Аԥсны

БРИКС ахәмаррақәа рҟны аԥсуа спортсменцәа даҽа медалк иаԥсахеит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 18 - Sputnik. БРИКС ахәмаррақәа рҟны аԥсуа спортсменцәа даҽа медалк иаԥсахеит ҳәа аанацҳауеит Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилакы.
Даниил Харчлаа зых иақәиҭу аиқәԥарзы зыкапан 65 кьыла рҟынӡа иҟоу рыбжьара аџьаз медал даԥсахеит.
Иара китаитәи аспортсмен дииаит 11:0 ҳәа.
Ари аҩбатәи иааироуп аԥсуа спортсменцәа рзы БРИКС ахәмаррақәа рҟны. Уаанӡа аџьаз медал игахьан асамбист Раҳман Напиџьев.
Аԥсны
Аԥснытәи асамбист Раҳман Напиџьев аџьаз даԥсахеит БРИКС ахәмаррақәа рҟны