Белла Кокосқьериаԥҳа: ахәыҷқәа рааӡараҿы аԥсуароуп шьаҭас иҟаҵатәу

© Sputnik / Саида ЖибаБелла Кокосқьериаԥҳа
Белла Кокосқьериаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәыҷы ашкол ахь ишьаҿа еихигаанӡа, адыррақәа рахь игәыбылра ахы ахьыҵнахуа ахәыҷбаҳчаҟноуп. Ааӡаҩ ишьҭаиҵуа ауасхыр зеиԥшроу еиԥш, иаргьы ихшыҩ шәуеит. 38 шықәса ирылагӡаны, зықьҩыла абиԥара ҿыц еиҵазааӡахьоу Белла Кокосқьериаԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит, аҳәыҷбаҳча доусы иԥсҭазаараҟны инанагӡо ароль атәы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Белла Кокосқьериаԥҳа диит Гәдоуҭа араион Оҭҳара ақыҭан Аԥсни Қырҭтәылеи зҽаԥсазтәыз арҵаҩцәа рҭаацәараҟны. Лаб, Рикәа Шнатла-иԥа аҭыԥантәи абжьаратә школ директорс даман, иара убас аҭоурых амаҭәар мҩаԥигон. Лан, Вера Мамсыр-иԥҳа Патхәуариаԥҳа аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩыс аус луан.

Мери Чанба - Sputnik Аҧсны
Мери Ҷанԥҳа: сыԥсҭазаара абжеиҳан, Гагратәи аҟазаратә школ иазыскит

Беллеи, лашьцәа Беслани Руслани иреиҳау аҵараиурҭақәа ирылгеит. Лара, Горьки ихьӡ зхыз, Аҟәатәи арҵаҩратә институт, афилологиатә факультет, аԥсуа бызшәеи, алитературеи, анемец бызшәеи рыҟәша доушьҭымҭоуп. Анаҩс, 1971шықәса инаркны 1978 шықәсанӡа аус луит лышкол гәакьа аҟны, лзанааҭ ала.

1978 шықәсазы, аусура диаган Гаграҟа, уаанӡа ахәыҷбаҳча №8 "Василек" захьӡыз аиҳабыс.

"Ашкол аҟны аус анызуаз, аиҳабыратәи аклассқәа рҟны акәын амаҭәарқәа ахьымҩаԥызгоз. Ажыцәқәеи зынӡа ихәыҷуи рызнеишьа хазуп. Аха аамҭакы ашьҭахь сашьцылеит", — лҳәоит Белла Рикәа-иԥҳа.

© Sputnik / Саида ЖибаБелла Кокосқьериаԥҳа
Белла Кокосқьериаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Белла Кокосқьериаԥҳа

Аибашьра ҟалаанӡа, Гагратәи аурыс хәыҷбаҳча №8 "Василек" милаҭ рацәала ахәыҷқәа ҭан, аха уеизгьы аԥыжәара згоз ақырҭцәа ракәын. Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь, иаԥсыуа хәыҷбаҳчахеит. Иахьа, Гагратәи аԥсуа хәыҷбаҳча №1 "Мрамза" ҳәа ишьақәгылоуп.

Белла Рикәа-иԥҳа, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь, ари ахәыҷбаҳча аԥсҭазаара ҿыц ахаҵараҿы илылшаз рацәоуп.

"1997 шықәса инаркны ахәыҷбаҳча ҩаԥхьа аусура иалагеит. Хәышықәса еиҭымха иҟаз ахыбра, адәахьи аҩнуҵҟеи иажәит. Ашәқәеи, аԥенџьырқәеи, адашьмеи бааит. Аҩнымаҭәа дәылганы иргахьан, иаанхазгьы ухы иузархәомызт.

Валерий Орчукба - Sputnik Аҧсны
Ажурналист: арҵаҩра иахьагьы сгәы азыбылуеит

Ахәыҷбаҳча ажәытә усзуҩ, амедицинатә еиҳәшьа Нора Кокосқьериаԥҳаи сареи иҳалшоз зегь ҟаҳҵеит, ахәыҷбаҳча ҩаԥхьа ашәқәа аанартырц. Араион ахадара амчала ахыб ықәаҳҵеит, абнанхамҩа аиҳабы Заур Бганба иҳаиҭаз аӷәқәа рыла адашьмақәа ҳаԥсахит. Убас аҭаацәара рыцхырраралагьы аусура хацҳаркит. Иҳавагылеит ааӡаҩцәа ҿыццәа. Иҟан аамҭақәа хәба-быжьба мзы уалафахәыда аус анаҳуозгьы, аха ҽназаҵәыкгьы аӡәгьы ихы иҭамшәеит, иныжьны ҳцоит ҳәа", — илгәалалыршәоит ахәыҷбаҳча аиҳабы.

Аибашьра ашьҭахь, акыр шықәса ахәыҷбаҳча аусураҟны ауадаҩрақәа цәырҵуан. Афатә-ажәтә аахәарагьы мариамызт.

"Нора Кокосқьериаԥҳаи сареи атачкақәа ҳаманы шьапыла аџьармыкьаҿы ҳцон, ахәыҷқәа рыфатә ааҳхәоит ҳәа. Зны, аидара зқәыз ҳтачка агьежь ԥҵәеит. Усҟан лассы-лассы амашьынақәа абаныҟәоз. Зықәра неихьаз ԥсыуа хаҵак уадаҩрак ҳшақәшәаз еиликаан, ицхыраара ҳадеигалеит. Ихатә транспортла ҳҭыԥ аҟынӡа ҳааигеит", — еиҭалҳәоит Белла Рикәа-иԥҳа.

Аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа хьанҭақәа ахәыҷбаҳча "Мрамза" ааӡамҭацәа ирнымԥшит. Рааӡареи, рмедицинатә гәаҭареи, рыфареи, рыжәреи зегь рыла хылаԥшра рыман, иахьагьы ус ауп ишыҟоу.

"Аибашьра ашьҭахь, изаҳӡарызеи аҭаацәа ирцәыуадаҩын ахәыҷқәа раагара. Исгәалашәоит раԥхьа аусура ҳаналага, 22-ҩык ракәын иҳамаз. Анаҩс, есааира рхыԥхьаӡара иацло иалагеит. Иҟан аамҭақәа, аҭаацәа ашьыжь рхәыҷқәа ҳзааныжьны, дара Ԥсоу аҳәаа иахыҵны, акрыҭиира ианцоз. Усҟан амлеи ахьҭеи иамкааит ҳәа акәын ишхәыцуаз. Убри аҟнытә, ҳара ааӡаҩцәа, еиҳагьы аҭакԥхықәра ҳадын рҵареи-рааӡареи рҿы. Ҽнакгьы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥаҳамгакәа иҳаҩҳмыжьит", — ҳәа азгәалҭоит ааӡаҩ хада.

Усҟангьы, иахьагьы, еиҵагыло абиԥара рааӡараҿы, ахәыҷбаҳча "Мрамза" аиҳаби ааӡаҩцәеи, аханы идыргылоит Аԥсуара.

© Sputnik / Саида ЖибаБелла Кокосқьериаԥҳа
Белла Кокосқьериаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Белла Кокосқьериаԥҳа

"Раԥхьа иргыланы, ахәыҷы илааӡатәуп Аԥсуара. Нас ауп егьырҭ адыррақәа аниҭатәу. Ҳара ҳааӡамҭацәа ҳрацәажәоит. Ирзеиҭаҳҳәоит аиҵбы аиҳабы иаԥхьа ихы шымҩаԥигаша, ишихаҵгылатәу, иажәа ишаԥылатәым, ҳаҭыр шиқәҵатәу уҳәа, идеилҳаркаауа рацәоуп", — лҳәоит Белла Рикәа-иԥҳа.

Ахәыҷбаҳча аиҳабы аибашьра ашьҭахьтәии иахьатәи ахәыҷқәеи еиҿырԥшуа иазгәалҭоит, усҟан еиҳа рдыррақәа шԥкыз. Иахьатәиқәа, аамҭа рныруеит, рдунеихәаԥшышьа ҭбаауп.

Людмила Сергьегия - Sputnik Аҧсны
Лиудмила Сергьегьиаԥҳа: "Аидгылара" ҳхақәиҭра иашьаҭахеит

25 шықәса раԥхьа, ахәыҷқәа амлеи ахьҭеи иамкааит ҳәа ихәыцуазтгьы аҭаацәа, уажәтәиқәа зехьынџьара ашәқәа рзаатуп. 4-5 шықәса шырхыҵуагьы акәашара ма ашәаҳәара иалоу дубап, убас аспорт хкқәа рсекциақәа рахь иргоит.

Иазгәаҭатәуп, ахәыҷбаҳча аҭыӡқәа рҟынгьы аус шауа ахореографиа аҟәша, арахь иныҟәогьы маҷҩым.

Белла Кокосқьериаԥҳа иҳаиллыркааит, ахәыҷбаҳчаҟны лассы-лассы иаарту аҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥырго. Уи ишаҭаауа Аԥсны аҵара аминистрреи, араион аҵара аҟәшеи рыспециалистцәеи.

Иара убас еиҿыркаауеит еиуеиԥшым аконкурсқәа, иаҳҳәап аҭаацәа ркәакь, иреиӷьу асахьаҭыхымҭа, иреиӷьу аԥхьаҩ уҳәа захьӡу. Лассы-лассы имҩаԥыргоит "иаарту ашәқәа рымш", усҟан аҭаацәа аҽазыҟаҵарақәа ирыладырхәоит, рыблала ирбарц рхәыҷқәа иаадырԥшуа алҵшәқәа.

© Sputnik / Саида ЖибаБелла Кокосқьериаԥҳа
Белла Кокосқьериаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Белла Кокосқьериаԥҳа

Иахьа ахәыҷбаҳча "Мрамза" 145-ҩык ааӡамҭацәа амоуп. Араҟа иаартуп ԥшь-гәыԥк, аиҳабыратәиқәеи, аиҵбыратәиқәеи ҩба-ҩба, аԥсуеи аурыс ҟәшақәеи ҳәа ишаны.

"Ҳара есышықәса ахәыҷқәа ашкол ахь ианынаскьаҳго, аԥсуа ҭаацәарақәа ирабжьаҳгоит ҳмилаҭ школ иаврымгарц. Иҟоуп ҳҳәатәы иахаҵгыло, аха џьоукы аурыс школқәа рахь иргоит, уи даара ҳгәы ҳнархьоит", — лҳәоит ахәыҷбаҳча аиҳабы.

Белла Кокосқьериаԥҳа иҭабуп ҳәа ралҳәоит, ахәыҷқәа рааӡараҿы акыр шықәса аџьабаа збо Наҭела Емхааԥҳа, Асида Лакобԥҳа, Фаина Барцыцԥҳа, Мадина Кәыркәынааԥҳа, аметодист Лиудмила Малиаԥҳа, амузыка арҵаҩы Татиана Куцеконь.

© Sputnik / Саида ЖибаБелла Кокосқьериаԥҳа
Белла Кокосқьериаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Белла Кокосқьериаԥҳа

Ахәыҷбаҳча аиҳабы иазгәалҭоит, дара есқьынагьы араион аҵара аҟәша аҟнытә хылаԥшра шрымаз. Иахьагьы, аҟәша аиҳабы Мадина Ажьиԥҳа, илылшо зегь ҟалҵоит, иарбан проблемазаалак ирызцәырҵуа, иаарласны аӡбаразы.

Ахәыҷбаҳча аԥсҭазаараҟны рлагала рацәоуп аҭаацәагьы. Белла Рикәа-иԥҳа аџьшьара илҭеит, изныкымкәа ирхаҵгылахьоу Реваз Бениа. Иара ихатә харџьла, ахәыҷбаҳча ашҭаҿы еиҿикааит ахәмарҭатә ҭыԥ. Аҭаацәара иаларгало ахәԥса ала, аӡәӡәарҭа ҭыԥ ҟарҵеит, иара убас ахыбра хада иацҟарҵеит ашьҭаларҭа ҿыц.

Ахәыҷбаҳча "Мрамза" иџьабаа адуп ԥасатәи Гагра араион Ахадара аиҳабы Асҭамыр Қьецба. Иара ибзоурала зехьынџьара аԥенџьыр ҿыцқәа ҿаҵан.

Гагра ақалақь аҟны иарбан ныҳәазаалакгьы имҩаԥысуа, ахәыҷбаҳча ааӡамҭацәа рхы аладмырхәакәа иҟамлацт. Есышықәса, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра иадҳәалоу аҭоурыхтә рыцхәқәа раан, ахәыҷқәа рааӡаҩцәа ираԥхьагыланы, абаҟахьы ашәҭ шьҭаҵара инеиуеит.

Диана Ладариа - Sputnik Аҧсны
Диана Ладариаԥҳа: ишыхәмаруа ауп ахәыҷқәа аԥсшәа шырҵо

"Ахәыҷқәа агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа ианрылаҳархәо, раԥхьа иргыланы, рыхшыҩ аҟынӡа инаҳгоит уи зызкыу. Ҳразҵаауеит забдуцәа еибашьуадаз ҳәа. Уамашәа иубаратәы, доусы, аибашьра иҟаз рыуацәа рҭоурыхқәа рдыруеит. Угәы иахәаратәы иҟоуп, аҩны уи атемала иахьрацәажәо", — лҳәоит Белла Кокосқьериаԥҳа.

Абас аамҭа хьанҭақәа ириааины, иахьатәи аҭынч ԥсҭазаара еигәырӷьо абиԥара ҿыц рааӡара рнапы алакыуп, Гагратәи аԥсуа хәыҷбаҳча №1 "Мрамза" аколлектив.

"Сара аныки, андуки лаҳасабала, ахәыҷқәа зегьы ирзеиӷьасшьоит аҭынч ԥсҭазаара, рҭаацәеи дареи еигымзааит. Аԥсны иаԥсоу ҵеицәаны иазгылааит", — ҳәа дныҳәоит ааӡаҩ ду.

Белла Рикәа-иԥҳа Кокосқьериаԥҳа лџьабаа ахә шьо, Аԥсны аҵареи анаукеи рминистрреи, Гагра араион аҵара аҟәшеи изныкымкәа аџьшьара лырҭахьеит.

© Sputnik / Саида ЖибаБелла Кокосқьериаԥҳа
Белла Кокосқьериаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Белла Кокосқьериаԥҳа
Ажәабжьқәа зегьы
0