Тото Аџьапуа: Иахьа уажәраанӡагьы иҭахаз рыхьӡала сшәаҳәоит

© Sputnik / Томас ТхайцукТото Аџьапуа
Тото Аџьапуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рартист, "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡареи Леон иордени занашьоу, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, СССР Акомпозиторцәа реидгыла алахәыла Тото Аџьапуа 80 шықәса ихыҵит. Аҟазараҿы раԥхьатәи ишьаҿақәа игәаларшәо, иара дрыхцәажәеит аԥсуа ашәа агәыбылра изыркыз аҭагылазаашьеи ауааи, насгьы иҳәеит ҳаамҭазтәи аԥсуа ашәақәа рҵыхәала игәы иаанаго.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

- Тото Ҭарашь-иԥа, ишәгәалашәыршәар сҭахуп зааӡатәи шәхәыҷрашықәсқәа шәара шәахьааӡаз аамҭа атәы. Ауаа рыԥсҭазаашьа зеиԥшраз, насгьы ашәаҳәара аԥсуа ҩнаҭаҿы иарбан ҭыԥыз иамаз?

- Сара санмаҷыз инаркны аԥсуа ашәақәа рыла сааӡоуп, избан акәзар ҳара ҳаҩнаҭаҿы ахаҵара, аԥсуара иазышәаҳәо аԥсуа жәлар рашәақәа ҳаҭыр-пату рықәын. Сара аҟазара сгәазырԥхаз, уи амҩагьы сықәызҵаз раԥхьаӡатәи сырҵаҩцәа ҳәа исыԥхьаӡоит сызхылҵыз сани саби. Санду лакәзаргьы, ачамгәыр уамакала ибзианы иалырҳәон, лыбжьгьы бзиан. Схәыҷра абжеиҳара лара лҟноуп сахьааӡаз. Аԥсуаа зегь реиԥш, ларгьы уахи-ҽни асасцәа зҭаауаз, зчеиџьыка дууз ԥҳәысын.

Тото Аджапуа - Sputnik Аҧсны
Шәақьԥынҵала акәымкәа, ашәала

Усҟантәи аамҭазы, уажәеиԥш, ауаҩы ииҭаху зегьы адәқьан аҟны иааихәо иҟамызт, ҳәарада. Аха иага ус иҟазаргьы, ҳара ҳазхылҵыз ахаан ачеиџьыка агрыжьӡомызт, ҳаргьы асас игәыбылра ҳаркны ҳрааӡеит. Сара зыӡбахә сымоу сҭаацәа мацара ракәым, ажәытәтәи аԥсуаа зегьы роуп.

Уажәы саназхәыцуагьы, зны-зынла иџьасшьоит анкьатәи аамҭақәа: ҳаҩнаҭаҿы есымша чаразшәа акәын ашәаҳәабжьы шгоз. Асасцәа иаауаз зегьы рзиацкь еимаақәа ӡәӡәаны, рыҽқәагьы акрырҿоуҵар акәын.

- Асасцәа аҩы рҽаршьны, рхы изамыхәо иҟаланы ҳәа сара исгәалашәом. Ма ианааилатәалак, закәытә цәажәарааз ицәырыргоз, иарбан ашәақәаз ирҳәоз! Шаанӡа сырзыӡырҩландаз угәахәрын. Урҭ рцәажәашьа ахы ахьцоз, аҵыхәа ахьцоз еилымкаакәа, ажәак рҳәаӡомызт. Насгьы дара убри аҟынӡа ицәажәаҩцәан, абызшәа убас ала ихны ирҿан, иахьа хәлаанӡа иртәаны иурцәажәаларгьы, знык ирҳәаз ажәа даҽа знык еиҭарҳәаӡомызт. Ачараҿгьы ҳәсеи-хацәеи хаз-хазы издыртәозгьы уи акәын, ауаа зегьы еиԥшӡам, арыжәтә дахнаԥааны аӡәы иакәымк иамхаҳәар ҟалон. Нас уаҵәы урҭ аҳәса рыла дышԥаҭаԥшуаз?

Акомпозитор, адирижер, ашәаҳәаҩ Ражден Гәымба - Sputnik Аҧсны
"Дәрыԥшьтәи аҟармаҵыс" Ражден Гәымба

Абасала, сара санҩыҵшәаз инаркны ашәаҳәара агәыбылра сылазааӡашаз аҿырԥштәқәа уахи-ҽни сыбла ихгылан, слымҳа иҭыҩуан.

Исгәалашәоит, ақыҭаҿы џьара еиԥыларак аныҟаз иҳашьаҳҵоз анҳамамызгьы, аҵаа сықәыхх иагьараан ашәа сҳәахьан. Сара 20-22 шықәса сырҭысаанӡагьы, анота закәыз сыздырӡомызт, иабаҟаз амузыкатә ҵараиурҭақәа… Ҳауацәақәак рҟны аанҿасра сахьцаз, апианино ахьыҩнагылаз анызба, изакәызеишь анаџьалбеит ҳәа иџьашьаны сахәаԥшуан.

- Убас, гәынкылара мацарала, аԥсадгьыл абзиабара абзоурала ашәаҳәаратә ҟазара ҳаларааӡон ҳазхылҵыз ахазынақәа. Убри азоуп ҵарада ахшыҩ змаз ҳәагьы изрышьҭаз. Ауаҩы иага ҵара далгаргьы, ҳазхылҵыз рааӡара анимоу – акымзаракгьы ихы изархәараны дыҟаӡам. Досу ихшыҩҵарра ихы ианаимырхәа, ҳаԥсуара, ҳаԥсадгьыл ашьҭыхраҿы дхәыдахоит, аҵара мацара араҟа имчыдоуп. Ажәытә аԥсуаа рыхшыҩ иаӡбоз ала акәын изланхоз. Уи ауп изыбзоураз руаҩреи, амаашьара ирымази, аразреи ақьиареи ирыҵази.

- Иахьа имаҷым Аԥсны анҭыҵ аҵарақәа ирҭоу, аус зуа аҿар. Шәара шәгәаанагарала, иԥсадгьыл азы дабанӡахәарҭоу атәым еилазаараҿы иааӡаз ауаҩы?

- Ауаҩы уа диины уа дааӡазар, даараӡа ицәыцәгьахоит абра иины иааӡаз иеиԥшҵәҟьа ишьамдгьыл агәыбылра ашьҭкаара. Аха иҟоуп уи ацәанырра ауаҩы дахьыҟазаалакгьы ԥсабарала излоу. Аха убри аангьы, аԥсуа қыҭа иааӡази, аԥсуа қалақь иааӡази, атәым қалақь иааӡази – арҭ ргәыбылра ахаан еибеиԥшны изыҟалаӡом. Ақалақь хәыҷқәа аԥсуара рылаӡам ҳазҳәом, аха ақыҭа хәыҷқәа, зегьакоуп, анкьатәи аԥсуара цқьа, аԥсуа ԥсҭазаашьа иаша еиҳа иазааигәоуп. Асас идкылашьа акәыз, ахымҩаԥгашьа акәыз, урҭ уахи-ҽни рыбла еиҳа ихгылоуп, иароуп излиаауа.

Константин Ченгелия - Sputnik Аҧсны
Ченгьелиа: иаԥысҵарц исҭаху рацәаӡоуп, уи сыԥсы ахьынӡаҭоу саҿызаауеит

Аӡәгьы сибаӡом ҳәа ауаҩы дызлыҵыз руаҩра уашәшәырарак аницәахь – убри ауп зегьы ирбо, уаанӡа иҟаиҵахьаз абзиарақәа зегьы наҟ инабжьахәашоит. Исыхшаз афатә-ажәтә, ашәҵатәы-ашьаҵатәы рыгмырхакәа исааӡеит ҳәа ауаҩы имҳәароуп. Уи амацара ала аԥсуа ааӡара зыҟалаӡом.

Иахьа џьоукы-џьоукы аиҳабыратә абиԥара анымҩаслак, аҿар аԥсуара рзеиқәырхаӡом, ирцәыӡуеит ҳәа рхы иахашшаауа, агәрамгара аарԥшуа инеицәажәа-ааицәажәалоит. Сара ус исыԥхьаӡаӡом.

- Ҳара аҿар бзиаӡа ҳамоуп. Насгьы, ҵарак рымамкәа аԥсадгьыл абзиабара абзоурала иара аиқәырхара рылдыршазар ҳауаажәлар, иахьатәи аҵарадырра лаша аамҭазы абиԥара ҿыц еиҳагьы рымчхара ӷәӷәоуп. Гхак змоуа уаҩ дыҟаӡам, аҿаргьы агха анрымоу раҽԥныҳәара иашаӡам. Ауаҩы ихдырра ҳаракызар – игхақәагьы маҷхоит, аха зхьысҳара ариашашьа иақәшәаз ауаҩы агха ҟаиҵеит ҳәа иԥхьаӡатәым.

- Аибашьра аамҭазы ииз ашәақәа жәпакы жәлар ирашәақәаны Аԥсынра иахыҵәеит. Усҟан жәларык еидызкылоз аԥсадгьыл ахьчара аидеиа акәын изыхшоз урҭ ацәаҳәақәа. Тото Ҭарашь-иԥа, аибашьра аамҭазеиԥш аҭынч ԥсҭазаараҿгьы иҟазар ахәҭоума амилаҭ зегьы иеицыртәу аидеиа?

Марина Жиба - Sputnik Аҧсны
Марина Жьиԥҳа: ашәа аныҟам, саргьы сыҟам

- Есқьынагь. Ԥымкрада. Уи еиԥш агәаҳәара ыҟамкәа ашәа ишьа амаӡам. Ашәа ма гәырӷьара дуӡӡак иахылҵуеит, ма гәыԥжәара дуӡӡак иахылҵуеит. Изыҩуа изы иԥсадгьыл иаԥырхогоу аҭагылазаашьақәеи ауааи ирацәаны ашәа ирҭоит. Аӡәы имҳәааит ианакәызаалакгьы унадыххыланы ашәа аҩра мариоуп ҳәа. Уи ус баша ахала иҟало усым, еснагь иамоуп аусхыр. Иаҳхысыз аамҭақәа санрызхәыцлак, еилыскаауеит иахьа уажәраанӡагьы аҭабиақәа рҿы иҭахаз ҳаҷкәынцәа рыхьӡала ашәа аҳәара сшаҿу. Сара урҭ ирызку аҩра сзаҟәыҵраны сыҟаӡам, иага исҭаххаргьы, сзаҟәыҵӡом.

- Сара дунеихаан сгәы иаанагомызт аибашьра ашьҭахь аԥсуаа иҳауз аидымгылара, аиҵашьыцра ҳауп ҳәа. Аԥсуаа зегьы сара сзы аӡә роуп, инеилых-ааилыхны избаӡом аҟнытә, иахьа ҳаԥсҭазаараҿ акәыз, аинтернет аҟны акәыз иҟоу аҳәынҵәеиқәҭәарақәа даара сгәы сдырхьуеит. Ииашоуп, зегьынџьара иуԥылаӡом ари аҩыза ахымҩаԥгашьа, аха зегьакоуп, милаҭк раҳасабала еицаҳхаагаз аҭоурых ӷәӷәа аҳаҭыр азы ҳара-ҳара ҳабжьара аиҵашьыцра зынӡаск иаҭыԥымзар ахәҭоуп. Дазусҭазаалак иага угәы нирхаргьы, аԥсуара иахәо ҟаиҵозар – уи иашьаҵас дбалатәуп.

- Тото Ҭарашь-иԥа, шәара шәҟазаратә ԥсҭазаараҿы кыр иаԥсоу ашәақәа жәпакы аԥышәҵахьеит. Иахьатәи аамҭазы иеиҵагылаз абиԥара ҿыц иаԥырҵо ашәақәа рзы шәгәаанагара шәҳәар сҭахын.

Радима Джикирба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аԥхьарцарҳәаҩы Џьыкырԥҳа: ашәа угәаԥхарц азы, аҵакы еилукаауазароуп

- Аҿар гәыбӷан рыҭара сара схы исзаҭәашьаӡом. Урҭ гәыла-ԥсыла, агәаҳәара рыманы аҟазара иахьаҿу гәырӷьара дуӡӡоуп. Аха ашәа амелодиа акы аҳәо, иагәылоу даҽа ҵакык аҳәо ианыҟоугьы ҟалалоит. Убри аҟнытә, еснагь иаҭахуп аҵара, ахы аус адулара, амаашьара. Аиашазы, аҵыхәтәантәи аамҭазы даара уеигәырӷьартә акомпозиторцәа ҿарацәа аӡәык-ҩыџьак ҭыԥк аҟны инымхакәа, рҵара аизырҳара иаҿуп, ашәа ссирқәагьы аԥырҵоит. Дазусҭазаалакгьы дацәымшәааит аԥсуа ашәа аҩра. Ԥсышәала ииашаны ақәыӷәӷәара узыҟаҵар, уи ииашаны ишыҟаҵатәу уцәа ианырыр, усҟан ашәагьы ԥшӡахоит. Ҳара ҳҿар, хымԥада, абаҩхатәра дуӡӡа рылоуп, ирзеиӷьасшьоит арҿиаратә гәацԥыҳәара.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0