Ишьаарҵәырахаз ачара

© Sputnik / Сергей Пятаков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПатрон 7Н31 с броневой пулей. Архивное фото
Патрон 7Н31 с броневой пулей. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ачарақәа раамҭа ааира иацу агәырӷьара сынтәа ихызҽыз ахҭыс дазааҭгылеит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Есыҽны иҵоурам, игәкажьгоу ахҭысқәа ҳашәхымс иаалагылоит. Иааит ҽаҩраҭагалан, ус анакәха, ишаԥу еиԥш ачарақәа рсезон ааҳадгылеит.

Елеонора Коӷониаԥҳа: Ишьаарҵәырахаз ачара

Асабша чаран Аҟәа "Абырлаш" захьӡу ақьафурҭаҿы. Асабша гәырӷьаран аҭаацәара аԥызҵази асасцәеи рзы, аха акырынтә ишыҟалахьоу еиԥш, ачара шьаарҵәырахеит. Зхы зымакәачраз арԥыс иҭирҟьаз икьарахә иканаршәыз ахы рықәшәеит ҩыџьа, хаҵаки ԥҳәыски. Ачара аилашымҭазы иҟалаз ахҭыс рыла иабон уа иҟаз Аԥсны аиҳабыра рхаҭаранакцәа, апрокурорцәа инадыркны, егьырҭ ачынуаа дуқәа рҟынӡа. Ахы заахаз ахәшәтәырҭахь иргеит, ачарауаа иҟалаз ршьара иқәнарҟьеит, аҭаца лыҵәаабжь ахыбра иҩыныҩуан рҳәоит уи зыбла иабаз. Ажәакала, зхы зымакәачраз, ахыбра иҩнахысыз арԥыс импыҵҟьаз хашҭшьа змам ахҭыс ахылҿиааит.

Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа чара: атрадициақәеи иахьатәи аамҭеи реиҿыбаара

Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура адыррақәа рыла, цәыббра 22 рзы ачараҿы ихысыз 1985 шықәсазы ииз Алхас Хагәышь даанкылоуп, аусҭҵаара нап аркуп.

Рыцҳарас иҟалаз, ари аҩызцәа арыцҳарақәа акырынтә иҟалахьеит Аԥсны, аха ахьырхәра ацым, ари иахьӡыртәуеит "амашәыр". Абас ҳааиуеит 25 шықәса. Амҩан иусны уршьыр — "амашәыр", ачараҿы ахы уаахар — "амашәыр". Ауаажәлар акырынтә иалацәажәахьеит абџьар зинда иныҟәызго рызҵаатәы. Абраҟагьы иҟоуп ахьаршшаҩцәа "традициала аԥсуаа еснагь абџьар ныҟәыргон" зҳәо. 

Атрадициақәа ҳрызхьаԥшуазар, анкьа аԥсуаа рабацәа ргәараҭаҿы акәын ачара ахьыруаз, насгьы, аҭаца ашҭа данҭаргалоз знык иҭдырҟьон акәын. Уажәы, ҳчарақәа ақалақь ахь ииасит, ҭацара зуа лдекольте аоператә театр актрисацәа рцәамаҭәа еиԥшхеит, зчара руа гәыдеибаҳәҳәаланы еицыкәашоит. Ус анакәха, ҳазхьынхаланы иахқу ахысрагьы мап ацәкра аҭахызар, ақалақь агәаны уи шгәаӷьыуацәоу дырны?!

Асабша чаран Аҟәа "Абырлаш" аҿы. Ачара баша чарамызт, уаанӡа министрс иҟаз иԥа ачара изиуан, уи иаднагалеит ауаа дуқәа. Гагрантәи Аҟәаҟа амҩа иқәыз ачарауаа ркортеж алаҳәеиԥш еиқәаҵәацымцымуа машьына ӷьазӷьазла еиҿкаан. Феисбук анонимтә даҟьақәа рҭааҩцәа идырҵәиуеит уи акортеж ахымҩаԥгашьа џьшьахә аазырԥшуа авидео сахьақәа. Аԥсны ахыи-аҵыхәеи еимаздо амҩаду аҿы, алаҳәа ԥштәы машьынақәа абџьарқәа рҭырҳәҳәааны ихысуа, иҵәаауа амҩа иқәын ачара кортеж. Иџьашьахәуп, урҭ аанызкылаша, рыҭра иҭазыртәаша мчык Аԥсны иахьыҟамлаз.

Ажәакала, ачарахь анеирагьы гәаӷьыуацәаны иҟоуп ҳаԥсҭазаараҿы. Агәрагара уадаҩуп, ачараҿы ашьа казҭәаз закәанла иқәнагоу дақәдыршәап ҳәа, егьырҭ ари иашьашәалоу ахҭысқәа раан ишыҟарҵалоз еиԥш. Абас ҳаԥылоит ҳара Аиааира 25 шықәса ахыҵра, абас ҳҳы ҳамакәачраны, абас ҳааӡаӡамкәа, абас ҳаҭра ҳаҭҟьаны. Абас ҳаҟоуп, избанзар, аиааира анаҳга, адунеи ҳара иаҳтәушәа, ԥҟарада аԥсҭазаара ҳанысуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0