Мадина Ажьиԥҳа: аԥҳәыс лзы, арҵаҩы изанааҭ аасҭа иманшәало ыҟам

© Sputnik / Саида ЖибаМадина Ажиба
Мадина Ажиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьа, Гагра араион аҵара аҟәша иахагылоу, 15 шықәса еиԥмырҟьаӡакәа аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩыс аус зухьоу Мадина Алик-иԥҳа Ажьиԥҳа лзанааҭ дшазнеиз Cаида Жьиԥҳа ланҵамҭаҿ.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Дарбанызаалак, даныхәыҷу инаркны дзызхәыцуа, иаԥхьаҟа иалихуа азанааҭ ауп. Џьоукы, ашкол иалгаанӡа рдунеихәаԥшышьа аҽаԥсахуеит, даҽа џьоукы бзиа ирбо азанааҭ рыԥсҭазаара адырҳәалоит.

Аха иҟалалоит убас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьа, узанааҭ машәыршақә ианалухуагьы. Ус ауп, иахьа Гагра араион аҵара аҟәша иахагылоу, 15 шықәса иааиԥмырҟьаӡакәа аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩыс аус зухьоу Мадина Алик-иԥҳа Ажьиԥҳагьы лзанааҭ дшазнеиз.

Хана Гәынԥҳа - Sputnik Аҧсны
Гәынԥҳа: Сыԥсҭазаара рҵаҩыс дамоуп сан

"Сара саб, диуристын, аус иуан Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны, иара убас Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет аҿы, астудентцәа алекциақәа дырзаԥхьон. Саныхәыҷыз аахьижьҭеи, иӡбаны исыман, саргьы саб ишьҭа санылоит, сиуристхоит ҳәа", — илгәалалыршәоит Мадина Ажьиԥҳа.

Ауниверситет аҭалара аамҭа анааи, ақьаадқәа аиуристтә факультет аҟәшахьы алагалара иагхаз Мадина, убраҟа илабжьаргеит афилологиатә факультет ахь диасырц.

"Шықәсык сцәымӡырц азы, сақәшаҳаҭхеит, зынӡа схы-сгәы иҭамыз афакультет аҭалара, адырҩашықәсазы, аиуристтә ҟәшахьы сқьаадқәа ииазгоит ҳәа иӡбаны", — лҳәеит Мадина.

Афилологиатә факультет, аурыс бызшәеи алитературеи азанааҭ, Мадина илықәманшәалахеит. Шықәсык иалагӡаны алекторцәеи лҩызцәеи дрышьцылеит. Аиуристтә факультет ахь аиасрагьы уажәшьҭа мап ацәылкит.

"Ҳара ҳҭаацәараҟны, арҵаҩы изанааҭ змаз саб иаҳәшьа Роза Шьарадын-иԥҳа лакәын. Лара 50 шықәса аиҵбыратәи аклассқәа аҵара длырҵон. Саныхәыҷызгьы изныкымкәа, ари азанааҭ ахь схьалырԥшхьан, исабжьалгахьан, аԥҳәыс лзы иара аасҭа иманшәалоу ыҟам ҳәа. Сиуристхароуп ҳәа ихәыцуаз, ахаангьы сгәы иҭашәомызт, саб иаҳәшьа лҳәатәы аҟны сааиуеит ҳәа", — еиҭалҳәоит Мадина.

Аԥҳәызба дышқәыԥшӡаз аҭаацәара далалеит. Лыхшара ирызҳаны, ахәыҷбаҳчахь ианылшьҭ ауп, ларгьы арҵаҩрахьы раԥхьатәи ашьаҿақәа анеихылга.

"Схәыҷқәа ирызҳаанӡа, сыԥшәма иаб иҩны Лӡаа ҳаҟан. Убраҟа пату еиқәҵаны ҳаиҿцаалон, сгәыла ԥҳәыс Маиа Ҳарабуаԥҳаи сареи. Лара дырҵаҩын. Убри аҟнытә, аусура сҭыҵуазар, ашкол савымсырц сабжьалгон. Лассы-лассгьы уи сазхәыцуа салагеит. Ахәыҷқәа ианрызҳа, Гаграҟа нхара ҳаиасит. Убасҟан, "снапы кны" ҳәа сҳәарц сылшоит, исзааигәоу сҭынха, акыр шықәса аԥсуа школ аҿы аус зухьаз Венера Ҳагԥҳа арзаҳал сырыҩҩны, убраҟа аусура салалыргеит", — раԥхьатәи лырҵаҩратә шьаҿақәа лгәалалыршәоит Мадина Алик-иԥҳа.

Арҵаҩ қәыԥш гәаартыла длыдылкылеит Гагратәи абжьаратә школ №1 адиректорс иҟаз Татиана Мықәԥҳа.

"Уи ашықәсан, ашкол ахь аусура инеиз арҵаҩцәа қәыԥшцәа маҷҩымызт. Татиана Гьаргь-иԥҳа ҳазегьы аус ҳадылулон. Хымԥада аԥышәа змамыз аҿар иҳагыз рацәан. Лара убас ҟазшьас илыман, данҳалабжьоз, аӡәгьы лыбжьы илырҳауамызт, аӡәаӡәала амҩа иаша ҳақәылҵон", — иазгәалҭоит арҵаҩы.

Ҳараз Чамагәуа ихьӡ зху, Гагратәи абжьаратә школ №1 аҟны, аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩыс Мадина Ажьиԥҳа аус луит 15 шықәса.

"Сара аиҳабыратәи аклассқәа рырҵаҩы соуп, аха раԥхьаӡакәны, аурыс бызшәа амаҭәар амҩаԥгара салагеит аҩбатәи акласс аҟны. Ус ахәбатәи аҟынӡа ҳаннеи, акласстә напхгаҩыс сроуит, иара убри инаваргыланы, аурокқәа рымҩаԥгара салагеит аиҳабыратәи аклассқәа рҟны", — лҳәоит Мадина.

Ашкол адиректор Саид Виктор-иԥа Гәынба. - Sputnik Аҧсны
Аԥсны зегь реиҳа иқәыԥшу ашкол адиректор Саид Гәынба изанааҭ даҳзалацәажәеит

Мадина Алик-иԥҳа 15 шықәса ирылагӡаны иоулыжьхьеит хә-абиԥарак. Аха зегь акоуп, иахьа уажәраанӡа лгәаҵа иҭоу, раԥхьанатә злакҭа дҭаԥшыз аҩбатәи инаркны ажәеизатәинӡа аҵара злырҵаз ахәыҷқәа роуп.

"Даргьы саргьы ҳаизыҟазаашьақәа акалашәа иҟан. Арҭ ахәыҷқәа ҵаралеи, хымҩаԥгашьалеи зегьы иаарылукаауан. Сара сгәадурақәа роуп ахьтәы медалла ашкол иалгаз Ариханда Занҭариаԥҳаи, арыӡны медалла зҵара хзырқәшаз Мрамза Барцыцԥҳаи. Ҳара иахьа уажәраанӡагьы ҳаибабоит. Иҟоуп аҭаацәарақәа ирылалахьоу. Рчарақәа раангьы сара ааԥхьара сырҭоит. Абас еиԥш иҟоу ахәыҷқәа, раԥхьатәи сырҵаҩратә мҩаҟны иахьысԥылаз, иразҟы дуны исԥхьаӡоит. Дара роуп, арҵаҩы изанааҭ бзиа исзырбаз, агәыбылра сзыркыз", — ҳәа ҳаиллыркааит арҵаҩы.

Мадина Ажьиԥҳа ихадараны илԥхьаӡоит, ахәыҷы уизааигәахар уҭахызар, аныси, ҩызаси уизыҟалароуп ҳәа.

"Ашкол аҟны аус ахьынӡазуаз, изныкымкәа, ахәыҷқәеи ҳареи ахәмаррақәеи аныҟәарақәеи еиҿаҳкаахьан. Ашкол анҭыҵтәи аусеиҿкаарақәа аҵаҩцәа урзааигәанатәуеит, еиҳагьы угәра рго иалагоит", — лҳәоит Мадина Алик-иԥҳа.

Мадина Ажьиԥҳа ашкол аҟны аусура даналага, лаб иаҳәшьа Роза "аԥҳәыс лзы, арҵаҩы изанааҭ аасҭа иманшәало ыҟам" ҳәа илҳәахьаз ажәақәа аалгәалашәеит.

"Аҭаацәара иалоу аԥҳәыс лзы, ан лзы, арҵаҩы изанааҭ аасҭа иманшәало, иуыхәы шыҟам агәра згеит, схаҭа ахшара рааӡара саналага. Уҩнаҭеи ашколи рҟны ахәыҷқәа рааӡара аасҭа еиҳау аус арбану", — ҳәа азгәалҭоит Мадина Алик-иԥҳа.

Арҵаҩы лажәақәа рыла, иара убас ихадароуп аколлектив аҩнуҵҟатәи аизыҟазаашьақәагьы. Аԥсуа школ аҿы, аиҳаби аиҵби ҳаҭыр рықәуп. Аԥышәма змоу арҵаҩцәа, еснагь иазыхиоуп аҿар ацхыраара рзаарԥшра.

"Сара исыбаргузеи ҳәа схы иазысҳәоит, Алла Паҷикәа-иԥҳа Хышба леиԥш иҟаз арҵаҩы, аколлектив аҟны дахьсықәшәаз. Раԥхьатәи сметодикатә планқәа реиқәыршәашьеи аус арыдулашьеи сзырҵаз лара лоуп. Алла Паҷикәа-иԥҳа илымаздаз аԥышәа дуӡӡа иалҵшәахеит, ԥхьаҟа ахәшьара ҳаракы заҭахоз, имҩаԥызгоз иаарту асааҭқәеи, аурокқәеи" — ҳәа инаҵылшьит Мадина Ажьиԥҳа.

Мадина Алик-иԥҳа, ҩышықәса ҵуеит Гагра араион аҵара аҟәшахьы аусура диасижьҭеи. Раԥхьанатә аҵара аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩс дыҟан, шықәсыбжак аахижьҭеи, аҟәша аиҳабыс дшьақәырӷәӷәоуп.

Асҭамыр Малиа: Сыԥсҭазаара аҟазара иазкуп

Мадина Ажьиԥҳа аҭагылазаашьа лхы иархәаны, арҵаҩцәа қәыԥшцәа аалыԥхьоит ашколқәа рахь.

"Ҳара ҳзанааҭ аҟны, еиҳау насыԥ ыҟам, аҵара зҳарҵаз ауаҩы, ҳ-Аԥсадгьыл иаԥсоу ҵеины даназгыло. Убри аҟнытә, арҵаҩрахьы раԥхьатәи зшьаҿақәа еихызго, ижәдырроуп, абиԥара рааӡараҿы аҭакԥхықәра ду зшәыду. Иахьа, ҳақалақьтә школқәа акадрқәа рыла аиԥҟьара рымам, аха ақыҭа школқәа арҵаҩцәа ҿарацәа рыла ихарҭәаатәуп. Убри инамаданы, ақыҭа иалҵыз, арҵаҩы изанааҭ змоу аҿар шәаасыԥхьоит, шәышколқәа рахь", — лҳәеит Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы.

Мышқәак рышьҭахь, иааиуеит Ашықәс ҿыц. Мадина Алик-иԥҳа аҭагылазаашьа лхы иархәаны, аҵара-ааӡаратә процесс знапы алаку зегьы ҽаанбзиала ҳәа раҳәо ирзеиӷьалшьеит агәабзиареи, ақәҿиара дуқәеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0