Арадио

Акаԥҳа ахәцәа ацхыраара рыҭаразы: иаҭаху зегьы ҟауҵоит, аха нас угәы иасуеит

Аԥсны Афырхаҵа, Агәымшәаразы амедал занашьоу Нана Акаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит, амилаҭтә хақәиҭратә қәԥараан дызлахәыз ахҭысқәа ртәы, аибашьра раԥхьатәи амш шылгәалашәо, насгьы, х-ҩык ахәыҷқәа ланхәа лҿы иааныжьны еибашьра ацаразы алшара лызҭаз.
Sputnik
"Абыржәы зегьы ҳаидгыланы ҳанеицымхыраа, абарҭ анаҳиааи, ҳаԥсадгьыл ҳамырхуеит, ҳаԥсадгьыл ҟалаӡом ҳәа сгәы иаангон", - ҳәа азгәалҭеит Акаԥҳа аиҿцәажәараҿы. Сара ак сыхьыргы, аԥсадгьыл еиқәхааит, ахәыҷқәа зааӡо ҟалоит, шәысԥырхагамхан сҳәан сцеит ҳәа илгәалалыршәоит лара.
Акаԥҳа илгәалашәеит Гәдоуҭа аизараҿы ҳаибашьуама ҳәа азҵаара анықәгыла, ажәлар иаадырԥшыз аџьбарра амилаҭтә қәԥараҿы аҵыхәтәантәи акәаԥ аргыларазы.
Аԥсны Афырхаҵа еиҭалҳәеит Гагра ахақәиҭтәраан раԥхьатәи ахәцәа ацхыраара шрылҭоз, лара лхаҭа аԥсреи абзареи аамҭа данҭагылаз.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.