Валери Касланӡиа ихәыҷрашьҭра ахынҳәра

© Sputnik / Томас ТхайцукДетская литература на абхазском языке
Детская литература на абхазском языке - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Таиф Аџьба ихьӡ зху аԥсуа хәыҷтәы литературатә премиа алауреат Валери Касланӡиа ирҿиареи иуаҩышьеи дырзааҭгылоит Светлана Ладариа.

Дарбанызаалак ажәеинраала аҩра знапы алаку ауаҩы егьырҭ ауааԥсыра дрылукаауеит. Иара аҽа дунеик дануп, аҽакала имра гылоит, аҽакала имза цәырҵуеит. Ауапа каршәны ахы-аҵыхәа идыркәашо аҽеиԥш ишиҭаху ажәа ирхәмаруеит. Иҟалоит иара дуаҩ бзиазар. Иҟалоит дуаҩы хазынамзаргьы.

Ахәыҷқәа рзы ажәеинраала зыҩуа ауаҩы хыхь зыӡбахә ҳәоу аҟыбаҩ ҷыда инахырҳәҳәаны имазароуп бзиабарала иҭәу агәыҭбаа, ихыжжаны ицо аразра. Шықәсыла иажәрашҭа дынҭалахьазаргьы – дхәыҷызароуп. Ииҩуа ззиҩуа реиԥш дыцқьазароуп. Дара реиԥшҵәҟьа ауаа рыгәрагара иманы дыҟазароуп.

Таиф Аджба с супругой Риммой Когония - Sputnik Аҧсны
Аибашьра иахәхаз аромантик

Убасеиԥш ауп сара хаҭала дшысгәалашәо аԥсуа хәыҷтәы литературатә премиа зыхьӡ аху ҳпоет ссир Таиф Аџьба. Ашьац змырҟьыцуаз, ипатриотыз, зыбжьы неиҵыхны уаҩы имаҳацыз, аха зегь ҩныҵҟала изыӷрысуаз, изныруаз. Уи ус шакәу шьақәнарӷәӷәоит аибашьраантәи имшынҵа. Инысымҩа.

Ишырҳәо еиԥш, ахьи араӡни рыбжьаԥсоуп, аха Валери Касланӡиагьы уаҩышьала, хымҩаԥгашьала, ҽӡырымгарала иара Таиф акырӡа диеиԥшуп, ҭәа баны — ҭәа зыҳәҳәаз иакәны дыҟам. Уамашәагьы ибатәӡам ахәыҷқәа ирызкны ажәеинраала ссирқәа ахьиҩуа. Избанзар иаргьы урҭ ажәеинраалақәа ззикуа реиԥшҵәҟьоуп адунеи дшазыҟоу, аԥсҭазаара шидикыло. Иареи дареи еилибакаауеит ҩныҵҟала. Изыҩуеи иззиҩуеи рхәыцрақәа анеиԥшхо ауп арҿиамҭагьы аншьахәхо.

Сгәы иаанагоит Валери ахәыҷтәы жәеинраала сыҩуеит ҳәа икалам анаашьҭихуа дзызхәыцуа, урҭ абзиабареи агәырӷьареи шԥарысҭари ҳәа шакәу.

Ииҭахузеи дарбанызаалак ахәыҷы? Раԥхьа иргыланы абзиабара. Ахәыҷқәа еилых ҟамҵакәа иаарыкәыршаны иҟоу зегьы бзиа ирбоит: ажәҩан адгьыл, ашәҭ аԥсаатә, ранацәа рабацәа, рашьцәа раҳәшьцәа. Валеригьы ибзиабареи игәы аԥхарреи дара ирзишоит ажәа ахархәарала. Жәеинраалала.

Шәазыӡырҩи:

Ачу-ачу! — слаба-ҽы,

Иԥаџьԥаџьуеит адәаҿы.

Ахы сымнахырц иаҿуп,

Саӷәра сааханы искуп.

Аха иууеи иԥнаҵәар –

Агәра злоугари ацәҳар?

Усгьы сақәтәоуп, сацәшәаӡом,

Сшьапқәа рыда изцаӡом.

Детские книги на абхазском языке - Sputnik Аҧсны
Иахьа адунеи аҟны Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы литература амш азгәарҭоит

Ҳәарада, ажәеинраала еихышәшәа-еиҵышәшәа иҩуп. Аха уи акәӡам ихадароу. Ихадароу автор алаба-ҽы иақәтәоу ахәыҷы иҩныҵҟатә гәеилашра, иҩныҵҟатә шәара, игәырӷьара иаргьы иахьиныруоуп. Иара ихаҭа иакәу џьушьап абыржә убри алаба-ҽы кәадырны иаақәҵыз.

Даҽа жәеинраалак, "Аӡыркәи" захьӡу уанаԥхьогьы хыхь иҳәоу еиҭашьақәурӷәӷәоит. Аԥсҭазаара амҩа акыр инанысхьоу ауаҩы уи аидара иқәыӷәӷәаны акыр гәырӷьара, ччара, лахҿыхра имҩан ицәыӡхьеит. Ажәытә зны дзеигәырӷьоз амра агылара, ашәҭыц ашәҭра, ашьыжьтәи аӡаӡа, уахынлатәи аӡыркәи алашара уҳәа инаимҟәыҵышшан ицахьеит иахьатәи ауаҩы. Шамаха ҟазшьак змоу иакәымзар.

Аӡыркәи хәыҷ, аӡыркәи,

Амца улзырҟьо закәи?

Иарбан усу иуцәынхаз,

Алашьцара иуцәагаз?

Хәылԥазыла иҳәа узышьҭоу,

Амш лашара уԥшаауоу?

Аӡыркәи хәыҷ, аӡыркәи,

Амца улзырҟьо закәи?

Снапы уқәҵаны ускуп,

Сааигәа уҟазарц сҭахуп.

Хаҭала сеигәырӷьоит Валери Касланӡиа аӡыркәи дыҩуа дашьҭан ашҭа данықәыз аамҭа иахьатәи иаамҭа иахьамшьаҽыз, иахьаҵанамырӡыз.

Сара аҵыхәтәантәи аамҭазы ахәыҷбаҳчаҟны аныҳәақәа раан смоҭацәа ирырҭо жәеинраалақәак идыршанхо, избанзар урҭ рҟны ажәеинраала ахабаргьы ыҟам, сеигәырӷьаны исыдыскылеит ашықәс ҿыц иазкны ашәҟәы "Жьакәыр гәымшәа" иану ажәеинраала:

Детские книги на абхазском языке - Sputnik Аҧсны
Избан, изыҟалазеи абас ҳҳәартә еиԥш?

Ашықәс ҿыц ҳҭалоит абар.

Сгәырӷьоит, иауам сымкәашар.

Ас еиԥш иубашам џьара –

Иссирхеит зынӡаск Аԥсынра!

Араҟа иаԥшәымоуп ҳбызшәа,

Еинаалоуп зегьы уамашәа.

Ашықәс ҿыц уааи, улаша,

Ҽаангьы абас иаҳзырша.

Хазы-хазы, жәеинраала-цыԥхьаӡа абасала урыхцәажәар ауеит. Иауеит иааидкыланы иуҳәар: ишьахәуп.

Агәра згоит дарбанызаалак аԥсуа хәыҷы, Валери Касланӡиа иажәеинраалақәа знапаҿы иаанызкылаз, ирыԥхьаз ишиоуа иҭынчӡа, ираҳаҭӡа, алашара ԥха аҵаны иҟоу ацәанырра.

Убри инахырҳәҳәангьы иацгьы иахьагьы иаҳгәыҵхоу абызшәа аҵаразгьы еиҳа имариоу амҩақәа ируакны избоит ажәа еинаала ишыхәыҷу абзиабара дыркра алыршара.

Ажәабжьқәа зегьы
0