Быжьшықәса ибжьаӡны иҟаз: зыҩныҟа амҩа зхамышҭыз акамбашь Бақәыль аҭоурых

© Sputnik / Томас ТхайцукАкамбашь
Акамбашь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥстәқәа лассы-лассы ауаҩытәыҩса оумашәа иибаша, зеилкаара ицәыуадаҩу ахымҩаԥгашьақәа аадырԥшлоит. Убас, Sputnik Аԥсны аколумнист Аинар Ҷыҭанаа игәылацәа ркамбашь иадҳәалоу ахҭыс шәыдигалоит иахьатәи ианҵамҭаҿы.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Зегь рыгәҭаны аиара

Акамбашьхарҵәы, мамзаргьы ажәхарҵәы? Ақыҭа фатәы абзиабаҩцәа лассы-лассы ирызцәырҵуеит ари аҩыза аимак. Аӡәы бзиа ибоит "иԥсылоу", угәы зырҭәуа, еиҳаракгьы ашоура аныҟоу "ибзианы иҭало" акамбашьхарҵәы. Даҽаӡәы уи игәы иқәгылом аҟнытә, мыцхәы ихьанҭоуп ҳәа азыԥхьаӡаны иалихуеит аҩбатәи, еиҳа иласу авариант. Ажәакала, агьамақәа, еснагь еиԥш, ахарҵәы азҵаараҿгьы рҽеиҟәыршоит.

Щенок  - Sputnik Аҧсны
Ари аҩыза сымбацт: кыр аамҭа ласбак шысзымааӡаз

"Нҵатәыс акы иаԥсам" ҳәа ажәеицааира ауаҩы иганахьала ахархәара рацәак иманшәалам, аха арахә лассы-лассы ираҳауеит арҭ рҩызцәа "ажәа хаақәа". Ари аҟазшьарба заманала ианаалоит, иаҳҳәап, акамбашь мхҭала, аандақәа рҽны, шықәсдуӡӡактәи анхаҩцәа рнахандеи сааҭк ала иқәызхуа. "Акамбашь ахәыл абон, аанда абаӡомызт" ҳәа зырҳәогьы абри азоуп. "Абгақәа уеимырхааит", "уцәа ухыҵааит" реиԥш иҟоу "азеиӷьашьарақәа" ари аҩыза акамбашь иагхарым, зымхы ықәнахуа иҟнытә еиԥш, аԥшәма иҟынтәигьы. Аӡәы ирыцҳара аҽыҵгахара зҭахыда иахьатәи аамҭазы?

Арахәгьы ауаа реиԥш ҟазшьала еиԥшӡам. Акы еиҳа иқьыԥшытуп, ахатә гәаанагара аарԥшра иашьҭаӡам, зегьы ирылаӡоит. Даҽакы еиҳа иџьбароуп, џьаргьы ахы арӡӡом, зехьынџьара ижәылоит. Ус еиԥш иҟоу аԥхьагылацәа егьырҭ арыцҳақәа хҭаркуеит, ирыладыргылаӡом, ирыпҟоит.

Ажәакала, ауаа реилазаара аҟнеиԥш аиҳабра аимакра арахә реилазаараҿгьы ҵыхәаԥҵәарада имҩаԥысуеит.

Аха уажәааигәа сгәыла Кобахьиак икамбашь иаанарԥшыз ахымҩаԥгашьа егьырҭ зегьы уханаршҭыртә аҟара иџьашьатәуп. Уи мзызс иамоу аилкааразы зыӡбахә сымоу акамбашь иахҭысыз аҭоурых ахы инаркны ҳагәылаԥшып.

Ани аԥеи - Sputnik Аҧсны
Ҳаржьон: ҳхәыҷра иазынхаз аԥсҭазааратә "лакәқәа", насгьы урҭ рыда аԥсҭазаара

Уахьцо уаалеит

2012 шықәсазы "Бақәыль" раԥхьаӡакәны еимгәахеит. Аԥшәмацәа абат хәыҷы ишазыԥшыз акамбашь аҩныҟа имаауа ианалага, ишынҭаацәаз аԥшаара рҽазыркит. Акамбашьқәа абжьааԥны хара аныҟәара рдыруеит, џьара икыдхалазар акәхап ҳәа ԥыҭраамҭак ргәы рҟажон, иашьҭыҵуамызт. Аха мыз дуӡӡак Бақәыль ахабар аныҟамла, рыцҳарак ишақәшәаз аҟара еилыркаан, гәаныла рхаҵкы ирышьҭит аԥшәмацәагьы.

Уи аахыс ицеит ҩышықәса. 2014 шықәсазы, ԥхнымшык аҽны Бақәыль аӡмах ахьтата, арзаақ ихәаауа агәашә иаалагылеит. Азныказы аԥшәмацәа ирызхамҵеит раԥхьа игылаз ҩышықәса раԥхьа ирцәыӡхьаз ркамбашь шакәыз, аха ӡы хьшәашәала икәабаны ианахәаԥш – ркамбашь ахы аахҵәа. Насгьы алымҳаҿы иамаз аԥҟарсҭақәеи, ахьӡ ҳәаны ианазҿуҭауз ахы ишҩахози рыла иара шакәыз ҩашьарада еилкаан.

Аха Бақәыль кыр аамҭа аангылара агәы иҭамзаарын. Анкьатәи аԥшәмацәа ԥсышәак наранаҳәеит аҟароуп, дук мырҵыкәа дырҩегь иабжьаӡит. Кобахьиаа ԥыҭраамҭак ирыԥшаауан ркамбашь, ааигәа-сигәа иҟоу ақыҭақәа рахьгьы ицеит-иааит, аха џьаргьы ашьҭа рзымԥшааӡеит. Усҟан, раԥхьа ианыӡыз ишыҟарҵаз еиԥш, аҩынтә раангьы гәаныла рхаҵхы ирышьҭит.

Ицеит даҽа хышықәса. 2017 шықәсазы ари акамбашь дырҩегь ихынҳәит Кобахьиаа рахь, аха уажәазы еимгәаны, ишхьара ишыҟаз. Дара, ҳәарада, иџьаршьеит иҟалаз ахҭыс, аха ркамбашь хышықәса раԥхьагьы иднарбахьан агәы шырзыбылуа, иахҭыслакгьы аҩны шахамышҭуа. Убри аҟнытә аԥшәмацәа ари аҩыза асценари иазыхиан ҳҳәар ауеит.

Абрыскьыл иҳаԥы - Sputnik Аҧсны
Шәхы лашәырҟәла: Отаԥтәи аҳаԥы сышҭалаз

Арсҟаамҭа иҟамыз акамбашь анкьатәи аҩызцәа ирыцәҟьалахьан аҟнытә ԥыҭраамҭак ирышьцылаанӡа аԥшәмацәа абнахь иаццон, акры аҿарҵон, иахылаԥшуан. Уаха ианыхынҳәлакгьы егьырҭ идмыршәарц азы хазы аҭраҿы иҭакны ирыман. Аха мышқәак рыҩнуҵҟа ихьараны ишыҟаз Бақәыль ахынтәраан аҩныҟа имхынҳәӡеит.

Сахьааиз сыҟоуп

Аԥшәмацәа ргәаанагарала акамбашь аханатә аӡәы иӷьычит. Аха ишыҟалаз здыруада, дымхәыцӡакәа ааигәа-сигәатәи қыҭак иатәыз нхаҩык иираахәазар акәхап аҟнытә, акамбашь аҩны гәакьахь амҩа агәалашәан, ахала ихынҳәны иааит. Уи ашьҭахьгьы ауаҩы инапхы цәгьа аламкәа арсҟаамҭа акамбашь аҩны ахашҭрымызт, аха инагӡаҵәҟьаны иҟалаз ишыҟалаз аӡәгьы издырӡом.

Ицеит даҽа ҩышықәса… Ааи, мышқәак раԥхьа Бақәыль мызкы зхыҵуа абат хәыҷы аварԥало Кобахьиаа ргәашә иаалагылеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0