Ақыҭа аасхәоит, изҭиуада?

© Sputnik / Томас Тхайцукаԥсуа қыҭа
аԥсуа қыҭа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ақыҭа ҿар гәыҵхас ирымоу атәы дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Аинар Ҷыҭанаа.

Уаҵәы иубар, иаахә

Иахьа ақалақьтә "ҭауадцәа" џьоукы-џьоукы урзыӡырҩыр ақыҭа ҿар "ацивилизациа" ахаан изахьымӡаратәы иагхахьазаап. Уи азмырхакәа рыбӷақәа ԥҵәартә аҟынӡа иҵыргазаап ақыҭаус ацәаашьарагьы. Ақыҭа школқәа ирҭо аҵаҩцәа ракәзар "ахәышҭаара бызшәа" амацара рҽалагӡаны ганрацәалатәи аҵарааӡара иалхәыдазаап. Ажәакала, уахьгьы иҟамкәа арахьгьы иҟамкәа иабжьахазаап.

Прогноз - Sputnik Аҧсны
Анхаҩы: ақыҭа агәыгәҭажьра ҳаҟәыҵаанӡа ҳара ҳзыҿиаӡом, ҳзеиқәхаӡом

Убри аҟароуп ақыҭатә бжьаратә школ иалганы иреиҳау аҵараиурҭа изымҭалаз аушьҭымҭацәагьы ирлахьынҵоу. Урҭ аамҭа кьаҿк иалагӡаны, қәҿиара дула рсоциалтә ҩаӡара нкаԥоит ажәлар рҟны "агьалдызцәа" захьӡу аилазаарахь. Аԥеиԥш лашазы ирыдырҳәалоз агәыӷрақәагьы аԥслымӡ илашәаз цәыкәбарны илабжьахәашоит уи аминуҭазы.

Ақыҭа ҿар рлахьынҵазы ари аҩыза аилкаасахьанҵа аҵабырг иахьынӡазааигәоу еилкаахарц ихымԥадатәиуп актәи ахаҿала уи азхьаԥшра. Бла иабо хы иаԥсоуп рымҳәои. Ҳарзааҭгылап ақыҭараҿы ииз, уа изызҳауа абиԥара қәыԥш рыԥсҭазаашьа аганқәа. Еилаҳкаарцгьы ҳҽазаҳшәап харантәи ацҳара иазҟазоу, ақалақь аҟны итәаны аԥсуа қыҭақәа реиқәырхара иазықәԥо "апатриотцәа" ахьынӡаиашоу.

Нанду лажәабжьқәа: аԥсҭазаара уадаҩ захьӡыҵәҟьоу

"Аҳәынҵәа ршьышьуа сабанӡатәазаауеи" - адогмак аҳасабала абарҭ ажәақәа роуп иуаҳауа ақыҭа иалҵны ицо аҿар рҟынтәи.

Сгәанала ақыҭа аҵакы аилкаара маҷк аҽеиҭанакит ҳара ҳаамҭазы. Аԥсҭазаараҿы ухы акы алухыр уҭахызар, агәаҩа уҭыҵны узцозаргьы уцала ҳәа ҳанаҳәоит ҳаҩныҵаҟантәи иааҩуа абжьы, ақыҭаҟны ииз, иааӡаз џьоукы-џьоукы. Ари ааԥхьара аҿаԥхьа аџьынџь агәыбылраҵәҟьа мчыдазаап. Уи дырҵабыргуеит аԥсуа қыҭақәа рҟны еиҳа-еиҳа зхыԥхьаӡара иацло ақьаԥҭақәа.

Жәпаҩылатәи "ашьапҽаргара" иамоуп акымкәа-ҩбамкәа амзызқәа, аха зегь раасҭа ихадоу ҽыҵгоуп ақалақьахь "амҳаџьырра" зхы ақәзыршәаз ауаа рзы ақыҭаҟны аусурҭа ҭыԥқәа рыҟамзаара.

Чайка на горе мусора - Sputnik Аҧсны
Хәмар-хабыҟә: ҳабананаго ҳаԥсабара ҭазырхо амҩа?

Аиашазы, ҳара ҳҭагылазаашьаҟны ас зҳәо ираҭаукышагьы ыҟамзар ҟалап. Ауаҩы цәаҩала убас деиҿартәоуп, иара еиҳа иахьизеиӷьхаша, еиҳа иԥсы ахьеивигаша аҭыԥ ауп дзышьҭало. Иааҟәымҵӡакәа адгьыл ацрыхара зылшо маҷхеит иахьатәи "ацивилизациатә аамҭазы". Ма бзабаак ауаҩы иԥылозар акы иамусуп. "Хандеи-хандеи: ԥыла ыҟам" ҳәа ақыҭауаа рхаҭа рыԥсҭазаашьа иахлафаауеит.

Ақыҭа ԥсҭазаара иара усгьы аҽыҩ цыркьеиԥш ишьацәхнысло иахьнеиуаз даҽа "ҳамҭа" ҟаимаҭкгьы азыԥшызаарын: цас иауазшәа имыждараха иаацәырҵит амармалташьтә пты. Аамҭа убас иаҟазшьоуп, уажәы-уажәы ицәырнагоит алахьынҵаӡбара зхахьы изгаша афырхацәа. Аха аамҭа апты акандидатура аҿырԥштәала икылнакааит ҳәа ҳҳәар иагьҵасым. Уи ҳәарада "ифырхаҵоуп", аха ақыҭауаа рзы акәым – зҭоурыхтә џьынџь згәы азыбылуа, гәыкала аиқәырхарагьы иазгәышьуа "амҳаџьырцәа" рзы.

"Хамыжә, уҽдыр": иахьакәзаалакгьы – ҳара иаҳтәу

"Ачаала" иаҿашәеит ақыҭанхамҩа зегьы, аха ҷыдала хьаа ӷәӷәаны ақыҭауаа ирнырит ашықәси-ашықәси рыбжьара ԥсеивгагак ирзаҩызаз араса аиаӡаара.

Ииашоуп, қыҭақәак рҟны ажь, ашәыр, ауҭраҭых уҳәа, абизнес аҳасабала наплакқәак ыҟақәоуп. Аха аӷьыраџьара анхаҩцәа рхатәы аарыхра зегьы аӡы иаӡәӡәазшәа хык иқәҵамкәа иаанхоит. Телехәаԥшрала лассы-лассы иҳаҳалоит ақыҭақәа рахь араса шьапқәа рыхәышәтәраз " абри аҟара" машьына, "абри аҟара" усуҩцәа нацҵаны ишьҭын ҳәа. Ирышьҭыз иахьырышьҭыз сара исыздыруам, аха сқыҭаҿы аӡә дааны акы ихәышәтәит ҳәа лымҳаҭасныгьы исмаҳацт.

Девушка с телефоном - Sputnik Аҧсны
"Like абиԥара": изеиԥшроузеи иахьатәи "ҳҭоурых"

Ииашоуп, апты аԥыхразы акгьы ҟамҵакәа ҳҿи-ҳнапи еиқәыԥсаӡангьы ҳтәаӡам. Иҟоуп убри аиԥш маҭәарк - ауаатәыҩса ргәы иаҭахымгьы дзырҟаҵо, аҭахызар аҵлагьы ихазгало. Уи аҟәрышь ауп. Иҳәазаны инеиуаз апты иаӷрагыланы ашьра иацәаашьоз ауаа, аҟәрышь азы кьылала рыкра ҳалагеит. Ҳара ҳхатә ԥсабара, ҳара ҳхатә қыҭанхамҩа аиқәырхаразы ҳара-ҳара ҳаибаахәеит… Ахьанҭаразы ақьырмыт ԥҽыхақәа аҵаҵаны зхатә ҳәынҭқарра афҩыгара аазырхәоз ауаа ракәзар, ҷыдала ҳнапқәа рзеинаҳҟьар ҳахәҭоуп. Аха ари, сгәанала, иџьашьатәӡам. Илауҵаз ауп иааурыхуа ҳамҳәалои. Ҳаицҿакны "афҩыгара" ауп алаҵара ҳазҿу, нас иааҳрыхраны ҳаҟааз?

Шықәсқәак ҵуан схәыҷрашықәсқәа ахьымҩасыз аӡиас аҟәара ахи-аҵыхәеи еимысымдеижьҭеи. Даҽа ԥыҭрак ҵызҭгьы исыбаргәыз... Иарбан гәамсам хку уа исԥыхьамшәаз, аихаҷамаҷа инаркны ақьаадлых аҟынӡа. Адунеитә еилазаара ҳаԥсабара ҳшалахәмаруа дырбазар, иҟалап аԥсабара ашьцәа ҳәа ашьауӷа ҳақәырҵар. Даргьы хазынақәак ахьракәым аҟнытә, аԥсуаа ҳажәа ишалоу еиԥш "иҳаицәоу данаҳхычча – аԥсра аиҭаԥсра" ами иаанаго .

Зыԥсҭазаара зегьы заԥхьа ишьҭоу ақәыԥш ари аҩыза анышәара, шамахамзар иҭаххаӡом. Аха иҿара ҳасабс иганы ахәшьара аҟаҵарахь даниаслак, иара еиликаауеит аҭагылазаашьа арҽеираҿы дшымчыдоу. Убри аҟнытә анышәара иақәшаҳаҭым изынхо акызаҵәык ауп – ашьапҽаргара. Арыцҳаразы абас иҟоуп аҭагылазаашьа.

Ажәабжьқәа зегьы
0