Алхас Қаџьаиа: КВН адунеи снарбеит

© Sputnik Томас ТхайцукАлхас Каджая.
Алхас Каджая. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
КВН акоманда "Аԥснытәи Нарҭаа" алахәыла Алхас Қаџьаиа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит иара иԥсҭазаараҟны КВН иааннакылоз аҭыԥ атәы.

КВН акоманда "Аԥснытәи Нарҭаа" алахәыла Алхас Қаџьаиа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит иара иԥсҭазаараҟны КВН иааннакылоз аҭыԥ атәы. Аиҿцәажәара мҩаԥигон Роберт Џьапуа.

–Алхас, акрааҵуеит шәара ателехәаԥшраҟны шәҳамбоижьҭеи, шәҟазара бзиа избо зегьы аинтерес рымоуп иахьазы шәнапы злаку?

–Иахьа сара аус зуеит аргылара аусхк аҟны. Аус ахьызуа аилахәыра аргылара иаҿуп ганрацәала еилоу анхарҭатә комплекс. Арахь иаҵанакуеит анхарҭатә уадақәа рымацара рыдагьы акинотеатр, ахәаахәҭратә ҭыԥқәа, иазыԥхьагәаҭоуп ахәыҷбаҳча, абассеин. Сара занааҭла секономиступ аха аилахәыраҟны хаҭала снапы алакуп ауаажәларра рымадара,

–Шәыԥсҭазаара акыр шықәса КВН аҟны ахәмарра иазышәкит. Иуадаҩӡамыз аҽеиҭакра?

–Ҳәарада аҽеиҭакра уадаҩын. Иуадаҩын, избанзар уаанӡа иарбанызаалак аамҭатә ҳәаак сҭакӡаны сыҟамызт. Ианысҭахыз сааԥшуан, сгылон, акрысфон, сышьҭалон. Абар, уажәшьҭа бжьымзы ирықәуп арежим инақәыршәәаны  сынхоижьҭеи. Ашьыжь асааҭ быжьба рзы сгылоит, сцоит аусурахь, сымш зегьы уа исхызгоит. Ауаҩы зегьы дырнаалоит.

– "Аԥснытәи Нарҭаа" еиҿнакаауа апроектқәа акыр рылахәра азыԥхьагәашәҭома?

–Ааигәа, Александр Маслиаков ҳкоманда неиԥхьеит Шәача аԥхын анҵәамҭазы имҩаԥысраны иҟоу афестиваль алахәразы. Иара азкуп КВН акомандақәак 15-шықәса рхыҵра аныҳәа амҩаԥгара. Аиубилиарцәа иреиуоуп ҳкоманда – "Аԥснытәи Нарҭаа", иара убасгьы "Амра иарааԥсаз", "Максимум", РУДН еизгоу акоманда. Агәҿыӷьраз аамҭа ыҟам.

–КВН ауаҩытәыҩса инаҭоу асиа аҟынтә иарбан еиҳа иалышәкаарц ишәылшо?

–КВН аҟны ахәмарра, сара Агәӡератәи арԥыс сзы иалнаршеит адунеи абара. Ҳара ҳкоманда Америкеи Европеи иҟан, Урыстәыла, Украина, Ҟазахсҭан зегьы иакәшеит уҳәар ауеит. КВН иунаҭоит еснагь угәаҿы ухаҿы иаанхо агәалаҟазаара бзиа. КВН иунаҭоит аҩызцәа ҿыцқәа. Иахьа уажәраанӡагы аӡәырҩи ҳареи аиҩызара бзиа  ҳабжьоуп.

–КВН аҟны ахәмарраҟынтә еиҳа шәгәалашәараҟны иаанхеи?

–Зегьы еицаҳзеиԥшны ҳгәалашәараҟны иаанхеит Маслиаков ҳкоманда ахьӡ рылаҳәо – Аԥсны Аҳәынҭқарра, ақалақь Аҟәа аниҳәаз ашәымҭа. Ҳара ҳзы ари акырӡа аҵанакуан, ԥыжәаран. Усҟан Аԥсны азхаҵара амоуцызт.

–Асценаҟны шәыпрограмма еснагь ишазыԥхьагәаҭаз еиԥш, асценариа иақәшәо имҩаԥысуазма?

–Мап. Агострольтә тур ахыркәшара ашьҭахь ҳара имҩаԥаагон "аконцерт иаҵәа" захьӡыз ақәгылара. Асценаҟны аҵәы ҳалибахуан: ианаамҭаз асценахь ҳцәырҵуамызт мамзаргьы ицәырҵран иҟаз ицынхәрас аҽаӡә дцәырҵуан. Аимпровизациа бзиа ауаа иргәаԥханы ирыдыркылон.

– "Аԥснытәи Нарҭаа" аҽа аԥсыуа командак иазымԥсахит апремиер-лигаҟны. Шәара шәгәаанагарала КВН егьырҭ Аԥснытәи акомандақәа ирзымхозеи?

–Ирзымхо аԥаразоушьҭра заҵәык ауп. Аҷкәынцәа ирылшо ҟарҵоит, аха дара рзы ихымԥадатәиуп ахәмарратә ԥышәа. Изылшо зегьы рыцхраарц, ирыдгыларц азыҳәара сымоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0