Агероин ацынхәрас аметадон: Аԥсны анаркотикқәа рымҩа

© SputnikИрма Ануа.
Ирма Ануа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны 124-ҩык анаркотикатә маҭәашьар ахәҭа еиздырҳаит ҳәа иҭаҩуп ашықәс аҩныҵҟа, аха амедикцәа излазгәарҭо ала урҭ рхыԥхьаӡара еиҳа еиҳауп.

Рашәарамза 25 рзы иазгәарҭоит анаркотик маҭәашьарқәа рҿагылара Амш. Аԥсны иҟоу аҭагылазаашьа ҳкорреспондент Владимир Бегунов изеиҭалҳәеит Аԥсны анарколог хада Ирма Ануаԥҳа.

– Ааԥсны анаркоманиа апроблема актуалума?

– Ҳәарада. Иҟоу астатистикагьы иҟаҵәҟьоу аҭагыллазаашьа аанарԥшуам. Ҵыԥх ҳара ҳҟны иҭаҩын 1329-ҩык алкоголикцәа, 1113-ҩык анаркоманцәа. Астационартә хәышәтәра иахысит 1072-ҩык алкоголикцәеи 184-ҩык анаркоманцәеи. 124-ҩык адоза иацырҵеит ҳәа иҳазҭаҩын.

– Аԥсыҭбарақәа рыцызма?

– Аӡәы, аха анаркотик акәу алкоголь акәу изыхҟьаз шьақәыргыламызт.

– Шәара иласуи ихьанҭои ҳәа анаркотикқәа еихышәшома?

– Сара иазысыԥхьаӡоит канабис ашьаҭала иҟоу анаркотикқәа: марихуана, гашиш, убас егьырҭгьы еиҳа ишәарҭам ҳәа. Ихьанҭоу анаркотикқәа, агероин ма аметадон реиԥш иҟоу рышьцылара мариоуп, ркажьрагьы уадаҩуп.

– Иахьатәи аамҭазы иҟоума анаркотикқәа урҟәызхуа ахәышәтәра?

– Апациент астационартә хәышәтәра дахысны уиаҿы даагылазар – процентк еиҳам ихәышәтәра. Ус акәымкәа астационартә хәышәтәра ашьҭахь ареабилитациатә центр аҿы хымз ирыдамзаргьы иҽихәышәтәызар 30-40% рҟынӡа инаӡоит ихәышәтәра. Уи ашьҭахьгьы ареабилитациатә гәыԥ даҭаауазар — 80%. Анаркотикқәа рыда анхара иара изы идеологиак еиԥшхоит. Уи агәыԥ аҟны ахадара дгыларц иақәикызар — 98%. Уаҳа ԥсыхәа ыҟаӡам.

– Шәара шә-наркологиатә центр аҟны иҟоума урҭ ирҩызцәоу?

– Иҟоуп. Ҩеижәаҩык рҟынӡа. Иҟоуп зымчқәа еизыркәкәаны анаркотикқәа мап рцәызкыз. Урҭ иахьа егьырҭ реиқәырхараҿ иҳадгылоуп.

– Бжьаратәла ирхыҵуазеи шә-пациентцәа?

–25 шықәса инаркны 60 шықәсанӡа, реиҳарак аибашьраан иашьцылақәаз роуп.

– Аԥсныҟа еиҳа иаарго иарбан наркотикқәоу?

– Амарихуана араҟа ирааӡоит. Иааргоит аметадон, адезаморфин, атаблеткақәа "Лирика", "Баклосан". Героини кокаини ааргоит, аха урҭ рыхәқәа дууп азы уиаҟара ирацәам.

– Анаркоманиа ишырҳәаҵәҟьо еиԥш ишәарҭома? Ирацәаҩуп еицырдыруа ауаа "ҳаԥсҭазаара зегьы анаркотикқәа ҟаҳҵон" зҳәо.

– Иҟоуп. Аиҳаракгьы аҟазара иатәу ауаа. Аха аӡәгьы изы анаркотикқәа шьҭамҭада имиасӡац. Аӡәы уи хәышықәса дзахысуам, аҽаӡәы, жәаба, жәохә шықәса днанагоит. Аха ишысҳәаз еиԥш зегьы рҵыхәтәы акоуп.

– Шәгәы ишԥаанаго, мышкызны иҟаларыма анаркотикқәа ириааиуа ахәшә?

– Мап.

Рашәарамза 26 аҽны адунеи атәылақәа жәпакы рыҟны иазгәарҭоит анаркотик маҭәашьарқәа рыдкылара аҿагылара Амш. Анаркотикқәеи ацәгьоурақәеи рзы ООН аусбарҭа ишаҳәо ала 2015 шықәса рзы анаркотиктә маҭәашьарқәа здызкыло рхыԥхьаӡара 300 миллион-ҩык ыҟан.

Ажәабжьқәа зегьы
0