Нҵамҭақәак исызцәырыргаз агәҭахәыцрақәа, мамзар иацтәи амш шыгәхьаазго

© Fotolia / Bits and SplitsПлачущая женщина
Плачущая женщина - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зыжәлар зхы рыхҭнызҵоз, зажәа шәаз-изаз, агәымшәара злаз, ахаҵара ԥсабарала ишьананы иззыҟаз аԥсуаа аӡәырҩы ирықәнаго ажәа ахьҳәам азы Светлана Ладариаԥҳа лгәаанагара.

Светлана Ладариаԥҳа, Sputnik

Ааигәа, иҵит 80-шықәса аԥсуа жәлар рҵеицәа иреиӷьны ишьаз, зыԥсадгьыл уаҵәтәи амш лаша еиԥхыӡуаз, иаразы згәабзиарагьы зыԥсҭазаарагьы ирмеигӡаз аҵарауаҩ Владимир Аҵнариа диижьҭеи. Абри арыцхә азгәаҭан аԥсуа телехәаԥшраҿы, ажурналист Елеанора Кәаӷәаниаԥҳа ланҵамҭала, ҳмаҵзура Sputnik аҟәшаҿы акәзаргьы лара иазлырхиеит иара изкны адаҟьа, арадио ахь дааԥхьан иҩыза бзиа Олег Дамениа, игәалашәарақәа дрызхьаԥшит Мушьни Лашәриа.

Олег Дамения - Sputnik Аҧсны
Арадио
Дамениа ашәҟәыҩҩы Владимир Аҵнариа изкны: здырра ҳаракыз ҵарауаҩын

Сара, зыӡбахә рҳәо ауаҩы хаҭала дахьыздыруаз, ҭаацәала срылахәны сахьыҟаз азы абри зегьы иҭабуп ҳәа ахысҳәаар сылшоит.

Аха, уи акәым сзызхьаԥшырц исҭаху, абарҭ амшқәа зегьы иаасыцрымшәо хәыцраны исыцу, сыгәгьы сзырхьуа. Ателедырраҭараҿы аума, егьырҭ зыӡбахә сҳәаз ауаа роума иазгәарҭон Владимир Аҵнариа зеиԥш дмаҷыз, ашәышықәсақәа рахь знык Анцәа ду игәаԥханы иишоз, жәларык рҿахәы аҳәара зылшоз Ауаҩԥсы, Аҵарауаҩ, Акритик, Апоет, Аиҭагаҩ, Аинтеллигент иакәны дшыҟаз.

Иацакәын иара данҳалагылаз. Ибжьы анҳаҳауаз. Ииҳәоз аӡышхәеиԥш ианҳадаҳкылоз. Иахьа дызгәалашәо маҷхеит. Дыздыруаз аӡәырҩы рынарцәымҩа иқәлахьазаргьы, еиҵагылаз ирымоума азин асеиԥш иҟаз ауаҩ ду, ауаҩы лаша ихашҭра?

Хаҭала сара, аус зцызуаз роума, иара ус амҩаҿ исԥылоз, издыруаз роума сразҵаауан "шәахәаԥшыма адырраҭара, шәаԥхьама агәалашәаратә статиа, арадио шәазыӡырҩыма?" ҳәа. Шамахамзар аӡәгьы иҭак ҵоураны исмаҳаит. Иахьа зегьы мариоуп. "Аинтернет аҿы ишәыԥшаар ҟалоит. Даара уеилзырхуа нҵамҭоуп" ҳәа адырраҭара "Абырцкал" иахәаԥшырц издызгалазгьы ишеилыскааз ала хырыҩ арымҭеит. Акы, уи иснарбаз, аамҭақәак раԥхьа ҳажәлар ззықәԥоз аԥсуа телехәаԥшрагьы ахәаԥшҩы дмаҷны дшамоу ауп. Аҩбатәи… Убри аҩбатәи ауп абарҭ амшқәа зегьы сгәы бырфын рахәыцушәа иакәшаны, еибархханы изку. Уи ҳгәалашәара акьаҿроуп.

Аурысқәа ирҳәалоит "Иваны не помнящие родства" ҳәа. Аамҭақәак раԥхьа ҳара, аԥсуаа, абасеиԥш аӡәы иаҳзиҳәар ҳхы иақәаҳҵон. Ус ҳзуҳәар ҳҭахымызт, избанзар ус ҳаҟамызт. Иацтәи аԥсуааи иахьатәи аԥсуааи ҳаиҿурԥшыр, геи-шьхеи ҳабжьоуп. Уаацәшәартә иҟоуп заҟа ҳҽаҳаԥсахыз.

Владимир Ацнария - Sputnik Аҧсны
Зыхшыҩ зызрыцҳараз аинтеллигент

Владимир Аҵнариа ивагылан ҳҵарауаа, ҳашәҟәыҩҩцәа, ҳинтеллигенциа. Урҭ зегьы рхы ақәҵатәхар рхы ақәҵаны аԥсуаа рԥеиԥш иазықәԥон. Иазықәԥон иахьа иаҳҳәаргьы-иааӡаргьы зцәыӡра ҳаҿу ҳбызшәа, иазықәԥон аԥсуа газеҭ, аԥсуа шәҟәы, аԥсуа телехәаԥшра, аԥсуа радио рыҟазаара. Иазықәԥон аԥсуа ҳәынҭқарра. Иҟалап, убарҭ ашықәсқәа рзы абасеиԥш иҟаз аԥсуаа рҵеира ыҟамызҭгьы, аибашьраҿгьы аиааира ҳзымгар, избанзар аибашьраҿы абџьар ашьҭыхра уаҵазыргыло, аԥсадгьыл ахақәҵарахь укылызго иара аԥсадгьыл абзиабара ухы-угәы иҭамзар, уԥсыԥ алагаҩагара иаламзар, иҟалаӡом.

Сгәалашәараҿы иаанхеит 1978-тәи ашықәсқәа рзы аԥсуаа рықәгылара амшқәа руак. Ленин ихьӡ зхыз ашҭа иазымкуа еизаз ажәлар зҵаарашәк зырҭараны ирҭахыз аиҳабыра рымааира иаргәамҵуа ианалага Анатоли Шьыгә-иԥа Зыхәба амикрафон аанкылан "Ажәлар шәхаҵкы, шәысзыӡырҩырц сшәыҳәоит, шәыҽшәырҭынч" анааиҳәаҵәҟьа иааҟалаз аҭынчра. Жәаба, ҩеижәа нызқьҩык инареиҳаны игылаз ажәлар еиқәыӡырыҩуа иааилагылеит. Усҟан рацәак сықәра ианырԥшны абри ахҭыс сзеилымкаауазҭгьы, уажәы ибзианы еилыскаауеит уи ауаҩ заҟа иажәа иацныҟәоз, ииҳәоз иахымԥоз. Убас акәын егьырҭ ҳаԥхьагылаҩцәагьы пату шрықәыз. Ажәлар ибзианы еилыркаауан рыԥсы знапы ианырҵаша аҵеира шрымаз. Урҭ дара рзыҳәа рхы ишамеигӡоз. Иҟалап уҵеи уаниқәгәыӷуа еиҳау насыԥ ыҟамзаргьы.

Угәы ҭнагоит ҩеижәа-ҩеижәижәаба шықәса раԥхьа зыжәлар зхы рыхҭнызҵоз ауаа ахьҳамаз, угәы унархьуеит иахьа, зыԥсҭазаара заҵәазы зыжәлар зегьы неизакны ӡибнаҟа-ӡишәнаҟа ирышьҭыргьы хьаас измам ауаа ахьцәырҵуа.

Ирҳәоит ушықәсқәа наскьацыԥхьаӡа агәалашәарақәа еиҳа-еиҳа иҟәандахошәа иубо уалагоит ҳәа. Иҟалап усеиԥш сыхьуазаргьы, аха иацтәи ҳамш гәхьаазгоит. Агәхьаагара сызрыцуп иацтәи ҳаидгылара, ҳабзиеибабара, идеиак ҳаҵагыланы ҳхымҩаԥгара, ҳаӡәкра.

Агәхьаагара ду сызрыцуп Владимир Аҵнариа иеиԥшыз, зажәа шәаз-изаз, агәымшәара злаз, ахаҵара ԥсабарала ишьананы иззыҟаз Аԥсуаа. Агәхьаагара ду сызицуп адунеитә ԥсҭазаараҿы иарбанызаалак уалк зықәны инызмыжьыз, Анцәа ду данишоз ауаҩытәыҩса изы еизакны имаз аҟазшьа ссирқәа зҭаҵәахыз иҳаԥшьа ахҩа аницәахшәа, дара зегьы иара инеизырханы, иара заҵәык илахь ианиҵазшәа иишаз ауаҩ ԥшӡа, ауаҩ ҟәыш, ауаҩы ссир.

Даҽазныкгьы Анцәа ду даҳзылԥханы, ахашҭреи агәхашҭреи ҳарцәихьчааит!

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0