Габлиа: амилициа ахԥша аиҳабацәа рҟынтә иахәҭоу абжьгареи аԥышәеи ирхьыԥшуп

© Саида ЖьибаЛеонид Габлиа
Леонид Габлиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
36 шықәса амилициа иазааԥсахьоу, иахьа Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр иабжьгаҩ еиҳабыс иҟоу, Асовет еидгыла аамҭақәа раан аполковник ичын заухьаз Леонид Хәаҭхәаҭ-иԥа Габлиа иаҳзеиҭеиҳәеит азинхьчаратә усбарҭақәа рҟны иусура атәы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Леонид Габлиа Бзыԥҭатәи абжьаратә аԥсуа школ №1 даналга, Қарҭҟа дрышьҭуеит аррамаҵура дахысырц. Уантәи иуалԥшьақәа нагӡаны даныхынҳәлак, аҵараҵара дцоит Краснодарҟа. Дҭалоит Ҟәбинатәи аҳәынҭқарратә университет, азиндырратә факультет. Хәышықәса рышьҭахь адиплом иманы иԥсадгьыл ахь даауеит, даарылагылоит аҩнуҵҟатәи аусқәа русзуҩцәа ҿарацәа.

"Усҟантәи аамҭазы, уахьырышьҭуаз ауп акәымзар, уара угәы иахьаҭаху аусурҭа ҭыԥ узалхӡомызт. Пицунда ацуҭатә инспектор имаҵура ансыдыргала, сгәырӷьаҵәа сцеит. Садырҵеит "Ахшсовынхареи" "Акәтфабрикеи" ҳәа изышьҭаз аиланхарҭақәа. Ацуҭатә инспектор – ари ихадоу хаҿуп аҩнуҵҟатәи аусқәа рҿы. Иара имоуп ихаҭәаау аинформациа дызхылаԥшуа аҵакырадгьыл иқәынхо ауааԥсыра рзы. Ацәгьоурақәа раԥырҟәҟәареи, мамзаргьы раарԥшреи рҟны ацуҭатә инспектор ибзоуроу рацәоуп", - раԥхьатәи имаҵура аӡбахә иҳәоит Леонид Габлиа.

Пицунда аус аниуаз, зегь раасҭа игәалашәараҿы инхаз ҳәа ажәабжьҳәаҩ иазгәеиҭоит СССР иахагылаз Леонид Брежневи Франциа Ахада Жорж Помпидуи араҟа реиқәшәара хылаԥшра шарҭоз атәы шакәу.

Вид на Пицунду - Sputnik Аҧсны
Адунеиаҿ еицырдыруа ауаа – Пицунда асасцәа

"Брежневи Помпидуи Адлер аҳаирбаӷәазантә машьынала иаауеит ҳәа адырра аныҟала, ҳаиҳабыра ҳҿаԥхьа адҵа ықәдыргылеит "амҵ рывымсыртә" еиԥш ашәарҭадара аԥҵара. Аха усҟан, зегьы иааџьаҳшьаратәы, аҳәынҭқаруаа вертолиотла иааит, итәеит Пицунда. Акурорттә еилазаара абыжьбатәи акорпус аҿы апресс-центр еиҿкаан. Араҟа адунеи атәылақәа жәпакы рҿынтә ажурналистцәа аус руан. Асовет милициа, аиаша ҳҳәозар, сасык гәынамӡарак имоуртә еиԥш ашәарҭадара аԥнаҵеит", - иажәабжь иациҵоит иара.

Леонид Габлиа Пицунда ашьаусԥшааратә инспекторсгьы аамҭакы аус иуан. Анаҩс еиуеиԥшым аиҳабыратә маҵурақәа ныҟәигеит Гәдоуҭа Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭаҟны.

"Усҟантәи аамҭазы Гәдоуҭатәи амилициа дахагылан Анатоли Аҩӡба, ихаҭыԥуаҩыс дыҟан Виктор Арлан, сара ашьаусԥшааратә ҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс снарышьҭит. Убарҭ ашықәсқәа раан, Гәдоуҭатәи амилициа ацәгьоурақәа раԥырҟәҟәареи раарԥшреи рзы аԥхьагылара аман", - еиҭеиҳәоит иара.

Леонид Габлиа 1981 шықәсазы Қарҭ ашьаусԥшаара аус ҷыдақәа рзы аинспектор еиҳабыс дшьақәдырӷәӷәоит, уи ашьҭахь аоперативтә-ԥшааратә ҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩс дҟалоит.

Қарҭынтәи Аԥсныҟа данаарышьҭлак, Леонид Габлиа аамҭа-аамҭала иныҟәигоит Гагреи, еиҭах Гәдоуҭеи аиҳабыратә маҵурақәа.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, Леонид Габлиа Гагратәи ахырхарҭаҟны аԥшыхәра деиҳабхоит.

Архивное фото СИЗО Дранда - Sputnik Аҧсны
Ҳҳәынҭқарразар, абахҭа ҳамазароуп

1994 шықәсазы, Аҟәа Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс дҟалоит, анаҩс аиҳабыс. 1996 шықәса инаркны 2004 шықәсанӡа Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩс дыҟан. Ԥхьатәара дцеижьҭеи жәашықәса ааҵуаны, ааԥхьара иоуит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр иабжьгаҩ еиҳабыс дҟаларц. Иахьа уажәраанӡагьы ари амаҵура ааникылоит. Ԥсыцқьарыла, ҩаӡара ҳаракыла акыр шықәса иуалԥшьақәа ахьынаигӡоз азы, Леонид Хәаҭхәаҭ-иԥа ианашьоуп акымкәа-ҩбамкәа аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа.

Леонид Габлиа иажәақәа рыла, аԥсуа милициа иагу шыҟоугьы, ауадаҩрақәеи, апроблемақәеи шамоугьы, есышықәса азинхьчаратә усбарҭа ахь аусура иаауеит иреиҳау аҵараиурҭақәа ирылго аҿар. Убарҭ аиҳабацәа рҟынтә иахәҭоу абжьгареи аԥышәеи роур, амилициа ахԥша шьҭыҵуеит ҳәа азгәеиҭоит иара.

Аԥсуа милициа аусзуҩцәа рзанааҭтә мшы рыдныҳәало, Леонид Хәаҭхәаҭ-иԥа Габлиа иколлегацәа ирзеиӷьеишьеит рнапы злаку аус аҿы агәымшәара, ачҳара, аманшәалара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0