Абырҵкал "икылхыз" арт-фоие

© Sputnik / Томас ТхайцукРУСДРАМ арт-фоие аартраҿы
РУСДРАМ арт-фоие аартраҿы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арт-фоие аартуа РУСДРАМ актиорцәа ахәаԥшцәа ирыдыргалаз аурыс классикатә поезиеи амузыкеи агәахәара ду шлырҭаз атәы дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Абырҵкал "икылхыз" арт-фоие

Атеатр бзиа избо ауаҩы изы, акыр иразҟуп дызҭааз аспектакль, мамзаргьы ахәылԥаз гәахәарыла ианихиго. Заҟантә исҳәахьоузеи саамҭа баша ишԥабжьысхи ҳәа, ихьысҳау апремиера баны саныгьежьуа.

© Sputnik / Томас ТхайцукРУСДРАМ арт-фоие аартраҿы
Абырҵкал икылхыз арт-фоие - Sputnik Аҧсны
РУСДРАМ арт-фоие аартраҿы

Абри зхысҳәаауа, аус зуа ауаҩы лаҳасабала, саамҭа даара сеиҷаҳауеит. Ахәылбыҽха атеатр, мамзаргьы аконцерт ахь сцаны сыбла иабаз агәахәа аныснаҭо разҟуп сара сзы. Иразҟын, ахаша ажьырныҳәа мза 30 рухагьы РУСДРАМ арт-фоие аартраҿы. Агәамбзиара шсыцрыхозгьы, сцеит даара бзиа избо амузыкеи апоезиеи ахьеиларыӡҩоз арт-фоие ашҟа.

РУСДРАМ иахьатәи ҳкультуратә ԥсҭазаараҿы аԥхьагылара змоу рҿиаратә хәышҭаароуп, убри аҟынтә, сара сазыԥшын аныҳәа. Сазыԥшын, аха асҵәҟьа аԥсҭазаара агәаҳәара снаҭоит ҳәа сыҟамызт. Зегь ирыцку агьамоуп. Гьама ссирла еиҿкаан атеатр афоие, актиорцәа, асцена маҷ, амикрофон, амузыка азырҳәоз, ахәаԥшцәа рҭыԥқәа, ихаау ачыс, иара убас аӡәаӡәала зегь аԥсшәа разҳәо атеатр адиректор Иракли Хынҭәба.

Сгәы шазҩо ала, ари атеатраҿ иҭацәу аҭыԥ аанрыжьуам, асцена хада аус шауа еиԥш, атеатр афоиегьы ахәаԥшцәа рзы аныҳәақәа цәырнагалоит.

РУСДАМ. Режиссерская лаборатория  - Sputnik Аҧсны
РУСДРАМ аескизқәеи амшцәгьеи

Арт-фоие аартра исгәаланаршәеит ҳқәыԥшра аамҭазы апоезиа ахәылԥазқәа рымҩаԥысшьа, насгьы, аибашьра ашьҭахь иара абри атеатр афоие аҿы аибабаразы ҳҩызцәеи ҳареи ҳанааидтәалоз.

РУСДРАМ актиорцәа рфоие аартуа иҳадыргалеит ихырку аурыс классикатә поезиеи амузыкеи. Агьама змоу аҟазацәа ишырҟазшьоу еиԥш, ахәаԥшцәа ирыдгалан жәҩанахь ушьҭызхуа аҭагылазаашьа. Ахаша ауха атеатр ахыбраҿы иҳаҳауан Цветаевеи Ефрони ирыбжьысуаз асалам шәҟәқәа, Искандер, Есенин, Куприн, Маиаковски уҳәа иаԥырҵаз ашедеврқәа.

Абарҭқәа инарҷыданы, РУСДРАМ актиорцәа ихырку ашәаҳәаратә ҟазара шрылазгьы аадырԥшит.

Иазгәасҭарц сҭахуп, асцена иқәлоз актиорцәа зегьы, изыԥхьоз аҩымҭақәеи, инарыгӡоз ашәақәеи хыхь-хыхьла акәымкәа аҵанӡа иҭҵааны ишрымоу шгәоуҭоз.

© Sputnik / Томас ТхайцукОткрытие Арт фойе в РУСДРАМе
Открытие Арт фойе в РУСДРАМе - Sputnik Аҧсны
1/5
Открытие Арт фойе в РУСДРАМе
© Sputnik / Томас ТхайцукОткрытие Арт фойе в РУСДРАМе
Открытие Арт фойе в РУСДРАМе - Sputnik Аҧсны
2/5
Открытие Арт фойе в РУСДРАМе
© Sputnik / Томас ТхайцукОткрытие Арт фойе в РУСДРАМе
Открытие Арт фойе в РУСДРАМе - Sputnik Аҧсны
3/5
Открытие Арт фойе в РУСДРАМе
© Sputnik / Томас ТхайцукОткрытие Арт фойе в РУСДРАМе
Открытие Арт фойе в РУСДРАМе - Sputnik Аҧсны
4/5
Открытие Арт фойе в РУСДРАМе
© Sputnik / Томас ТхайцукОткрытие Арт фойе в РУСДРАМе
Открытие Арт фойе в РУСДРАМе - Sputnik Аҧсны
5/5
Открытие Арт фойе в РУСДРАМе
1/5
Открытие Арт фойе в РУСДРАМе
2/5
Открытие Арт фойе в РУСДРАМе
3/5
Открытие Арт фойе в РУСДРАМе
4/5
Открытие Арт фойе в РУСДРАМе
5/5
Открытие Арт фойе в РУСДРАМе

Асценаҿы ицәырҵуан ибзианы иаҳдыруа актиорцәа реиԥш, аиҵбыратәи абиԥара иаҵанакуагьы. Иџьоушьаша, зегьы арт-фоие астиль рҽақәыршәаны, рҽалмыркьыкькәа аус руан. Акыр ҳаизааигәан апоезиа ҳадызгалоз аҟазацәеи ҳареи, ибзианы иаҳбарҭан урҭ рыԥсыԥлагаҩагашьа, ирхылҵуаз ашьҭыбжьқәа дара рыԥсабара ишабжьныҩраз.

Спектакль Портрет Дориана Грея Театра на Юго-Западе в РУРСДРАМе - Sputnik Аҧсны
Москватәи ашедеврқәа рхыԥша

 

Ахәылԥаз макьана инымҵәандаз шаҳгәахәуаз имҩасит, аха ахәаԥшцәа ирыҭан алшара ргәаанагара аҳәаразы. Исгәамԥхо аӡыргара сцәыуадаҩуп, сыԥсабара иатәышьҭрам, убри аҟынтә, хаҭала аӡәгьы далымкаакәа исҳәарц сылшоит РУСДРАМ Арт-фоие шьахәла иаартын ҳәа.

Зхаҭабзиара ҳараку акультуратә хәышҭаара ишаҟазшьоу еиԥш, амаҷ инаркны аду аҟынӡа зегь хәшьадын араҟа, алашара аиҿкаашьа, иҳаҳауаз амузыка, асценахь ицәырҵуаз рцәырҵшьа, рхырхәашьа, ажәакала абырҵкал икылхыз ахәылԥаз ҟаимаҭ мҩаԥысит РУСДРАМ ахыбраҿы.

Сгәы азҩоит, ари атрадициа иацҵахоит ҳәа.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар алшоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0