Чамагәуаԥҳа: сыхшыҩ, сымч ақәхартә иҟоуп сус, уи азы бзиа ибаны саҿуп

© Sputnik / Томас ТхайцукФеруза Капба
Феруза Капба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
52 шықәса инеиԥынкыланы акьыԥхь аҿы аус зухьоу, занааҭла ифизику, Фируза Расим-иԥҳа Чамагәуаԥҳа, иахьагьы ааԥсарак ҟамҵакәа бзиа илбо аус лнапы алакуп. Лара гәыблыла илгәалалыршәоит зыхьӡ нагаз ажурналистцәа рыӡбахә, урҭ ирҿылҵааз акырӡа ишырацәоу, лус лгәы шазыбылуа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

"Агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" ахьӡын усҟан, анаҩс ахьӡ ԥсахын "Аԥсны" ҳәа. Усҟан аматериал иагыз-иабзаз ҳара ҳакәын раԥхьаӡа избоз, анбанҟәшәараҿы аус зуан, ажурналистцәа рнапкымҭақәа ҳрыԥхьон, иаҳдыруан. Иҟан зыхьӡ нагаз ажурналистцәа. Иаҳҳәозар, Шьаликәа Камкиа, Гьаргь Нарасқәуа, Гьаргь Жанаа, Владимир Басариа, Вова Чуаз, Борис Ҭыжәба уҳәа аӡәырҩы", — ҳаиҿцәажәара абас еиԥш ихацлыркит Фируза Чамагәуаԥҳа.

Газета Республика Абхазия - Sputnik Аҧсны
Агазеҭ "Республика Абхазиа" иахыҵит 25 шықәса

Фируза Чамагәуаԥҳа еснагь азҿлымҳара алҭоит абызшәа ацқьара, ахархәара. Илҭахәуп ажәытә аԥсуаа иныҟәыргоз аҵасқәа иахьагьы еиқәырханы, иацклаԥшны аҿар иныҟәыргаларц.

"Арҿиара знапы алаку зегьы рбызшәа цқьазар сҭахуп, аԥсуара ақьабзқәа иҵегьы ирзааҭгылаларц сҭахуп. Акыр шықәса раԥхьа иҟаз аҵасқәа, иахьагьы издыруа аиҳабацәа ҳамами, убарҭ рыдунеи рыԥсахаанӡа ирыҿцәажәаны, ақыҭақәа инарылс-аарылсны ицартә-иаартә еиԥш ажурналистцәа аҭагылазаашьа рымазар, агәаанагара сымоуп аҭҵаара рылшап, ажәлар рҟынӡа анагара иақәшәап", — ҳәа азгәалҭоит Фируза.

Ҳазҭагылоу аамҭазы, Фируза Чамагәуаԥҳа, агазеҭтә цех напхгаҩыс дамоуп, иара убас Аҟәа ақалақь анацәа рхеилак деиҳабуп. Лус даара ҭакԥхықәрала дазнеиуеит.

"Уажәы ашьыжь асааҭ 9 рзы ҳааир, ԥшьба, хәба рзы аҩныҟа ҳцоит. Усҟан агазеҭ аформат еиҳа идуун, аматериалқәагьы ҳарзыԥшын. Акоммунист партиагьы аус анауаз ус ишуҭахыз инкажьны узцо иҟаӡамызт. Сыҩнтәи аусқәагьы бо, схәыҷқәагьы бо схала сымч ақәхеит сҳәар сиашаӡам, дарӷьажәҩаны дсывагылан схатә ҩыза, ихаҭагьы джурналиступ", — ҳәа азгәалҭоит ҳзыҿцәажәоз.

Фируза Чамагәуаԥҳа, лхы дымҩахаӡакәа аус луеит иахьа уажәраанӡагьы. Иҟан ԥшьҩык инарыгӡоз аус лара лхы иадҵаны ианыналыгӡозгьы.

Амаалықьцәа рықалақь  Беслан - Sputnik Аҧсны
Фируза Чамагәуаԥҳа: "Амаалықьцәа рықалақь" арыцҳашьара узцәырнамгар залшом

"Усҟантәи аамҭазы аԥсуа нбанҟәшәаҩцәа иҟаз маҷҩын, аԥсшәа здыруаз ида аӡәгьы изыҟаҵаӡомызт. Егьа аџьабаа збазаргьы, исыдыз аҭакԥхықәра снапаҿы иаазгеит ҳәа азысыԥхьаӡоит. Сыхшыҩ иԥнаҟартә иҟоуп, сымч ақәхартә иҟоуп азы иахьагьы сус бзиа ибаны саҿуп. Аамҭа аҽаԥсахит, аусразы аҭагылазаашьа бзиақәа аԥҵоуп. Ацех аҩныҵҟа агазеҭ ианаамҭоу аҭыҵра сахылаԥшуеит", — лҳәеит Фируза Чамагәуаԥҳа.

Фируза, иахьа лхы-лыхшара, лмаҭацәа лгәы рыладууп. Лԥазаҵә 17 шықәса шихыҵуаз Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы хабарда дыбжьаӡит. 22 шықәса рнаҩс, иԥсыбаҩ аԥшаара алыршахеит.

"Хҩык ахшара сыман, сԥа аибашьраҿы дҭахагәышьеит. Ҩыџьа аҭыԥҳацәа срануп, ԥшьҩык амаҭацәа срандууп, смаҭа илхылҵыз ҩыџьа амаҭацәагьы сымоуп". — лҳәеит аԥҳәыс ҟәыӷа лыхшара дрызгәыдуны.

Фируза Чамагәуаԥҳа ҳаиҿцәажәараҿы инаҵшьны иазгәалҭеит, насгьы зегьы иреиҳау ҳамҭаны илыԥхьаӡоит, аибашьраҿы ииз лмаҭа Мрамза Ҷкатуаԥҳа, иахьа аполитолог изаанаҭ ала лдипломтә усура хыркәшаны аҵара ахьылҵоз Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа дахьааз.

Фируза Чамагәуаԥҳаи, лыԥшәма Владимир Қапбеи, Уарча ақыҭан анхаҩ нага ишиаҭәоу еиԥш адгьыл иқәаарыхуеит, ишырҳәо еиԥш, рырахә-рышәахә ҵҩа рымам, руҭра-сыҭра улаԥш аҽацәыухьчап.

"Ашьыжь шаанӡа умаашьакәа уҩагылар, уусқәа зегьы урыхьӡоит, урахә, укәты- укәҷар зегьы рҭыԥ инықәуҵоит, аусурагы уҽахьыугӡоит. Сара аусураҟынтә аҩны саннеиуа, скәытқәа, сыкәҷарақәа зегьы еибарыҩны исԥылоит, "ҳан дааит" рҳәозшәа. 17 хы инарзынаԥшуа арахә ҳамоуп, иааилаҵаны 200 кәты-кәҷар сашҭа иҭоуп, аҳәынҭқар иџьыба сҭаԥшуа сыҟам, аус анызух исыҳәҭоу саургьы сҭахуп, аха…", — лхәеит Фируза ҳаицәажәара алафгьы налаҵауа.

Аҟәа ақалақь Анацәа рхеидкыла ахаҭарнакцәа Аҷандара ақыҭа ҳџьынџьуаа Зиуари Заури анышә иахьамадаз аҭыԥ иаҭааит - Sputnik Аҧсны
Ан лхьаа: ҳџьынџьуаа Зиуари Заури анышә иахьамадаз аҭыԥ иаҭааит

Аԥсуаа жәытә-натә аахыс ирымаз асасдкылара, Фируза акырӡа пату лзақәуп, ларгьы лыхшарагьы иныҟәыргар лҭахуп.

"Акаҳуа ахьыҟоу арыжәтә џьбарагь цәырҵроуп, абысҭа ԥхагь ыҟазароуп, ацыфа бзиагьы ацзароуп", — ҳәа азгәалҭоит Фируза.

Фируза аҭаацәара далалаанӡагьы, лаб иҩнаҭа ҭбаан, ахшара рацәа ирызҳауан. Лара диит Гәдәуҭа араион Абӷархықә ақыҭан. Рабшьҭра, Аҷандара ақыҭа ахахьы ишьҭоу Ҳабҩы аҳабла иҭыҵит, уаҟа акәын анкьа рабду дахьынхоз. Иахьа, аиашазы, Чамагәуаа аишьцәа, аиҳәшьцәа Аԥсны иахьӡырҳәагаханы иҟоуп.

"Ԥшьҩык аиҳәшьцәеи, хҩык аишьцәеи ҳрааӡеит ҳани ҳаби. Иахьынӡарылшоз ҳани ҳаби аҵарақәа ҳдырҵеит, аҭаацәарақәа аԥаҳҵеит, иаҳхылҵызгьы аԥсуара изларыднаҵо ала рхы ныҟәыргарц ҳҭахуп", — лҳәеит ҳзыҿцәажәоз.

Фируза Чамагәуаԥҳа лымш ира аҽны, иаҳҭаххеит еилаҳкаарц, лхаҭа ари амш дшазыҟоу.

"Сара амш ира уамак сеигәырӷьом. Аха, зегьы ҳнеиуеит, ибыдаҳныҳәаларц ҳҭахуп анырҳәа, "ибзиоуп, сшажәыз еилышәкаарц шәҭахызар шәааи" ҳәа расҳәеит. Ахәыҷқәа роуп амш ира еигәырӷьо, аха исыдызныҳәаларц зҭаххаз "Бзиала шәаабеит!" ҳәа сырԥылар сҭахуп", — лҳәеит Фируза Чамагәуаԥҳа длафуа.

Сынтәа 25 шықәса ахыҵуеит Аԥсны Аиааира. Иҭахаз ҳаибашьцәа, иахьа зыԥсы ҭаны иҳалагылоу рфырхаҵарақәа, бӷьыцбжак иадымхаргьы рцәаҳәақәа рзыркыр сҭахуп ҳжурналистцәа, лҳәеит Фируза аибашьра атема дазааҭгылауа.

Фируа Чамагәуаԥҳа илҭахуп аԥсуа жәлар зегьы аӡәыкны иҟаларц, рҳәоу еиқәшәаны инхарц.

"Аибашьра анцоз зегьы ирылшоз ҟарҵон, акака ус рнапы алакын, еибашьуаз деибашьуан, ҳнапы еикәыршаны ҳаҟан. Сыжәлар агәабзиара, агәыцқьара, аманшәалара рзеиӷьасшьоит. Ҳҿар аԥеиԥш бзиа рымазарц сҭахуп", — лҳәеит Фируза лыжәлар лгәы дрзыгәдууны.

Ажәабжьқәа зегьы
0