Нанули Ҳагԥҳа: зегь раасҭа ирыцҳараз – иҭахоз рыгәҭа сҵаҩцәа ыҟан

© Sputnik / Томас ТхайцукХагба Нанули.
Хагба Нанули. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Иҭыхым аибашьцәа" апроект иацнаҵоит 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алахәыла Нанули Ҳагԥҳа лҭоурых.

Анжелика Бениаԥҳа, Sputnik

Асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа иҭыхымҭақәа 60 ирныԥшуеит Аԥсны ахьчаҩцәа рҟазшьа, рыҩныҵҟатә ҭагылазаашьа. Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны апроект ҿыц "Иҭыхым аибашьцәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны апортал аресурсқәа рҟны ицәыргоуп асахьаҭыхҩы аибашьраантәи иҭыхымҭақәеи уи ифырхацәа ирызку аочеркқәеи.

Ҳара ҳашьцылахьеит аибашьраҟны асентиментализм аҭыԥ амам ҳәа, "афырхаҵа" анаҳҳәогьы раԥхьа ҳхаҟны иааиуа ахаҵа иоуп.

Ахаҵа изыҳәан Аԥсадгьыл ахьчара уалԥшьаны иҟазар, аԥҳәыс уахь хатәгәаԥхаралоуп дышнеиуа.

Нанули Ҳагԥҳа диит 1956 шықәса рзы Гәдоуҭа араион Аҷандара ақыҭан, аԥсуа ҭаацәараҟны. Ақыҭатәи ашкол даналга дҭалоит Аҟәатәи арҵаҩратә институт (абиологиа-агеографиа афакультет). Лҵара далгоит 1978 шықәса рзы.

Аибашьра аӡбахә агәаларшәара Нанулигьы илцәымӷуп иара иалахәыз реиҳараҩык реиԥш.

"Нанҳәа 14 аҽны сҩызеи сареи ҳтәаны ателевизор ҳахәаԥшуан. Ус, асааҭ 12 рзы, иара ианаамҭамыз аефир ахь ицәырҵит аԥсуа телехәаԥшра. Адиктор

Зураб Аргәын иҿынԥшылара шызбаҵәҟьаз издырит бзиара шыҟамыз. Иҟаҳҵара ҳзымдыруа ҳаилан. Нас еилкаахеит Гагра иахьаҵанакуазгьы адесант шхыргаз, аха ҳара усҟан Гагра алҵра ҳалҳаршахьан," — ҳәа раԥхьатәи амшқәа дрылацәажәоит Нанули.

Нанули Ҳагԥҳа Аԥсны ауааԥсыра реиҳараҩык реиԥш аԥхьаҵәҟьа еибашьра дук ҟалап ҳәа дгәыӷуамызт, аха амшқәеи амчыбжьқәеи рҽанеиԥыршь илбеит аибашьра аҳәаақәа рыҽшеиҵырхуаз, аҿҳәарагьы шынаскьаз.

Ирина Гоцеридзе (нижний ряд, вторая справа). - Sputnik Аҧсны
Ирина Гоцериӡе. Аҟазшьа ҟәымшәышә змаз афырԥҳәызба

"Саҳәшьаԥа Асҭамыр Сымсым еибашьра дгылеит. Сара исныруан сицзыр шиҭахыз. "Ахьҭа сацәшәоит" ҳәа иасҳәеит, "бымшәан, сара аспорттә маҭәаԥха сымоуп, ибысҭоит, ибышәҵаны бныҟәазаауеит" иҳәеит. Ҳаицәажәареи ҳаибабареи ҵыхәтәантәызаарын" еергьҳәа лылаӷырӡқәа дыриааиуеит Нанули.

Нанҳәа 26 рзы авокзал иахьаҵанакуаз аҭыԥ аҟны Асҭамыр дырхәуеит. Иара усҟан 27 шықәса ракәын ихыҵуаз. Иҩызцәа иааныжьра рықәшәеит. Аерман ҭаацәара ахәышәтәырҭахь днаргеит, аха аоперациатә стол дшықәыз иԥсҭазаара далҵуеит. Иаахаз ахы иҩныҵҟатә рҳәарах зегьы еилнархит.

"Аҩны сзымтәеит. Гәдоуҭатәи агоспиталь ахь снеиит. Уантәи амедеҳәшьа Манана Сымсыми сареи амедпункт еиҿаҳкаарц Ауадҳараҟа ҳрышьҭит. Мызкаҟара уа сыҟан. Асҭамыр иԥсра ашьҭахь аамҭақәак иан лҟны сыҟан. Ажьырныҳәамзазы афронт аԥхьатәи ацәаҳәахьы снеиит" ҳәа еиҭалҳәоит нанули.

Аԥсназы аԥсра – хьӡуп


"Ҳара ҳаамҭақәа рзы зегь аҽакалашәа иҟан. Иахьа иадкыланы уахәаԥшуазар, ҳааӡашьагьы хазын. Даҽа малын, даҽа интересын иҳамаз. "Агвардиа-ҿа" еиԥшыз ашәҟәқәа апатриотизмреи афырхаҵареи ҳаларҵон. Ҳара ҳазыхиан афырхаҵара. Аԥсназы аԥсра насыԥк еиԥш иаабон" — лҳәоит лара.

Нанули Ҳагԥҳа амедеҳәшьа лус маҷк илдыруан – аинститут данҭаз амедицина иахысуан. Агәыр ҟалҵон, ахәра ҿалҳәон, аха ара урҭқәа азхо иҟамызт.

"Уаанӡа асеиԥш иҟаз ахәрақәа сырнымиацызт. Схәыццәар сыԥсы маҷхар ҳәа сшәон. Ахааназ исхашҭуам, Ԥсҳәытәын ҳәа сыҟоуп, аурыс ҷкәын инапы ахьҿакыз ихҵәеит. Санынеихаххы иаасцәымыӷхеит, аха нас схы снапаҿы иаазгеит. Иаразнак еилыскааит сымхәыцӡакәа исуалу ҟасымҵозар, ишсылымшоз".

Зегь раасҭа иуадаҩуп марттәи ажәылара агәаларшәара ауп.

Сергеи Габниа дахцәажәоит аибашьраҿы дзықәшәаз ахҭыс - Sputnik Аҧсны
Сергеи Габниа дахцәажәоит аибашьраҿы дзықәшәаз ахҭыс

"Марттәи ажәылара аҟара иуадаҩыз аҽа жәыларак ыҟамызт. Иҟалап ҳара усҟан уи ҳазыхиамызҭгьы. Ҳбаталион аԥхьа ицеит. Гәымсҭаҟа ҳанылбаа ҳгәы иаанагон аҩбатәи аешелонгьы ҳашьҭаланы илбаауеит ҳәа, аха дара ианаамҭаз излымбааит. Нас лбаашьа ҟамлеит, Гәымсҭа арра рзалмыршеит. Иҟалап џьаҳаным захьӡугьы убра ҳалаԥшызар…" ҳәа лгәалалыршәоит Нанули Ҳагԥҳа.

Нанули Ҳагԥҳаи Лиалиа Арышԥҳаи еиҳа-еиҳа зхыԥхьаӡара азҳауаз ахәцәа ацхыраара рырҭон. Амедпункт ахьыҟаз аминамиоттә снариадқәа ҩба ақәҳаит. Ихәызи ишьызи ҟалеит. Ахәцәа алыргеит аха амедеҳәшьцәа еимадарада иаанхеит. Ианыхәла рыштаб ахь ихалеит. Уаҟоуп иахьрарҳәаз ажәылара лҵшәадахеит ҳәа.

"Ҳара аҷкәынцәа анбалҵуеи ҳәа ҳаԥшын. ԥшьаха-ԥшьымш ҳафа ыҟамкәа, ҳажә ыҟамкәа, ацәара атәы згәалашәодаз, аробатқәа реиԥш ашьаӡа-гәаӡа ҳампыҵатата ахәцәа реиқәырхара ҳаҿын," ҳәа еиҭалҳәоит лара.

Лара иара убасгьы иаҳзеиҭалҳәеит аԥхын, ԥхынгәымзатәи ажәылараан лара дызлаз абаталион Гәымсҭа ирсны Цугәуровка ахәахьы ишхалаз, уаҟа аминақәа рыԥхны ишыҵаз.

"Аҷкәынцәа аминақәа рыҵаԥжәо ианалага, раԥхьатәи ахә сицҵаны шьҭахьҟа срышьҭит. Ишьапыдаз ахә уиҵаланы, ашьхара улбааны аӡиас арсра даара иуадаҩын. Дахьназгашаз данназга, ахәышәтәырҭахь дрышьҭит. Адырҩаҽны аибашьцәа мап ацәыркит ԥхьацара. Ахԥатәи ма аԥшьбатәи амш азы Ешырантәи Каманҟа ҳрышьҭит. Уаҟагьы ирацәан ишьызи ихәызи. Зегь раасҭа ицәгьаз, урҭ ирылан сара сҵаҩцәагьы. Акыршықәса аҵара зурҵоз уҵаҩы деиԥхьыхәхәа дышьны данумҵо ахгара акыр иуадаҩуп. Уаргьы уицыԥсуеит ашәымҭазы" — еиҭалҳәоит Ҳагԥҳа.

Нас иҟан Аҳбҩы, иҟан цәыббратәи ажәылара. Нанули арҭ ажәыларақәа раан аԥхьа инеиуз дрыцын.

"Аибашьраҟны дасу иара иус ҟаиҵоит. Ҳара ацхыраара аҟаҵара ҳадын. Цәыббра 26 рзы аинтернат ахьгылоу ҳаҟан. Ашьыжь, Оскар Ӷәазаа иҩызцәа дхәуп ҳәа дрыманы иааит. Санихәаԥш, дшыԥсхьаз збеит, ахы ахьилалаз аҿышәҭ маҷын, иахьилҟьаз – еиҳа иҭбаан. Аха хәарҭа имам ҳәа сызрамҳәеит. Агоспиталь аҟны даннарга аҳақьымцәа "ҳара иԥсы ҭаны даагеит, дышԥашәзеиқәмырхеи" ҳәа ихҭаркит" ҳәа еиҭалҳәоит Нанули.

Аҟәа ахы ианақәиҭыртә ашьҭахь, цәыббра 28 рзы Маҷарҟынӡа инеихьаны Кәыдры анахыс ацара аҭахӡам ҳәа рарҳәеит. Уаҟа иагьаангылеит.

Руслан Габлиеи Нанулии реиԥылара

 

Асахьаҭыхыҩ Руслан Габлиеи Нанулии еибадырит Аҩада Ешыра, марттәи ажәылара аламҭалаз.

"Аштаб аҟны амедпункт ҳаман. Сара аштаб ахь снеилон, ирзеилсыргон, рхәы ҟасҵон. Уаҟа иҟан Руслани ашәаҳәаҩ Радион Ҳагбеи. Руслан ссахьа ҭихыр шиҭахыз сеиҳәеит. Лиалиеи Мзиеи иааинырсланы иҭихит, сара ссахьа ҩымш даҿын аҭыхра. Уаҳа ус ҳамами ҳәа сиаӷьуан. Ссахьа сгәамԥхаӡеит "сажәны сҭухит" сҳәеит".

Аибашьраҟны аԥҳәыс дагьанызароуп дагьиаҳәшьазароуп

"Аибашьраҟны аԥҳәыс дагьанызароуп дагьиаҳәшьазароуп. Аибашьра – рыцҳароуп, гәаҟроуп, ԥсроуп, ӡроуп. Шәҩыла, зықьҩыла ахәцәеи-аԥсцәеи, шәҩыла, зықьҩыла иҿаҟәоу аԥсҭазаарақәа – абри ауп аибашьра. Ҳәарада акыр иуадаҩын урҭ зегь рыхгара" — лҳәоит Ҳагԥҳа.

Амедеҳәшьцәа ахымҩасқәа ирыҵагыланы ахәцәа алыргон. Нанули дылхашҭуам Аҩада Ешыра дзабадырыз Тҟәарчалтәи аԥҳәызба – Лиалиа Арышԥҳа.

"Лҭаацәа Тҟәарчал иҟан. Марттәи ажәылара ашьҭахь уахь дцаны, рбара лгәы иҭалкит. Дымцарц слыҳәон, аха даара игәхьаазгоит лҳәеит. Дцеит. Аамҭақәак рышьҭахь, шьҭахьҟа даныхынҳәуаз аверталиот карыжьит. Аибашьра ашьҭахь лыԥсыбаҩ рыԥшааит" — лҳәоит Ҳагԥҳа.

Ахаҵа иԥсҭазаара аибашьра аҽаналанагало рыцҳароуп, аха иҩынтәны, ихынтәны ирыцҳароуп аԥҳәыс лыԥсҭазаара аибашьара аналало. Есқьынагьы апоетцәа, асахьаҭыхыҩцәа, амузыкантцәа аԥҳәыс абзиабареи, аҳалалреи, анреи, аҩны иамоу аԥхарреи дырсимволны илзышәаҳәоит. Аибашьра мцаԥшь адәаҟны аԥсра абла иҭаԥшуа аԥҳәыс дышԥаҟало? Иуҳәар ауеит аибашьра амца ан лгәы, аԥҳәыс лгәы былны изахысуам ҳәа. Иуҳәар ауеит аԥҳәыс аԥсра даиааины аԥсҭазаара арахәыц лҳауеит ҳәа. Диааиҩуп ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0