Аԥсуа хәмарга культуратә ҭынхак аҳасабала

© Sputnik / Томас ТхайцукДиана Ахԥҳа.
Диана Ахԥҳа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи анаукатә усзуҩ еиҳабы, аҭоурыхдырыҩ, археолог Диана Ахԥҳа 16 шықәса инарзынаԥшуа итрадициатәу аԥсуа хәмаргақәа еизылгоит

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи анаукатә усзуҩ еиҳабы, аҭоурыхдырыҩ, археолог Диана Ахԥҳа ҳкорреспондент Анжелика Бениаԥҳа аинтервиу лыҭо илзеиҭалҳәеит лколлекциа аӡбахә.

- Шәара изныкымкәа шәколлекциа аҳәаанырцәҟа, амузеитә цәыргақәҵақәа рахь ижәгахьеит. Ишԥахацыркхеи абри аус?

— Аҩажәатәии аҩажәиактәии ашәышықәсақәа рыбжьара сара исҭаххеит еилыскаарц, избарц ҳандуцәеи ҳабдуцәеи злахәмаруаз ахәмаргақәа. Аԥшаара салагеит. Апроект азсырхиеит. Акызаҵәык, урҭ рыԥшаара акыр иуадаҩхеит. Аибашьра ашьҭахь, Агуманитартә программақәа р-Центр анеиҿкааха сара иазсырхиеит аҽа проектк. Ацентр сидеиа иадгылеит.

© Фото : Диана АхбаАбхазские игрушки
Абхазские игрушки  - Sputnik Аҧсны
Абхазские игрушки

Актәи апроект аҟны иасырбаз акьанџьақәа рымацара ракәын. Урҭ рыԥшаара уадаҩхоит ҳәа сыҟамызт аха Очамчыра, Гәдоуҭа араионқәа рқыҭақәа рахь сцаны сҵаауан аԥсуа хәмаргақәа рыҟаҵашьа здыруада ҳәа. Раԥхьа зҵааран исырҭоз "изыбҭахузеи бара аду акьанџьақәа?" акәын. Сара иреилсыркаауан ахәмаргақәа ҳкультура ишахәҭаку, ишеиҭашьақәыргылатәу.

Хәмаргақәаны еснагь иҟан аҩнымаҭәа, амала ихәыҷны. Сзацәажәоз исарҳәеит аба иалху акьанџьа аҟаҵара шыуадаҩым. Урҭ руаӡәк жәохә минуҭ иҭагӡаны акьанџьа ҟаҵаны иааслыркит. Маҷ-маҷ аҟазацәа сыԥшаауан. Аиҳарак урҭ зықәра нықәсхьаз ракәын.

© Фото : Диана АхбаАбхазские игрушки
Абхазские игрушки  - Sputnik Аҧсны
Абхазские игрушки

- Актәи апроект ахыркәшара ашьҭахь?..

— Сара амузеи аҟны ацәыргақәҵа сыман – х-витринак. Актәи авитринаҿ еизган асовет аамҭа иаҵанакуаз акьанџьақәа, аҩбатәии ахԥатәии рҟны – амилаҭтәқәа. Санкт-Петербургтәи ахәмаргақәа рмузеи аҟны ацәыргақәҵа сыманы саныҟаз исарҳәеит секспонатқәа ажәытәтәиқәа рахь ишаҵанакуа, избанзар урҭ знапкымҭоу дара аныхәыҷқәаз асала ихәмаруаз роуп ҳәа.

Нас иазсырхиеит аҩбатәи апроект. Актәи апроект аҟны ахәмаргақәа аӡӷабцәа рымацара иртәызар, аҩбатәи апроект аҟны аӡӷабцәагьы аҷкәынцәагьы рыхәмаргақәа ракәын. Иахьазы исымоуп 150 рҟынӡа хәмарга.

16 шықәса ҵуеит абри аус снапы алакуижьҭеи. Сҭаацәа акыр исыцхраауан. Саԥхьаҟа аусутә рацәа сзыԥшуп. Иахьазы ажәытәтәи ахәмаргақәа здыруа еиҳа-еиҳа имаҷхоит. Урҭ ыҟанаҵ иалшо еиҭашьақәыргылатәуп.

Даара ибзиахон ахәыҷтәы центр мамзаргьы ахәмарга амузеи ыҟазар.

© Фото : Диана АхбаАбхазские игрушки
Абхазские игрушки  - Sputnik Аҧсны
Абхазские игрушки

- Асоветтә хәмаргақәа рыԥшаарагьы ауадаҩрақәа аҵазма?

— Уигьы проблеман. Сара сколлекциа иалан 30-тәи ашықәсқәа рыхәмаргақәа, 20-тәи ашықәсқәа рзтәи ашықәсҿыцтә хәмаргақәа, иҟан 50-60-тәи ашықәсқәа рзтәи ахәмаргақәа.

Нас сара еилыскааит еиҳа ихадоу аԥсуа милаҭтә хәмарга аиҭашьақәыргылара шакәу. Аԥсуа милаҭтә хәмарга ирымаз иалырхуан. 96 шықәса зхыҵуа санду лаҳәшьа исалҳәеит ажәытә акьанџьа ахаҿы ҭырхуамызт ҳәа. Урҭ зымпыҵыҵыз ленергетика бааԥсызар акьанџьахь ииасуеит ҳәа иршьон. Ажәытә ауааи аԥсабареи аидҳәалара рыман. Анышәаԥшь даара иркуан. Акьанџьақәа рыҟаҵараан рхы иадырхәон арасамахә, акакан, аԥстәқәа рхәы, аԥш, аԥшԥаҵа убас егьырҭгьы, иҟан аџьамԥазбӷьы иалырхуазгьы.

© Фото : Диана АхбаАбхазские игрушки
Абхазские игрушки  - Sputnik Аҧсны
Абхазские игрушки

- Урҭ акраамҭа ухы иузархәом. Иԥхасҭамхои?

— Абӷьы иалху, ааи. Аԥши арасеи ирылху акраамҭа ухы иаурхәар алшоит. Питер урҭ збаз оумашәа иџьаршьон. Реиҳа иргәаԥхеит абӷьы иалхыз акьанџьақәа. Ари аиԥш ҳамбац рҳәеит.

- Арҭ ахәмаргақәа иудырҵарц ирылшозеи?

— Иҟоуп аӡӷабцәа рзы акьанџьақәа, иҟоуп аҷкәынцәа ирызкугьы. Ахәмаргақәа рыцхыраарала аӡӷабцәа аԥҳәысра, анра рҽазыҟарҵон. Аҷкәынцәагьы дара ирықәшәо рыман. Ахәмарга, ахәмарра адагьы адунеи аилкаара алзыршо хархәагоуп.

- Иахьатәи ахәыҷқәа рзы арҭ ахәмаргақәа аҵакы рымоума?

— Сара саҳәшьаԥҳацәеи саҳәшьаԥацәеи роуп сыхәмаргақәа аԥхьа избо. Урҭ даара бзиа ибаны ирылахәмаруеит. Аҷкәынцәа аныхәыҷыз инаркны аҽыкәадыршьа рҵон. Аӡӷабцәагьы аҽықәтәара бзиа ирбон аха дара аҽы рзызкәадыруаз ахацәа ракәын. Абри атәы Кәыҿба зыжәлаз Дәрыԥшьтәи ҭаҳмадак исеиҳәеит. Иара исзыҟаиҵеит аԥҳәыс лседлеи ахаҵа кәадыри. Сколлекциа иалоуп ахыц-ахәымпал, алабашьақәа, ампылқәа.

© Фото : Диана АхбаАбхазские игрушки
Абхазские игрушки  - Sputnik Аҧсны
Абхазские игрушки

- Ахәмаргақәа рыдагьы асувенирқәа алоуп шәколлекциа.

— Ааи. Амилаҭтә хәмаргақәа ирылысхит асувенирра зылшо 15 хәмарга: ампылқәа, алабашьақәа, ачуан хәыҷқәа, амилаҭ маҭәа зшәу акьанџьақәа, аԥацхақәа убас иҵегьы.

- Иахьа аԥсшьаҩцәа ирыдыргало асувенирқәа шәышԥарыхәаԥшуеи?

— Аԥсшьаҩцәа Аԥсни, иара аҭоурыхи акультуреи ртәгьы ддырдыруазароуп асувенирқәа. Асувенирқәа ирыцзароуп аилыркаагақәа. Иаҳҳәап архнышьна ихшьу ачуан иацзароуп аилыркаага – избан, иззы. Иарбанызаалак асувенир иара ахатәы ҭоурых амоуп.

© Фото : Диана АхбаАбхазские игрушки
Абхазские игрушки  - Sputnik Аҧсны
Абхазские игрушки

Ажәабжьқәа зегьы
0