Амиран Адлеиба: скульпторны сыҟалара сан лоуп изыбзоуроу

© Sputnik / Томас ТхайцукАмиран Адлеиба: скульпторны сыҟалара сан лоуп изыбзоуроу
Амиран Адлеиба: скульпторны сыҟалара сан лоуп изыбзоуроу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аскульптор Амиран Адлеиба акыр аџьабаа зцу изанааҭ шалихыз атәы еиҭеиҳәеит.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Амиран Адлеиба 35 шықәса инареиҳаны аскульптура аус иазикхьеит. Уи иахьа Александр Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аиҳабыс аус иуеит.

"Акырынтә сазхәыцхьеит аскульпторра аус сабантәалагеи, избан ари азанааҭ залысхи ҳәа. Са сахьиз сахьааӡаз ақыҭа Ҷлоу аԥсабара даара иԥшӡоуп амшын схыԥшылоит. Сахьынхо хәы-ҳаракыроуп, абри аԥсабаратә цәырҵрақәа ракәзар ҟалап сзанааҭ ашьҭыхраҿы анырра ҟазҵаз. Акырынтә схы сазынхон, бзиа избон аԥсабареи сареи ҳанеизаанхоз, уи еснагь исныруан", — иҳәеит аскульптор.

Аскульптор изанааҭ алхраҿы аԥсабара ацәырҵрақәа рнаҩсангьы ицхрааит дызлиааз иҭаацәара.

"Сан ибзиаӡаны анхара-анҵыра лнапы иадыруан. Иҟалҵоз зегьы асахьаҭыхҩы иеиԥш дацклаԥшуан. 60-70-тәи ашқәсқәа рзы аҩныргыларатә маҭәахәқәа аныҟамыз аҩныргәы ҟалҵон анышәаԥшьи аԥслымӡи еилаҵаны. Убри шыҟалҵоз сара избон, аинтересгьы шьҭысхуа салагеит. Ус еиԥш аҩныргәқәа џьара-џьара избахьан, аха акыр иуарлашәарлоуп", — иҳәеит аскульптор.

Амиран Адлеиба иан иҟалҵоз даҿыԥшуа дшааиуаз, анышәаԥшь аус адиуыло далагеит.

Асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа - Sputnik Аҧсны
Руслан Габлиа: аибашьраҟны ауаа сабарда рҿаӡам

"Анышәаԥшьи аԥслымӡи рыла амгьал хәыҷқәа ҟасҵо салагеит. Нас, ал-ҵла иҿоу акакалқәа анышәаԥшь иаласыԥсон афактура аҟаҵаразы. Уи ашьҭахь, ақьала хәыҷқәа рыҟаҵара салагеит. Убас, хәыҷы-хәыҷла амаҭәар ахы сгәанарԥхон. Анышәаԥшь искыз адырҩаҽны иҩеит, анаҩс ишьеит, нас сазхәыцуа салагеит уи мшьарц азы иҟасҵаша ҳәа. Убас, ари аус саланагалан асып ахь сиасит, уахьынтә ахаҳә аус адызуыло салагеит. Ашкол санҭала акарандашь шьҭысхит", — азгәеиҭеит уи.

Аскульптор раԥхьатәи иҟазарҭа рыҩны актәи аихагылаҿы иҟаиҵеит.

"Уаҟа ашәҟәыҩҩцәа рскульптура хәыҷқәа ҟасҵеит, насгьы рсахьақәагьы ҭыхны икыдсҵеит", — иҳәеит Адлеиба.

Амиран Адлеиба ахәбатәи акласс аҿы дантәаз раԥхьаӡа акәны Аҟәа дааит, иҩызцәа ашколхәыҷқәа ицны. Урҭ идикылеит апоет Ҷыҷыкәа Џьонуа, усҟан Амиран Адлеиба ажәеинраалақәа иҩуан. Заԥхьаҟа искульпторхараны иҟаз Амиран Адлеиба Аҟәаҟа иаара ԥхьаҟатәи ирҿиаратә ус акыр иацхрааит.

Дырмит Гәлиа диижьҭеи 141 шықәса ҵит

"Ҷыҷыкәа Џьонуа аҳҭнықалақь ҳирбеит, аҭыԥ ԥшӡарҭақәа рахь ҳаигеит. Убасҟан, раԥхьаӡа акәны избеит Дырмит Гәлиа ибаҟа, уи даара анырра снаҭеит. Усҟан исыӡбеит ареализм аганахь ала аҿыханҵақәа рыҟаҵара салагап ҳәа", — ациҵеит уи.

Уи ашьҭахь, Амиран Адлеиба уардынла анышәаԥшь аҩныҟа игеит, инеиԥынкылангьы аусура далагеит.

"Убас, салагеит аскульптура аус", — азгәеиҭеит уи.

Амиран Адлеиба 10-тәи акласс даналга дҭалеит Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа.

"Сусумҭақәагьы ааганы идсырбеит арҵаҩцәа. Усҟан анышәаԥшь иалхны иҟасҵон аԥсуа типажқәа. Аԥсуа ахҭырԥа ихаҵаны, иԥаҵақәа ыршаны иҟасҵон. Аскульптура аҟәша ыҟамызт усҟан, амҿы аус адулара сыдырҵеит. Аха сара исҭахыз ахаҿсахьақәа рыҟаҵара акәын. Уи ҳарҵаҩы Витали Лакрба иангәеиҭа аҩбатәи акурс ашҟа сиаигеит", — иҳәеит Адлеиба.

Асахьаҭыхратә ҵараиурҭаҿы уи раԥхьаӡа дҵас ирҭеит ахаҿсахьа ахәҭақәа злеибарку, ақьышә, ала, алымҳа уҳәа рыҟаҵара, уи идҵа қәҿиарала инаигӡеит.

Адлеиба иажәақәа рыла, аскульптор изанааҭ иамоуп иара ахатә ҷыдарақәа.

"Ирҳәоит, Анцәа анышәаԥшь ааникылан, иааирпҵын, днагәылаҭәҳәан ауаҩы далихит ҳәа. Убри аскульптурахь ииаугар ауеит. Са сзы абри ауп аскульптура захьӡу. Аскульптор иусумҭа аԥсы ҭалартә изыҟаҵом, аха, абри аԥсы ҭоумашь анаџьалбеит, ҳәа ахәаԥшҩы идикылар ауп. Аскульптура ԥсуеит иара абызшәа уақәымшәар. Иара убри абызшәа уақәшәаны, нас апоезиахь ииасыр ауп", — азгәеиҭеит уи.

Аскульптура иаӷроу аенергиа закәузеи, маӡас иаҵоузеи, ҳәа ахәаԥшҩы иҳәар ауп, ус анакәымха аскульптура ҵакыдоуп, ҳәа игәы иаанагоит Адлеиба.

Амиран Адлеиба иажәақәа рыла, ирҿиараҿы иаҳа иқәҿиаз аусумҭақәа ыҟоуп.

"Иҟоуп аформа маҷқәа рыла иҟаҵоу алирика иазку аусумҭақәа. Убри алирикагьы хәыҷык аус азызухьан, уи хар амам ҳәа иазысыԥхьаӡоит. Насгьы академиа санҭазтәи аусумҭақәа акык-ҩбак, иара убас, сдипломтә усумҭа "Акәашара", уи даараӡа сгәы аладууп. Насгьы апортрет ажанр сгәы иахькьысуеит, иахьагьы убри саҿуп" – ациҵеит Адлеиба.

Амиран Адлеиба иажәақәа рыла, "Ахьӡ-Аԥша" апарк аҟны игылоу аҟама аскульптура ахьаа иахылҵыз ауп.

"Аскульптура иансырԥшырц сҭахын аибашьра сшазыҟоу, иҭахаз афырхацәа сшырзыҟоу. Убри аскульптура арыцхара иадырганы избоит. Нас уи адин аганахь иуырхозаргьы, аџьар асахьа амоуп. Иԥшьоу аҟама, иаанарԥшуеит иара убас, Аԥсны зхы ақәызҵаз аҵеицәа шыҷкәынцәаз, ақәыԥшрагьы аныԥшуеит аҟама", — ациҵеит аҟаза.

Амиран Адлеиба аскульптура анаҩс асахьаҭыхрагьы инапы алакуп.

"Аҿыханҵа бзиа избоит, аха уи иаанагаӡом асахьаҭыхраҿы сшьақәгылеит ҳәа. Адунеитә сахьаҭыхра сыԥсы аҿҳәароуп, схаҭагьы зны-зынла ак ҭысхлақәоит, аха уи бзиабаҩк иаҳасаб алоуп", — азгәеиҭеит Адлеиба.

Иахьа, Амиран Адлеиба аус иуеит апортреттә хырхарҭаҿы.

"Иахьа, аус адызулоит аԥсуа жәлар XIX ашәышықәсазы изықәшәаз ахҵәара иазку аскульптура", — иҳәеит Амиран Адлеиба.

© Sputnik / Томас Тхайцук Амиран Адлеиба иҟазарҭаҟны
 Амиран Адлеиба иҟазарҭаҟны - Sputnik Аҧсны
Амиран Адлеиба иҟазарҭаҟны

Ажәабжьқәа зегьы
0