәа амашьынарныҟәцаҩцәа. Ихарацәамкәа атанкистцәа тәан. Убра ҳанхала нахыс аибашьраҵәҟьа абла ҳҭаԥшит. Уажәы-уажә аӷа далахысуан агради абзарбзанқәеи рыла. Усҟан Шрома ҭарцәымызт инагӡаны.

Раԥхьатәи аԥсыҭбарақәа

- Сара схәыҷымызт усҟан, 30 шықәса сырҭысхьан. Аԥсра хнырҳәышьа змам ҭагылазаашьоуп усгьы. Аҿар анҭахоз ахгара даара иуадаҩын. Нана дылбаанӡа ус ҿаалҭит - арахь даарымгеит дышиашаз наҟ дыргеит Фаска рыцҳа ҳәа. Ижәлои сҳәеит сара иаразнак уи слымҳа ианҭас. Хагәышь лҳәеит. Уи сан дылҭынхан – лаб иашьа иԥа иҷкәын иакәын. 18 шықәса раҟара ихыҵуан. Ари сара сзыҳәан итрагедиан. Сдәылҵын агаражқәа срывагыланы сқьызқьызуа аҵәыуара салагеит. Нана избасҳәазеи ҳәа аӷьаҵәыӷьаҵәра далагеит. Сара иара дысзымҵәуаӡеит, уахь сцаратәы аамҭа абаҟаз, ахәцәа рацәан Шрома. Машьынак акәын иҳамаз, иажәын иаргьы.
© Foto / Иаалҭиит Елеонора КоӷониаԥхаВика Жиба
Вика Жиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.08.2023
Вика Жиба

"Вика, Вика, Викториа…"

- Ҽнак Рафики Гени сареи хәык дҳаманы ҳалбааит. Амҩа харамызт ҳазлалабаауаз, аха ақырҭуа снаиперцәа рылаԥш ахын. Ҳаныгьежьуаз аснаипер ҳгәеиҭеит. Амашьына ашә иналҟьан инасывҟьан ицеит ахқәа. Ҭынчрак нахатәеит асалон аҩнуҵҟа. Гена аԥсҟы икын, ажыжәҳәа иныҟәашәа инациҵеит дыҭрысны. Ҳмашьына кылыжәжәа иҟан. Сшанханы стәоуп сара. Избоит аҷкәынцәа рыԥсы ҭоуп. Саргьы сыԥсы ҭоуп. Ус, иҵысҵысуа ахаҵа иашәабжьы аагеит "Вика, Вика, Викториа" ҳәа. Сара рышьҭахь стәамзи сҭахаз џьыршьеит. Аҷкәынцәа, сыԥсы ҭоуп, шәымшәан сҳәеит. Убас игәырӷьеит, аха исзеиҭаҳәом. Ҳаныгьежь, аӡӷабцәа ҳмашьына ахқәа алыҟьҟьа изеиԥшраз анырба еилагеит. Иахьа уаҳа ҳалбааӡом, Анцәа ҳихьчеит ҳҳәеит. Нас, ҭынчрахеит.

Гена Џьыкырба иҭахара

- Агаражқәа рааигәа аштаб ыҟан Гарик Саманбараа ахьтәаз. Ус аштаб аҟынтә аӡә дааҩналан ҳмашьынарныҟәцаҩцәа Генеи Рафики дәылыргеит. Нас, ишеилаҳкааз ала, ахәцәагьы ыҟоуп, аха аџьаԥҳангьы жәгароуп рҳәазаап аштабуаа. "Ацхыраара лас" ала аџьаԥҳаны агара ҟалаӡомызт. Ахәцәа ралгаразы акәын изыҟаз. Ус акәзаргьы, аҷкәынцәа ирлас ҳаауеит рҳәан ицеит. Иҟам, иҟам, сгәы ҭынчмызт саргьы. Сааҭк, ҩ-сааҭк ҵит. Аштаб аҿы ҳнеин ҳанҵаа, иаауеит рҳәеит. Даргьы ҳахьырҿаԥшуаз ак шыҟалаз ҳдырит. Нас, рациала иҳаҳаит Рафикраа рмашьына анышәынҭрақәа рааиагәара ишеихсыз. Гена Џьыкырба дҭахеит убра. Уи данааргаз даара итрагедиан ҳара ҳзы.
© Foto / Иаалҭиит Елеонора КоӷониаԥхаВика Жиба
Вика Жиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.08.2023
Вика Жиба

Раиа Кәыркьба даныршьыз

- Раиа Кәырыкьба даныршь аҽны Цугәыровка ахалара мариа усмызт. Данылбааргоз ахысра ӷәӷәа ҟалеит. Маринеи сареи ҳаԥшуп ахәцәа ааргоит ҳәа. Ҵлакгьы ыҟамызт ҳхы ахьыҵаҳкуаз уи аҭыԥ аҿы. Иҟаҳҵоз, ҳсумкақәа ҳхы иқәкны ҳгылоуп. О, Анцәа суҳәоит, схәыҷы дрыцҳашьа, ҳаиқәырха Маринеи сареи сҳәеит. Абра ҳаршьратәы ҟаумҵан сҳәеит. Гәаныла Анцәа сиҳәо салагеит ҳаиқәирхарц. Иахьабалакгьы ҳакәша-мыкәша артҟәацгақәа рҟәырҷахақәа кажьын ианеиқәтәа, лареи сареи акымзарак ҳмыхьит. Амала, ҳхы злаҳахьчоз ҳсумкақәа еиҟәыжәжәа иҟан…

Шроматәи ахҭыс

- Шрома ҳара ҳахьыҟаз инеиуаз рацәаҩын, ихалози илбаауази ирыҿхарсҭан. Ҽнак имыхәлацкәа, ҷкәынак днеит еилаҳәарак кны. Сахьтәаз ашә аганаҿ ишьҭеиҵеит. Иааугаз закәи ари сҳәеит, трафеик џьарантә ишьҭихыз џьысшьан. Иара уахьиҿаԥшуаз дааԥсаны дшыҟаз убон. Саҳәшьа, ҳәа ихы ансызирха еилыскаит Нхыҵ-Кавказтәик шиакәыз, дчеченын. Сара иааугаз закәи сҳәеит. Мап, иаҭахым, уи ббар бгәы бнархьуеит иҳәеит. Сара Каман ауахәамҿынтә хәы-змоу ак ааиагаз џьысшьеит. Исыздыруам ус зызсхәыцыз. Ибзычҳауама ибсырбар иҳәеит. Сара схы шьҭыхны снеиҿаԥшит. Аилаҳәара аартра даналага избеит – ауаҩы ибжа шылаҳәаз. Уи иашьа иҭахаз езигаз иԥсыбаҩ акәзаап. Нас иԥсадгьыл ахь игеит анышә иамеидаразы. Мызкы ашьҭахь Шрома ҳшыҟаз деиҭааит. Мшыбзиақәа, сыжәзымдырӡеи, атрофеи азын сааит иҳәеит. Санынеихәаԥш, саҭоумҵан сҳәеит. Сара уи сахьиҿаԥшуаз илақәа ирхыз ахьаа збон. Исыздырӡом иара дазусҭоу иахьагьы. Иашьа ибжа игеит анышә иамеидарц. Ас иҟоу ахҭысқәа хашьҭшьа рымоума?

Аҵыхәтәантәи ажәылара

- Ажәылара аԥхьа аԥхыӡ збеит. Гәдоуҭа сыҟахуп. Амшын казказуа иҟан. Автостанциа ахьыҟоу сыҩны ааигәара иҟоу ацҳа иқәсны атанкқәа цахуеит. Аиааиара ҳәа ауаа рыбжьы гон. Нас, бжьык саҳаит, сентиабр 18 рышьҭахь Аиааира ҟалоит ҳәа… Баталионла ҳаршеит ажәылара ианалагоз. 5-тәи абаталион акомандир Витали Тарнаа амедиаҳшьцәа ҩыџьа сҭахуп иҳәеит. Џьулиеттеи, Маринеи, сареи - ҳаугозар ҳахҩык ҳга ҳҳәан дақәшаҳаҭхеит. Ҳара ҳамҩа аминатә дәы ала ианыстәын. Ҳаԥхьа дгылан аминақәа ахьыҵоу гәаҭаны адыргақәа шьҭазҵоз. Ушьапы ишакәым аганахь ианургыла уҭахон. Ҳахбыкьны ҳкамҳарц ҳнапқәа еибаркны ҳцон. Ишәарҭан ҳәарада. Абас Гәымсҭа аӡиас ҳнеит. Маҷк ҳаԥсы ааиҭаҳкын, аӡы ҳнырны ҳанындәықәла ақырҭқәа ҳгәарҭан аҟәҟәаҳәа иҳаларҵеит. Џьулиа дахьгылаз – уара ас ҳаицәажәазма ҳара ҳәа алаф аацәырылгеит. Ҳлымҳақәа акгьы рмаҳауа ҳдагәаны ҳааҟарҵеит урҭ ахысрақәа.
© Foto / Иаалҭиит Елеонора КоӷониаԥхаВика Жиба
Вика Жиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.08.2023
Вика Жиба

Владислав Арӡынба ԥхыӡ дызбалоит

- Сентиабр 18 рзы Џьамбул Џьапуа (Џьаба) иҩызцәеи иареи атанк ианҭаблыз рациала иҳаҳаит. Слатәан аҵәыуара салагеит. Мирод Гәажәба сибеит сышҵәыуоз. Саҳәшьа, аҷқәынцәа быхәаԥшуеит бымҵәуан - иҳәеит. Сааҭк аамышьҭахь иҟало ҳаздырӡом, бымҵәуан - иҳәеит. Зегьы Аԥсны азоуми ҳзеибашьуа - иҳәеит. Нас исаҳаит Инал-иԥа Адгәыр дышҭахаз. Мирод ихаҭагьы дҭахеит уи аҽны. Сара даара сгәы сзырхьыз ахҭысқәа иреиуоуп Марина Ҭаниа лҭахара. Сентиабр 28 рзы Аҟәа Гәыма астанциаҿы дызгашаз ахы лаахеит. Сара уи Гәырам Ҳагба исеиҳәеит. Иара идыруан лареи сареи ҳшеизааигәаз. Гәырам апомидорк икуп инапаҿы. Аиааира быдысныҳәалоит иҳәан ипомидор ирххеит са сахь. Иааимысхит. Иф, иҳәеит. Мап исҭахым, сҳәеит. Бнацҳа, нас ак басҳәоит, иҳәеит. Марина ахы лаахеит ҳәа ҿааиҭит. Аҟәа ҳгахьан, лара дҭахеит…
Аибашьра шамаха ԥхыӡ избом. Зны-зынла Владислав Арӡынба ԥхыӡ дызбалоит, абри ҳара ҳзы акрызҵазкуа ахҭысқәа анымҩаԥысуа. Еснагь исҳәоит сгәы ишалоу иҭахаз. Урҭ рхы ақәырҵеит ҳиааира. Ҳара ҳаҟоуп, дара ҭахеит. Ҳаҟоуп, аха дара зеигәыӷуаз зегь ҳзынагӡама?
Ажәабжьқәа зегьы
0