Ҭауади-аамсҭеи анхаҩыжәлари еизааигәанатәуан: ахәԥҳара аҵас иазкны

Аԥсуа ҭаацәара
Аԥсуа ҭаацәара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа жәытә-натә аахыс хылаԥшра ду арҭон аҭаацәаратә еизыҟазаашьа, хықәкыла ахәыҷқәа рааӡара. Ҭоурыхла, азеижәтәи ашәышықәса алагамҭа анхаҩыжәлар рыбзазара иаланагалаз ахәԥҳара (ааӡара) аинститут атәы шәыдаагалоит Sputnik аматериал аҟны.

Sputnik

Аҩнаҭаҟны ииз ахәыҷы, дыҷкәын-дыӡӷаб, ԥсуаҵас иааӡара, дҵеи иашаны дҟаларц ҭакԥхықәра дуун аҭаацәа рзы. Иахьатәи аамҭаз, ухаҿы аагара уадаҩзар ҟалап ахәыҷы дзыхшаз ан лхәыҷы ааӡара ҳәа шьоукы дрылҭон ҳәа. Аха, ҭоурыхла ишаадыруа ала, азеижәтәи ашәышықәса алагамҭаз анхаҩыжәлар рыбзазара иаланагалеит — ахәԥҳара (ааӡара). Ахәԥҳара аԥсуаа реиԥш ирыман егьырҭ амилаҭқәагьы, иара аԥсуаа рыԥсҭазаара аҟны аҩажәатәи ашәышықәса алагамҭанӡа рхы иадырхәон.

Аиҳабацәа рыгха ахшара ирхаратәтәым>>

Азеижәтәи ашәышықәса алагамҭаз аԥсуа ԥҳәыс лыԥсҭазаара акырӡа аҽеиҭанакаит, ҭауади–аамсҭеи анхаҩыжәлари еиҳа-еиҳа еизааигәахон, уи аус аҿы ицхыраагӡан ахәԥҳара. 19-тәи ашәышықәса алагамҭаз анхаҩы жәлар рыбзазара иалагалаз ахәԥҳара ҵакыс иамаз, инанагӡоз ароль ртәы дазааҭгылеит аҭоурыхҭҵааҩ, аетнолог Валери Бигәаа.

"Атәым ҳәынҭқаррақәа рыҟны иҟаз ауаа социалла реиҟарамра аԥсуаа ҳҟны иҟамызт, џьара-џьара иаарԥшызаргьы, уи уамак иӷәӷәамызт. Ааӡара-ахәԥҳара уи афункционалтә ҵакы аман. Аҳәԥҳара атәы злаадыруа 19-тәи ашәышықәса иаҳнаҭаз аматериалқәа рыла ауп, уи аԥхьа иҟаз шыҟаз ҳаздыруам, уи логикала ишьақәҳаргыло ауп. Изырҭахыз ахәԥҳара? Анхаҩыжәлар аамсҭацәеи дареи еилаҵәаны иҟаларцаз, еибахьчаларц азыҳәан акәын. Ааӡаҩ — уи абаӡеи иакәын, ирааӡоз - ахәԥҳа, "ари ҳара ҳахәԥҳа иоуп рҳәон", — ҳәа дазааҭгылоит аҵарауаҩ-етнолог Валери Бигәаа.

Аамсҭа иҩнаҭаҟны аҵеи данилак, анхаҩцәа рыҟнытә ахәыҷы ааӡара дызгар зҭахыз рхыԥхьаӡара рацәахон, аха аҭауад ихәыҷы дзиҭоз акыр зылшоз, зыжәла дууз анхаҩы иакәын. Ахәыҷы дзааӡоз анхаҩы аҭауад ихԥша дахьчон, иара убас аҭауад анхаҩы ииҭон агареи ахәыҷы ҷыдала ииҭаххоз амаҭәақәеи ажәхьеи. Аамсҭа хәыҷы дышиҵәҟаз, дзыхшаз иан игәыбылра лкаанӡа ааӡара ҳәа дыргон.

Аԥсуа хәыҷы - Sputnik Аҧсны
Раԥхьатәи аирамш амҩаԥгашьа аԥсуа жәлар рытрадициатә культураҿы

Аӡӷаб лакәзар, драаӡон 16 шықәсанӡа, аҩны аусқәа зегьы лдырҵон, ԥсуаҵас ахымҩаԥгашьа, лхы пату ақәҵашьа, аҷкәын иакәзар иидырҵон аҽы ақәтәашьа, ахысшьа, ашәарыцашьа, ҟазарыла аҳәа ахархәашьа, аҩныҟа данааргоз иара иааӡашьа дирбон иуа-иҭынха.

Аҭауад хәыҷы ахәԥҳацәа рыҟны дахьынӡаҟаз иҭаацәеи иареи еибабомызт, уи аҟнытә рҭаацәа рахь ианыргоз ныҳәак иаҩызан.

"Аҭауад хәыҷы дааӡа-дыхьча, деилаҳәа–деилаца, аҽыхәа дақәыртәаны, абаӡеи иҭаацәа дырзааигон, уа дахьнеиуазгьы, ачара руан, ахәыҷы дзааӡаз анхаҩы аҳамҭа ирҭон. Ус еиԥш иҟалахьан, ахәыҷы иҭаацәа рыҟны даанымгалаӡакәа дзааӡаз рахь дхынҳәны данаауаз. Ицрааӡоз иашьцәеи иаҳәшьцәеи агәакьацәа реиԥш еизыҟан, иаҭаххар, дара-дара ршьа еибауан", — иҳәеит аҵарауаҩ.

Валери Бигәаа иҳәеит аурыс офицар Фиодор Торнау иҩымҭақәа рыла ауп инарҵауланы ишаҳдыруа ахәԥҳара атәы, уи инҭкааны аԥсуаа рыбзазашьеи, рыхныҟәгашьеи ҭиҵаахьан.

Асахьаҭыхҩы Леиуарса Быҭәба иусумҭа Мифы и Легенды Абхазии - Sputnik Аҧсны
Хырԥашьа змам: аџьал аԥсуаа рдунеидкылашьаҿы

"Ахәԥҳара убри аҟынӡа ажәлар ирылаҵәеит, ирылсит, ҭауади-аамсҭеи анхаҩыжәлари ҭаҷкәымк еиԥш еилаҵәаны еибакын, уи атәы аабеит еиҳарак амҳаџьырра ашықәсқәа раан. Иахьа уажәраанӡа Ҭырқәтәыла ахәԥҳара ахыԥша ыҟоуп", — иҳәеит Бигәаа.

"Ажәакала, алитератураҟны иаҳԥылозар "ахәԥҳара уи мап зыцәктәыз акакәын, уи ԥырхага аԥсуа жәлар ирынаҭон" ҳәа, уи ииашам, ахәԥҳара асоциалтә еиҟарамра иахьыԥшымкәа, еиҳа иарӷәӷәон анхаҩыжәлари ҭауади-аамсҭеи реизыҟазаашьа", — ҳәа алкаа ҟаиҵеит аҵарауаҩ Валери Бигәаа.

Аҩажәатәи ашәышықәса алагамҭазы аҵарауаа иҳадыргалон ахәԥҳара ацәырҵра зыхҟьаз авариантқәа жәиԥшь, иахьазы ҩ-гәаанагарак роуп ахархәара змоу. Кавказҭҵааҩ М.О. Косвин игәаанагарала, ахәԥҳара ажәытә ҵасқәа ируакуп, ииз ахәыҷы ианшьеи иареи реимадара арӷәӷәара ауп, аха абаӡеис иҟалоз еиҳараӡак анхаҩцәа рхаҭарнакцәа ракәын аншьа ицынхәрас, уи зыхҟьоз макьана инагӡаны иҭҵааӡам. Даҽа гәаанагарак ала, ахәԥҳара зыхҟьаз ауаа адгылаҩцәеи, ахьчаҩцәеи, ахылаԥшцәеи ахьырҭахыз ауп ҳәа, уи азы иԥсабаратәымкәа аиуара рыбжьарҵон.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0