Аԥсны

Аминистрцәа реилазаараҟны иалацәажәеит Аԥсны аенергетика аусхк аҟны иҟоу ауадаҩрақәа ртәы

Атәылаҟны аенергетикатә усхк аҟны иҟоу ауадаҩрақәа ҵарны иқәгылоуп - ахьшәашәара аамҭақәа рзы афымцалашара ахархәара анырацәоу, аинфраструктура ахьажәу иахҟьаны алашара арцәара аамҭеихша аларгалоит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 21 - Sputnik. Аԥыза-министр Александр Анқәаб Аԥсны аенергетика аусхк аҟны иҟоу ауадаҩрақәа ртәы далацәажәеит аекономика аминистр Кристина Озгани "Амшынеиқәафымцамч" анапхгареи алархәны. Абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
Анаплакы адиректор хада Ҭемыр Џьынџьолиа иажәақәа рыла, ихымԥадатәны иҟоуп атехника ҷыдеи афымцацәаҳәақәа реиҭашьақәыргылараз амаҭәахәи аахәара, арҭ зегь иааидкылан 500 миллион мааҭ рҟынӡа иартәоит.
Аԥыза-министр анапынҵа риҭеит ихымԥадатәиу еиқәыԥхьаӡаны еиқәдыршәарц.
Иара убас, аиԥылараҟны аенергетикатә усхк аизырҳара иадҳәалаз акыр азҵаарақәа ирзааҭгылан, аԥхьаӡагақәа рықәыргылара, алашараз аԥара аизгара, иааиуа аӡынра иахьынӡазыҟаҵоу уҳәа.
Аԥсны
Ашәарҭадара, аенергетика, Совмин: Аслан Бжьаниа ипресс-конференциаҟны излацәажәоз