Ҳалбад: ақәԥара аҭахуп арадиоҿы, ателедырраҭараҿы, ашкол аҿы

© Sputnik Томас ТхайцукАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы инагоу арҵаҩы ҳәа ахьӡ ҳарак змоу Ҳалбад Валентина аԥсуа бызшәеи алитературеи ахәыҷқәа рызнагашьа аметодика аус адылулоижьҭеи 50-шықәса инарзынаԥшуа иҵуеит. Лара ари аус аҿы илымоуп аԥышәа ду. Аамҭеи аԥсуа литературатә рҿиамҭақәеи еинырааланы ахәыҷқәа рызнагашьа азы лгәаанагра еилылкааит Sputnik аналитик Нонна Тхәазԥҳа.

Ажәытә аамҭақәа рзы аԥсуаа еиҵагылоз абиԥарақәа зларааӡоз жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭақәа рыла акәын. Усала ашәышықәсақәа ирылган иааргон дара рхаҭара. Ашколқәа анцәырҵ алитература иаԥсахит уи. Алитература ишьҭнахыр акәхеит ахәыҷы ибызшәа арҿиарагьы, доуҳала иааӡарагьы.

Аха, иахьа аамҭа аҽеиҭанакит. Уи иақәшәо, ианаало ахырхарҭақәа хазуп. Ивертуалтәу акаҭақәа рыла адунеи ауаатәҩса анеимадоу акры зхыҵуа амтеодикала алитературатә ԥҵамҭақәа ахәыҷқәа ирызноугар ирыдыркылом. Избанзар рдунеихәаԥшышьа ианаалом. Аха макьаназ ҳашколқәа рҿы еиҳарак ахархәара змоу асовет идиологиа иахылҵыз аметодикоуп.

Ҳагԥҳа: раԥхьа иргыланы ахдырра еизырҳатәуп

Иахьа асовет идиологиа ииасхьеит. Даҽа ԥсҭазаарак ҳануп. Убри аԥсҭазаара закәуҵәҟьоу, иарбан идиологиоу, иарбан мҩоу ҳазну еилкааны иаҳцәыцәгьазар ҟалап адырра, иаармариан иуҳәозар. Убри аҟынтә алитература аҵаҩцәа рызнагара даараӡа аҭакԥхықәра аманы иҟалеит, иуадаҩхеит.

Избанзар, арҵаҩы лара лхала иахьатәи аԥсҭазаара иадылҳәалар акәхеит. Ирацәоуп аҩымҭақәа усҟан ҳара ҳазқәыӡбоз афырхацәа, аперсонажқәа, иахьа ҳара ҳхәыҷқәа ҳазхарықәӡбо рзеилкааӡом.

Иаҳҳәап аповест "Сеидыҟ" аҟны ҳиқәӡбоит Сеидыҟ. Сеидыҟ дынхаҩуп, дынхоит дынҵуеит, дӷьычуам аҽакым. Анхацәа раасҭа маҷк амал еиҳаны имазаргьы иахьатәи ҳаԥсҭазаара иаҿырԥшын иуҳәозар уи даҽакала иҟоуп. Абри аганахьала арҵаҩы илуалу убри ауп абри иахьа ҳазҭагылоу аамҭеи ашәҟәыҩҩ ианиҩуаз аамҭеи еиҿырԥшны изналгароуп. Убысҟан имҩыр ада ԥсыхәа шимамыз деиллыркаароуп.

Асовет шәҟыҩҩцәа зегьы зықәныҟәоз асоциалист реализм аметод ҳәа иҟаз акәын аԥсуаагь зықәныҟәоз. Абри аганахьала иҳагу рацәоуп. Ҿыц блала, ҿыц знеишьала абарҭ аҩымҭақәа реиҭахцәажәара ыҟаӡам. Знапы алаку маҷуп – алитераторцәа. Убри ҳарҵаҩцәа ирцәыуадаҩуп. Ажәакала иаҳҳәозар, ҳхәыҷқәа алаҳааӡоит ҳәа ҳаҿуп иҟам аидеологиа.

Апарламент адепутат Алмас Џьапуа - Sputnik Аҧсны
Џьапуа: абызшәа азакәан анагӡараз иҟаҵатәу рацәоуп

Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы инагоу арҵаҩы ҳәа ахьӡ ҳарак змоу Ҳалбад Валентина аԥсуа бызшәеи алитературеи ахәыҷқәа рызнагашьа аметодика аус адлулоижьҭеи 50-шықәса инарзынаԥшуа иҵуеит. Лара ари аус аҿы илымоуп аԥышәа ду. Амала дызнысхьоу аамҭазы аус здылуло аметодикаҿы зҽеиҭазкыз шьардоуп.

Иацтәи иахьатәи ахәыҷқәа рызнеишьагь хаз-хазуп. Аха Валентина Аксент-иԥҳа аамҭа ианаало аметодика аус адулараз иахьа уажәраанӡа илбо аџьабаа даара ирацәоуп. Аамҭеи аԥсуа литературатә рҿиамҭақәеи еинырааланы ахәыҷқәа рызнагашьа дазхәыцуеит есымша.

Сара схы здыруа саныҩагыла нахыс ԥсыс исхаз аԥсуа литература, аԥсуа бызшәа акәын. Убри инышьҭыскааз шсымоу иахьанӡагьы сааиуеит. Сара ианакәзаалакгьы аӡәы исиҭои, шаҟа сауеи ҳәа сазымхәыцӡац, уахгьы ҽынгьы сзызхәыцуа абри ҳа ҳзыԥсахша мышкы игыланы, ҳаԥсахны абри рыԥсадгьыл закәу еилыркаауа иҟаланда ҳәа ауп.

Абри агәаҳәара ауаҩы ианиоулакь амч алшара уи анцәа илаиҵоит.

Иахьа ашкол иҭоу ахәыҷқәа рдунеихәаԥшышьа даара аҽеиҭанакхьеит. Рхәыцшьа, рҭахрақәа рҽырыԥсаххьеит. Урҭ аҵара дзырҵо арҵаҩцәа рзын имараиаӡам ахәыҷы ихы-игәы азышьҭны дырзыӡырҩыртә изнарго аинтерес иркра. Атехникатә прогресс ашәышықәсаз ахәыҷқәа ирнаало, ирышьашәалоу азнеишьақәагь даҽакуп. Уи аҽақәыршәараз арҵаҩцәа рыжәҩа иқәуп аҭакԥхықәра ду. Аха иара еилкааны, иацәымшәакәа иаҵагылоу арҵаҩцәагьы маҷым.

Аҟәатәи 5-тәи абжьаратә школ аҿы мызкы апрактика ҳаман. Убри ашкол арҵаҩцәа — ҿымҭӡакәан ашьха ашьыжь иԥырны ацха аанагарц ианцо "ижәбома сахьцо", ҳәа ҳәаны ицаӡом. Ианаауагьы шаҟа аазгаз жәбома ҳәа аҳәаӡом. Абри иаҩызоуп ҳашкол арҵаҩцәа. Абарҭ иахьа аԥыжәара ргап, аиааира ргап ҳәа сгәы иаанагоит. Агәра ганы сыҟоуп сара.

Иахьа амели арҵаҩи аҵаҩи роуп аус зуа акласс аҿы. Сара шәсазҵаауазар амели арҵаҩи аклассӷәи ишьҭырхуа аҩаӡара макьана даҽа техникак иазышьҭымхӡац. Аус бзиаӡаны иутәуп аклассӷә аус адулара, аҵаҩы ирцәажәара, арҵаҩы лазыҟаҵараҿы. Абарҭ анеицылалакь алыҵшәагьы бзианы иҟалоит.

Аԥсуа бызшәа арҿиара аҳәынҭқарратә фонд аҟны амастер-класс мҩаԥысит

Ҳәарада атехника ухы иаурхәозароуп.  Атехника даараӡа иссируп, аха убри ҳхы иаҳархәартә еиԥш иаҳзырҵаша, иаҳзырбаша макьана имаҷуп. Амҩа иануп аҵарадырра аҵара аминистрраҿы. Мышкы зны иҟалап убри амҩагьы  ҳазкылсуазар.

Ҳалбад Валентина Аксент-иԥҳа аус ахьылуа Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҿы аҵара зҵо аҿар ахәыҷқәа рааӡара агәыбылра длыркуеит. Ашколқәа рҟны аусура иалагартә, агәазыҳәара роуртә иҟалҵоит. Имаҷӡам лара илыбзоураны ашколқәа ирзыгьежьны абиԥара ҿа зааӡо арҵаҩцәагьы.

Иахьатәи аамҭа иацу ахьанҭара зыхәда иқәло еиҳарак аԥсуа школқәа рырҵаҩцәа роуп. Ирзышьҭыхуоу ирзышьҭымхо аамҭа иаҳнарбароуп, аха ҳарҵаҩцәа ҳрыцхраароуп. Ҳармыцхраар, ҳхәыҷқәа ҳампыҵыҵны даҽа идиологиак даҽа дунеиқәыԥшыларак ахь иаго иалагоит. Убри азыҳәан аԥхьаӡа иргылан арҵаҩы иаҳаҭыр шьҭыхтәуп, иааԥсара гәаҭатәуп. Еиҳараӡак игәцарактәуп алагарҭатә классқәа.

Абри хадара шамоу еилызкаауа ҳара аметодистцәа ҳганахьалагь имаҷым. Акы инаркны ԥшьба рҟынӡа ахәыҷы инеиужьны даԥхьо, дхәыцуа, иаҳаз иҩуа данаҳзыҟамҵа нас егьырҭ аклассқәа рахь даннеилакгьы иаларгара цәгьахоит. Ажәакала иҟаҵатәузеи ҳәа уҵаауазар уқәԥароуп. Ақәԥара аҭахуп арадиоҿы, ақәԥара аҭахуп ателедырраҭараҿы, ақәԥара аҭахуп ашкол аҿы. Убарҭ қәԥарц азыҳәан ирхылаԥшуа рыцхраауазароуп, ирыҵагылазароуп.


Ажәабжьқәа зегьы
0