Аԥсны

Иҷыдоу арыцхәқәа: 2024 шықәсазы Аԥсны иазгәарҭараны иҟоу аиубилеиқәа

2024 шықәсазы Аԥсны иазгәаҭахоит имаҷымкәа аиубилеитә рыцхәқәа – еицырдыруа ауаа риирамшқәа, аҳәынҭқарратәии акультуратәии аусбарҭақәа рышьаҭаркра арыцхәқәа.
Sputnik
Sputnik

Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла – 80 шықәса

Ажьырныҳәа 5, 1939 шықәсазы Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа арҵаҩцәа раԥшьгарала еиҿкаан Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла. Иара аусура арманшәаларазы аҟәшақәа рыла еихшан. Шықәсык ашьҭахь, Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла еиҿнакааит аҭыԥантәи аҟазауаа русумҭақәа рцәыргақәҵа.

Уи аамҭазы Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла хықәкыс иамаз зыҩаӡара ҳаракыз, аидеиатә сахьаркыратә рҿиамҭақәа раԥҵара, еиуеиԥшым ажанрқәа, аҟазара ахкқәа зегьы аус рыдулара, зыргылара иаҿыз СССР акоммунизм ацхраара акәын.

Иахьа, Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла иамоу атрадициақәа ирыцҵо амилаҭтә ҟазара еихаҳауа иааргоит. Араҟа иҟоуп аҿыханҵаҩцәа, аскульпторцәа, аграфикцәа, ателехәаԥшреи, акинои, атеатри рсахьаҭыхыҩцәа, адекораторцәа уҳәа.

Сергеи Сақаниа – 90 шықәса

Ажьырныҳәа 15, 1934 шықәсазы диит Аԥсны жәлар рартист, Аԥсуа драматә театр актиор Сергеи Сақаниа.
Иара асценаҿ инаигӡеит абарҭ арольқәа: Абдураҳман ("Ақьачақь" Н. Хикмет, 1965), Абгахәыҷы ("Ажәеиԥшьаа рыԥҳа" Р. Џьопуа, 1967), Арԥыс қәыԥш ("Ашьхаҭыԥҳа" Р. Гамзатов, 1968), Еснаҭ ("Ахрашәа" Б. Шьынқәба, 1971), Баҭал ("Асас" А. Мықәба, 1971), Аинквизитор ("Дон Карлос" Ф. Шиллер, 1971) уҳәа егьырҭгьы.
2014 шықәсазы Сергеи Сақаниа Аԥсны жәлар рартист ҳәа ахьӡ ихҵан. Актиор иԥсҭазаара далҵит 2022 шықәсазы.

Арҵаҩратә институт аиҭакра – 45 шықәса

Жәабран 5, 1979 шықәсазы А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи арҵаҩратә институт Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ҳәа еиҭакын. Ауниверситет аԥхьатәи аректорс дыҟан академик Зураб Анчабаӡе.
Иахьа ААУ – зыҩаӡара ҳараку аҭҵаарадырра-рҵаратә комплексуп, Евразиатәи ауниверситетқәа р-Ассоциациа иалахәылоуп, Оксфордтәи Академиатә Еидгылеи егьырҭ жәларбжьаратәи аидгылақәеи ирылахәуп.
Арадио
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Чхамалиа ААУ аҭоурыхи иахьа аԥсҭазаашьеи иазкны

Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла – 65 шықәса

Жәабран 11, 1959 шықәсазы имҩаԥысит Аԥсны ажурналистцәа актәи робласттә конференциа. Аконференциа аусура иалахәын аобласттәи араионтә газеҭқәа, арадио, аҭыжьырҭақәа русзуҩцәа, ареспубликатә газеҭқәа ркорреспондентцәа.
Иқәгылоз аконференциа алахәылацәа Аидгыла аусура аиҿкаашьазы ажәалагалақәа ҟарҵон, Ажурналистцәа Реидгыла апроект аиҭакрақәеи ацҵарақәеи аларгалон. Излацәажәоз азҵаарақәа рзы арезолиуциа анрыдыркыла ашьҭахь, аконференциа алахәылацәа иалырхит быжьҩык злахәыз анапхгаратә еилазаара.

Аԥсуа драматә театр – 95 шықәса

Жәабран 17, 1929 шықәсазы раԥхьаӡа акәны ашәқәа аатит Аԥснытәи апрофессионалтә драматә театр. Раԥхьатәи аԥсуа театралтә студиа еиҿикааит еицырдыруаз амилаҭтә культура аусзуҩ, арҵаҩы, арккаҩы, аԥсуа музыкатә фольклор здыруаз К. Ӡиӡариа.
Атеатр анапхгаҩыс, рҵаҩыс дҟаҵан арежиссиор, арҵаҩы Виктор Домогаров. Кондрат Ӡиӡариеи иареи аԥсуа қыҭақәа ирылаланы аҟыбаҩ злаз аҿар еидыркылаз роуп, раԥхьатәи апрофессионалтә актиорцәа, анаҩс Аԥсни Қырҭтәылеи жәлар рартистцәахаз, аԥсуа сцена иазҟазацәахаз - Азиз Агрба, Лео Касланӡиа, Шәарах Ԥачалиа, Михаил Ақаҩба уҳәа егьырҭгьы.

Дырмит Гәлиа – 150 шықәса

Аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа диит жәабран 21, 1874 шықәсазы.
Дырмит Гәлиа – аԥсуа литература ашьаҭаркҩы, арккаҩы, апоет, апрозаик, аҭоурыхҭҵааҩ, аетнограф, афольклорист, алингвист, СССР Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла алахәыла, Аԥсны Жәлар рпоет, Асоциалисттә Џьа Афырхаҵа.
Дырмит Гәлиа иоуп ХХ ашәышықәса алагамҭазы аԥсуа ҩыреи алитературеи рышьаҭа зкыз. 1892 шықәсазы Константин Маҷавариани дицырхырааны еиқәиршәеит, егьҭижьит "Аԥсуа нбан", иҩит раԥхьатәи аԥсуа бызшәа арҵагақәа, икьыԥхьит раԥхьатәи аԥсуа жәеинраалақәа.
Д. Гәлиа илитературатә рҿиара ахацыркра апоезиа иадҳәалоуп. Иажәеинраалақәа рҟны ихы иаирхәон жәлар рҿаԥыц поезиа атрадициақәа, асиужетқәеи амотивқәеи рыла мацара акәымкәа, жәлартә жәеинраала аформеи аритмикеи рыла.
Гәлиа аԥсуа литературатә жәар акыр ирҭбааит, иалеигалеит ажәа ҿыцқәа, аилкаарақәа.
Арадио
Корсаиаԥҳа: Дырмит Гәлиа иирамш - милаҭтә ныҳәа дуны сахәаԥшуеит

Агазеҭ "Аԥсны" – 105 шықәса

Жәабран 27, 1919 шықәсазы Д.И.Гәлиа инапхгарала иҭыҵит агазеҭ "Аԥсны" раԥхьатәи аномер. Убри аахыс амилаҭтә кьыԥхь иамшны иазгәарҭоит жәабран 27.
Д.И.Гәлиа агазеҭ раԥхьатәи аномер ианиҵаз аԥхьажәаҿы иазгәеиҭон "Иахьа Аԥсны ҽаԥарак иԥеит" ҳәа. Шьахәла еиликаауан ҳажәлар рхатәы бызшәала агазеҭ ахьроуз акырӡа шаҵанакуаз.
Амилаҭтә газеҭ аҭыҵра хҭыс дуны иҟалеит аԥсуа жәлар рдоуҳатә культура арҿиараҿы. Уи иаднаԥхьалон алитературеи, апублицистикеи, аҭҵаарадырреи рахь раԥхьатәи зшьаҿақәа еихызгоз аҿар.

Шоҭа Арсҭаа – 95 шықәса

Хәажәкыра 10, 1929 шықәсазы диит Аԥсуа бызшәаҭҵааҩы, аԥсуа грамматиказы аҟазауаҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт абызшәа аҟәша аусзуҩ Шоҭа Арсҭаа.
Шоҭа Арсҭаа – иналукааша кавказҭҵааҩуп. Аԥсуа бызшәа аҭҵаараҿы, Аԥсны аҭҵаарадырра арҿиараҿы, аҟазауаа реиҵааӡараҿы илагала шьардоуп. Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа раԥхьатәи ахада, Аԥсны иреиҳаӡоу ашкол зҽаԥсазтәыз аусзуҩ Ш. Арсҭаа ианашьоуп аорден "Ахьӡ-Аԥша" II аҩаӡара.
"Быжь-хаҳәк ирхысыз": Академик Шоҭа Арсҭаа 90 шықәса ихыҵит

Сергеи Багаԥшь – 75 шықәса

Хәажәкыра 4, 1949 шықәсазы диит Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь.
Аҳәынҭқарратә, аполитикатә усзуҩ Сергеи Багаԥшь иԥсҭазаара ижәлар рыԥсҭазаара иузаҟәымыҭхоны иҟан. Уи азоуп аԥсуа жәлар ажьырныҳәа 12, 2005 шықәсазы рлахьынҵа инапы изанырҵаз, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадас дзалырхыз.
Иара данысит аԥсҭазааратә мҩа ду – Мықәтәи аефирхәшатә совхоз агроҟәша аиҳабы инаиркны апартиа Очамчыратәи араиком актәи амаӡаныҟәгаҩ иҟынӡа. Анаҩс –Аԥсны Жәлар Реизара адепутат инаиркны Аԥсны анапхгара аиҳабы иҟынӡа.
Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь иԥсҭазаара далҵит 2011 шықәса лаҵарамза 29 рзы, 62 шықәса дшырҭагылаз.
Аԥсны
Ауаҩра, агәаӷьра, аҳалалра злаз: Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь игәалашәаразы

Фазиль Искандер – 95 шықәса

Хәажәкырамза 6, 1929 шықәсазы диит Фазиль Искандер – апоет, апрозаик, апублицист, Жәларбжьаратәи ассоциациа "Мир культуры" ахада. Ианашьан СССР Аҳәынҭқарратә премиа, Гамбургтәии Пушкинтәии апремиақәа, Жәларбжьаратәи алитературатә премиа Малапарти, Андреи Сахаров ипремиа, Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә премиа, Жәларбжьаратәи апремиа Москва-Пенне уҳәа егьырҭгьы.
Искандер ирҿиамҭақәа ирыԥхьоит европатәи абызшәақәа зегь рыла. Иԥсҭазаара далҵит ԥхынгәы 31, 2016 шықәсазы.
Фазиль Искандер алитератураҿы илагалазы, насгьы акыршықәсатәи ирҿиаратә усуразы ианашьан Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳамҭа "Ахьӡ-Аԥша" аорден актәи аҩаӡара, Урыстәылатәи Афедерациа аорден "Аџьынџьтәыла аҿаԥхьа ақәҿиарақәа рзы" 2-тәи, 3-тәи, 4-тәи аҩаӡарақәа.

Таиф Аџьба – 85 шықәса

Хәажәкыра 11, 1930 шықәсазы диит аԥсуа поет, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны аҳәынҭқарратә премиа алауреат Таиф Аџьба. А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет (анемец бызшәа аҟәша) далгеит.

1983-1985 шш.рзы дырхысит А. М. Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институт Иреиҳаӡоу алитературатә курсқәа. Аус иухьан ашәҟәҭыжьырҭа "Алашара" аҟны редакторс, ажурналқәа "Алашара", "Ашколи аԥсҭазаареи" рредакциақәа рҟны, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аконсультантс.

Авторс дрыман жәаба инареиҳаны ажәеинраалақәеи апоемақәеи реизгақәа. Иажәеинраалақәа рыхәҭак еиҭагоуп аурыси ақырҭуеи бызшәақәа рахь.
Т. Аџьба аԥсшәахь еиҭеигеит А.С. Пушкин, М.И. Лермонтов, Ф.И. Тиутчев, А.А. Блок, Л. Озеров, А. Чивилихин, Б.А. Ахмадулина, Р.Ф. Казакова, Қь. Л. Мхце, Ҳ. Ԥанеш, И. Лакербаи, И.Е. Нонешвили, М. Ԥоцхишвили, М. Мирнели ражәеинраалақәа. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аҟәа, 1992 ш. жьҭаара жәба рзы ақырҭуа қәылаҩцәа дрытҟәеит, убри нахыс ихабар аӡәгьы имбеит.
Аԥсны
Инапылаҟаҵарам абаҟа

Иуа Коӷониа – 120 шықәса

Хәажәкыра 13, 1904 шықәсазы диит апоет Иуа Коӷониа.
Д. И. Гәлиа иаԥшьгарала еиҿкааз Кәтол ақыҭантәи ашкол даналга, 1919 ш. инаркны аҵара иҵон Аҟәатәи арҵаҩратә семинариаҿы (ашьҭахь – арҵаҩратә техникум). Араҟа аԥсуа бызшәа дирҵон Д. И. Гәлиа. Асеминариаҿы алитературатә кружок аусуреи анапылаҩыратә журнал "Ашарԥы-еҵәа" аҭыжьреи дрылахәын. 1924-1925 шш. рзы Аҟәа еиҿикааит алитературатәи адраматәи кружокқәа. Инапхгарала иҭрыжьуан анапылаҩыратә журнал "Аҿар рыбжьы".
1925-1928 шш. раан И. Коӷониа аҵара иҵон Москватәи аҳәынҭқарратә ажурналистикатә институт аҟны. Иҵара алгара рацәак игымкәа игәабзиара аауашәшәырахан, ӷәӷәала дычмазаҩны Аҟәаҟа дааргеит. Иԥсҭазаарагьы далҵит.
Иуа Когониа хықәкы хадас иман ақалақьи ақыҭеи рҟны акультура-рккаратә усура амҩаԥгара, ахатәы бызшәа аиқәырхареи уи арҿиареи, ауааԥсыра рыҩнуҵҟатәи аҵарадара аԥыхра, алитераторцәа ҿарацәа ралԥшаара. Анаҩс еизигаз афольклортә материалқәа ирҿиамҭақәа шьаҭас ироуит.
"Аԥсуа Есенин": Иуа Коӷониа диижьҭеи 115 шықәса ҵит

Асахьаҭыхратә галереиа – 60 шықәса

Хәажәкыра 17, 1964 шықәсазы Аҟәа иаԥҵан асахьаҭыхратә галереиа. 1963 шықәсазы Аԥсны Аминистрцәа Рхеилак иаӡбит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҟәша ашьаҭала иаԥҵазарц Асахьаҭыхратә галереиа.
Аԥснытәи Асахьаҭыхратә галереиа аԥҵара иалахәын еицырдыруаз асахьаҭыхыҩцәа: В. Бубнова, О. Брендель, М. Ешба, Хә. Аҩӡба уҳәа аӡәырҩы. Ианаадыртуаз аҽны агалереиа азалқәа хԥа рыҟны ицәырган 12 скульптуреи 100 инарзынаԥшуа асахьақәеи. Уи аахыс агалереиа афондқәа еиҳа-еиҳа еизҳауеит.

Виолетта Маанԥҳа – 85 шықәса

Хәажәкыра 26, 1939 шықәсазы диит Аԥсны Жәлар рартистка Виолетта Маанԥҳа. Шоҭа Русҭавели ихьӡ зху Қарҭтәи атеатртә институт даналга Аԥсуа драматә театр атруппа далалеит.
Виолетта Маанԥҳа - қәҿиарала аԥсуа сценаҿ иналагӡеит абас еиԥш иҟоу арольқәа: Ҳанифа ("Анаурқәа", Д.Гәлиа, 1961), Апринцесса ("Аҳәынҭқар кьантаз", Е. Шварц, 1962), Дездемона ("Оттело" У. Шекспир, 1964), Лика ("Сара с Марат рыцҳа" А. Арбузов, 1965), Нуца ("Уаҟа – ишышәҭаху" Б. Шьынқәба, 1977), Адица ("Аӡыхь абжьы" Шь. Аџьынџьал, 1977), Роза ("Брисбенантәи ахҵәаҩы" уҳәа егьырҭгьы. Иара убас акинофильмқәа рыҟны "Хҭарԥа шкәакәа", "Иԥшьоу ажьирҭа асаркьал", "Амзаҿа ангыло". Виолетта Маанԥҳа иланашьоуп "Ахьӡ-Апша" аордена III аҩаӡара, "Аџьа аветеран" амедал.

"Лыхнытәи ааԥхьара" - 35 шықәса

Хәажәкыра 18, 1989 шықәсазы аԥсуа жәлар СССР анапхгара рахь "Лыхнытәи ааԥхьара" ҟарҵеит.
1988 шықәса инаркны, Звиад Гамсахурдиа дызхагылаз Қырҭтәыла анапхгара, Аԥсны аҭоурых ӷәӷәала еицакуа, Қарҭ, Аҟәа, Гагра ақалақьқәа рҟны лассы-лассы ақәгыларақәа мҩаԥыргон, апериодикатә кьыԥхь аҟны ақырҭуа уааԥсыра рхы иҭаргалон Аԥсны - қырҭуа дгьылуп, аԥсуаа - қырҭуа хылҵшьҭрақәоуп ҳәа.
Еиҳарак ари аус аҟны аус ӷәӷәа руан ақырҭуа шәҟәыҩҩцәа аӡәырҩы. Есыҽны дара Қырҭтәыла акьыԥхь, арадио, ателехәаԥшра рҿы аԥсуаа ргәы ԥыржәон, дара ақырҭуа дгьыл аҟны "исасцәоуп", "апсуицәа" ауп ирыхьӡу, ирымоу автономиаҵәҟьа рымхтәуп ҳәа.
Уи аҭакс аԥсуа милаҭтә ҵысра алахәылацәа ашәҟәы рҩит Аԥсны уаанӡа иамаз хазы иҟоу аидгылатә республика астатус азырхынҳәызарц азы адҵа ҟаҵо. Убас, хәажәкыра 18, 1989 шықәсазы иҟалаз наунагӡа аҭоурых аҿы иаанхо ахҭыс. Зықьҩыла аԥсуа жәлар ахаҭарнакцәа Лыхнашҭа еизаны еицрыдыркылеит СССР анапхгара рахь ирҩыз "Лыхнытәи ааԥхьара".

Нурбеи Камкьиа – 90 шықәса

Мшаԥы 15 1934 шықәсазы диит Аԥсны жәлар рартист Нурбеи Камкиа. Иара Шоҭа Русҭавели ихьӡ зху Қарҭтәи атеатртә институт далгеит, аус иуан Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҟны. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы Аҟәатәи акультура-арккаратә ҵараиурҭаҿы актиортә ҟазаразы алекциақәа дрыԥхьон, аус иуан Тҟәарчалтәи атеатр аҟны арежиссиор-қәыргылаҩс.
Аԥсуа театр асценаҿ Нурбеи Камкиа қәҿиарала дыхәмарит: Анджело ("Анджело" В. Гиуго, 1959), Асланбеи ("Ашамҭаз" А. Лагәлаа, 1959), Тахи ("Ҳаамҭазтәи ахлымӡаах" Р. Ебралиӡе, 1961), Машьгәыгә ("Ҩаԥхьа ианышәҭуа" Гь. Гәыблиа, 1962), аминистр ("Аҳәынҭқар ҟьантаз" Е. Шварц, 1963), Ганс ("Иван-аԥсуа" М. Чамагәуа, 1963), Филипп ("Дон Карлос" Ф. Шиллер, 1971) уҳәа. Иара убас, дыхәмарит акыр жәабала асахьаркыратә фильмқәа рыҟны. Нурбеи Камкиа ианашьоуп "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара, "Аџьа агәымшәараз" амедал. Актиор идунеи иԥсахит 2013 шықәсазы.

Гьаргь Ӡиӡариа – 105 шықәса

Аҵарауаҩ-аҭоурыхдырыҩ Гьаргь Ӡиӡариа диит Лыхны ақыҭан 1914 шықәса лаҵара 6 рзы. Еицырдыруа аҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩ, аҭоурыхдырыҩ, арҵаҩы, кавказҭҵааҩы, аҵарауаҩ ду Гьаргь Ӡиӡариа аԥсуа ҭҵаарадырраҿы еиԥш асовет ҭоурыхдырраҿгьы ихьӡ-иԥша ыҟан.
Иара раԥхьатәи ашьаҿақәа ҟазҵоз аԥсуа ҭоурыхдырра ашьаҭаҿы дгылан. Аиҳаракгьы иара ироль дуны ишьоуп аԥсуа ҭоурыхҭҵаареи аԥсуадырра егьырҭ ахырхарҭақәеи рҿы.
Гьаргь Ӡиӡариа инапы иҵихит 200 рҟынӡа кьыԥхьымҭа. Урҭ рҟынтәи 70 аҭҵаарадырратә усумҭақәеи 23 шәҟәыи.
Гьаргь Ӡиӡариа иԥсҭазаара далҵит 1989 шықәсазы.
Анчабаӡе аҭоурыхҭҵааҩ Гьаргь Ӡиӡариа изкны: ихьӡ-иԥша ыҟан

Владимир Аршба – 65 шықәса

Лаҵара 8, 1959 шықәсазы диит Аԥсны Афырхаҵа Владимир Аршба. Владимир Аршба - аинрал-леитенант, аҳәынҭқарратәии ауаажәларратәии усзуҩ, Аԥсуа ар аԥҵаҩцәа дыруаӡәкын.
1992 шықәса цәыббрамзазы Аршба Аԥсны Арратә мчрақәа рыдҵаҟаҵаҩыс дҟаҵан, 1992 шықәса жьҭаара 11 инаркны Аԥсны Атәылахьчара аминистр инапынҵақәа неигӡон. Аполковник Сулҭан Сосналиеви иареи Атәылахьчара аминистрра аусбарҭа аус адыруылон.
Аԥсны Атәылахьчара аминистр инапынҵақәа шьҭеиҵеит игәамбзиара иахҟьаны 1993 шықәса мшаԥымзазы. Арратә зҵаарақәа рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы иабжьагаҩс дҟаҵан, аамҭақәак рышьҭахь Аԥсны Арратә комиссарс дҟаҵан.
2018 шықәсазы Владимир Аршба иԥсҭазаара далҵит.

Кандид Ҭарба – 80 шықәса

Лаҵара 13, 1944 шықәса рзы диит Аԥсны жәлар рартист Кандид Ҭарба. Аҳәынҭқарратә жәлар рыкәашаратә ансамбль "Кавказ" асахьаркыратә напхгаҩы, адиректор.
Кандид Ҭарба зҽаԥсазтәыз Аҳәынҭқарратә жәлар рышәаҳәаратәи рыкәашаратәи ансамбль артистс дыҟан, Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль абалет далахәын. 1980 шықәса раахыс Аԥсны зҽаԥсазтәыза Аҳәынҭқарратә жәлар рышәаҳәаратәи рыкәашаратәи ансамбль абалетмеистер хадас дыҟан. Иара ихьӡ ауп изыдҳәалоу ансамбль "Кавказ" ашьақәгылара. 1992-1993 шықәсқәа раантәи Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахьҵәҟьа еиҿкаан "Кавказ". Ансамбль алахәын Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Германиа, Польша имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аиндаҭларақәа.
Кандид Ҭарба ианашьан аорден "Ахьӡ-Аԥша" II аҩаӡара, аурыс-аԥсуа еизыҟазаашьақәа рҿы илшарақәа рзы "Аиҩызара аорден". Кандид Ҭарба иԥсҭазаара далҵит лаҵарамза 1, 2016 шықәсазы.

Константин Озган – 85 шықәса

Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак адепутат, еиуеиԥшым аамҭақәа рзы Апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, адәныҟатәи аусқәа рминистр, аекономика аминистр, Аҳәынҭқарратә шәахтә маҵзура ахантәаҩы, Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Константин Озган диит Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан лаҵара 15, 1939 шықәса рзы.
Озган акыршықәса Қырҭтәыла аиҳабыра Гәдоуҭа апартиа араиком актәи амаӡаныҟәгаҩс дыҟан. Убри аан активла Аԥсны имҩаԥысуаз аполитикатә қәгыларақәа, аԥсуаа рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара далахәын.
Константин Озган ипатриотизмреи ижәлар рахь ибзиабареи ирылҵшәоуп Аԥсны ахьыԥшымраз ақәԥараҿы ииашаз аӡбрақәа рыҟаҵара, аиҳаракгьы 1989 шықәсазтәи ахҭысқәа раан.
1992-1993 шықәсқәа раантәи Аџьынџьтәылатә еибашьраан атәыла ахақәиҭраз илагала ду алоуп: Атәылахьчара Аҳәынҭқарратә еилакы далахәылан. Аусура ду мҩаԥигон Нхыҵ-Кавказынтә хатәгәаԥхарала еибашьра иаауаз рыбжьара.
Аԥсны анапхгара рнапынҵала изныкымкәа Нхыҵ-Кавказтәи ареспубликақәа рнапхгаҩцәа дырԥылахьан.
Константин Озган иԥсҭазаара далҵит 2016 шықәсазы.
Иажәа раӡан есымша: Константин Озган диижьҭеи 80 шықәса ҵит

Валериан Кобахьиа – 95 шықәса

Аҳәынҭқарратә, аполитикатә усзуҩ, Қырҭтәыла акоммунисттә партиа Аԥснытәи аобласттә еилакы актәи амаӡаныҟәгаҩ, Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу асовет Апрезидиум амаӡаныҟәгаҩ, Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу асовет Апрезидиум ахантәаҩы, 7, 8, 9-тәи СССР Иреиҳаӡоу Асовет адепутат Валериан Кобахьиа диит 1929 шықәса лаҵара 15 рзы.
Аҟәатәи арҵаҩратә институт аурыс бызшәеи алитературеи рфакультет даналга ашьҭахь акомҿартә усура дазырхан: Гәдоуҭа араионтә комҿареидгыла аҩбатәи амаӡаныҟәгаҩыс, нас актәи амаӡаныҟәгаҩыс дыҟан. Далхын Аԥсны акомҿареидгыла аобком амаӡаныҟәгаҩыс, нас актәи амаӡаныҟәгаҩыс. ЦК КПСС аҿы иаԥҵаз Иреиҳаӡоу апартиа ашкол доушьҭымҭан.
1965 – 1975 шықәсқәа рзы – Қырҭтәыла акоммунисттә партиа Аԥснытәи аобласттә еилакы актәи амаӡаныҟәгаҩыс дыҟан.
Кобахьиа иԥсҭазаара далҵит рашәара 28, 1992 шықәсазы.

Шәарах Ԥачалиа – 110 шықәса

Шәарах Ԥачалиа диит лаҵарамза 20, 1914 шықәсазы. Атеатри акинои рактиор, арежиссиор, адраматург, Аԥснытәи АССР Жәлар рартист, Қырҭтәылатәи ССР Жәлар рартист, СССР Жәлар рартист.
Иара атеатртә ҟазара ажанырқәа зегьы дрыманшәалан. Еиҳа ирдыруаны иҟоуп ирольқәа: Гьедлач ("Кьараз" С. Ҷанба), Кьагәа ("Инаԥҳа Кьагәа" М. Ақаҩба), Баҭал ("Амҳаџьыр" С. Ҷанба), Мшәагә ("Афырхаҵа ицаҟьа" Г. Гәлиа), Даур ("Асас еиқәаҵәақәа" Г. Гәлиа), Ҳаџьараҭ Кьахьба ("Ахрашәа" Б. Шьынқәба), Ленин ("Март ԥшьба" Ш. Аџьынџьал).
"Саламшәҟәык ашьҭақәа рыла" – Шәарах Ԥачалиеи Тҟәарчалтәи атеатри

Руслан Ҳашыг – 65 шықәса

Рашәара 15, 1959 шықәсазы диит Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг. Иара дроушьҭымҭоуп ААУ афилологиатә факультет, М. Ломоносов ихьӡ зху МАУ ажурналистика афакультет.
Агазеҭ "Аԥсны" аҟны аус иуан еиҭагаҩыс, корреспондентс. 1990-1994 шықәсқәа рзы Аҳәынҭтелерадиоеилахәыра редактор хадас, астудиа адиректорс дыҟан. "Останкино" актәи аканал аинформациатә программақәа рдирекциа аштатнҭыҵтә корреспондентс дыҟан.
1995-1997 шықәсқәа раан – ОРТ ахатәы корреспондентс Аԥсны дыҟан. 1997-1998 шықәсқәа раан – НТВ акорреспондентс Аԥсны дыҟан. 1998-2003 шықәсқәа раан – Аԥсны ахада ипресс- маӡаныҟәгаҩ, "Аԥсныпресс" адиректор. 2003-2004 шықәсқәа раан – Аԥснытәи аҳәынҭтелерадиоеилахәра ахантәаҩыс. 2006 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа "Абаза-ТВ" адиректор хада. 2016 шықәсазы далхын Ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩыс.

Геннади Аламиа – 75 шықәса

Ԥхынгәы 24, 1949 шықәсазы диит Геннади Аламиа – аԥсуа поет, аҳәынҭқарратәии ауаажәларратәии аусзуҩы, СССР-и, Урыстәылеи, Аԥсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла, Аԥсны аҳәынҭқарратә гимн автор, амилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара аветеран.
А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афизика-математикатә факультет далгеит. Аҵара иҵон Москва, СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иатәыз А.М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт аҟны. Аҟәа, Д.И.Гәлиа Иҩны-музеи аҟәша деиҳабын, агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" акорреспондентс, ашьҭахь аҟәша аиҳабыс дыҟан, ахәыҷтәы журнал "Амцабз" аредакциаҿы аус иуан, анаҩс А.М.Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институт аҟны аԥсуа литературеи афольклори рзы алекциақәа дрыԥхьон.
Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет – Аԥсны Жәлар Реизара адепутатс дыҟан. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсны ахаҭарнак иаҳасабала Нхыҵ-Кавказ анапынҵа ҷыда наигӡон. Аԥсны Жәлар рфорум "Аидгылара" аԥҵара аԥшьгаҩцәа дреиуан, редактор хадас даман аԥсышәала иҭыҵуаз афорум агазеҭ "Аидгылара". Кавказ ашьхаруа жәларқәа Рассамблеиа ахада актәи ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс, Аԥсны Жәлар Реизара Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. Геннади Аламиа ажурнал "Черкесский мир" редактор хадас аус иуан.
Г. Аламиа иҩымҭақәа еиҭаргахьеит аурыс, англыз, афранцыз, аполиак, аболгар, аерман, араб, аукраин, амолдав уҳәа абызшәақәа рахь. Апоет ирҿиамҭақәа рҿы аҭыԥ ду ныркылоит аԥсадгьыл, ажәлар ртема. Иԥсадгьыл алахьынҵоуп Аламиа иуаажәларартә усурагьы зыдҳәалоу.

"Адивизиа ццышә" (Дикая дивизия) – 110 шықәса

Нанҳәа 23, 1914 шықәсазы, Актәи адунеизегьтәи аибашьар ианалага ашьҭахь аҳәынҭқар Николаи II идҵа рыларҳәеит "Кавказ ашьагәыҭуаа рҽылатә дивизиа" аиҿкааразы. Кавказтәи аполкқәа хьыӡла-ԥшала рҿаԥхьа иқәгылаз аусқәа нарыгӡон. Дара ирылахәын аԥснытәи аҽыуаагьы.
Аибашьра ашьҭахь урҭ рҟынтәи ихынҳәыз амилаҭ-хақәиҭратә қәԥаҩцәа "Кьаразаа" ирылахәны Ашьхаруатә республика аиҿкааразы рлагала духеит. "Адивизиа ццышә"("Дикая дивизия") 7000 нызқьҩык рҟынӡа аҽыуаа рыла ишьақәгылан. Урҭ рҟынтәи 3500-ҩык Гьаргь иџьарқәеи "Агәымшәараз" амедалқәеи ранашьан.
Реиҳараҩык хынҳәит: аԥсуаа Актәи адунеизегьтәи аибашьраҟны рлагала

Аҟәатәи ареалтә ҵараиурҭа – 120 шықәса

Цәыббра 20, 1904 шықәсазы иаадыртит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь. Иара Аҟәатәи ареалтә ҵараиурҭа ашьаҭала еиҿкаан. Усҟантәи аамҭазы ақалақь аҿы аус руан: Аҳәса ргимназиа, ф-класск иҟаз ақалақьтә ҵараиурҭа, Ашьхаруаа рышкол, Ауахәамаҭааратә школ, Аминистртә школ.
Асовет аамҭазы иара Аиндустриалтә техникум ҳәа еиҭаркит. Иахьа – Аҳәынҭқарратә коллеџь ҳәа ахьӡ амоуп. Асовет аамҭазы атехникум аҿы иӡрыжәуан атехникатә кадырқәа, анаҩс Аԥсны аиԥш анҭыҵгьы аус зуаз.

Дырмит Гәлиа иҩны-музеи – 50 шықәса

Цәыббра 22, 1974 шықәсазы иаадыртит аԥсуа ҩыра ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа Иҩны-амузеи. Амузеи аартра иалахәын ареспублика анапхгара, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, акультура, аҟазара, алитература русзуҩцәа, асасцәа.
Аҩны-амузеи анҵамҭашәҟәы аатуеит Константин Симонов иажәақәа рыла: "Ара дынхон, аус иуан аҟыбаҩ ссир змаз, агәаӷь зызҭаз ауаҩы џьашьахәы. Иахьагьы абра дтәаны иҩызцәа даҳзыԥшушәа збоит. Ирацәахашт ԥхьаҟагьы иҭаауа – еиуеиԥшым абиԥарақәа, амилаҭқәа".

Валери Гамгьиа – 80 шықәса

Цәыббра 29, 1944 шықәсазы диит асахьаҭыхыҩ, аҳәынҭқарратә символика автор Валери Гамгьиа. Валери Гамгьиа - асахьаҭыхыҩ, аграфик, амонументалист, аиллиустратор, Аԥснытәи АССРи ҚССРи зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхыҩ, Аԥсни СССРи рсахьаҭыхыҩцәа Реидгыла алахәыла, Аԥсны жәлар рфорум "Аидгылара" алахәыла, Аԥсны абираҟи агерби равтор.
Қарҭтәи асахьаҭыхратә академиа, аграфика афакультет доушьҭымҭоуп, идипломтә усумҭа– "Аԥсны иахьа" (аполиптих).
Ахәыҷтәы журнал "Амцабз" асахьаҭыхратә редактор. Валери Гамгьиа иԥсҭазаара далҵит 1992 шықәсазы.

Минадора Зыхәԥҳа – 115 шықәса

Цәыббра 30, 1909 шықәсазы диит Аԥсны жәлар рартистка, еицырдыруаз, Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театрр атрагедиатә актриса Минадора Зыхәԥҳа.
Фышықәса анылхыҵуаз аеҭымра лыхьӡеит, иуадаҩыз лхәыҷра шықәсқәа Қарҭтәи ахәыҷқәа рыҩнахьы днанагоит. Атеатр аҿы раԥхьатәи ашықәсқәа лара лзы идырра рҳаган, актиортә ҟазара иаҵараамҭан.
Иахьагьы изгәалашәо рацәаҩуп М. Зыхәԥҳа баҩхатәра дула иналыгӡоз арольқәа. Убарҭ иреиуоуп: Г. Гәлиа – "Афырхаҵа икаҵәара" (Гәында), М. Шавлохов – "Аԥҳәысҳәаҩ" (Минаҭ), А. Цагарели – "Ҳанума" (Ҳанума), А. Лашәриа – "Абзиабара иаша" (Камаҷыҷ), Г. Мдивани – "Ауаа қьиақәа" (Кама), Еврипид – "Медеиа" (Медеиа), Г. Абашиӡе – "Адунеи аԥштәқәа" (Цира), М. Горки – "Аҵыхәтәантәиқәа" (Софиа), О. Иоселиани – "Ауардын хышәҭаанӡа" (Кесариа), А. Сумбаҭишьвили-Иужин – "Аԥсахра" (Зеинаб), Џь. Аҳәба – "Аҳақ ашәара" (Гәыдихан), Г. Габуниа – "Амра агыламҭаз" (Шьоуҳар) уҳәа егьырҭгьы.
Иланашьан Аџьа абираҟ ҟаԥшь аорден, амедалқәа: "Аџьа аветеран", "1941-1945шш. рзы аџьатә фронт алахәыла", "Қәҿиарала аџьаусуразы" (1941-1945гг.).
Аԥсуа театр аҿаԥхьа иқәыргылоуп лбиуст.

Хәыхәыт Бӷажәба – 110 шықәса

Хәажәкыра 15, 1914 шықәсазы диит аҵарауаҩ, аҭоурыхҭҵааҩ Хәыхәыт Бӷажәба.
Хәыхәыт Бӷажәба – абызшәаҭҵааҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥсны ашәҟәыҩцәа реидгыла ахантәаҩы, Аԥсни Қырҭтәылеи зҽаԥсазтәыз аҭҵаарадыррақәа русзуҩ. СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далахәын.
Аԥсуа литературатә критика дашьаҭаркҩын, Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабыс дыҟан. Д. И. Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа далауреатын.

Нелли Ҭарԥҳа – 90 шықәса

Абҵара 20, 1934 шықәсазы диит Аԥсны жәлар рпоет, апрозаик, адраматург, апублицист Нелли Ҭарԥҳа. А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет далгеит. Аус луан ашәҟәҭыжьырҭа "Алашара" аредакциаҿы. Лымч-лылша азкын аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рырҿиамҭақәеи арҵагатә литературеи аредакциа рзуреи рҭыжьреи.
Раԥхьатәи лажәеинраалақәа кьыԥхьын 1952 шықәсазы. Заанаҵтәи ллирикаҿы аԥыжәара аман абзиабара атема. Анаҩс аԥсадгьыл абзиабара, ажәлар рлахьынҵа, аибашьреи аҭынчреи, амҳаџьыраа рытрагедиа, аԥсабара уҳәа еиуеиԥшым атемақәа лхы иалырхәо далагеит.
Иналукааша лыпрозатә рҿиамҭақәа иреиуоуп апиесақәа "Маҵиса" (1967), "Аԥсымра" (1967), "Ашәы зшәу аҭыԥҳа" (1971).
Нелли Ҭарԥҳа лыԥсҭазаара далҵит 2014 шықәсазы.
Арҿиаҩы ихы-иԥсы злаҟоу ала дыҩуеит: Нелли Ҭарҧҳа лгәаларшәаразы

Софа Агәмааԥҳа – 85 шықәса

Ԥхынҷкәын 20, 1939 шықәсазы диит Аԥсны жәлар рартистка Софа Агәмааԥҳа. Далгеит Шота Русҭавели ихьӡ зху Қарҭтәи атеатртә институт. 1960 шықәсазы дрыдыркылеит Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр ахь.
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Амиран Ҭаниеи лареи аԥсуа еибашьцәа рпозициақәа рахь аконцерттә программа рыманы инеиуан.
2014 шықәса нанҳәамзазы Аԥснытәи аҿар ртеатр асахьаркыратә напхгаҩыс дҟаҵан. Атеатр аҿы лусураан Софа Агәмааԥҳа иаԥылҵеит 70 рҟынӡа ахаҿсахьа ссирқәа: Тизбе ("Анџьело" В. Гиуго, 1960), Лола ("Ҳаамҭазтәи атрагедиа" Р. Ебралиӡе, 1961), Наталиа ("Ажәанҵара" А. Чехов, 1962), агувернантка ("Аҳәынҭқар ҟьантаз" Е. Шварц, 1962), Асида ("Ашәа аԥҵара мариам" Н. Ҭарԥҳа, 1963), Емилиа ("Отелло" У. Шекспира, 1964) назлоу.

Константин Ковач –125 шықәса

Ԥхынҷкәын 24, 1899 шықәсазы диит акомпозитор, аетнограф Константин Ковач. Константин Ковач – Аԥсны аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, амузыкатә фольклористика ашьаҭаркҩы, раԥхьатәи анотатә ҭыжьымҭақәа, жәлар рашәақәа реизгақәа равтор.
Акырӡа ибеиоу аԥсуа жәлар рашәақәа раԥхьаӡа акәны реизакра, рыҭҵаара далагеит акомпозитор, аетнограф К.В. Ковач. Милаҭла ивенгрыз К. Ковач аԥсуа милаҭмаҭәа ишәиҵон, аԥсуа қыҭақәа дрылсуа еизигон хәызмаӡам арҿиамҭақәа, афонограф иҭаиҩуан.
Акыршықәса рыҩнуҵҟа еизигеит, икьыԥхьит 150 жәлар рашәа.
Акәымжәы зшәыз авенгр. Константин Ковач иаԥсуашәақәа 101