Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Инапылаҟаҵарам абаҟа

© Foto / предоставлено Елеонорой КогониаТаиф Аджба
Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2023
Анапаҵаҩра
Апоет Таиф Аџьба иахьа дҳацызҭгьы, ихыҵуан 84 шықәса. Хабарда ибжьаӡыз алирик иҭаацәа реиԥш гәалас дрымоуп уи иааигәаны дыздыруаз ауаа. Абарҭ дырхыԥхьаӡалоуп, иахьа сзыҿцәажәо апоет игәыла, ақырҭуа гвардиауаа даныргоз зыбла иабаз Константин Ануа.
Ари ауаҩы ҳтәылаҿы дыззымдыруа аӡә дыҟоуп ҳәа сыҟам, иара инеиԥынкылан 60 шықәса Аԥсны апсихоневрологиатә диспансер ҳақьым хадас аус иуит, иахьагьы аус иуеит уи асистемаҿы. Изанааҭ инаҷыданы, Ануа дрызҿлымҳан аполитика, акультура уҳәа, ҳаԥсадгьыл аҿы имҩаԥысуаз апроцессқәа зегьы. Аиашазы, дызхаанугьы рацәоуп.
Таифи Константин Давид-иԥеи еигәылацәан. Аҟәа Аҳабла ҿыц аҿы Ӡержински имҩаду 23-тәи аҩнаҟны инхон.
"Аибашьра анцозгьы, аҭынч ԥсҭазаараҿгьы Таиф игәалаҟазаара аилкаара цәгьан. Ма игәы ԥжәо, ма дҟуҵәуо дубаӡомызт. Дҭынчын. Ашьац даӷрагыломызт. Ҳаиҭанеиааиуан аибашьра анцоз. Ҳазлацәажәоз? "Ҳақәырхырц иааит, Костиа, умбои", - иҳәон иара. "Урҭ ҳарзықәхӡом, акы уацәымшәан", - сҳәон саргьы. Ҳгәы еибарӷәӷәон. Иара аԥсҭазаара бзиа избоз уаҩын. Аҭынч ԥсҭазааразы дшан, ирымҭеит акәымзар. Таиф иҩыза ашәҟәыҩҩы сара ахәшьара сызиҭом, аха ауаҩы, агәыла, аҩыза иаҳасабала, иахьа иеиԥш зеиԥшу иԥшаара уадаҩуп", - абас иажәа ахы икит Таиф игәыла.
Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.10.2022
Аԥсны
"Саџьал ааигәазаргьы - сгәыӷра хароуп": 30 шықәса Таиф Аџьба ихабар ыҟамкәа
Аибашьра анцоз дара рыҩнаҿы инхоз аԥсацәа рҽеидкыланы иҟан, ргәы шьҭибахуан. Таиф Аџьба аибашьра аамҭазы ииҩыз имшынҵаҿы акырынтә Костиа Ануа иԥшәмаԥҳәыс Светеи иареи рыӡбахә иҳәоит. Аинформациа иашьҭаз апоет ителевизор ианинамырбоз ыҟан. Цәыббрамза 12, асабшаҽны Таиф иҩуан: "Ашьыжь Костиа Ануа иҿы сахәаԥшит Аԥсуа телехәаԥшра", - ҳәа. Аинформациа адагьы, афатә-ажәтә аԥшаара имариамыз усын усҟан. Константин Ануа сиазҵааит, ишԥашәыԥшаауаз ишәфоз ҳәа. Давид-иԥа иажәақәа рыла, ауаа еицхыраауан.
"Ҳгәыла Евстигнеев Мишеи иԥҳәыс Ксениеи аурысқәан. Убарҭ аус руан ателеграф аҿы. Чахык ааргар абжа ҳарҭон, уи абжа Таифраа ираҳҭон", - иҳәеит Ануа, аамҭа цәгьақәа игәаларшәо.
Сзацәажәо ауаҩ иажәақәа дырҵабыргуеит апоет имшынҵагьы:
"Костиа Ануа ача ҳаиҭеит, уи иахьа иҳазҳархап, аха уаҵәы иҟаҳҵо сыздыруам", - иҳәоит Таиф цәыббрамза 14 рзы.
Иахьа 90 шықәса ирҭагылоу Константин Ануеи сареи абри анҵамҭазы ҳаиқәшәеит Аҟәа аԥшаҳәаҿы. Даара игәы арԥшаауан хабарда ибжьаӡыз апоет игәаларшәара. Лаӷырӡыла икәабоуп уҳәар ауеит абра иаазго Таиф игәыла иажәақәа зегьы.
"Сара еснагь срыԥхьон Таиф иҩымҭақәа. Ҳаиҿцаауан иареи сареи аибашьра ҟалаанӡагьы. Даара ҳаизааигәан аха, ҳаиԥырыргеит. Иара март 11 рзы диит, сара март 14 рзы. Иирамш аныҟаз сымнеикәа иуамызт. Усҟан ҳаиҭанеиааиуан. Иара зхы ҳаракны иныҟәоз иакәмызт. Аибашьра аналага еиҳагьы ҳаизааигәахеит. Ҽнак сыԥшәмаԥҳәыс ақалмышь ҟалҵеит, иаргьы агьама иҳарбеит. Имшынҵаҿгьы иҳәоит џьара. Рацәак мҳәакәа аҵакы змаз ацәажәара идыруан Таиф. Иара ҭынч адунеи ианыз шиакәызгьы, ақырҭқәа дҭадырхарц иашьҭалеит. Дзыхдырҟьоз ҳәа сгәы иаанаго - ашәҟәыҩҩра дшазҟазаз рдыруан. Играждантә лирика атәы рдыруан. Даԥырырхит аҟазара ду злаз аԥсуа поет", - ҳәа сеиҳәеит апоет илахьынҵа дазхәыцуа Константин Давид-иԥа.
Джума Ахуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.03.2022
Аԥсны
Амца ахьакуаз инеиуаз ашәҟәыҩҩы: Џьума Аҳәба диижьҭеи 85 шықәса ҵит
Урҭ аамҭа цәгьақәа игәаларшәо, Ануа еиҭеиҳәеит Таиф имшынҵаҿгьы иуԥыло ахҭысқәа. Иара ишиҳәо ала, даара ицәгьан аҭагылазаашьа. Ачаагара ацарагьы шәарҭан. Ануа чаагара дымцар ада ԥсыхәа аныҟамыз, сахьчозар ҳәа аҳақьым ихалаҭ ишәҵаны дцон. Константин исеиҳәеит усҟан аԥсуаа рҭелқәа шҿырхыз. Хыхь зыӡбахә имаз игәылацәа Евстигнееваа изеиҭарҳәеит хықәкыла аԥсуаа ртәқәа мацара шракәыз идырцәоз.
"Иахьа шьыбжьаахыс (шьыжьаахыс акәзаргьы сыздыруам) Араион ҿыц аҟны аԥсуаа ртелефонқәа алкааны аус руӡом, измааноу адырра цәгьоуп, аха ари ҽеим", - ҳәа иҩуан Таиф жьҭаара 5 1992 шықәса рзы.
Константин Ануа игәаанагарала, уи ҵакыс иамаз аԥсуаа аинформациа аимдара рылымшо, рыуа-рҭахы изырмацәажәо иҟаларц азы акәын. Иахьынхоз рыкәша-мыкәша имҩаԥсуаз ахҭысқәа ракәзар, абас иҟоуп:
"Избон абри ҳҿаԥхьа игалаз жәбаны еихагылаз аҩны шдырҳәуаз. Ирбоз зегь дәылганы аԥсуаа рыҩнқәа дырҳәуан. Нас, атанкқәеи амашьынақәеи ирықәҵаны иргон. Ус, сшыԥшуаз, избеит зыԥсы мҭәуаз аӡә иакәхарын, ашьашьма қьаад ашашәа иахаҵаны ихәда иахшьны идәылигон".
Ари иашьашәалоуп Таиф цәыббрамза 15 рзы имшынҵаҿы ииҩуагьы:
"Ахәылԥаз жәаҩык рҟынӡа агвардиаа автоматқәа кны ҩ-квартирак дырҳәит – ажәбатәи аетаж Бигәааи аҩбатәи Цыгәбеи ртәқәа…".
Константин Давид-иԥа ажәеи ажәеи еихҳәаало, исеиҳәеит аибашьра иалагаанӡатәи аҭагылазаашьа зеиԥшраз, усҟан аԥсуаа анапхгара ҭыԥқәа рҿы аус зуаз рамхара аҽазышәара шцоз.
Николай Хашиг - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.02.2023
Заԥсуара иазгәдууз ашәҟәыҩҩы: Никәала Ҳашыг диижьҭеи 91 шықәса ҵит
"Қырҭәылатәи агәабзиарахьчара аминистрра ахаҭарнакцәа ҩыџьа ааит аибашьра мызқәак шагыз. Министрс дыҟан Анатоли Акшба. Ахәшәтәырҭа аиҳабацәа зегь еизганы шәколлектив аҿы агәаанагара еилаҳкаар ҳҭахуп аминистр иганахьала ҳәа адҵа ҳарҭеит. Аизара ҟасҵеит, усҟан Аԥсны Ареспубликатә апсихоневрологиатә хәшәтәырҭа адиспансер аҿы ҳақьым хадас сыҟан, уи Ареспубликатә хәшәтәырҭа авараҿ игылан афинцәа рыҩны ҳәа изышьҭоу - убра акәын ҳахьыҟаз. Аизара аныҟасҵа, азҵаара ықәсыргылеит Анатоли Ерасҭ-иԥа дышԥажәдыруеи, шәышԥаизыҟоу ҳәа. Дышԥаҳдыруеи, ицәгьоу ак ҟаиҵаны ҳаздыруам рҳәеит. Нас, иаарҳәоз зегь аԥкаанҵа инанҵаны исыманы аминистрраҿ снеит. Саннеи, уа итәан Қырҭтәыла аминистр ихаҭыԥуаа ҩыџьа. Аԥкаанҵа рысҭеит. Иахәаԥшын, иргәамԥхеит ианыз. Ари аҩыза акәызма ҳара иаҳҭахыз рҳәеит. Дахьаԥсыуаз азы иусура дамырхырц иаҿын, анаҩс иагьынарыгӡеит. Нелли Џьангвелаӡе ҳәа қырҭуак дҟаҵан иҭыԥан. Урҭ ргьангьашра ахәшьара цәгьоуп", – ҳәа аихшьаала ҟаиҵоит Ануа аибашьра аԥхьатәи аҭагылазаашьазы.
Ануа ишеиҭеиҳәо ала, иара Акшба изкыз аԥкаанҵа аминистррахь ианига, рколлектив аҿы аус зуаз ақырҭуа ҳақьым аусзуҩцәа ааизылган, Ануагьы адиспансер аҳақьым хадас дахьамоу дамхтәуп ҳәа азҵаара шьҭылхазаап. Абас иҟан ақырҭуа национализм ахыԥша аибашьра ҟалаанӡагьы.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалагоз, Константин Ануа иҩны дыҟан. Дызҭахыз, аус ицызуаз изаарыцҳаит аҩны ддәылымҵларц азы. Иара ишиҳәо ала, шамаха ддәылҵуамызт.
Апоет Таиф Аџьба иуахҭа азхәыцрахь уажәы-уажә диасуан ҳанеицәажәоз Ануа. Аиашазы, сара иагьсздыруамызт Ануа аԥсуа поезиа арсҟак дазҿлымҳауп ҳәа. Данцәажәоз ихы иаирхәон Таиф ипоезиа ацыԥҵәахақәа. Иарбан жәеинраалоу зегь реиҳа бзиа ижәбо ҳәа саниазҵаа, абарҭ ацәаҳәақәа дсызрыԥхьеит:
Амра ссируп аҭашәамҭаз,
Абла хьышәахәа ҭыԥхоит,
Аҭашәамҭаз, аҭашәмаҭаз,
Амра акалашәа игәыкхоит…
Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.10.2021
"Сылахь иануҵаз сара сахьзавымсыз...": Таиф Аџьба игәаларшәаразы
Абар Константин Ануа хабарда ибжьаӡыз апоет Аџьба даныргоз амш шигәалашәо:
"Аибашьра ҳәа атәыла бгон. Атанкқәа агәгәаҳәа ихысуа Аҳабла ҿыц иалан. Таифраа зларгаз автобус ҩежь ҳашҭа ианҭала, агвардиауаа рыбжьы цәгьахеит. Саԥхьа инхон сара спациент иҭаацәа. Иара ашьақар чымазара иман, еснагь дысхәшәтәуан, сицхраауан, убри азы ҳаҭыр сықәырҵон. Дара ашьҭыбжьқәа ӷәӷәахошәа анырба, сышә иасын арахь уааи рҳәан руаҭах сыҩнаргалеит. Сгәылацәа рԥенџьыр иадкнаҳалаз аԥардақәа снаркылыԥшит. Џьота Амҷбеи Таифи аԥшьбатәи аетаж аҿы еидтәалалон. Инхаланы сыла ишабоз иналбаарган аҩналарҭаҿы игылаз автобус инҭадыртәеит. Римма (Таиф иԥшәма. Е. К) дыҩны дылбааит. Нас хыхь дхалан Џьота иеимаақәа изылбаалгеит. Нас Салаҟаиа хаҵак дыҟан, ԥасатәи аибашьра аинвалид, уигьы дрыманы идәықәлеит. Иԥҳәыс даурысын убри дырҿаԥеит агвардиауаа. Нас ларгьы лмахәар кны автобус дынҭадырԥалеит. Есаа ҷқәынакгьы дыргеит. Абас хәҩы-фҩы ргеит. Уаҳагьы рхабар ҳмаҳаит", - еиҭеиҳәоит Ануа игәылацәа рԥенџьыр аԥарда далыԥшны ила иабаз.
Таиф Аџьба данырга ашьҭахь, дук хара имгакәа иаргьы ицхрааны Аҟәа далыргоит Нхыҵ-Кавказтәи ареспубликақәа ируаку Нальчикҟа. Иҷкәын уа аҵара иҵон. Уантәи Гәдоуҭаҟа дааит, аполиклиникаҿы аусра далагоит. "Нас, абра Аҟәа иалахан иҟаз счымазцәа Гәдоуҭаҟа ианнарга Нальчик изган ахәшәтәырҭаҿы ишьҭасҵеит. Иахьцо рзымдыруа ирыцҳахәха иҟан. Амашьына инақәыртәаны Нальчик изгеит апсихиатриатә уадаҩрақәа змаз апациентцәа. Ауха сыҷқәын иуадаҿы исыман, нас ишьҭаҵаны сааит", - иҳәоит аҳақьым изанааҭ амаҵ шазиуаз ҳардыруа.
"Таиф ԥхыӡ дызбалоит. Акино еиԥш иахьагьы сыла ихгылоуп даныргоз амш. Усҟан аиҭныԥсахларазы иргазшәа рҳәон, аха доурыжьырц дрымгаӡеит. Сара шә-процентк Таиф дыҟам ҳәа сызҳәом. Исҭахуп иԥсы ҭаны дыҟазарц. Адунеиаҿ иҟамло акгьы ыҟам рымҳәои. Деибга, дызҩыда дхынҳәны иԥсы ҭаны дыҟазар сҭахуп. Дыҟамкәа дыҟазар, Таиф дымԥсӡеит ҳәа сҳәар сылшоит. Ишәҟәы ыҟоуп, ииҩыз ыҟоуп. Таиф иӡбахә зларҳәаша нижьит. Аԥсыуак дыҟанаҵ, аԥсшәа рҳәонаҵы Таиф дырхашҭӡом. Таиф еснагь дҟалоит, избанзар Александр Пушкин ишиҳәаз еиԥш, инапала иҟаиҵеит инапылаҟаҵарам абаҟа", - абас иажәа хиркәшеит зыԥсҭазаара зегь ауаа рыхәшәтәра иазызкхьоу, Таиф игәыла Константин Ануа. Мышқәак рышьҭахь иара ихыҵуеит 90 шықәса.
Ажәабжьқәа зегьы
0