Исҭахуп зегь насыԥ шәыман шәыҟазарц

© Sputnik / Томас ТхайцукЗакат
Закат - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсҭазаараҿы ауаҩы насыԥ иманы дҟазҵо азы лхәыцрақәа дырзааҭгылоит Светлана Ладариаԥҳа.

Адунеи ршеижьҭеи иҵуа ҳәа ирҳәо здырҵәҟьо дарбану? Иара изшазгьы ишшоугьы зҵаара шәкы цәырнагоит. Аҩажәиактәи ашәышықәса иҭоу ҳзыҳәа акыр иуадаҩуп ҳхаҿы аагара иахьа иҳамҩанызо аҳаирпланқәа, еиуеиԥшым атехника, зыҩаӡара ҳараку амедицина, ажәҩан сакара иазцо аракетақәа, зегьы зыда ԥсыхәа ҳамамкәа иҟоу аинтернет аныҟамыз аамҭа ҳхаҿы аагара.

Вид на Сухум. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Лассы-лассы ԥхыӡла избо иацтәи с - Аҟәа

Заҟа имариоузеи ашьыжь аӡынразы иԥхаӡа иҟоу ауада уныҩнысны акрыфарҭаҿы шьыжьхьа абырсааҭк ала аҟаҵара иацхраауа амыругақәа ухы иаархәаны ухәы аныҟауҵо, аԥхынразы адәахьтәи ашоура амашьынаҿ аума аҩнаҿ аума иара аусураҿгьы аума архьшәашәагақәа ианхырҽуа. Ишԥанхоз мшәан ажәытә ауаа? Иабантәааргоз амч?

Алакәаҿгьы иахьатәи ҳабзазара рзымхәыцуазар ҟаларын 500-1000 шықәса раԥхьа. 500-1000 шықәса закәыхузеи, иара 100-200 шықәса раԥхьагьы уи аҩыза рыԥхыӡгьы иалашәомызт.

Аха иабанӡаихәо ауаҩытәыҩса насыԥ иман ихы ишьаларц азы абарҭ аҿыцрақәа зегьы? Урҭ насыԥ урҭоны иҟазар, ҳаиҳа насыԥ змоу дҟаларызмашь? Аха, мап. Ҳшыҟац ҳаанхеит. Ҳхи ҳареи ҳаизынханы ҳаҟоуп. Миллион шықәса раԥхьа инхоз илаӷырӡ шаауаз еиԥш иаауеит ҳалаӷырӡ, игәы шихьыц еиԥш иҳахьуеит ҳагәқәа. Иара уи мацара акәындаз, аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы оумашәа ҳҽаҳаԥсахит. Иаҳхашҭит аибашаҭара, абзиабара цқьа, агәыҭбаара, аиҩызара иаша. Зегь раасҭа угәы ухьуеит абарҭ аҟазшьақәа ҳара уаԥсҵәык иҟам аԥсуаа иахьаҳӡәыӡуа.

Исҭахуп исҳәарц ауаҩы аҽаӡәы анасыԥ анииҭо уи абырсааҭк иаргьы ишизыхынҳәуа. Мшәан, уччар иуҿамыччои… Ашьыжь игылаз аԥҳәыс лыхшареи лыԥшәмеи рылақәа днарҭагәӡны адунеи ду амҩахь ианынаскьалга аҽнынтәарак дара урҭгьы аҽаџьоукы уи аԥхарра рзыршалоит. Ашьыжь амра ашәахәа уанеигәырӷьо, аԥенџьыр илагыло аҵәаҵла ашәҭра аччаԥшь ануҿықәнаҵо адунеи аԥсахра угәаԥхоит. Еиӷьны иҟауҵар ҟалоит. Аду акәымкәа ахәыҷы уанзеигәырӷьа – насыԥ уманы уҟалоит.

Уара уаасҭа апроблемақәа зманы иҟоу ауаҩы игәҭыхақәа аниҳәо изыӡырыҩра улшар, узимыцхраауазаргьы ус уизыӡырҩыр, иара изы ижәҩангәашәԥхьарахоит.

Дарбанызаалак ауаҩ иҩныҵҟатә дунеи аҳәаақәа ахьынҵәо издырам. Иҟалоит 50-60 шықәса ирҭысыз ауаҩы днатәаны зеиԥш ҟамлац амузыка иҩыр, ажәеинраала ссир аԥиҵар, иаалырҟьаны асахьаҭыхра далагар… умаашьакәа улшарақәа уԥшаалароуп. Иҟалоит урҭ иузаарго анасыԥ уԥсы ахьынӡаҭоу иумҩанызахар…

Отдых в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Акурорттә сезони аԥсуареи

Уқалақь, уԥсадгьыл, уҩны, укәша-мыкәша аиӷьтәра уазыҟаз. Екзиупери ипринц хәыҷ иеиԥш ашьыжь ушгылалак упланета арыцқьара шаҭаху анудыр, уи ахаангьы бабыцк ақәшәом. Иара уаргьы ицқьоу амҩадуқәеи амшынԥшаҳәақәеи угәы ҟарҵалоит.

Уивымслан зхы зымагәыхьха амҩа ианыланы инеиуа ауаҩы. Иҟалап уара уажәа заҵәык акәзар иара иԥсҭазаара адаҟьа ҿыц аазыртыр зылшо. Уааҭгыл. Уиҿцәажәа. Уицхраа ажәала. Ирдыр игәырҩа ицеиҩызшо шыҟоу. Иеидарагь уи ала иқәх. Унаԥшы-ааԥшыр иумбарц алшарым ажәак, ччаԥшьк, дгыларак еиқәнархо ауаа шыҟоу. Адунеи иқәу зегьы узырмыцхрааргьы, ҩыџьа-хҩык ракәзаргьы узрыцхраара адунеи алашара иацымларц ҟалом.

Ауаҩы изы угәаанагара адәахьтәи иԥшрала ишьақәумыргылалан. Аҩныҵҟатә дунеи уи ианаԥнаго ыҟоуп.

Еснагь иуцзароуп агәаҳәара. Уи иахьа акәымзаргьы уаҵәы хымԥада иҟалоит. Миллионҩыла адунеи иқәу зегьы еицырдыруа изыҟалаӡом. Аха иара ус ҳаҭыр-пату зықәны иҟоу уаҩны аҟалара зегьы ирылшоит. Ауаҩы дануаҩу насыԥгьы имоуп.

Исҭахуп зегь насыԥ шәыманы шәыҟазарц…

Автори аредакциеи ргәаанагара еиқәымшәозар алшоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0