Аицҵақәа рҭыԥ аԥсахра аицҵалыҵ ианыԥшуам, ма митингла акадрқәа шаҳԥсахуа

© Sputnik / Томас ТхайцукАицҵақәа рҭыԥ аԥсахра аицҵалыҵ ианыԥшуам
Аицҵақәа рҭыԥ аԥсахра аицҵалыҵ ианыԥшуам - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьа Аԥсны ишьақәгылаз акриминогентә ҭагылазаашьеи, уи зыхҟьаз афакторқәеи, насгьы аҳәынҭқарратә напхгараҭараҿы иҟоу ацәгьоурақәа раарԥшразы аҭакԥхықәра змоу амаҵураауа рамхрақәа аус иахьынӡаныԥшуа азы лгәаанагара лҳәоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Аицҵақәа рҭыԥ аԥсахра аицҵалыҵ ианыԥшуам, ма митингла акадрқәа шаҳԥсахуа

Иахьа аабыкьа аресторан Сан-Ремо аҿаԥхьа иршьыз "аӷьычцәа-нагақәа" (воры в законе) ҳәа изышьҭоу рҭынхацәа ааизан, дамырхит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба, иара убас, Апрокурор хада Зураб Ачба. Анапхгараҿы иҟоу амчра амитинг ҟамлакәа, рыкәша-мыкәша иҟоу акриминогентә ҭагылазаашьа аԥсахшьа иазку иҷыдоу политикак рымам.

Ишәгәаласыршәоит, амитинг ашьҭахь 2016 шықәсазы уаанӡатәи аминистр Леонид Ӡаԥшьба дшамхыз, амала аминистрра ахыбра иажәлаз рахьтә аӡәымзараӡәы дҭакым. Ажәакала, митинг мацаралоуп акадртә ԥсахрақәа амчратә структурақәа рҿы ишымҩаԥысуа.

Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы акриминал аҽеиҵыхны ҳаԥсҭазаара иалалеит. Ауаҩӷьычра, ақәылара, ауаҩшьра уҳәа, ажәлар рыҭра иҭзырҟьаша ахҭысқәа рацәоуп. Хәҩык рҟынӡа Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрцәа ԥсахуп, апрокурор хадацәагьы хҩык рҟынӡа уажәтәи апрезидент иаамҭазы, аҭагылазаашьа уи амыхәеит ҳамҳәозар. Абри зегь ҳаԥшуа, иаҳҳәар ҳалшоит, амитинг психологиала акадртә зҵаарақәа рыӡбара аамҭа ҳҭагылоуп ҳәа.

Иаԥсахуама ас иааинырсланы аминистрцәа рыԥсахра ҳазлацәажәо азҵаатәы, азинхьчаратә система змырҿио ахәшәтәра нап амыркыкәа. Ҳауаажәлар ирбарҭоуп абӷа умазар, абахҭа уацәцар шалшо, мамзаргьы иҟәымшәышәу ахьырхәра уоурц шауа.

Стрельба напротив ресторана Сан-Ремо  - Sputnik Аҧсны
Аӡы иаго, аҳәҳәабжь иаҳаӡом, мамзаргьы акриминал аҳра анауа

Ишәгәаласыршәоит, ҳазҭоу ашықәс мшаԥымзазы дӷьычны, нас дҭакны дышдыргәаҟуаз Омар Мерцхәылаа. Уи ииулак ацәгьоуцәа ихала дрыцәцеит ԥхынгәымза 6 рзы. Ари аус цәгьа азы амитинг аӡәгьы иҟаимҵеит, насыԥны ирӷьычыз абналашьа дақәшәеит.

Анаҩсан, иҟалеит акыр игәаӷьыуацәаз ахҭыс, Мерцхәылаа иӷьычра далахәуп ҳәа гәҩарас иҟаҵаны иаанкылаз Анзор Ҭарба дышдырҳәацәоз Аҩнуҵҟатәи аусқәа аминистрра ахыбраҿы уаҟа аус зуаз дыршьуеит, нас, амедицинатә експертизагьы ҟамҵакәа иршьыз иҭынхацәа дрырҭоит. Ари аҩыза ацәгьоуразы гәҩарас иҟаз Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа Бадри Џьыкырба, Аслан Ҷедиа, Минас Одабашьиан, Леван Ҭопуриа  апрокуратура хада иҟанаҵаз аҳәарала Аҟәатәи аусӡбарҭа ԥхынгәымза 18 рзы аԥшьҩык ирзалырхит "аҩынтәи аҭакра".

Ашаҳаҭҩы дҭазырхаз рчаи инахәо аҩны иаадыртәеит, абахҭаҿы раанкылара ацымхәрас, избанзар "абӷа рымоуп" сгәахәуеит. Ҳара иаҳдыруеит иҵегьы иԥсыҽу ацәгьоурақәа рзы "аҩынтәи аҭакра" зқәашьымхо шыҟоу.

Гарри Аршба - Sputnik Аҧсны
Гарри Аршба имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭтәуп

Сгәанала, абарҭ ахҭысқәа рышьҭахь акәын Аԥсны ахада аминистргьы апрокуроргьы ԥхьатәара ианишьҭышаз, иамхтәуп ҳәа иԥхьаӡозҭгьы.

Иахьатәи амитинг зыхҟьаз ацәгьоура ҟалеит Аҟәа агәаны, абҵара 22, ахәаша шьыбжьон агәазы. Ақьафурҭа Сан–Ремо уахьындәылҵуа итәаз иреихсит иахьа уажәраанӡа зхаҭара шьақәыргылам акиллерцәа. Иршьит "аӷьычцәа нагақәа" ирхыԥхьаӡалаз Асҭамыр Шамбеи Алхас Аҩӡбеи.

Зегь реиҳа игәыҭшьаагоу - дхәын ақьафурҭа аусзуҩ, ахәыҭаҩ, ҩышықәса зхыҵуа ахәыҷы дызмоу Доминика Ақырҭааԥҳа. Иахьагьы уи лыԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылоуп. Иҭахаз ҩыџьа зшьыз рыԥшаара, аминистри, апрокурори рамхра азҵаатәы ықәдыргылеит иахьа 300-ҩык инарзынаԥшуа еизаз аҭынхацәеи уи иаднаԥхьалази. Еизеит, ирыӡбеит, русура иамхуп рҩыџьагьы.

Абри ахҭыс аныҟала ашьҭахь, иааԥшит акриминал иахаҭарнаку реибашьрақәа макьана нҵәашьа шрымам, убри адагьы, урҭ рҵыхәала ааха ӷәӷәа зауа ҟалар шалшо. Лгәы иаанагозма Доминика акаҳуа ҿазҵаз ирызнаго акиллер иҭирҟьоз ахы даҿашәар лылшоит ҳәа? Ақалақь агәаны шәарҭарахеит. Шәарҭароуп, избанзар акриминалтә струтурақәа ишырҭаху ҳдунеи иалоуп, реибашьрақәеи реидысларақәеи рхыԥша уажәы-уажә иааҳалаҩҩуеит.

Доминика лҩызцәа ирыхҭысуа уиаҟара ибаргәым, урҭ рзы амитинггьы аӡәгьы иҟаиҵом. Ииашоуп, ауаҩшьра цәгьауаҩроуп, аӡәгьы азин имаӡам ауаҩы иҭархара, аха Сан-Ремо аҿаԥхьа иҟалаз ахҭыс ашьҭахь еилкаахеит "аӷьычцәа нагақәа" ҳаҭыр шрықәу, уимоу, асоциалтә ҳақәа рҿы "закә ҷкәынцәа бзиақәоузеи, аиашара иадгылон" ҳәа акыр ирхашшааз рацәаҩхеит. Иахьатәи амш ишаҳнарбаз ала, ирхаҵгылогьы рымоуп.

Аԥсны Апрокурор хада Зураб Ачба имаҵура дамхуп - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Апрокурор хада Зураб Ачба имаҵура дамхуп

Агәра сызгом, ахархьуаа ирхыԥхьаӡалоу ҩыџьа ршьит ҳәа амитинг еиҿызкаауа дҟалап ҳәа. Абри зегьы аҭыԥ иқәызҵаша амчраҿ иҟоу анапхгара роуп.

Аминистрцәа реиҭныԥсахлара иалшома акриминогентә ҭагылазаашьа аԥсахра? Иаԥсахӡом сгәахәуеит, аполитикатә гәаӷьра анацымла. Амчратә усбарҭақәа русура мҩақәызҵаша атәыла ахада иоуп, иара иуалуп иааиԥмырҟьаӡакәа рус ахылаԥшра, аҩнуҵҟатәи асистема аиӷьтәра анагӡара.

Иахьа ԥхьатәара ицаз аминистр Гарри Аршба иаамҭазы иаанкылаз ацәгьоуцәа маҷҩымызт, уажәы ицамҭаз хьыӡҳәала исҳәозар, абҵара 24 рзы ирӷьычыз Армен Григориан дыԥшаауп, уи ацәгьоура ҟазҵаз ҳәа гәҩарас ирымоу аанкылоуп. Сгәанала, аминистр амчра аҟынтә адгылара имазароуп, хыхьынтә иақәнагам дҵа имоукәа аус иулароуп, убри адагьы, амчратә усбарҭатә система шьаҭанкыла аԥсахреи, ахылаԥшреи рҿы дзаҵәымзароуп.

Иахьа еизаз рыбзоурала, дарбану сыздыруам, аха аӡәы изы аҭыԥ ҭадырцәит, агәра агара сцәыуадаҩуп, ҿыц иарҭо ацәгьоурақәа раԥырҟәҟәаараҿы абаа хижәо дҟалоит ҳәа. Ари аӡә ихала изыӡбо зҵаараӡам, ари аполитикатә елита ҳәа изышьҭоу рыԥсҭазаара амчра зегь зыхҭнырҵаша усуп.

Аицҵақәа рҭыԥ аԥсахра аицҵалыҵ ианыԥшуам. Аамҭа ԥыҭк цар, даҽа хышәҩык ааизаны, даҽа министрк дамырхып, даҽаӡә изы аҭыԥ ҭарцәуа. Азакәан аҿаԥхьа зегь еиҟарамхакәа, ҳара ҳҳәынҭкарра ауасхыр кәадахоит.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0