"Хамыжә, уҽдыр": иахьакәзаалакгьы – ҳара иаҳтәу

© Fotolia / MarcociannarelРука с пультом напротив телевизора
Рука с пультом напротив телевизора - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 3 - ахәыҷтәы телехәаԥшра иамшны иԥхьаӡоуп. Абри инадҳәаланы шәаԥхьарц ишәыдаагалоит иахьа аԥсуа хәыҷқәа рааӡараҿы ателехәаԥшра ныррас иамоу иазкны Sputnik аколумнист Аинар Ҷыҭанаа иазирхиаз астатиа.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik
Иахьа аҩны аҩнуҵҟа ателехәаԥшыга абжьы анымго ак ҳагушәа ҳбо аҟынӡа ҳахдырра ари ахархәага иашьцылахьеит. Аха убри аамҭазы адунеизегьтәи асоциалтә ҭҵаарақәа изларҳәо ала, ателехәаԥшра ахәарҭа аасҭа аԥырхага еиҳауп, ауаҩы имырбаӡакәа даргаӡоит, ахьыԥшра изнарҵысуеит. Ҵабыргуп, аҭҵаарақәа рыгәрамгара уадаҩуп, рацәакгьы ииашам. Уажәазы зыгәра гатәу, ма игатәым ҳаарҟәаҵны ииашоу аиҿырԥшрақәа ҳарзааҭгылап.

Девушка с телефоном - Sputnik Аҧсны
"Like абиԥара": изеиԥшроузеи иахьатәи "ҳҭоурых"

Ателехәаԥшра, иаҳҳәап адәқьан дуӡӡа иаҿҳарԥшыр ҟалоит, избан акәзар иаргьы асоциокультуратә ԥсҭазаара зегьы аиԥш аџьармыкьатә система ауп ишьақәзыргыло. Игәаумҭар залшаӡом иарбан каналзаалак ахәаԥшҩы "иаахә" ада даҽакы шамахамзар ишианамҳәо. Ганкахьала уи зџьашьатәузеи, ҳаамҭазы ателехәаԥшра моу, ауаҩрагьы аархәоит, ирҭиуеит…

Адәқьан аҿгьы атауар ааухәарц иудыргалоит аҟароуп, иуҭахымзар аӡәгьы иуираахәаӡом. Убас ауп ателеканалқәагьы.  Ауаҩы игәы иаҭахымзар, иаҳҳәап ТНТ аканал дадыртәаланы "Дом-2" аӡәгьы мчыла дизархәаԥшӡом. Ари адырраҭара хаҭала сара ҩ-минуҭк еиҳаны ахәаԥшра сычҳара ахьазымхо азакәым ҿырԥштәыс изаазгаз. Иара заманала "ҳаамҭазтәи"  ателехәаԥшра ахаҿра аанарԥшыр алшоит ҳәа сгәы иахьаанаго азоуп. Ари адунеи зегьы еицырзеиԥшхаз "форматуп". Аполитикатә "ҳәынҵәеиқәҭәара" згәахы ԥнаҵәаз аилазаара апропоганда "ҟьантаз" рымбаларц азы хыхь зыӡбахә сҳәаз адырраҭара иаҩызоу "агаӡабызшәахь" ииасит. Уи ауаҩы ихшыҩ арааԥсаӡом, имарианы идикылоит. Амариа ами ҳзышьҭоу…

Ажәабжьқәа ахьырҳәо аканалқәа, акультуратә ԥсҭазаара иалацәажәо адырраҭарақәа, аҭҵаарадырра, аԥсабара, аартра ҿыцқәа, адунеи уҳәа, ауаҩы изы ихәарҭоу ахырхарҭақәа маҷхума… Убри аҟнытә ателехәаԥшра аԥырхага ҳаналацәажәо зегь раԥхьаӡагьы агьамақәа рызҵаара ауп ҳаззааҭгылаша. Урҭ, ажәаԥҟа ишаҳәо еиԥш, еимактәым ҳәа сгәы иаанагоит. Аха иҟоуп ирацәаӡаны аимак-аиҿак зхылҿиаауа егьырҭ азҵаарақәагьы. Иаҳҳәап ҳара ҳтәыла ҳгозар, акы-ҩба ҳхатәы каналқәа шыҟоугьы, аԥсуа ҩнаҭақәа шьыжьы инаркны хәлаанӡа ирыҩныҩуа хадаратәла аурыс каналқәа рыбжьоуп, урҭ ринформациа акаҭа ауп иахьа "иаҳхаԥоу".  Иаҳҭахы-иаҳҭахым, ҳаблақәа хҩаны ари аҭагылазаашьа анышәара ҳаҿуп, даҽа ԥсыхәак макьана иахьҳамам азы.

Раҭха Матуа - Sputnik Аҧсны
Раҭҳа Матуаԥҳа: аԥсуа журналистика аамҭа ашьаҿа иахьыгӡалатәуп

Избан амилаҭ журналистика аҳәаанырцәтәи аҟны изаҵахо? Ҳшашьцылац еиԥш уигьы "абызшәа апроблема" иақәаҳҵар? Зегьы иахьырзеилымкаауа азакәзар зегьы замыхәаԥшуагьы, изамыԥхьогьы? Аха аус злоу уи амацара акәымзар ҳәа сшәоит. Ҵабыргны, ауаа рацәа ирзырхоу иарбанызаалак аицлабра аназымычҳауа афархьмцеиԥш еилаҳауеит. Ус ҳмыхьӡеит ҳара, ҳәарада, аха ҟалашьа змам акеиԥш ари аҩыза алҵшәа азнеирагьы иаԥсамзар ҟалап. Зызҩа зӡаз иан дагеит ҳәа рымҳәалои.

Иарбан милаҭзаалак ԥхьаҟатәи аԥеиԥш, уаҵәтәи алахьынҵаӡбаҩцәа ахәыҷқәа роуп. Аԥсуа хәыҷқәа рхыԥхьаӡара аҟнытә збызшәа здыруа заҟа "ирацәоу" зегьы еилаҳкаауеит. Аԥсуа хәыҷқәа еиҳараӡак иахьа изхәаԥшуа иарбан мультфильмқәоугьы ҳбахьеит.  Зны-зынла аиҳабацәа ателеканал аиагара анырхашҭлак ахәыҷқәа ирбо акадрқәа зеиԥшроугьы ҳдыруеит. Уажәшьҭа абарҭ ацыԥҵәахақәа зегьы еиԥаҳшьыр, ҳхаҿы иааиуеит ахәыҷы дахьааӡо аинформациатә еилазаара ахаҿра. Уи, аҿырԥштәы бзиа аҵыхәала аԥсуаа ирымоу аилкаара рацәак иашьамшәалошәа збоит…

Режиссер Вячеслав Аблотия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аблоҭиа: абызшәа арҿиаразы иреиҳау мчуп аекран

Даҽа ганкахьала уазнеиуазар, зыхшара аԥсшәа рҵар зҭаху рзы имаҷхума аԥсышәала ицәажәо  амультфильмқәа, аԥсуала еиқәыршәоу ахәыҷтәы комикс заманақәа… Урҭ рхыԥхьаӡара уамаӡак ирацәамзаргьы, зегьы ирыцку – хаҭабзиарала атәым ҿырԥштәқәа акала ирыҵахаӡом. Шреки Ҽадынеи зыниаз аҭоурых мацара лассы-лассы сеиҭахәаԥшландаз ҳәа уааҟалоит. Хаҭала сара уа исаҳауаз аицәажәаратә бызшәа иалаз ажәеицааирақәа, алаф, имаҷым схаҿы инхаз. "Тристани Изольдеи", "Рапунцель", "Ҷышәшәына лзы х-расацк" уҳәа, иҟоуп ахәыҷы дызхәаԥшыша, аԥсуа жәақәа изырҵаша амультфильмқәа. Залагамҭа бзиоу ари аус хымԥада иацҵалатәуп, иагьазырҳалатәуп уи ззырхоу аудиториагьы.

Апульт кны ателехәаԥшыга иадтәалоу ауаҩы ихаҭа иӡбоит иарбан кнопкоу дызқәыӷәӷәаша. Ихала иалихуеит еиҳа игәы иақәшәо аканал, избанзар имоуп еидикылаша аҿырԥштәқәа. Аха ахәыҷы иаразнак аиҿырԥшшьа изҵаӡом, уи азы иаҭахуп аамҭа. Убри аамҭа иалагӡаны имилаҭ иазааигәоу, ибызшәала ицәажәо  еснагь актәи аҭыԥ аҟны аргылашьа изырҵаша иеиҳабацәа роуп. Избан акәзар уҿара иҭуго ауп уажәра иҭаугалогьы.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0