Инга Барцыцԥҳа: Марттәи ажәылараан ашәаразы аамҭа ҳамаӡамызт

© Foto / из архива Инги БарцицИнга Барциц
Инга Барциц - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, 1993 шықәсазы март 15-16-тәи ажәыларатә операциа иалахәыз, Аԥсны Афырԥҳәыс Инга Барцыцԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит арҭ амш еиқәаҵәақәа лгәалашәараҟны ишынхаз атәы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Марттәи ажәылара уамак шагымыз, Алада Ешыратәи абаталион акомандаҟаҵаҩ Владимир Аҩӡба аштаб ахь иааицҳаит амедеиҳәшьцәа шаҭаху.

Убасҟан Инга Барцыцԥҳа напхгаҩыс дызмаз асанитартә гәыԥ дәықәҵан атранспорттә цҳа инаркны Гәымсҭа аӡиас алаларҭанӡа, аҭыԥ амаҵ азуразы.

Мемориальные доски погибшим в Мартовском наступлении Руслану Шинкуба, Джамбулу Зарандия, добровольцу из Сирии Джаркасу Гасану и добровольцам из Кабардино-Балкарии Аслану Ажгериеву и Валерию Берхамову. - Sputnik Аҧсны
Марттәи ажәылараан иҭахаз Валери Берҳам хатәгәаԥхарала еибашьуаз зегьы дреиҵбын

Агәыԥ еиднакылаз аҭыԥҳацәа иреиуан: Манана Дбарԥҳа, Мадина Дасаниаԥҳа, еицииз аиҳәшьцәа Еленеи Виталиеи Дворникаа, Виолетта Тавмосиан, Клара Чыргԥҳа, Џьулетта Есааԥҳа, Ирина Мамедова. Ацхыраара ласы амашьына ныҟәцаҩцәас иҟан Анатоли (Тыгә) Цкәуа, Роман Қапба. Убас зыжәлақәа Инга илгәаламшәо, аха Рафик Гудаутски, Гарик Ешерски ҳәа ззырҳәоз аҷкәынцәагьы.

Илыцәбжьахаз ыҟазаргьы, рҿаԥхьа аҭамзаара шьҭалҵоит Инга.

"Март 15 ауха, аҵхыбжьон ажәылара ҳаихоит анырҳәа, знык Аҟәа анеира акәын иаҳҭахыз. Усҟан ҳхы-ҳгәы иҭашәозма, ахлымӡаах ҳалаԥшуеит ҳәа", - азгәалҭоит аибашьра аветеран.

Аҵхыбжьон, асааҭ 1.45 минуҭи рзы, ахьҭа бааԥс шыҟазгьы, аӡиас аҩаӡара ашьҭыҵра ишаҿызгьы, Инга Барцыцԥҳа лыӡӷабцәа Гәымсҭа аӡиас егьи аган ахь ирит. Убри аамҭазы згәы зҽанымыз аԥсуа еибашьцәа акырцх еиԥш аӷа иааишьҭуаз ахқәа рықәԥсо иалагеит.

© Foto / из архива Инги БарцицИнга Барциц
Инга Барцыцԥҳа: Марттәи ажәылараан ашәаразы аамҭа ҳамаӡамызт - Sputnik Аҧсны
Инга Барциц

"Шьҭахьҟа" ҳәа адҵа аныҟарҵа, Инга лыӡӷабцәа рҽеиҩыршар акәхеит. Џьоукы аӡиас ирит, егьырҭ уаҟа иаанхеит ахәцәа ралгаразы.

"Ҳара хықәкыс иҳаман аӡиас шьҭахьҟа ируаз ҳаибашьцәа, рхы инаркны ршьапаҟнынӡа асԥирҭ рыхьшьны, рҽызлеиҭаркуа амаҭәа рыҭаны, аштаб ахь рышьҭра, ахәцәа иццаку ацхыраара рзаарԥшны, агоспитальқәа рахь рдәықәҵара. Аха абарҭқәа зегьы ԥсеиҭакрада, ахқәа ҳахьӡаанӡа иҟаҵатәын", - ҳәа ҳаиллыркааит лара.

Инга Барцыцԥҳа илгәалашәоит, лҩыза Манана Дбарԥҳа лыԥсҭазаара анцәа инапы ианҵаны, Гәымсҭа ацҳаҟынтә ахәы дылгәыдкыланы, дҳәазо мацара аԥсуа ган ахь дышнеиз.

"Марттәи ажәылара иаӡрыжәит ҳаӡӷабцәагьы. Иахьа уажәраанӡа исзеилкаауам амчи, агәаӷьи, агәымшәареи ахьынтәааҳгаз. Иара ҳшәартә еиԥш аамҭагьы абаҳамаз. Ҳазегьы ҳаԥсҭазаара секундала иԥхьаӡан", - лҳәоит Инга.

© Foto / из архива Инги БарцицИнга Барциц
Инга Барцыцԥҳа: Марттәи ажәылараан ашәаразы аамҭа ҳамаӡамызт - Sputnik Аҧсны
Инга Барциц

Аԥҳәызбацәа зегь раасҭа ирызхымгоз, шьҭахьҟа хьаҵшьа змамыз, егьи аган аҟны аӷа амацәаз иҭеикыз, аха арантәи ирбоз рашьцәеи рҩызцәеи ацхыраара ахьрызрымҭоз ауп.

Президент Республики Абхазия Рауль Хаджимба возложил цветы к Мемориалу погибшим в Отечественной войне народа Абхазии 1992-1993 годов в Парке Боевой Славы, 16 марта 2019 - Sputnik Аҧсны
Марттәи ажәылараҿы иҭахаз аибашьцәа ргәаладыршәеит Аҟәа Ахьӡ-аԥша абаҳчаҿы

"Ҟаҵашьаз иаиҭоз сыздыруам, аха Миша-казак ҳәа ҳаибашьцәа ирыцыз арԥыс, аӡы дырны аҭаҭын рзигарц даауан. Анцәа димхьчозар, имеихсыӷьӡакәа илеиуаз ахқәа злаивҟьазеи", - иџьалшьоит Инга.

Марттәи ажәылараан Инга Барцыцԥҳа лгәыԥ иалаз аԥҳәызба Виталина Дворник дҭахоит. Ршьамхы иқәзырҟьаз агәырҩа аҭыԥҳацәа ргәаҵаҿы иарҿиеит ашьоура.

Инга илҳәеит, рыбла шааԥшуаз, ақырҭцәа амашьына дуқәа рыла аԥсуа ган ала иҭахаз аибашьцәа рыманы Аҟәа ахырхарҭахь ишцаз. Анаҩс еилкаахеит, ареспубликатә хәышәтәырҭа авара анышә ишамардаз. Аибашьра ашьҭахь, аԥсцәа аныҵырхуаз, Инга лаб иашьа иԥа Александргьы уаҟа дрылан. Инапқәа иашьҭахь иҿаҳәаны, иҿы аҭаџьқәа ҭаҵаны дырбеит. Иара иоуп ҳәа ишьаз ақалԥадқәа рыла дылдырит иԥшәмаԥҳәыс.

Инга Барцыԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит, март 15-16-тәи ажәылара ашьҭахь лыӡӷабцәеи лареи рхала Алада Ешыратәи ацҳаҟны ишаанхаз. Адырҩаҽны асааҭ 11 рзы ауп ацхыраара анроу.

"Сара аԥскра (астма) чымазара сымоуп, есыҽны агәыр сыласҵар ауп. Убарҭ амшқәа рзы хәшәыда сызлеилгаз уамашәа избоит. Счымазара ахы цәырнамгаӡеит", - илгәалашәоит аибашьра аветеран.

Инга Барцыцԥҳа лхаҿы аагара лцәыуадаҩуп, марттәи ажәыларатә мшқәа раан рыԥсы злеиқәхаз. "Анцәа дҳацын ауп, уаҳа акагьы", - лҳәоит лара.

© Foto / из архива Инги БарцицИнга Барциц
Инга Барцыцԥҳа: Марттәи ажәылараан ашәаразы аамҭа ҳамаӡамызт - Sputnik Аҧсны
Инга Барциц

Инга Васико-иԥҳа Барцыцԥҳа илыхҵоуп Аԥсны Афырԥҳәыс ҳәа ахьӡ ҳаракы.

Иланашьоуп "Кәыдры аҭарцәразы" амедал.

Иацу

Инга Барцыцԥҳаи сареи аиҿцәажәаразы ҳаиԥылараны ҳаҟан март 15 аҽны. Гагра, Ахьӡ-аԥша абаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьҭаҵараҿы данызба, ҳаиқәшәара аамҭа еибаҳҳәеит.

Шьыбжьышьҭахь аибашьра аветеран, Аԥсны Афырԥҳәыс лашҭа санааҭала, лылаӷырӡқәа лызнымкыло дысԥылеит.

Илывыршьааз лҩызцәа рбаҟа амҵан дахьынӡахырхәоз, зыхшара аибашьраҿы иҭахаз анацәа ргәы ахьынӡаҿалҳәоз, илыцеибашьуаз лҩызцәа марттәи ахьаа ахьынӡарыцеиҩылшоз, лыҩны иҩналаны идырҳәызаап.

Сара ари ахҭыс ахҳәаа ҟасҵом. Ҳаҭыр зқәу аԥхьаҩцәа, уи шәара ишәуалыз…

Ажәабжьқәа зегьы
0