Раҭҳа Матуаԥҳа: аԥсуа журналистика аамҭа ашьаҿа иахьыгӡалатәуп

© Фото : предоставлено Р. МатуаРаҭха Матуа
Раҭха Матуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Удыррақәа рхархәара улшозар – ииашоу азанааҭ алухит" ҳәа лыԥхьаӡоит ААУ афилологиатә факультет ажурналистика аҟәша III акурс астудент, Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура аусзуҩы Раҭҳа Матуаԥҳа. Иара убас лара дрылацәажәеит ҳаамҭазтәи аҿыцрақәа аԥсуа журналист иҿаԥхьа иқәдыргыло ауадаҩрақәа, аҿар рыбжьы инанагӡо ароль уҳәа.

Аиҿцәажәара мҩаԥигеит Аинар Ҷыҭанаа.

- Раҭҳа, бара иахьатәи аамҭазы ауниверситет аҟны аҵара бҵоит, аха убри аан аусурагьы бҽахьыбыгӡоит. Бара бхатә ҿырԥштәала ибҳәозар, астудент аҵареи аусуреи анеилаигӡо хаз-хазы урҭ дрызнеилар шԥаихәҭоу, насгьы уи абанӡауадаҩу?

-Аҵара – иреиӷьу шьаҭоуп, зыԥсҭазаара ииашаны аргылара зҭаху изыҳәа. Ауаҩы абжьаратә школ хыркәшаны иреиҳау аҵараиурҭахь ихы анирхалакҵәҟьа, иԥсҭазаара шьаҭанкыла аҽеиҭанакуеит. Избан акәзар иазҳауеит аҭакԥхықәра, ирацәахоит астуденттә ԥсҭазаара иацу ауадаҩрақәа. Аха аҵараиурҭа иунаҭо адыррақәа ухы иаурхәартә аҭагылазаашьа ануаулак - уи уажәшьҭа еиҳагьы аҭакԥхықәра удызҵо ԥсҭазааратә цыԥҵәахоуп.

Асахьаҭыхратә ҟазара аспециалитет 5-тәи акурс астудент Зарифа Анқәабԥҳа - Sputnik Аҧсны
Зарифа Анқәабԥҳа: ауаҩытәыҩса иҩнуҵҟатәи аԥсабара ақыцә "арҳәара" уадаҩуп

Сара сҿырԥштәаҿы ари аетапахь сшьаҿа еихызгеит ахԥатәи акурс аҟны аҵара зҵо студентны. Ҳәарада, аусуреи аҵареи реилагӡара ахьынӡауадаҩу насгьы иахьынӡаиашоу азҵаара схаҿы изныкымкәа ицәырҵхьеит. Аха сара агәра ганы сыҟоуп иахьазы зырҳара сахьӡаз адыррақәа апрактикаҿы ахархәара ахьрысҭо – уи еиҳагьы профессионалк иаҳасабала сышьақәгылара ишацхраауа, ԥхьаҟатәи сҵара аизырҳаразгьы агәацԥыҳәара шсынаҭо. Ажәакала, удыррақәа рхархәараҿы ишуқәҿио анубо – убасҟан ауп иалухыз азанааҭ уара ишутәу агәра анугогьы.

Аҿар ҳаилазаараҿы досу имоуп ихатәы хықәкқәа. Аха зны-зынла дубап инамыцхәны аԥхашьара зиааины зҽыԥхьазкуа, аҽаартра зцәыбаргәу ауаҩгьы. Ари аҩыза аҭагылазаашьа аԥхьырҟәҟәааразы аҿар ҳаҩныҵҟа аигәныҩрагьы акырӡа аҵанакуеит. Хымԥада, хыда аамҭагара акәымкәа, зегьы рзы хәарҭак ацны, ииашаны. Астудент еснагь ихы аус адулара, насгьы еиҳа ицааиуа ахырхарҭахьала ихы аарԥшра иҽазишәозароуп, избанзар акы уҽазуумкыр – акгьы ахала унапахьы иааиӡом.

Сгәанала, ҳарҭ аҿар ахараԥшра маҷк иҳагуп, иҵегьы ҳҽеиҿаҳкаалар, ҳхьеибарԥшлар ҳахәҭоуп. Еиуеиԥшым аҿар реиҿкаарақәа, аилазаарақәа уҳәа, уи аусеицура нас иауҭаша аформақәа рацәоуп. Иахьатәи аамҭазы аҿар иҳамоу анырра маҷызшәа ҳбар ҟалоит, аха аиашазы ҳнапы иаку хараӡа имаҷым. Избан акәзар аҿар роуп ишьақәзыргыло ԥхьаҟатәи аԥеиԥш. Ҳара ҳхаԥшьгара, ҳҽеиҿкаара аҩаӡара шаҟа иҳаракхо аҟара ашьаҭа ӷәӷәахоит аҿар рыбжьы иаиуа азхьаԥшреи амчи. Убри аҟара ҳаӷәӷәахоит ҳаргьы.

Апоет Дырмит Габалиа - Sputnik Аҧсны
Дырмит Габалиа: ҳлитературатә еиҿкаарақәа ихахьоу аамҭа иатәуп

- Иахьа лассы-лассы ҳалацәажәоит ҳаамҭазтәи аԥсуа ажурналистика аҿиашьа инагӡаҵәҟьаны ҳмилаҭтә бызшәа, ҳаԥсуара уҳәа ишанымԥшуа. Бара бгәаанагара зеиԥшрозеи уи аҵыхәала?

- Аԥсҭазаара ԥхьаҟа ицацыԥхьаӡа иҳаднагалоит хкы рацәала аҿыцрақәа. Иахьатәи аԥсуа журналистика иамоу ауадаҩрақәа ртәы ҳҳәозар, ҳхаҿы иааиуеит шьаҿеиқәшәала уи аамҭа ацнеира. Аха убри аангьы ҳаамҭа иақәшәо ажурналистика аиҿкаара амҩа ҳануп анаҳҳәо, хымԥада иаҳхамышҭыр ҳахәҭоуп шьагәыҭс аҟазаара зыхәҭоу еснагь ҳаԥсуара шакәу. Аӡәгьы изы имаӡаӡам ҳаамҭазы аинтернет-журналистика хазы игоу хырхарҭаны аҿиара ду шаиуз. Аха убригьы ҳмилаҭтә культура уасхырс иазышьҭаҵаны ахархәара аҭалатәуп. Аԥсуара зныԥшуа, аԥсуала ицәажәо асаитқәа рацәахар – убасҟан ауп ианҳалшо адунеи анырра, аҳәаанырцәтәи ашәагаақәа рышьашәалара. Аԥсышәала аинтерес зҵоу аинформациа, ганкахьала ауаа рхатәы бызшәа аҵарахьгьы ихьанарԥшуеит, иднардыруеит уи шхымԥадатәиу.

Арыцҳара аҟнытә, лассы-лассы ҳаилазаараҿы аҭыԥ аиулоит тәыми-ҩнатәи реиларҩашьара аҿырԥштәқәа. Аха уи иахәҭоу ахшыҩзышьҭра аҳамҭошәа сгәы иабоит. Ҳара ҳгәы излаанаго ала, хырҩа амҭара, ишьақәгылахьоу атәым ҿырԥштәқәа рықәныҟәара кыр еиҳа имариоуп аҭагылазаашьа арҽеира, ахатәы мҩақәа рыԥшаара аасҭа.

Хаџьараҭ Ҳашымба - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьараҭ Ҳашымба: ажәлар рдоуҳатә культураҿы ихадароу акоуп абызшәа

Аха уи иаанагаӡом атәым ҿырԥштәы бзиақәа рызхьаԥшра аҭахым ҳәа. Аҳәаанырцәтәи аимадара иашақәа – ари зегь раԥхьаӡа иргыланы ԥышәа еимадароуп. Аҳәынҭқаррақәа зегьы еиԥшны еицыҿиаӡом, ус анакәха ажәларқәагьы хәыцшьала, дунеихәаԥшышьала еиԥшӡам. Сгәанала, ҳара ҳаҩнуҵҟатәи аҿиара мҩақәызҵо афактор хадақәа иреиуоуп анҭыҵтәи аицәажәара, ҵарадыррала аигәныҩра. Ус еиԥш аиԥыларақәа анымҩаԥаҳгогьы ҳәарада ирацәоуп. Иаҳҳәап уажә аабыкьагьы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет астудентцәа ҳаицны ҳцараны ҳаҟоуп Киргизиа аҳҭнықалақь Бишкек. Уаҟа ҳара аҭыԥантәи аҿари ҳареи ҳаибадырразы, ҳдыррақәа еимаҳдаразы ирацәаны аусмҩаԥгатәқәа ҳзыԥшуп. Ԥхашьарак аҵаны избом иахьа ҳара аӡәы ҳиҵахозар. Иԥхашьароу – ушаҵахо дырны аԥхьаҟа ашьаҿаҟамҵара ауп.

Сара исҭахуп аҿар иҵегьы ҳаимадазарц. Иаҳҳәап, аҵараиурҭа аҩаӡараҿы анакәха, хырхарҭак ала аҵара зҵо мацара реимадара акәым аус злоу: еиуеиԥшым азанааҭқәа знапахьы аагара иаҿу аҿар зегьы ҳәоуеиқәшәарала, еилибакаарала еимадазароуп. Ҳарҭ зегьы еилазаарак ҳатәуп, ԥсадгьылк еицҳамоуп. Ус анакәха досу ҳусқәа ҳанырҿу аамҭазы ҳаидызкыло аимхәыц шыҟоу, уи аимхәыц - бзиа еицаҳбо ҳтәыла шакәугьы ҳгәалашәалап. Уи аԥеиԥш иаҵагылашагьы ҳара ҳауп.

Ажәабжьқәа зегьы
0