Арҿиаҩы ихы-иԥсы злаҟоу ала дыҩуеит: Нелли Ҭарҧҳа лгәаларшәаразы

© Foto / из архива Асиды ЛомияКумф Ломия, Нелли Тарба, Алексей Ласурия
Кумф Ломия, Нелли Тарба, Алексей Ласурия  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абҵара 20, 1934 шықәсазы диит Аԥсны раԥхьатәи апоетесса, Жәлар рышәҟәыҩҩы, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа занашьоу Нелли Ҭарԥҳа. Ажурналист Сырма Ашәԥҳа дазааҭгылоит Нелли Ҭарԥҳаи лареи реиҿцәажәара аҟнытә апоетесса лыгəҭахəыцрақəеи, лыхшыҩзцарақəеи ртәы.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Абаҩхатəра ду злаз Аҧсны Жəлар рышəҟəыҩҩы, апоетесса, аиҭагаҩ, апублицист Нелли Ҭарҧҳа акыр ажəеинраалақəа, апоемақəа, ажəабжьқəа, аповестқəа, ароманқəа, ахəыҷтəы жəеинраалақəа, апиесақəа дравторуп. СССР-и, Урыстəылатəи Афедерациа ашəҟəыҩҩцəа редгыла алахəыла, Аҧсны заҧсазтəыз акультура аусзуҩ, Д. Гəлиа ихьӡ зху аҳəынҭқарратə премиа иаҧсахаз Нелли Золотинск-иҧҳа, аамҭаказы лыҿцəажəара сынасыҧхахьан. Ахааназы исхамшҭуа исыцуп лара лыгəҭахəыцрақəа, лыхшыҩзцарақəа.

© Фото : http://tarba-lomia.orgНелли Тарба
Арҿиаҩы ихы-иԥсы злаҟоу ала дыҩуеит: Нелли Ҭарҧҳа лгәаларшәаразы - Sputnik Аҧсны
Нелли Тарба

"Аҧсуа литература иалиаауеит абаҩхатəра змоу аҿарацəа. Бзиа ирбароуп, рыҧсҭазаара акəны иҟалароуп. Аҿар ашəҟəқəа ирыҧхьалароуп, абааҧсы. Сара сзы иреиҳау премиоуп Дырмит Гəлиа ихьӡ зху апремиа, уи сара сзы зегь реиҳа аҵакы амоуп. Сықəра шмаҷымгьы, ашəҟəқəа маҷымкəа ишыҭсыжьхьоугьы, саҧсаны схы сымбозаргьы, уи еиҳау сара сзы ахьӡ-аҧша ыҟаӡам, гəырҕьарагьы ыҟаӡам, насыҧгьы ыҟаӡам", - лҳəеит апоетесса ҳаиҿцəажəарақəа руак аан.

© Foto / из архива семьи АджинджалШалодиа Аджинджал и группа писателей и поэтов Абхазии - Баграт Шинкуба, Георгий Гублия, Иван Тарба, Нелли Тарба, Кумф Ломия, Шалва Цвижба.
Арҿиаҩы ихы-иԥсы злаҟоу ала дыҩуеит: Нелли Ҭарҧҳа лгәаларшәаразы - Sputnik Аҧсны
Шалодиа Аджинджал и группа писателей и поэтов Абхазии - Баграт Шинкуба, Георгий Гублия, Иван Тарба, Нелли Тарба, Кумф Ломия, Шалва Цвижба.

Нелли Ҭарҧҳа лырҿиара лхы-лгəы аҟынтə иаауан, лыҧсы рхан. Лара излалҳəоз ала лыхшара илзаҩызан.

"Ароман "Амшын ҳəынҭқар Ҳаиҭ " 20 шықәса аҩра сыҿын. Иуадаҩын сара сзы аус адулара. Поемак уҩуазар мчыбжьык ала иуҩыр ҟалоит, ажəеинраалагьы иахьа иузымҩыр даҽазны иуҩыр алшоит. Ара аҧсҭазаара ахырхарҭақəа рацəаны еилаҵаны иҟоуп. Аибашьра алагамҭазы иҩны салгеит, иҭсыжьит. Сгəы-сшьа иахылҵыз хəыҷык еиҧш абас избоит", - ҳәа лҳәон Аҧсны Жəлар рышəҟəыҩҩы.

Мушьни Миқаиа - Sputnik Аҧсны
Аԥхьаҩ дызмоу ашәҟәыҩҩы

Аибашьра ашьҭахь апоетесса ҩныҵҟала дызмырҭынчуаз ахьаақəа лыман. Лыҧсадгьыл алахьынҵа, уи аҧеиҧш еснагь дазхəыцуан.

"Аибашьра ашьҭахь аҩра саналага, схьаақəа сырзааҭгылон. Ауаҩы дзыргəырҕьо, иҭагылазаашьа зеиҧшроу, ихы-иҧсы злаҟоу ала ауми дшыҩуа. Аибашьра иазку ациклқəа рацəаны ашəҟəы иануп. Уи аахысгьы жəеинраалақəак сыҩуеит, сызлымгац рацəоуп. Нас аессеқəа рыҩра салагеит ҳҩызцəа ирызкны, ашəҟəыҩҩцəа ирызкны", - абас лыгəҭахəыцрақəа ҳацеиҩылшон апоетесса.

Ашəҟəыҩҩы еснагь лхы-лгəы иалан, хьаас илыман амҳаџьырра иагаз ҳашьцəа рлахьынҵа.

© Foto / из архива Асиды ЛомияКумф Ломия, Нелли Тарба, Алексей Ласурия
Арҿиаҩы ихы-иԥсы злаҟоу ала дыҩуеит: Нелли Ҭарҧҳа лгәаларшәаразы - Sputnik Аҧсны
Кумф Ломия, Нелли Тарба, Алексей Ласурия

"Сабду иаб еишьак Ҭыркəтəылаҟа дагахьан уаҩшьрак аҵыхəала. Аихатə гəашəқəа анадыркы уахь дынхеит. Иӡбахə бжьаӡны иҟан, акагь ҳаздырӡомызт. Убри иҧшаара сашьҭан. 1979ш. рзы киргиз поетк иареи сареи ҳаибадырит. СССР ашəҟəыҩҩцəа реидгылаҿы аҳəаанырцəтəи аҟəшаҿы аус иуан. Сгəаҟра анизеиҭасҳəа, арзаҳал иҩны исҭарц сеиҳəеит. Хышықəса рнаҩсан, "Шьамтəыла бцар бҭахызар, бсышьҭуеит. Ҭырқəтəылеи ҳареи ҳаимадара ҽеиӡам, Шьамтəылеи ҳареи ҳаибабара бзиоуп ҳəа". Уи сара сзы жəҩангəашəҧхьарак иаҩызан", - лҳəоит Нелли Ҭарҧҳа.

Абас лыҧхыӡ иалаз лабҿабахеит зыжəлар рхьаа зхьааз аҧҳəыс хатəра. 1986ш.рзы раҧхьаӡа акəны ашəҟəыҩҩы Шьамтəылаҟа ацара лқəашьхеит.

© Фото : Мушьни Миқаиа иархив аҟынтә иаагоупНелли Ҭарԥҳаи Мушьни Миқааи
Арҿиаҩы ихы-иԥсы злаҟоу ала дыҩуеит: Нелли Ҭарҧҳа лгәаларшәаразы - Sputnik Аҧсны
Нелли Ҭарԥҳаи Мушьни Миқааи

"Уа аҧсуаа шыҟаз саҳахьан. Уантə Аҳмад Кəыҿба даахьан, Амаршьанқəа аахьан, ҳаимадара еиҳа иахьыбзиаз иаақəоз ыҟан. Урҭ амшқəа ныҳəаҵас исгəалашəоит. Сгəырҕьаҵəа сцеит, арҿиаратə командировка ҳарҭан, урыс шəҟəыҩҩыки сареи ҳаиццеит. Жəамш сыҟан Шьамтəыла. Асасааирҭа ҳзыҩнарҵазгьы Шьам ахьӡын. Зынӡак Аҧсны сыҟазшəа сыҧхьаӡеит. Аҧсуаа сыҧшааит. Дара рзоуп сызцаз ҳəа даҽак хьаас исымазма. Ахəылбыҽха ашə шьоукы асит, Аҳмаҭ Кəыҿба иҧҳəыси ихəыҷқəеи ицны сышə иаалагылеит. Даара сгəырҕьеит. Ҩпрограммак ныҟəызгон. Ҽынла аофициалтə программа сыман, хəылбыҽхала еизон аҧсуаа. Аҧсуаа ахьынхоз аҭыҧ Кунеитра ахьӡын. Рыдгьыл абжакы Израиль ианампыҵанахала, иқəҵыр ақəхеит. Рабацəа рнышəынҭрақəа Израиль аганахь иҟоуп. Сганы исдырбеит, Аҧсны еиҧшуп, иҳаракыроуп. Аҧсуа дгьыл еиҧшуп ҳəа иалырхит", - лҳәон Ҭарԥҳа.

Мушни Ласуриа - Sputnik Аҧсны
Мушьни Лашәриа арепатриациазы: амҩа аатит, ацҳа хуп - иацхраалатәуп

Лыҧсҭазаара аҵыхəтəантəи амшқəа рҟынӡа хашҭра лзақəмызт Нелли Ҭарҧҳа аҳəаанырцə инхо лашьцəеи лареи реибабара, имаҷмызт урҭ ирылкхьаз ацəаҳəақəа.

"Ашьҭахь, Ҭырқəтəыла санца ус сҳəеит:"Ҧсыуак иаҳасаб ала, Шьамтəыла санца сыблит, сҷыҷит ҳəа. Излацəажəо абызшəа абазақəа рбызшəа еиҳа еиҧшуп, аха уанеишьцылалак уеилибакаауеит. Фадиль Арҩыҭаа ҳəа ашəҟəыҩҩы ду дыҟоуп. Раҧхьа ииҳəоз сзеилкааӡомызт, хымш рыла ҳаилибакаауа ҳалагеит. Аиқəырхара уадаҩуп, хымҧада. Кунеитра ианықəҵ, еиҧхьыттеит, даҽа хҵəарак рзыҟалеит, атəым ҳəынҭқаррақəа рахь иагеит. Кунеитра ирзынхаз абжа, ҭоурыхтə ҭыҧны иҟоуп. Аҧсуара даара еиқəханы иҟоуп", - лхəыцрақəа ҵыхəаҧҵəара рымамызт апоетесса.

Ҭырқəтəылаҟа раҧхьатəи лцара акəзар, абар дшахцəажəо:

© Фото : из архива Орлова-КретчмераВстреча творческой интеллигенции. С поэтессой Нелли Тарба (1981 г.)
Арҿиаҩы ихы-иԥсы злаҟоу ала дыҩуеит: Нелли Ҭарҧҳа лгәаларшәаразы - Sputnik Аҧсны
Встреча творческой интеллигенции. С поэтессой Нелли Тарба (1981 г.)

"Ҭырқəтəыла асасааирҭаҿы ҳаиқəшəеит аҧсуааи сареи. Уа баннеи Аҧсны бнеиз џьыбшьоит. Ҭырқəтəыла даара идууп, ҧшьаамҭак џьарак еицыҟоуп. Дали-ҵабали иҭыҵыз аҧсуаа ҳаарылаҳаит Бурса ҳаннеи. "Нелли, ҳбыкəыхшааит"- ҳəа ҳгəыдкыло, ҳхыдкыло, ҳаибарҵəыуо ҳаиҧылеит, ҧхыӡҵас иаҳзааиуан зегьы. Нас Стампыл ҳааит, уа аҧсшəа бзианы ирҳəоит, ржəар беиуоуп. Адернеқь аҿы ҳаизыргеит. Аҧсуа шьа хара ианцалак убас еиҧш ахеиқəырхара иашьҭалоит, иҟанамҵо акы ыҟам. Аижəлантəқəа ара инхои, уа иҟои хаҿсахьала шаҟа еиҧшузеи!", - гəыблыла аҧсуа хылҵшьҭрақəа лгəалалыршəон апоетесса.

Егьа аамҭа царгьы есс-ииуа ирыцилап ас еиҧш абаҩхатəра злоу ауаа хатəрақəа рцəаҳəақəа, рыхшыҩзцарақəа. Раҧҵамҭақəа хшыҩрҵаганы адунеи иақəлахап, аҭоурых иазынхап. Нелли Золотинск-иҧҳа Ҭарба лгəалашəара наунагӡа иҳацзаауеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0