Ҩ-занааҭк рыбжьара: ашәаҳәаҩ Анзор Адлеиба дышрежиссиорхаз

© SputnikАнзор Адлейба
Анзор Адлейба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәаҳәаҩ, арежиссиор Анзор Адлеиба иԥсҭазаара шьаҭанкыла изыԥсахыз ахҭысқәа ртәы Sputnik акорреспондент Аинар Ҷыҭанаа иматериал аҿы.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Раԥхьатәи аԥышәара

Ашәаҳәаҩ, арежиссиор Анзор Адлеиба диит аишьцәа ааҩыки ҩыџьа аиҳәшьцәеи ахьыҟаз аҭаацәара ду аҟны, Ҷлоу ақыҭан. Аҩбатәи акласс дантәаз иҟалеит аҷкәын иԥсҭазаара зегьы шьаҭанкыла изыԥсахыз ахҭыс. Аҟазараҿы агәырҵҟәыл змаз ахәыҷқәа ралԥшааразы аҽны Ҷлоутәи абжьаратә школ иаҭааны иҟан аԥсуа композиторцәа: Кәасҭа Ченгелиа, Константин Бганба, Тото Аџьапуа. Класск аҟны аҵара еицызҵоз аҷкәынцәа гәыԥҩык арҵаҩцәа руадахь ишыргоз анеилыркаа, абжьааԥны ари аҩыза "ааԥхьара" ишадыруаз еиԥш рлымҳақәа дырҵәиуаз џьыршьан, ргәы нҭыԥсааит.

Константин Ченгелия - Sputnik Аҧсны
Ченгьелиа: иаԥысҵарц исҭаху рацәаӡоуп, уи сыԥсы ахьынӡаҭоу саҿызаауеит

Анзор излаигәалаиршәо ала, иҟаиҵалакгьы игәыхыҭхыҭра аиааира илымшаӡеит аҟнытә арҵаҩцәа руадахь инацәкьыс иҿы ишҭакыз дыҩналеит. Ари збаз Кәасҭа Ченгьелиа ажәа ҿацала дахьирхәит аҷкәын ихымҩаԥгашьа. Уи даҽа зныкгьы агәра инаргеит аҽныжьыбжьон ара иаԥшьгаз аизара бзиарак ишазҳәамыз.

Аха Анзор игәы ишаанагоз еиԥш арҭ изымдыруаз ахацәа ахәыҷқәа "рыфара" акәмызт ргәы иҭаз, амузыкаҿы аҟыбаҩ злоу ралԥшаара акәын. Аԥсуа ҟазара акорифеицәа акарандашь астол иаақәырсуа, апианино аҟны ихәмаруа, ахәыҷқәа зегьы еиуеиԥшым аԥсуа шәақәа ддырҳәеит, иадырԥхьеит ажәеинраалақәа. Аҵыхәтәантәи аҟны Анзор ҷыдала дыӷәӷәан аҟнытә аԥсуа поезиа еиԥш аҳәаанырцәтәи ашедеврқәа раԥхьарала илиршеит "ажиури" иаразнак рхыхра. Қәҿиарала ашәаҳәара "акастинггьы" данахыс, иара иарҳәеит хара имгакәа Аҟәаҟа аиасра иҽазирхиаларц.

Анзор иҭаацәа ираҳаз ажәабжь азныказ иааиҵанарӷәӷәазаргьы, иара ишизеиӷьхоз еилыркаан, "ааи" ҳәа аҭак ҟарҵеит. Уажәы амузыкатә школ ахьыҟоу ахыбра акәхеит аҷкәын инхарҭа ҿыц. Шықәсык аҩныҵҟа Анзор иҭаацәа ес хәаша ишьҭаланы Аҟәаҟа иаауан, аха маҷк даныҩеидас ихала адәыӷба дақәтәаны аԥсшьара мшқәа рзы Ҷлоуҟа дныҟәон. Музыкатә рҳәагас изалырхит аскрипка. Ахыбраҿы меигӡарах ауадақәа ахьыҟаз, цас иауазшәа аҷкәын иқәшәеит зегь раасҭа илашьцаз аҵыхәтәанӡатәи ауада, аха иара ари аԥышәарагьы хаҵаҵас аиааира илшеит. Анзор Адлеиба иахьанӡагьы игәалашәоит ашә аҟны ианыз аномер "20", аха уи уажәшьҭа илахь еиқәнаҵаӡом

Ари ашкол аҟны ирацәан аус зуаз еиуеиԥшым асекциақәа. Анзор дмаашьаӡакәа хәыҷык-хәыҷык зегьы иҽырзикит, далан зхы иақәиҭу ақәԥара, аҭаҷкәымҟьара, амаланыҟәатә спорт уҳәа. Аха ашәаҳәаҩ ихаҭа излаигәалаиршәо ала, аспортсменхара ахаангьы хықәкыс имамызт, баша аԥсҭазааратә ԥышәа ирҳауан аҟароуп. Гәаныла арԥыс иӡбахьан иԥсҭазаара ззикуа аҟазара шакәхоз.

© Foto / предоставлено Анзором АдлейбаАнзор Адлейба
Ҩ-занааҭк рыбжьара: ашәаҳәаҩ Анзор Адлеиба дышрежиссиорхаз - Sputnik Аҧсны
Анзор Адлейба

Атакси хәыда-ԥсада

1978 шықәсазы Анзор Адлеиба иԥсҭазаараҿы иҟалеит иахьа дзызгәдуны игәалаиршәо даҽа еибадыррак. Шықәсқәак иара иаасҭа еиҳабыз ашәаҳәаҩ Заур Зыхәба Анзор иашәаҳәашьа кыр игәы иақәшәан, зеиҿкаара игәы иҭаз агәыԥ иаргьы иҽалаирхәырц иабжьигеит. Дук хара имгакәа Баслахә ақыҭа акультуратә ҩнаҟны еиҿкаан ашәаҳәара-инструменталтә ансамбль "Аԥсилы". Анзор Адлеибеи Заур Зыхәбеи рыдагьы ари агәыԥ ҿыц иалахәхеит Ныгәзар Ҷкадуеи Русҭан Конџьариеи. Шәаҳәаҩык иаҳасабала Анзор Адлеиба ирҿиаратә мҩа "Аԥсилы" аҟны ауп иахьхацыркхаз.

 Рустан Конджариа  - Sputnik Аҧсны
"Уахаҟара быԥшӡаны бсымбацт": Русҭан Канџьариа ирҿиаратә мҩа

Иара уи ашықәсан аефирахь ицәырҵыз Аԥсуа телехәаԥшра агәыԥ аусураҿы ицхырааҩхеит, избанзар амузыкантцәа алшара роуит аҳәаанырцә имцаӡакәа рашәақәа Аԥсны аҭаҩразы. Анзор гәахәара дула игәалаиршәоит усҟантәи аамҭазы рҟазара иамаз азҿлымҳара. Иара иажәақәа рыла, лассы-лассы атакси аныҟәҵаҩцәа аԥара рымырхӡомызт, хәыда-ԥсада иахьырҭахыз иргон.

1981 шықәса инаркны 1983 шықәсанӡа ашәаҳәаҩ Хабаровск арратә маҵзура дахысуан аҟнытә, аамҭала аҟазара нижьыр акәхеит. Арра ихганы даныхынҳә аамҭазы агәыԥ "Аԥсилы" хыбгалахьан, аха уи аҭыԥан Заур Зыхәбеи иареи иаԥырҵеит "Дад" ҳәа хьӡыс изырҭаз ашәаҳәаратә коллектив ҿыц. Агитара арҳәаҩыс дара даарыԥхьеит амузыкант ҟаза Сергеи Колбасов, адаулқәа – Николаи Козаков. Агәыԥ ҿыц аԥхьантәи аасҭагьы ақәҿиара аманы аԥсуа естрада абжьы ҿацаӡа иаақәҩит.

Анзор Адлеиба иажәақәа рыла усҟантәи аамҭазы аԥсуа рҿиаратә гәыԥқәа рзы иуадаҩын ахәаԥшҩы иахь ацәырҵра, ақырҭцәа иҟарҵоз ақәыӷәӷәарақәа ирыхҟьаны. Аха Нури Кәарҷиа иеиԥш иҟаз ауааа асценахь аԥсуа шәаҳәаҩцәа рцәыргаразы амҩақәа рыԥшаара рылдыршон.

"Уажәы аестрадахь ацәырҵра мариахеит, аха усҟан афилармониаҿы ашәаҳәаразы кыр ахаԥсыра батәын, ус имариамызт уахь анеира. Аха анцәа ила иҟан убарҭ рҩызцәа ауаа, ауадаҩрақәа ирцәымшәакәа аҟазаразы кыр ахаԥсыра збоз. Урҭ еиҿыркаауаз аконцертқәа зегь рахь ҳаргьы ааԥхьара ҳарҭон, аицлабрақәа рҟны лассы-лассы аԥхьагыларагьы ҳаман", - игәалаиршәоит ашәаҳәаҩ.

Анзор Адлеиба иажәақәа рыла, аиҭаргылара (перестройка) аамҭа анаа агәыԥ "Дад" иаагәауҭартә ҭыԥк аҟны иаанҿасит, иацәыцәгьахеит ахәаԥшцәа рахь ацәырҵра. Усҟан Анзор Адлеиба агәыԥ ааныжьны Гаграҟа дцарц иӡбеит. Ашәаҳәаҩ аамҭала ирҿиара уаҟа иациҵон, аха Аџьынџьтәылатә еибашьра алагара шықәсык аҟара шабжьаз иара ӷәӷәала дычмазаҩхан, Урыстәылаҟа аҽыхәышәтәра дцар акәхеит.

Азанааҭ ҿыц

Атәым дгьыл аҟны Анзор Адлеиба аус мукәа кыр аамҭа дзынхомызт аҟнытә Ханты-Мансииск акультуратә хан аҟны аусура далагеит. Ашәаҳәаҩ иусура иҽахаршәаланы амагнитофонқәа рхархәарала аӡыргарақәа еиқәыршәаны ателехәаԥшрахьы ишьҭуан. Ателехәаԥшра анапхгара Анзор иҟаҵамҭақәа кыр иргәаԥхеит, иагьидыргалеит рредакциа аҟны аусура. Раԥхьа аус иуан ҭыхҩык иаҳасабала, нас монтажҟаҵаҩысгьы. Анаҩыс Санкт-Петербург ақалақь аҟны арежиссиор изанааҭ ала аҵара дҭаланы адиплом шьҭихит.

© Foto / предоставлено Анзором АдлейбаАнзор Адлейба
Ҩ-занааҭк рыбжьара: ашәаҳәаҩ Анзор Адлеиба дышрежиссиорхаз - Sputnik Аҧсны
Анзор Адлейба

"Аҵара ҳанҭалоз ҳара ҳахь шәаара хықәкыс иамозеи ҳәа иҳазҵааит. Усҟан саргьы саҿамхакәа срежиссиорхар сҭахуп ҳәа аҭак ҟасҵеит. Арежиссиорхара ҟалаӡом, ауаҩы ихаҭа дрежиссиорзар ауп. Ҳара ара ишәҳарҵо ишыҟаҵатәу акәӡам, ишыҟаҵатәым ауп. Убри ауп ателехәаԥшраҿы зегь раасҭа ихадоу ҳәа ҳарҳәеит дара", - игәалаиршәоит Анзор Адлеиба.

Борис Амичба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Амҷба Лиудмила Логәуаԥҳа илызкны: ашәаҳәара лгәы-лыԥсы, лшьа-лда иалан

Режиссиорк иаҳасабала Анзор Адлеиба Урыстәылатәи ателехәаԥшраҿы аус иуан 1994 шықәса инаркны, 2008 шықәсанӡа. Ари ашықәсан Урыстәыла аганахьала Аԥсны иаиуит азхаҵара. Усҟан, Анзор Адлеиба иҭаацәара ду аҟнытә инхаз иашьа заҵәи иареи рыԥсадгьыл ахь ихынҳәырц рыӡбеит. Ашәаҳәаҩ иажәақәа рыла "Ауаҩы дахьиз дхәарҭахоит" ҳәа ишырҳәо еиԥш, Аԥсуа телехәаԥшраҿы идыррақәа рхы иадырхәап ҳәа дгәыӷуан. Аха ара дахьааиз иҿаҿы ирымҳәазаргьы, ирԥшӡашәа иеилдыркааит аусура идгалара уамакгьы ишазҿлымҳам. Анзор иажәақәа рыла, ари аҭагылазаашьа џьашьахәыс имоуп иахьанӡагьы.

2013 шықәсазы Аԥсны ицәырҵыз апроект "Ашәа еицаҳҳәап" ахь ааԥхьара ирҭеит Анзор Адлеибагьы. Ари аицлабраҿы ашәа зциҳәоз Нара Ԥлиаԥҳаи иареи афинал аҟынӡа анаӡара рылшеит, иагьааныркылеит аҩбатәи аҭыԥ. "Ашәа еицаҳҳәап" абзоурала 20 шықәса раахыс аестрада иацәхьаҵны иҟаз ашәаҳәаҩ дырҩеигь асцена дазыхынҳәит.

© Sputnik / Томас Тхайцук Финал концерта "Споем вместе".
Ҩ-занааҭк рыбжьара: ашәаҳәаҩ Анзор Адлеиба дышрежиссиорхаз - Sputnik Аҧсны
Финал концерта "Споем вместе".

Лассы Аҟәа ақалақь аҩныҵҟа аефирахь ицәырҵраны иҟоуп ателехәаԥшра ҿыц. Анзор Адлеиба ари ателехәаԥшрахьы арежиссиор хада иаҳасабала аусура идыргалеит. Ашәаҳәаҩ, арежиссиор иажәақәа рыла гәахәара дула идикылеит ари ааԥхьара, дагьазхиоуп бзиа иибо ахырхарҭаҿы идыррақәа раарԥшра, Урыстәылатәи иусура инаҭаз аԥышәа иԥсадгьыл аҟны ахархәара.

Ажәабжьқәа зегьы
0