Досу ианиашьа ихаҵашьоуп

© Sputnik / Томас Тхайцукапоет Таиф Аџьба имшынҵа "Ԥшӡала иаҳзырша" иалху аспектакль
апоет Таиф Аџьба имшынҵа Ԥшӡала иаҳзырша иалху аспектакль - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хабарда ибжьаӡыз апоет Таиф Аџьба имшынҵа "Ԥшӡала иаҳзырша" иалху, арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа иқәлыргылаз аспектакль илзыннажьыз лцәаныррақәа ртәы дырзааҭгылоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр дырҩагьых аԥарда аатит. Мшаԥымза 11, 12 рзы имҩаԥысит хабарда ибжьаӡыз апоет Таиф Аџьба имшынҵа "Ԥшӡала иаҳзырша" иалху, арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа иқәлыргылаз аспектакль апремиера.

Ишдыру еиԥш, амшынҵа шьақәгылоуп иԥиоу ажәаҳәала, араҟа иҟаӡам аиҿцәажәара, адраматургиа злеибыҭоу ихадоу амарҭхәқәа. Даара иуадаҩу усуп, ус еиԥш иҟоу адокумент атеатр азы арҿиамҭа алхра. Асценарист Занда Какалиаԥҳа абри аус хьанҭа лнапы иҵылхит, иалкааны аӡәгьы дӡыримгазаргьы. Аинсценировка иалагалан амшынҵаҿы иҟамыз, аха заа ицәа ианырны апоет ииҩхьаз, иахьатәи ҳаԥсҭазаара ахаҿра аазырԥшуа ажәеинраалақәа. Иҟалап урҭ рыдагьы, аспектакль харҭәааны изыҟамларгьы. Апоет аибашьра анцоз ииҩуаз амшынҵа, ҳара ҳаибашьра иаҭоурыхуп, убри аҟынтә Таиф ихаҭа ишиҳәаз еиԥш "аҭоурых ҭоурыхуп, ишыҟоу ианҵатәуп". Араҟа аинсценировка автори арежиссиори апоет итекстқәа ирывымсит, иалагало Ҭамара Шьаҟрылԥҳа лмонолог заҵәык ада.

© Sputnik / Томас Тхайцукапоет Таиф Аџьба имшынҵа "Ԥшӡала иаҳзырша" иалху аспектакль
апоет Таиф Аџьба имшынҵа Ԥшӡала иаҳзырша иалху аспектакль - Sputnik Аҧсны
1/3
апоет Таиф Аџьба имшынҵа "Ԥшӡала иаҳзырша" иалху аспектакль
© Sputnik / Томас Тхайцукапоет Таиф Аџьба имшынҵа "Ԥшӡала иаҳзырша" иалху аспектакль
апоет Таиф Аџьба имшынҵа Ԥшӡала иаҳзырша иалху аспектакль - Sputnik Аҧсны
2/3
апоет Таиф Аџьба имшынҵа "Ԥшӡала иаҳзырша" иалху аспектакль
© Sputnik / Томас Тхайцукапоет Таиф Аџьба имшынҵа "Ԥшӡала иаҳзырша" иалху аспектакль
апоет Таиф Аџьба имшынҵа Ԥшӡала иаҳзырша иалху аспектакль - Sputnik Аҧсны
3/3
апоет Таиф Аџьба имшынҵа "Ԥшӡала иаҳзырша" иалху аспектакль
1/3
апоет Таиф Аџьба имшынҵа "Ԥшӡала иаҳзырша" иалху аспектакль
2/3
апоет Таиф Аџьба имшынҵа "Ԥшӡала иаҳзырша" иалху аспектакль
3/3
апоет Таиф Аџьба имшынҵа "Ԥшӡала иаҳзырша" иалху аспектакль

 

Избазеи сызхәаԥшуаз аспектакль аҿы? Абжьааԥны аибашьра ахаҿра аарԥшразы рхы иадырхәо абзазаратә шәыгақәа ыҟамызт араҟа. Иаҳҳәар ауеит "Ԥшӡала иаҳзырша" аметафоротә ҟазшьа змоу театртә усумҭоуп ҳәа.

Аспектакль аҿы Таиф ихаҿра нарыгӡоит ҩыџьа. Аӡәы, адәахьала иҭынчны иаҳдыруаз апоет дааирԥшуан актиор Рауль Ақаҩба, аҩбатәи- здунеи еилаҩынтуаз, згәы еибафоз, афилософиатә уаажәларратә поезиа зырҿиоз Таиф ироль дыхәмаруан актиор қәыԥш Гәыдал Ҳагба. Апоет иԥшәмаԥхәыс- Римма лроль, - ҳадылгалеит Камма Инаԥшьԥҳа.

Таиф Аджба с супругой Риммой Когония - Sputnik Аҧсны
Аибашьра иахәхаз аромантик

Иуадаҩуп, ауаажәларра иргәалашәо апоет ихаҿсахьа аԥҵара, аха атеатртә усумҭа уи портретӡам, уи хаз иалкаау рҿиамҭоуп, убри аҟынтә, араҟа иаҭахуп апоет адәахьтәи исахьеиԥш, иҩныҵҟатәи адунеи аҽазааигәатәра, насгьы аибашьра ахаҭа ахаҿра асимволтә ҟазшьа змоу арежиссиортә шәыгақәа рзыԥшаара. Абарҭқәа рылшазшәа збоит апремиера ҳадызгалаз аколлектив. Дара асценаҿы оркестрҵас аус руан, аперсонажцәа уажәы, уажәы еиуеиԥшым асимволқәа раарԥшра уалны ирыдны. Аибашьра асахьа аарԥшразы арежиссиор -ақәыргылаҩ даламгаӡеит автоматла ахысреи, ашьакаҭәареи реалтәла раарԥшра, уи иахьатәи аамҭазы уамак уздызхало хырхарҭам.

Сгәанала, аспектакль аҿы Таиф ихаҿсахьа ҩыџьа иахьаадырԥшуа апоет акыр изааигәоуп, иара ихаҭа иажәеинраалаҿы иазгәеиҭахьеит "Сҭынчра закә ҭынчроу, здыруа са сҭынчроуп" ҳәа.

Аибашьра амшынҵа асахьа аҭыхразы арежиссиор илхәыцит аҟәардәқәа рыла ауаа мҩанызгоз адәыӷба, астол асахьа змоу иҭахоз ахьеиқәыркуаз, гәыӷра шәкы змаз апоет иҩуаз ажәеинраалақәа дахьрыԥхьоз амаҭәар. Ари зегь сахьаҭыхҩыс даман Витали Қацәба. Апоет дшыҟаз еиԥш Рауль Ақаҩба дҭынчын, Гәыдал Ҳагба иакәзар, еилаҩынтуаз, ицәқәырԥоз Таиф иакәны даҳирбоит. Аспектакль аҿы Кама Инаԥшьԥҳа зегь реиҳа иԥсабаратәу шәыгала аус луан, илыхәмаруаз аԥҳәыс акыр дылзааигәаны.

Лорка илахьынҵа зԥеиԥшыз: Таиф Аџьба диижьҭеи 80 шықәса ҵит

40 мшы инарзынаԥшуа Таиф ииҩуаз имшынҵа атеатртә рҿиамҭа алхраҿы, арежиссиор илхамышҭит апоет инапҩымҭ́акәа дрышьҭаланы иусурҭа ҭыԥаҿы даннеиз ибла иабаз. Акультура ахәаҽра иасимволны адашьма иқәжьын аԥсуа шәҟәқәа. Абри асахьа мацара адагьы аҭахума, агеноцид ҳзызурц иааз рыгәҭакы аарԥшразы.

Даара сгәы дҭашәеит актиор Гәыдал Ҳагба. Макьана дқәыԥшуп, иҟалап ицәыриго ацәалашәарақәа ршыкьбжьы ҳаракызар, аха апластика аганахьала дышхәыдам убоит, уи иныҟәашәа, ифархь бџьар ала иеибашьышьа уҳәа, акыр дыгәныукылартә дыҟоуп.

Поэт Таиф Аджба на сухумском причале. - Sputnik Аҧсны
Амҩа иқәуп Таиф Аџьба ицәаҳәа

Исыздыруам апоет Таиф Аџьба ари аспектакль ибар ииҳәашаз, уи бзиа ибомызт ихьӡ иалкааны ирҳәар, аха сара иара дшыздыруаз ала, аспектакль ахаҭа иара иеиԥш абжьы мырдукәа иҟан, ихырку амузыка леитмотивс иаҭаны.

Ахәаԥшҩы изы игәаӷьыуацәан аспектакль анцоз анапеинҟьара, избанзар асценаҿы ииасуаз аԥсҭазаара бжьыҭгала акәымкәа иҭышәынтәалаз шьҭыбжьыла еибыҭан. Амассатә сценақәа ҳәа изышьҭоу сырзааҭгылозар, иалыскаауеит Борис Гәыргәлиа иԥа Абзагә данҭаха иԥсыбаҩ аныргозтәи асцена, иара убас, Таиф машәыршәа дзықәшәаз Еҭери Коӷониаԥҳаи уи лнапы лзеинызҟьоз ахәаԥшцәеи ирызку ахҭыс иазыԥшааз арежиссиортә цәаҳәақәа.

Аспектакль мҩасит, ахьаа зцу апоет ибжьаӡра иасимволны. Хымԥада, иҟоуп актиорцәеи арежиссиори зызхәыцша, еиҳаркгьы ражәаҳәатә культура иҵегьы иԥсабаратәу аинтонациа азыԥшаара аганахьала, аха атеатр здыруа ишазгәарҭо еиԥш, аспектакль ҿиоит ахәаԥшҩы иахь ицәырццыԥхьаӡа.

P.S: Аспектакль цон ҩымш, ахәаԥшҩы дагмызт. Ииашоуп, еснагь еиԥш змобилтә ҭелқәа зызмырцәо, ианакәым игыланы идәылҵуа умбарц залшомызт, уи азы иаҭахуп акыраамҭа атеатртә етикет ҳәа изышьҭо аларҵәара. Мшаԥы 12 руха сеиҭанеит аспектакль ахәаԥшразы, уи анҵәара 15 минуҭ шагыз азал иҩналаз атеатр арежиссиор Жәлар рартист Валери Ақаҩба ишә кыдҵашьеи "Это ужасно, это ужасно",- ҳәа имонологи слымҳа иахьҭыҩуаз атеатраҿ макьана шҭынчымрахо азы агәҩара соуит. Сывараҿы дтәан зактиорцәа ажәҩан ихагаланы ирыхцәажәо РУСДРАМ ахада Иракли Хынҭәба. Убас дыҟоуп азоуп, иара итеатр кәапеишәа изҭәу.

"Ԥшӡала иаҳзырша", иҳәеит Таиф аамҭа уадаҩ ҳанҭагылаз, алҵшьак ҟалап ҳәа дгәыӷуан азы.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар алшоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0