Ԥсуаҵасла аҭацара аныҟәгара: Емма Кәыҵниа-Ашәба лҭоурых

© Sputnik / Сырма АшубаЕмма Кәыҵниа-Ашәба
Емма Кәыҵниа-Ашәба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Быжьҩык ахшара ран, амоҭацәеи урҭ ирхылҵызи 25-ҩык ранду Емма Кәыҵниа-Ашәба, ишырҳәо еиԥш, лҭаацәеи лареи Анцәа дреигәырӷьаратәы иҟоуп. Имариамызт 90 шықәса ирзааигәоу Емма Ҭарашь-иԥҳа дызнысхьоу лыԥсҭазааратә мҩа. Уи иацын ауадаҩрақәа, аџьабаа, аџьаус, аха убри аан, лгәы ҭызгоз аԥсуа цәа зыҟәныз лҭаацәаратә гәырӷьара урҭ еимхәыцҵас икәдыршон.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Џьгьарда ақыҭа инхо аԥҳәыс бырг Емма Кәыҵниа- Ашәба лашҭа-лгәара уанаҩсуа, умгәырӷьарц залшом. Џьара бабыцк ықәыршәны иубом, шәҭыла икәыршоуп. Лмоҭацәа рыччабжь акәзар, ргәараҭа ҭнарцәажәаауеит. Нас, иарбан уи еиҳау насыԥс иҟоу аԥсуа ҭаацәаразы?! Урҭқәа зегьы шьаҭас ирымоу, хымԥада аԥсуа ԥҳәыс лоуп. Ахәышҭаара ҿызмырцәаауа, аизҳара мҩақәызҵо, аԥсҭазара агьама азҭо- аԥсуа ԥҳәыс.

Англиа еиҿкаау аԥсуа-дыга жәлар ркультуратә центр ахаҭарнакҵәа - Sputnik Аҧсны
Аҭрышԥҳа: аԥсуа ԥҳәыс адунеи аҿы зегь реиҳа иӷәӷәоу ԥҳәысуп

Имариазма нас ажәытә аамҭазы ахшара рацәа рааӡара, убри аан шьыжьы инаркны хәлаанӡа ԥсшьарада аусура, аԥсуара аныҟәгара?— ҳәа ҳанлазҵаа, Емма Ҭарашь-иԥҳа, ус наҳаҭалкит:

"Усҟантәи аамҭазы зегьы еилаҳагӡар акәын, нан. Ашьыжь шаанӡа сгыланы, сыхьуарӡы кнаҳаны, ажәқәа хьаны, иара амжәабӷьы аизгара дцаны, уи ааганы аҟанҷқәа акрырҿаҵаны, аҩнтәи сусқәа рҭыԥ иқәҵаны ачаи аҿыхра сцон", — ажәытә аамҭа лгәаларшәо дҳацәажәон абырг.

Емма Кәыҵниаԥҳа аҭаацәара даналалоз, Џьгьарда ақыҭа акыр иацәыхараны иҟоу Ахәҵа ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ аҟны акәын лабхәаара ахьынхоз. 15 шықәса рнаҩс ауп ақыҭахь илбааны ҿыц анхара ианалага.

"Уажәы аамҭа хақәиҭроуп. Усҟантәи аамҭа ҳацныҟәон, аилагӡарагьы ҳалшон. Аӡтара мацара сагахьан, напыла аӡәӡәара акәзар, снапы цәнарҳәхьан. Уажәы, Анцәа иџьшьаны аԥҳәыс аҩнтәи лус зырманшәало алшарақәа маҷымкәа иҟоуп", — ҳәа азгәалҭоит Емма Кәыҵниаԥҳа.

Аԥсуара акәзар, ҳзыҿцәажәоз абырг, лыбла аҷыц еиԥш дахӡыӡаауа иныҟәылгоит, акыр игәхьаалгоит аџьабаа зцыз, аха убри аан ахаареи агьама бзиеи змаз ажәытә аамҭа.

"Аԥсуара анузныҟәга, иареиԥш узырԥшӡо ыҟаӡам. Аишәа сасык дахатәаны, санидтәалахьо сгәалашәом, нан. Ҳшьапԥынҵа ҳақәгыланы акәын амаҵ шаҳуаз. Сасык ҳашҭа дҭалан абысҭа ԥха иҿамҵакәа дҳашьҭыр ҟалашьа амамызт. Мышкы хынтә абысҭа анызуаз ыҟан", — илгәалалырышәоит ҳзыҿцәажәоз абырг.

Емма дызланагалаз аҭаацәеи лареи рҳәоу еиқәыршәаны еицынхон. Аҭаацәараҿы аҭыӡшәа захьӡыз зынӡагьы ирыздыруамызт.

"Сгәылара џьара сыбжьы нҭыганы аӡәы слацәажәахьеит, ҳгәы нибархахьеит ҳәа сгәалашәом. Сгәы акы иснархьыргьы, уаҩы исырдыруамызт, снавсуан. Иугу-иубзоу патуеиқәҵарала еибуҳәар, уи аимак-аиҿак ахылҿиаауам", — лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.

Емма Кәыҵниаԥҳа аҩны длымоуп лԥеиҵбы, Аԥсны Аџьынтәылатә еибашьра иалахәыз, ақыҭаҿы аҳаҭыр ду змоу Дамеи (Дима) Ашәба. Иара хәҩык ахшара драбуп. Иԥшәмаԥҳәыс Алиса Зарандиаԥҳаи иареи рхатә џьабаала инхоит, жәытәаахыс рҭаацәара иныҟәырго аҵасқәа еихаҳауа иааргоит.

"Бареи сареи абыржә ҳаицәажәонаҵы жәанаак еибаҳҳәахьазар, сҭацагьы саргьы ҳабжьара уи аҩыза ҟамлац. Алаф еибыҳәо аҩны ҳаицыҩноуп. Аиаша шәасҳәап, сажәра бзиан", — дцәажәон зыблақәа ҟәышрала иҭәыз аԥҳәыс бырг.

Аамҭа ԥхьаҟа ицоит. Аха, иҟоуп аҭоурых иузанымхуа ианхало амилаҭ ахаҿра еиқәырханы измоу аԥсуара амахәҭақәа рацәаны.

Миаси Анқәабԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анқәабԥҳа: аԥсуа ԥҳәыс зегьы дрыхьӡон

"Ажәытә ахьӡшьарақәа азгәарҭон. Ахәҵа ҳанынхоз аиҳабацәа иҟаз зегьы аӡәгьы ихьӡ сҳәаӡомызт. "Изыбымҳәозеи бабхәа иакәызшәа?— ҳәа иансазҵаауазгьы ыҟан. Санхәыԥҳацәа, сабхәындацәа, сацала рыхьӡ сшьон. Санхәа лыжәла сҳәаӡомызт, исшьон. Уи патууп ҳәа иԥхьаӡан", — ҳәа азгәалҭоит Емма Ҭарашь-иԥҳа.

Емма Кәыҵниа-Ашәба, лылаԥшҳәаа ахара инаӡоит, лажәа ҟәыӷоуп, лҭаацәа реиԥш, лааигәа-сигәа иҟоу, лыуацәа-лҭынхацәа лабжьгарақәа ирзыӡырҩуеит, егьныҟәыргоит.

"Ауаҩра улазароуп уахьыҟазаалак. Аҵара дуӡӡа зманы ауаҩра злам, акагьы даԥсам, нан. Ауаҩы ацәаҩа илазароуп, аҟазшьа бзиа имазароуп, убарҭқәа зегьы ираԥхьагылазароуп аламыс. Аԥсуара иаԥу рацәоуп", — лҳәоит Емма Кәыҵниаԥҳа.

Аҭаацәара ду ирылҵыз, аҭаацәара дугьы аԥызҵаз аԥсуа ԥхәыс гәаҳәарас илымоуп Аԥсны аизҳара ҟаларц, аҿиара рацәахарц.

"Аҿар раҟара угәы еиззырҳауа дарбану?! Аԥсуаа аҭаацәара аԥырҵароуп, ахылҵ-ԥылҵ роуроуп, рбызшәала ицәажәароуп, агәыбылра рылазароуп", — дцәажәон Емма Ҭарашь-иԥҳа.

Дарбанызаалак ауаҩы имоуп иара ихатәы лахьынҵа. Уи ус шакәу агәра лгоит ҳзыҿцәажәоз абырг.

Емма Кәыҵниаԥха лыԥшәма Ваниа Ашәбеи лареи рыжәҩахыр еибыҭаны рыхшара еицырааӡеит 39 шықәса. Лыԥшәма иԥсҭазаара далҵхьеит.

Лара лакәзар, 60 шықәса ҵит Ашәаа ргәараҭаҿы аҭацара ныҟәылгоижьҭеи. Илзеиӷьаҳшьап Емма Ҭарашь-иԥҳа аԥсуа иқәра нҵыра ду гәабзиарала илхылгарц.

© Фото : Сырма АшубаЕмма Кәыҵниа-Ашәба
Емма Кәыҵниа-Ашәба - Sputnik Аҧсны
Емма Кәыҵниа-Ашәба
Ажәабжьқәа зегьы
0