Гагратәи аԥсуа школ агәы зыреисыз Ҳараз Чамагәуа диижьҭеи 90 шықәса ҵит

© Фото : предоставлено семьейХараз Чамагуа
Хараз Чамагуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
1970 шықәсазы Ҳараз Чамагәуа, ақырҭуа еиҳабыра аҿагылара ширҭозгьы, имҩақәа шыршәаҳауазгьы, ижәлари, ихатәы бызшәеи, иҵаси, икультуреи рахь имаз абзиабара аӡәгьы дзазымиааикәа, ивагылаз иҩызцәа апатриотцәеи иареи ирылшеит акурорттә қалақь Гагра агәҭа аԥсуа школ аргылара, аартра, ахәыҷқәа радыԥхьалара.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Ҳараз Ҳаџьараҭ-иԥа Чамагәуа диит 1928 шықәсазы Гәдоуҭа араион Аҷандара ақыҭан, анхаҩы иҭаацәараҟны.

Қарҭтәи арҵаҩратә институт, аурыс бызшәеи алитературеи рфакультет далганы дхынҳәуеит Аԥсныҟа, дагьалагоит ишкол гәакьаҟны аусура. Анаҩс, ихьӡ-иԥша, иҟазара аӡбахә заҳауаз ашколқәа реиҳабацәа агәаҳәара аадырԥшуан иара иеиԥш иҟоу арҵаҩы, аусура дрызнеирц.

Валентина Халбад - Sputnik Аҧсны
Валентина Ҳалбад арҵаҩы изанааҭ иазкны: хадара злоу уус ушазыҟоу ауп

1958 шықәсазы Ҳараз Ҳаџьараҭ-иԥа диаргоит Џьырхәатәи ашкол аҵара-ааӡаратә ҟәша аиҳабыс, ҩышықәса рышьҭахь ари амаҵура ааникылоит раԥхьанатә аусура дахьалагаз ишкол аҟны.

1963 шықәсазы, Ҳараз Чамагәуа даауеит Гаграҟа, абжьаратә школ №2 аҟны аурыс бызшәеи алитературеи рмаҭәарқәа мҩаԥиго далагоит.

Абраҟа, Аҷандаратәи аԥсуа рҵаҩы, имилаҭ рзинқәа рыхьчаразы илаз агәаӷь џьбара ааԥшит.

Аԥсны еицырдыруаз, унеишь-уааишь ҳәа зарҳәоз аинтеллигенциа ахаҭарнакцәа Лиова Гыцба, Закан Агрба, Борис Кьахьыриԥа, Никәа Шамба, Чынчор Агрба, Баграт Багаҭелиа, Белла Барцыцԥҳа, Сократ Аҩӡба, Кукуша Матуа, Лиуфа Ԥсардиа реиԥш иҟаз, амилаҭ хақәиҭратә қәԥара, Жәлар рфорум "Аидгылара" иалаз даарылагылеит.

© Фото : предоставлено семьейХараз Чамагуа
Хараз Чамагуа - Sputnik Аҧсны
Хараз Чамагуа

Ҳараз Чамагәуа Гагра данааи, зегь раԥхьа инапы злеикыз аԥсуаа рхыԥхьаӡареи ирыԥсҭазаашьоуи аилкаара ауп. Иара иџьаишьон, ақалақь аҟны аԥсуа школ ахьыҟамыз, ақырҭуеи, аурыси, аермани ртәқәа умҳәозар.

Гагратәи аԥсуа школ аҵаҩцәа агәыҳалалратә цхыраара аадырԥшит - Sputnik Аҧсны
Гагратәи аԥсуа школ аҵаҩцәа агәыҳалалратә цхыраара аадырԥшит

"Аԥсуа школқәа рымчоуп ҳҿы зырӷәӷәо, апатриотцәа зааӡо, аԥсуа ҭаацәарақәа еидызкыло", — иҳәон Ҳараз Ҳаџьараҭ-иԥа. Аԥсуаразы згәы былуаз иҩызцәеи иареи иашьҭалеит ҳмилаҭ школ ашьаҭа аркра. Убасҟан, Гагра ақалақьуаҩ, анхаҩ нага, абырг ҟәыш Мџьыҭ Быҭәба ихатәы ҵакырадгьыл риҭоит ашкол аргыларазы.

Ашкол аргылара раԥхьатәи амш инаркны аартра аҽнынӡа, ари аус акы аԥырхагахар ҳәа дшәаны Ҳараз уахгьы-ҽынгьы уа дышгылаз дгылан. Ахыбра злеиқәыз хаҳәк илаԥш ахьымскәа аҭыԥ иқәымлеит. Иҩызцәа драԥхьагыланы, аԥсуа ҭаацәарақәа дрылаланы ахәыҷқәа ашкол иадиԥхьалеит, аусурахь иааиԥхьеит арҵаҩцәа. Гагра иқәынхоз аԥсуаа рзы аԥсуа школ гәеисырҭаны иҟаиҵеит.

© Фото : предоставлено семьейХараз Чамагуа
Хараз Чамагуа - Sputnik Аҧсны
Хараз Чамагуа

"Ҳараз Ҳаџьараҭ-иԥа сицны аԥсуа ҭаацәарақәа сырҭаауан. Дара ирабжьаҳгон, агәра дҳаргон, аԥсуа школ адгылара арҭар, рхәыҷқәа наргар, уи ҳаԥсуареи, ҳмилаҭра аиқәырхареи ишахыҵхырҭахо", — лҳәоит Гагратәи аԥсуа школ ахь аусура инеиз раԥхьатәи арҵаҩцәа ируаӡәку, апоетесса Белла Барцыцԥҳа.

Тали Джопуа - Sputnik Аҧсны
Џьапуаԥҳа "Иҿыцу аԥсуа школ" апроект иазкны: аус адырулоит иреиӷьу ҳаспециалистцәа

Ашкол анаартха, директорс дахагылеит Чынчор Агрба, хара имгакәа — Ҳараз Чамагәуа. Наҟ-наҟ ашколтә ԥсҭазаара еилашуа иалагеит, аԥсуа интеллигенциа иӷәӷәаӡа иаарылагылеит, араҟа ирыӡрыжәуаз аҿарацәа.

Ҳараз Ҳаџьараҭ-иԥа инапаҵаҟа ашкол аҵаҩцәа ирыларааӡон аԥсуа милаҭтә ҟазшьақәа, аԥсадгьыл хамеигӡарала абзиабара. Ҳаӷа ила ашьа хылон реихьӡарақәа ахьибоз. Рхыԥхьаӡара иацлон аҵаҩцәа, аҽеиҵнахуан ашкол ажәҩахыр.

Гагратәи аԥсуа школ аҟны аҵара-ааӡаратә процесс инаваргыланы, имҩаԥыслон Жәлар рфорум "Аидгылара" алахәцәа реизарақәагьы. Абарҭ аҭыӡқәа рҟны ирӡбон ҳмилаҭ интересқәа рыхьчара иадҳәалаз азҵаарақәа.

"Аурокқәа рышьҭахь, иара аҵхагәҭангьы ҳгыланы шаҟантәи аԥсуа зҵаарақәа ҳрылацәажәахьази абраҟа. Исгәалашәоит, ақырҭуа ҳәсацәа алашьцара рҽалакны, аӡырҩреи, кылԥшреи ишаауаз", — лҳәоит ажурналист Лиудмила Сергьегьиаԥҳа.

Людмила Сергьегия - Sputnik Аҧсны
Лиудмила Сергьегьиаԥҳа: "Аидгылара" ҳхақәиҭра иашьаҭахеит

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, Ҳараз Чамагәуа, аӷа инапахьы иааигаз Гагра дзалымҵкәа даанхеит. Уи атәы заҳаз, игәаӷ змаз ақырҭцәа ишьҭашәарыцо иалагеит.

"Гагра иалаханы иҟаз аԥсуа хацәа, маӡала ҳара ҳҟны еизон, аҩцара ҽԥхьакырҭас ирыман. Баграт Сыҷынаа Ҳараз Чамагәуа бнала диманы даҳзааит. Исгәалашәоит зны, ақырҭцәа аԥсуа школ рбираҟ ахадыргылоит ҳәа аниаҳа, алашьцара иҽалакны, иахихарц дышдәықәлаз. Ҳараз Чамагәуа зегь акуоп аӷацәа дырԥыхьашәеит. Аурыс школ иҭырцахьаз Тиапа ҳәа қырҭуа ҷкәынак, аамҭала дрыцҳашьаны Ҳараз идикылахьаз, ирҵаҩы ааха даиргазаап. Анаҩс Гагратәи амилициа абахҭахь дыргеит, уагьы автомат ахәҵәала исуа аума изарцазаап. Аамҭакы ашьҭахь, Баграт Багаҭелиеи иареи аиҭныԥсахлара иақәшәеит", — еиҭалҳәоит Белла Барцыцԥҳа.

1992 шықәсазы, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз Ҳараз Чамагәуа иаҳәшьаԥа Анзор Ҭраԥшь иԥсхәы рурц азы аҽазыҟаҵарақәа анымҩаԥыргоз, амҩатә машәыр аҟны иԥсҭазаара ҿахҵәоит. Ҳараз дицҭахоит Анзор иашьа гәакьа Зурабгьы.

"Шаҟа даҭахыз Ҳараз аибашьра ашьҭахьтәи Аԥсны, шаҟа иҳахәарыз ихәыцшьа", — рҳәон аус ицызуоз иҩызцәа.

© Фото : предоставлено семьейХараз Чамагуа
Хараз Чамагуа - Sputnik Аҧсны
Хараз Чамагуа

Ҳараз Ҳаџьараҭ-иԥа Чамагәуа имшра ацны аԥсуа школ аҿиарамҩа иануп. Раԥхьатәи, Гагратәи аԥсуа школ аҭыԥан, аргылара нап аркуп иахьатәи ҳаамҭеи, ҳҭахрақәеи ирықәшәо ахыбра ҿыц. Ҳараз Чамагәуа иԥсы злаз ашкол наӡаӡа иҩныҩлоит иара ихатәы бызшәа.

Мери Чанба - Sputnik Аҧсны
Мери Ҷанԥҳа: сыԥсҭазаара абжеиҳан, Гагратәи аҟазаратә школ иазыскит

Гагратәи абжьаратә школ №1, араион аҵареи, акультуреи рыҟәшақәа раԥшьгаралеи, рымчалеи еиҿкаан, арҵаҩ ду, аԥсуа ҵеи иаша Ҳараз Ҳаџьараҭ-иԥа Чамагәуа 90 шықәса ихыҵра иазкыз аиубилеитә, агәалашәаратә хәылԥазы. Уи иалахәын иуа-иҭынха, Аԥсны аҵара аминистрра ахаҭарнакцәа, аамҭала Ҳараз Чамагәуа аус ицызуоз арҵаҩцәа, Жәлар рфорум "Аидгылара" алахәцәа, Гагра араион Ахадара, анаплакқәеи аусбарҭақәеи реиҳабацәеи русзуҩцәеи, ашколхәыҷқәеи.

Ахәылԥаз шьақәгылан ҩ-хәҭакны. Раԥхьатәи аҟны, Гагратәи аԥсуа школ аҵаҩцәа ражәахәқәа рҟны иазааҭгылеит Ҳараз Чамагәуа иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи, ашкол аҭоурых, ирыԥхьеит ажәеинраалақәа, инарыгӡеит ашәақәа, акәашарақәа. Аҩбатәи ахәҭаҟны, апатриот ду ибзиаӡаны дыздыруаз, изааигәаз ажәа ихырҳәааит.

Гагратәи аԥсуа школ аҭоурыхи, Ҳараз Ҳаџьараҭ-иԥа Чамагәуа иԥсҭазаареи, ирҿиаратәи, имилаҭ хақәиҭратә, қәԥаратә мҩақәеи, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз 16-ҩык иоушьҭымҭацәеи ртәы инарҵауланы иаҳәоит, апоетесса Белла Барцыцԥҳа иҭлыжьхьоу Гагратәи аԥсуа школ иазку "Амцажәла абжьы" захьӡу ашәҟәаҟны.

© Фото : предоставлено семьейХараз Чамагуа
Хараз Чамагуа - Sputnik Аҧсны
Хараз Чамагуа

Ажәабжьқәа зегьы
0