Џьамал Барцыц: сыжәлар рзоуп сыԥсы зҭоу

© Sputnik / Саида ЖибаДжамал Барцыц
Джамал Барцыц - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зқәыԥшра шықәсқәа инадыркны зыжәлар ринтересқәа ирзықәԥоз, ианаҭахха, хамеигӡарала абџьар шьҭыхны аӷацәа ирҿагылаз, агәаӷь зызҭоу аԥсуа хацәа иреиуоу, аибашьра аветеран, аҩбатәи агәыԥ аинвалид, Леон иорден занашьоу Џьамал Барцыц иаҳзеиҭеиҳәеит, ақырҭцәа Аԥсны иахаԥаны ианыҟаз, ҳмилаҭра анырхәаҽуаз, аҿагылара арыҭаразы имҩаԥыргоз акциақәа ртәы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik.

Џьамал Барцыц диит Гәдоуҭа араион, Калдахәара ақыҭан 1959 шықәсазы.

Иан Ӡабулиа Абыџԥҳаи иаб Шьрыни ирхылҵит ԥшь-ҩык ахшара, х-ҩык аҷкәынцәеи, аԥҳаи.

Шьрын Басиаҭ-иԥа дырҵаҩын аҟнытә, ҷыдала ихәыҷқәа рааӡара дахылаԥшуан.

© Sputnik / Саида ЖибаДжамал Барцыц
Джамал Барцыц  - Sputnik Аҧсны
Джамал Барцыц

Џьамал иқыҭатәи ашкол даналга, аҵара иҵон аҳҭнықалақьтәи 45-тәи аргыларатә ҵараиурҭаҟны. Аррамаҵура дахысуан Хабаровск, уантәи дышьҭын Курилтәи адгьыл бжьахақәа рахь, арратә обиектқәа рыргыларазы.

Азеиԥш ԥсадгьыл аҿаԥхьа иуалԥшьа анынаигӡа, Џьамал дхынҳәуеит Аԥсныҟа. Аусура далагоит Бзыԥҭа, аҩныргыларатә комбинат ацех аҟны.

"Бзыԥҭа аҳаблан аҩнеихагылақәа ҳаргылон, шықәсқәак рышьҭахь ауаҭахқәа ҳаурц азы. Аобекҭқәа ахархәарахь ианнеилак, ауаҭахқәа ақырҭцәа ракәын изырҭоз, ҳарҭ аԥсуаа жәашықәсала ҳаԥшын, аус уны измоуқәазгьы рацәаҩын", — раԥхьатәи иусуратә шықәсқәа игәалашәоит Џьамал.

Абас, аԥсуаа рыԥсадгьыл аҟны зегьы ирхыбаан. Убри аҟнытә, амилаҭ-хақәиҭратә қәԥарақәа рхы ыҵархит. Урҭ ирхагылеит унеишь-уааишь ҳәа ззырҳәоз, згәы мшәоз Борис Кьахьыриԥа, Лиова Гыцба, Артур Кәанџьариа, Закан Агрба уҳәа реиԥш иҟаз аԥсуа хацәа.

Жәлар рфорум "Аидгылара" иахәҭакны Борис Кьахьыриԥа аҿартә еиҿкаара "Абраскьыл" аԥиҵеит. Уи еидныкылеит зымаха зышьаха ӷәӷәаз, иаҭаххар махәҿыла аӷа аҿагылара аиҭара зылшоз аҷкәынцәа. Дара рхыԥхьаӡараҿы дыҟан Џьамалгьы. Иара раԥхьаӡакәны дызлахәыз аҿагыларатә акциа мҩаԥысит Бзыԥҭатәи аиҩхааҟны.

© Sputnik / Саида ЖибаБарцыц Джамал
Барцыц Джамал - Sputnik Аҧсны
Барцыц Джамал

"Бзыԥҭатәи аиҩхаа уанаабжьало, Абааш аҵаҟа, аҳтә цҳақәа ҳәа изышьҭоу ахьгылоу, ақырҭцәа Асовет Еидгыла Афырхаҵа Леселиӡе ибаҟа шьақәдыргылеит, амҩагьы ихьӡ ахҵара рҽазыршәеит хаԥшәымарала.

ОВНА - Sputnik Аҧсны
Урҭ рыԥсқәа иҳацрымшәо иҳацуп

Убасҟан Лиова Гыцба даалаган, Леселиӡе ибаҟа авара, "абри аҭыԥ аҟны, ақырҭуа меньшевикцәа "Кьаразаа" ирабашьуан" ҳәа аҩыра зныз ахаҳә шьақәиргылеит. Аҳаблаҟны инхоз аԥсуаа хәыҷи-дуи алархәны амитинггьы мҩаԥигеит. Уи хымԥада ихьымӡххеит ақырҭцәа рзы. Аиҳабыра ааны иқәыжәгароуп ҳәа адҵа ҟарҵеит. Уахи ҽни ҳҩыра зныз ахаҳә ҳҷаԥшьон. Шьҭахьҟа ҳашхьамҵуаз анырба, дара рбаҟа ықәыргар акәеит, нас ҳаргьы иԥҳаргеит, ", — иҳәоит Џьамал Барцыц.

Ари акциа аамышьҭахь, уи аиҿкааҩ Лиова Гыцба аамҭакы аҭакра иқәырҵеит.

1989 шықәсазы, Қарҭынтәи апап дааргеит Аԥсны иԥшьарц азы.

Ԥсоу аӡиас ԥшьаны, дгьежьны данаауаз, аԥсуаа рыҷкәынцәа Бзыԥҭа имҩа ааныркылеит. Иара амашьына лас дақәтәан азы дрымбакәа дцеит, аха ишьҭанеиуаз, ақырҭцәа зықәтәаз автобус ааныркылан, аԥҽра иалагеит, иақәтәақәаз рыԥҟеит. Уи аамҭазы Гәдоуҭа инеихьаз апап, аҭыԥантәи аԥсуа ҷкәынцәа дааныркылан ижакьа хырҵәазаап.

Убри ашықәсан, аиҿыхарақәа руак аҟны иҟалаз ахысраан, қырҭуак ишьапы иалалаз ахы иахҟьаны ихырымҵәар амуит. Иҟазҵаз ианишьҭала, Гәдоуҭатәи аҷкәын Гарик Аргәын ихараӡамкәа дадырбеит. Уи дҿырхарц азы "Абраскьыл" алахәцәа амилициа ахыбра аԥхьа амлашьра итәеит.

© Sputnik / Саида ЖибаБарцыц Джамал
Барцыц Джамал - Sputnik Аҧсны
Барцыц Джамал

"Ҳҩыза ҷкәын Бадра Аиба ибзоурала иҳаҳаит Гарик Аргәын ихараӡамкәа дышҭаркыз. Ҳаргьы иаразнак ҳаизибаган, Гәдоуҭатәи амилициа аҿаԥхьа амлашьра акциа амҩаԥгара ҳтәеит, доурыжьразы. Уи аԥхьаҟа, Гарик иашьа, аурыс офицерцәа автобусла Аҟәа аиласрақәа ахьыҟаз игеит ҳәа, аԥсҟы ахьикыз азы мацара ақырҭцәа дырԥҟан, ааха изхымгакәа, иԥсҭазаара далҵхьан. Абас, идырҿиаз агәнаҳарақәа ҳарҿагылеит", — еиҭеиҳәоит амлашьра итәаз Џьамал.

Усҟан "Абраскьылаа" амлашьра акциа иацырҵеит Гәдоуҭатәи акультура аҩны аҿаԥхьа даҽа аамш. Уи иалҵшәахеит рҩыза ихы иақәиҭтәрагьы.

1990 шықәсазы, лаҵара 26 аҽны, Гагратәи астадион аҟны, аҭыԥантәи ақырҭцәа, Қырҭтәыла азхаҵара амш азгәарҭарц рҽазыршәеит. Ргәгьы иҭаркит, амҽхак ырҭбааны, шәҩыла рыуаажәлар алархәны амитинг мҩаԥыргарц.

"Ақырҭцәа ргәы рҽанаҳҵахьан, амҽхак арҭбаара шыҟамло. Даргьы ақәшаҳаҭхазшәа ҳаржьеит. Рымц анрыҵаҳха, ауханатә астадион ҳҭалан, аҭыԥқәа аанаҳкылеит. Ашьыжь дареи ҳареи ҩаԥхьа ҳаилалеит, есрахеит. Усҟан доусы иԥыхьашәоз акәын ииҟьоз. Ахаҳәқәеи, алабақәеи, аихақәеи уҳәа ҳганахь иааиуаз зегьы ҳхы рыцәго, иара изаахақәозгьы ҳхьамҵқәа аҵыхәанӡа ҳгыланы, раԥшьгарақәа аԥаҳхит", — игәалаиршәоит Џьамал Барцыц.

Уи аҽны, ақалақьтә нагӡком ахыбрахь аԥсуа активистцәа неины, аиҳабы Кучухиӡе акабинеҭ дыҩнцаны, ишә аӷәгьы аадырхит.

Џьамал Барцыц далахәын, Гагратәи акинотетар аҿаԥхьагьы имҩаԥгаз амлашьра акциа.

"Усҟан иҳамаз аидеологиа даара иӷәӷәан. Сара ақырҭцәа ансеисуаз, уи еиҳагьы еиӷьысшьон, избанзар даҽа ԥсыуак даднагалон, ҳзеидгылоз днарбон. Иҟалалон, ҳхала рнапы шьҭырхыртә еиԥш апровокациақәа аныҟаҳҵоз",-инаҵишьит амилаҭ хақәиҭратә қәԥара алахәҩы.

Ақырҭуа политика ҟьашь аибашьрахь ҳкылнамгар амуит.

Аԥсуа гвардиа иалаз Џьамал Барцыц, Аԥсны аҟазаареи аҟамзаареи аамҭа ианҭагыла, уи ахьчаразы раԥхьа абџьар шьҭызхыз дыруаӡәкхеит.

Добровольцы с Северного Кавказа. 1993 год. - Sputnik Аҧсны
Ҩ-ҭоурыхк, ҩ-хьаак: хатәгәаԥхарала иааз аибашьцәа рфырхаҵара атәы

"Аибашьра аналага, аԥсуа гвардиа иалақәаз, Виктор Шьершьелиеи, Емзар Амԥари, Беслан Ӡкәуеи сареи Мысратәи абжьаларҭаҟны ҳааиқәшәан, БРДМ ҳақәтәаны Аҟәаҟа ҳаихеит. Гәдоуҭа ҳанавсуаз, Урыстәылатәи архәҭаҟнытә абџьар згахьаз, Беналдиев зыжәлаз ауаԥс ҷкәынаки, Русик Зарданиеи ҳәа ԥсыуа еибашьҩыки шьҭаҳхит. Дара Ешыра иоужьны, ҳара Аҟәа ацҳа ҟаԥшь аҟынӡа ҳнаӡеит. Анаҩс, Гагра аӷа инапаҟны иааигеит ҳәа анырҳәа, Мраҭашәаратәи афронт ахь ҳаашьҭын",-еиҭеиҳәоит аибашьра аветеран.

Аԥсуа гвардиа иалақәаз, Ҭимыр Надараиа икомандаҟаҵарала иалахәын Гагратәи ажәыларатә аоперациа.

Џьамал Барцыц хаҭала дрылахәын Гагратәии, Ажьырныҳәатәии, Хәыжәкыратәии, Ԥхынгәытәии ажәыларақәа.

Аҳҭнықалақь агара ҩы-мчыбжь шагыз, цәыббрамзазы, Џьамал Барцыц аԥшыхәратә рота аҟәша акомнадаҟаҵаҩс дшамаз, ирхәыз иҩыза Ибрагим Гәынба амцашыра далганы дшааигоз, иаргьы аӷа иааишьҭыз ахымца иқәшәоит, ахәра иоуоит.

Аибашьҩы аиааира даԥылеит Гәдоуҭатәи агоспиталь аҟны. Ианашьоуп Леон иорден.

Џьамал Барцыц хә-ҩык ахшара драбуп, ҩыџьа амоҭацәа драбдууп.

© Sputnik / Саида ЖибаДжамал Барцыц
Джамал Барцыц  - Sputnik Аҧсны
Джамал Барцыц

Ажәабжьқәа зегьы
0