Хамида Иакəыб-оглы: анра аԥхьа исыргылоит, аха аҟазара зымҩа инсыжьуам

© Foto / Хамида Иакуб-оглыХамида Иакуб-оглы
Хамида Иакуб-оглы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зхатə гьама змоу анапҟаза Хамида Иакəыб-оглы лусумҭақəа рымаӡақәа ртәы дазааҭгылоит ажурналист Сырма Ашәԥҳа.

Дарбанызаалак ауаҩы аҧсабара иланаҵоит иара еиҳа изааигəоу аҟазшьа аҷыдарақəа, иара убас абаҩхатəра. Иҟалоит уи абаҩхатəра иаразнак ахы цəырнамгар, аха уи ҵəахышьа змам акакəны уи ауаҩытəыҩса иҧсҭазаара иагəылсуеит. Зны-зынлагьы иҿаҧхьа инықəгылоит азҵаара: "Уажəраанӡа сыҧсҭазаара иаҧшшəыз?"-ҳəа.

Џьырхәатәи ашкол аҟны ажәытә аԥсуа напкымҭақәа руада - Sputnik Аҧсны
Агара, напылақәҵара ампахьшьқәа, акыдыршәылақәа: џьырхәатәи ажәытәра аҭынха

Ҳазҭагылоу аамҭазы ирацəоуп еиуеиҧшым ахырхарҭақəа рыла аҟазара злоу аҿар, игəадуроуп урҭ зҿыҧшуа аиҳабацəагьы рааигəа ианыҟоу.

Зыҧшӡареи, збаҩхатəреи, згьама хааи еиларсу Хамида Иакəыб-оглы, уажəшьҭа шықəсқəак ҵуак дыздыруеижьҭеи. Аха, дыздыруан сара арҿиара знапы алаку, Аҧсуа телехəаҧшреи арадиои русзуҩ лаҳасаб ала. Ус исзаатит лара лганахь ала даҽа маӡак. Ажəа ахы умҳəакəа аҵыхəа шузымҳəо еиҧш, лҟазара аартра ахы шакыз абраҟа ишəзанысҵоит.

Ҽнак, сҩыза бзиа, Аҧсуа радио аҟны дикторс аус зуа Кама Адлеиҧҳа лыҩныҟа сасра сналыҧхьеит. Ауада сшыҩналаҵəҟьаз еиҧш сылаҧш нақəшəеит аҭӡаҟны икнаҳаз сахьа ссирк. Саазааигəахан сылаҧш аҟəымҭхакəа сахəаҧшуан. "Ибгəаҧхама? Иџьабшьоит ибасҳəар изнапкымҭоу, ари Хамида лоуп ҳамҭас исызҭаз, лара лнапа иҟалҵеит",-лҳəеит. Ииашаҵəҟьаны, аҩны дыҩналашаауа ҭыҧҳа ссирк лсахьа қəҵаны икыдын, абыржəгьы сыла ихгылоуп уи асахьа ҧшӡа. Усҟан Хамида аҭаацəара даламлаӡацызт, лусура анаҩс аамҭа лҽахаршəаланы бзиа илбоз аҟазара зымҩа инлыжьуамызт. Ишҧаҟалеи, ишҧацəырҵи Хамида лнапкымҭа ссирқəа ирыҵаҵəаху амаӡақəа раартра?

© Foto / Хамида Иакуб-оглыХамида Иакəыб-оглы лнапкымҭа
Хамида Иакəыб-оглы: анра аԥхьа исыргылоит, аха аҟазара зымҩа инсыжьуам - Sputnik Аҧсны
Хамида Иакəыб-оглы лнапкымҭа

"Сара ари аус садзыҧхьалаз, агəыбылра сзыркыз сан лаҳəшьаҧҳа Ансиа Сабекиаҧҳа лоуп. Усҟан лара илхыҵуан 14 шықəса, сара 20 шықəса. Саншьа иҧшəма ҧҳəыс Харьков дынхоит, лара даара иссирны дықəҵоит, ишырҳəо еиҧш, лнапы ахьы аҧссоит. Ансиа уахь лассы-лассы дцалон, убраҟа илҿылҵааит. Аҧсныҟа дхынҳəны данаалак, лхы ақəырҧсны лхы-лгəаҿы иааиуаз асахьақəа қəылҵон. Саргьы убас еиҧш схы ҧысшəарц сҭаххеит", - лҳəеит Хамида ҳаиҿцəажəараҟны.

Хамида Иакəыб-оглы, Аҧснытəи аҳəынҭқарратə университет афилологиатə факультет, аҧсуа-англыз аҟəша далгеит. Анаҩс, аусура далагеит Аҧснытəи аҳəынҭқарратə телереадиоеилахəыраҿы. Раҧхьа арҿиара лнапы алалкит адырраҭара "Шьыжьыбзиа Аҧсынтəыла" амҩаҧгаҩыс, иахьа Аҧсуа радио адикторс дыҟоуп. Хамида илгəалалыршəоит раҧхьатəи лусумҭақəа рыӡбахə.

© Foto / Хамида Иакуб-оглыХамида Иакəыб-оглы лнапкымҭа
Хамида Иакəыб-оглы: анра аԥхьа исыргылоит, аха аҟазара зымҩа инсыжьуам - Sputnik Аҧсны
Хамида Иакəыб-оглы лнапкымҭа

"Раҧхьа сара ахəыҷы маҭəақəа рыла салагеит ақəҵара. Усумҭак усҟан ҩымчыбжьа садхалозтгьы, уажəы ҩымш рыла иҟасҵоит. Насгьы усҟантəи уажəтəи сусумҭақəа еиҿсырҧшуазар, хымҧада исаҩсыжьуаз агхақəа збоит. Иара аныҟасҵоз иҧшӡазшəа сзааиуан. Сусумҭақəа еиуеиҧшым ажанрқəа рыла еибаркуп. Аҭаацəаара салалаанӡа еиҳарак снапы иҵысхуаз аҧсабара, ашəаҧыџьаҧ, амшын аҟəара, ашəҭқəа уҳəа урҭ ракəын. Ахшара дансоу ашьҭахь, сусмҭақəа рхаҿреи ртематикеи маҷк рҽырыҧсахит", - лҳəоит Хамида.

© Foto / Хамида Иакуб-оглыХамида Иакəыб-оглыи лыҷкәын Саид Ҭаркьыли
Хамида Иакəыб-оглы: анра аԥхьа исыргылоит, аха аҟазара зымҩа инсыжьуам - Sputnik Аҧсны
Хамида Иакəыб-оглыи лыҷкәын Саид Ҭаркьыли

Хамида Иакəыб-оглы, излазгəалҭо ала, ахшара данлоу анаҩс, еиҳарак зықəҵара далагаз ахəыҷы идунеи аазырҧшуа амаҭəарқəа роуп: аҳəыҷы иблақəа, инапқəа, ишьапқəа, ацəымҳақəа, арныҟəагақəа уҳəа убас иҵегьы. Ақəҵара инаҷыданы, иара убас Хамида зеиҕьыҟам ала дҧоит.

Ҳандан Папԥҳа - Sputnik Аҧсны
Акәылӡтәы ԥара́: Ҳандан Папԥҳа илырхынҳәыз анапҟазара

"Шықəсыки бжаки зхыҵуа сыҷкəын хəыҷ Саид Ҭаркьыл зны-зынла дансыцхраауа ыҟоуп снапы злаку аус аҿы. Уимоу, арахəыцқəа сзааг ҳəа аниасҳəалак, рыҧшшəқəа ицəеилагозаргьы иманы дысзааиуеит. Еиҳарак уахынла иара дансырцəалак ауп сусура анеилашуа. Исмырбакəа рахəыцк, гəырк иҿахьы инеигар ҳəа сшəоит азы. Ақəҵараҿы схы иасырхəоит еиуеиҧшым арахəыц аҧшшəахəқəа, иҭысхуа асахьа зеиҧшроу инақəыршəаны",-лҟазара амаӡақəа ҳацеиҩылшон Хамида Иакəыб-оглы.

Хамида акыр дрызгəыдууп дызланагалаз лабхəаара, иара убас лҭаацəа. Избанзар, урҭ ирыбзоураны бзиа илбо лусура ашҟа дныҟəоит. Аха, зегь раҧхьа илыргылоит анра.

"Ақəҵареи аҧареи еиҧшны еицысзааиуеит. Аӡынразы сыҷкəын имаҭəақəа сҧоит. Уи шаҟа аҧхарра аҵоузеи сара сзы! Ҧшӡала, Ашықəс Ҿыц ауп сусумҭақəа еиҳарак уи ауп изызку, 30 инареиҳауп уажəшьҭа зықəҵара сылшахьоу. Ирацəоуп ҳамҭас ирысҭахьоу, изгəаҧхо ансыдҵаалаугьы ыҟоуп, хымҧада зегьы рҭахрақəа мап ацəыскуам, ргəы иахəартə еиҧш аҟаҵара сҽазысшəоит",-лҳəеит Хамида.

Хамида Иакəыб-оглы, лгəы иҭоуп Аҟəа ақалақь ахəыҷтəы-рҿиаратə ҩны "Аинар" аҟны ааҧынразы лхатə цəыргақəҵа аиҿкаара. Хымҧада, усҟан анапҟазара знапы алаку зегьы алшара рымоуп Хамида лусумҭақəа лабҿаба рбара.

Ишаҧу еиҧш, аҧсуаа жəытə-натə аахыс аҧхəыс лнапҟазара пату ақəырҵоит. Иахьа уажəраанӡа еиқəырханы ирымоуп ранацəа, рандуцəа рнапкымҭакəа, урҭ зегь раҧхьа иргыланы ҳҭоурых амырӡреи агəалашəареи ирҿахəҳəагоуп.

Хамида илызкны анҵамҭа сырхионаҵы, схəыцраҿы аҭыҧ лыман санду Нелли Кəыҵниа-Ҷанба. Шаҟа дрыхӡыӡааны иаҳлырбоз лнапала исны, иқəҵаны, иҧаны иҟалҵоз аҩнымаҭəақəа. Аха, рыцҳарас иҟалаз Аҧсны Аџьынџьтəылатə еибашьраан Тамшь ақыҭан ақырҭқəа ирыблыз рыҩны иалаӡит. Иҿымцəааит ҳҭоурых аҟəырҷахақəа, ирацəаҩхааит Хамида леиҧш анапҟазара пату ақəызҵо, бзиа ибаны аџьашьахəқəа зырҿио ҳаҧсуа ҭыҧҳацəа рбаҩхатəра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0