Амчра агара мариоуп, аха аныҟәгара цәгьоуп: аибарххарақәа рзы агәаанагара

© SputnikАмчра агара мариоуп, аха аныҟәгара цәгьоуп: аибарххарақәа рзы агәаанагара
Амчра агара мариоуп, аха аныҟәгара цәгьоуп: аибарххарақәа рзы агәаанагара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ҳтәылаҟны имҩаԥысуан имариамыз аполитикатә хҭысқәа, урҭ рзы лгәаанагара ҳамалдоит Sputnik Аԥсны аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Ашықәс ҿыц алагамҭазы имҩаԥысит ахԥатәи ареволиуциа. Ари абжьарак иаабо авидеонҵамҭақәа ррыцхә ҳамыхәаԥшыр, 2003, 2014 шықәсқәа излареиԥшым маҷуп, амшын ахықәан иԥшӡаӡа игылоу Аиҳабыра рыҩны ажәлара асценариқәа еишьашәалоуп, рҵаҵӷәы аиҩгарақәа амазаргьы. Ус акәзарагьы, ари ахыбра ԥшӡа агара амчрахь анеироуп хықәкыс иамоу.

Входные двери в здание парламента  - Sputnik Аҧсны
Аҿар рреволиуциа, мамзаргьы зегьы ирҭахуп агәҭаны аиара

Рыхԥагьы сырхаануп, рыхԥагьы анымҩаԥысуаз аамҭазы "Ажәлар рыԥсҭазаара аиӷьтәра" лозунгс иаман, аха ахҭысқәа ахҳәаа рзаҳуазар, ахархьуаа урҭ ареволиуциақәа рыԥсҭазаара еиӷьнатәит аҳәара уадаҩуп. Иахьанӡагьы акоррупциа аҭыԥ амоуп, илаҟәу атәанчахәы, амчра ахархәара уҳәа, ареволиуциақәа зегь зхылҿиаауа ацәаҳәақәа шыҟац иаанхоит.

Иацы ахәылбыҽха ԥхьатәара дцеит Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба. Уаанӡа ишысыҩхьаз еиԥш, ари аҭагылазаашьаҿы уи ашьаҿа аполитикатә ҭышәныртәалара акыр иахәоит. Иахьа Жәлар Реизара иаднакылеит апрезидент иԥхьатәара, иара убас, уи инапынҵақәа назыгӡо ҳәа ихьӡ ҳәоуп аԥыза–министр, 2014 шықәсазы Александр Анқәаб данықәырцаз аамҭала атәыла ахада инапынҵақәа назыгӡоз Валери Бганба. Иара акризистә аамҭазы атәыла ахагыларазы аԥышәа злаимоу ала, агәыӷра ыҟоуп Иреиҳаӡоу аӡбарҭа иаднакылаз "2019 шықәсазы имҩаԥгаз алхрақәа рылҵшәа аԥыхра", даҽакала иаҳҳәозар, Рауль Ҳаџьымба "ииааира иашаӡам" ҳәа ианыршьа ашьҭахь алхра ҿыцқәа рахь амҩа акылгара апроцесс хынҭаҩынҭарада амҩаԥгара илшап ҳәа.

Бга ахьҭам ла ҭашуам, мамзаргьы акриминали амчреи еилаҵәар аналшо аамҭа - Sputnik Аҧсны
Бга ахьҭам ла ҭашуам, мамзаргьы акриминали амчреи еилаҵәар аналшо аамҭа

Иацы, асааҭ 7 рнаҩсшәа, Аԥсны аиҳабыра рыҩны аԥхьа имҩаԥысуаз "аҿар рреволиуциа" ҳәа шьоукы изыхьӡырҵаз ҵәатәы шьаҟас иаҵагылаз, Аԥсны ахада ирезиденциа ашҟа рҿынархеит "ԥхьатәара ицаразы" ақәыӷәӷәара ҟарҵарц. Иагьрықәҿиеит, сааҭк аҩнуҵҟа Рауль Ҳаџьымба "ԥхьатәара сцоит" ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит. Аԥсны ахы ианақәиҭыртәызгьы асҟак агәырӷьара ыҟамзар ҟаларын, анапеинҟьабжь, атрышә асыбжь уҳәа, Синоп аҳабла ареволиуциа аиааира шагаз ахыҩуан.

Абасҵәҟьа иҟан 2014 шықәсазы ҲАџьымба идгылаҩцәа рреволиуциа ашьҭахь, усҟан Анқәаб "ԥхьатәара сцеит" аниҳәа, амузыка наҿакны, кәашарахеит, шәаҳәарахеит. Сгәанала, илоуҵо ауп иааурыхуа, х-револиуциак ирылаз аполитикцәа ҩыџьа рышәгәашә инылагыланы, "шәықәҵ, шәаҳҭахым" ҳәа апротестқәа роухьеит.

Ганкахьала ари ажәлар рымч аарԥшроуп, аха арҭ ашықәсқәа рзы иаҳбо, ахыбра иҩналаз апротестантцәа раԥхьатәи Аԥсны ахада Владислав Арӡынба икабинет еилаҟәыбаса иахьыргаз, иара убас, 2014, 2020 шықәсқәа рзы ахыбра аҩнуҵҟа еилаҟәыбаса иахьышьҭарҵаз, ҳполитикатә культура алаҟәра иахаҿырбагоуп. Ауаа рацәа ахьеизо, иахьжәыло, акыр иуадаҩуп уи ахылаԥшра, убри аҟынтә, амшын ахықәан игылоу ахыбла ажәлара аринахыс ианаанымкылаха, ҳтәыла ахаҿра ариашара уадаҩхоит.

Иацы ахәылбыҽха асааҭ 8 рнаҩсшәа асоциалтә ҳақәа рҿы аоппозициаа рыдгылаҩцәа агәырӷьара рыман, сара схәыцуан, егьырҭ ашықәсқәа сгәаларшәо, амчра агара мариоуп, аха аныҟәгара цәгьоуп ҳәа. Хымԥада, аполитикцәа уажәы рхы иадырхәо ажәлар знык рҭыԥ аҿы изнеир иаархашҭышт, нас даҽазныкгьы, апротест ҟазҵо "шәықәҵ" ҳәа ирызнеишт.

Стрельба напротив ресторана Сан-Ремо  - Sputnik Аҧсны
Аӡы иаго, аҳәҳәабжь иаҳаӡом, мамзаргьы акриминал аҳра анауа

Абарҭқәа ҟамларц азы, акыршықәса излацәажәо аполитикатә реформақәа мҩаԥгатәуп, уи зылшогьы Апарламент ауп, аха уажәы ҳазҭоу ашықәс хәажәкыра 22 рзы апрезиденттә алхарақәа зларылаҳәоу ала, аконституциатә закәанқәа ркьысра ҟалом, убри аҟынтә, ҿыц иалырхуа апрезидент иахьатәи амчра инаҭо "аҳра" мап ацәкра иҭахымхаргьы ауеит.

Ауаажәларра иазгәарҭоит, апрезидент имоу амчқәа рацәоуп, апарламент хәҭак амазар бзиоуп ҳәа, аха иахьа уажәраанӡа урҭ ареформақәа залмыршахеит. Сгәанала, уажәазы акыр ихадоуп алхарақәа рзакәан аиҭакра, избанзар зегь зыхҟьаз 19-тәи ахәҭаҷ еилыкка иаҳәом алхрақәа аҩбатәи ртур аҿы абыжьқәа рыԥхьаӡашьа апринцип.

Ишәгәаласыршәит АКХ ахада Ҭамаз Гогьиа 2019 шықәсазы  алхрақәа анцоз Аӡбарҭахьи Апарламент ашҟеи, уи азакәан аилырккаақәа аларгаларц азы ашәҟәқәа шишьҭыз, аӡбарҭа ихәоз аҭак инамҭеит, апарламентуаа "ԥсшьара ҳаҟоуп" рҳәан, изҵаатәы хырҩа азыруит. Абри ашьҭахь акандидатцәа Кәыҵниеи Ҳаџьымбеи "аџьентльментә еиқәшаҳаҭра" рҳәан, ЦИК иҟанаҵаз "еиҳа абжьқәа зауз аиааира игоит" иақәшаҳаҭхеит, уи азы "ари зинӡам" ҳәа штабк аҟынтәи бжьык мгеит.

Тамаз Гогия  - Sputnik Аҧсны
Гогьиа алхра ҿыцқәа ирԥырхагоу азиндырратә еиқәымшәарақәа ртәы далацәажәеит

Алхрақәа аҩбатәи ртур алҵшәақәа рыла Рауль Ҳаџьымба 39 793 бжьы иоуит, уи оппонентс имаз Алхас Кәыҵниа - 38 766 бжьы. "Аӡәгьы дысҭахым" ҳәа рыбжьы рҭиит 3150-ҩык алхыҩцәа. Абри ашьҭахь ауп ианцәырҵыз аҭыӡшәа. Аџьентльментә еиқәшаҳаҭрагьы ахабар ыҟамкәа, аҩбатәи акандидат Алхас Кәыҵниа ашшыԥхьыӡ дәықәиҵеит аӡбарҭахьы алхрақәа рылҵшәақәа дышрықәшаҳаҭмыз азы. Апартиа "Амцахара" ахаҭарнак иштаб аҟны иргәалашәеит алхарақәа рзы азакәан 19-тәи ахәҭаҷ, уи ишаҳәо ала, аиааира игоит ҳәа дыԥхьаӡоуп "акандидат иҿагылоз абжьқәа раасҭа иара иоуз абжьқәа анеиҳау".

Хымԥада, "аӡәгьы дысҭахым" захьӡу аҩыџьагьы мап рцәызкуа еилкаароуп, аха азакәан еилыхха иаҳәом, абарҭ 3 нызқьҩык инарыцны иҟоу, еиҳа зауз итәы мацара аума изгырхатәу, мамзаргьы, уи рҩыџьагьы ртәы иахыҵуоу? Абасала, АКХ аӡбамҭаҿы "Рауль Ҳаџьымба даиааит" ҳәа аднакылазаргьы, ажьырныҳәа 9 рзы, Иреиҳау аӡбарҭа ахашшааратә хәаԥшра анымҩаԥнагоз, алхрақәа рылҵшәа амнахит, алхра ҿыцқәа рымҩаԥгаразы аӡбамҭа шьҭнахит.

Аԥсны ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур - Sputnik Аҧсны
Аҟәардә ду азы аполитикатә еимҵакьача, ма аоппозициа заҵахаз мзызқәак

Уи аамҭазы, ирылагеит "аҿар рреволиуциатә қәгыларақәа" ҳәа хьӡыс изауз амшын ахықәан игылоу аиҳабыра рхыбра агара. Ԥшьымш ицоз апротесттә акциақәа ирылҵшәаны ԥхьатәара дцеит Рауль Ҳаџьымба, иара убас, иааиуа алхрақәа ихы шрылаимырхәуагьы иахьа иҳаҳаит.

Ицаз ахада иусура уажәшьҭа акритика азура иҳақу усны избом, иара аус аниуаз сколонкақәа рҿы сырзааҭгылон амчра иҟанаҵо агхақәа, аха ахадеи уи ичынуааи хырҩа азыруан, иахаҵгыломызт, иара убас, егьырҭ ауаажәларра рхаҭарнакцәа иҟарҵоз азгәаҭақәагьы.

Аҵыхәтәантәи ахҭысқәа ҵаҵӷәыс ирыман апрезидент ихьчаҩ акиллер ҳәа гәаҩарас иҟалара: ақьафурҭа "Сан-Ремо" аҿаԥхьа иҟалаз ауаҩшьра далахәуп ҳәа даанкылоуп Даҭо Ахалаиа, иара убас уи иашьа Давид Ахалаиа. Ҳаџьымба ԥхьатәара дцеит. Аԥсны аҭоурых ианҵоуп даҽа револиуциак. Амчрахь анеира зҭаху аоппозициа ахаҭарнакцәа ажәлар ақәдыргәыӷуеит "аринахыс аиашара шыҟало" азы. Ирҳәои ируеи еишьашәало - аамҭа иаҳнарбоит.

Ацәгьоуҩы иаанкыларҭа - Sputnik Аҧсны
Еицәоу умбакәа, еиӷьу уздыруам

P.S. Иацы, ажьырныҳәа 12 рзы Аԥсуа телехәаԥшра асааҭ 16:00 рзи асааҭ 20:00 рзи аинформациатә дырраҭара "Амшеикәшара" ала аефир ахь изҭымҵит. Асоциалтә ҳақәа рҭааҩцәа "аӡы иамыӡәӡәо ишьҭарҵеит" ателехәаԥшра аусзуҩцәа. Ишыҟаҵәҟьаз ҳҳәозар ажьырныҳәа 10 рзы ҩыџьа аоппозициаа ирхаҭарнаку ателехәаԥшрахьы ихалан, рымеида рымамкәа аефир ахь акгьы шымцаша азы адҵа ҟарҵеит.

Адырҩаҽны координаторс днарышьҭит ажурналист Оҭар Лакрба. Еилкаам амзызқәа рыла, иацы, аинформациатә хархәагақәа зегьы ахада ԥхьатәара дышцаз анырҳәоз, Лакрба "Амшеикәшара" аефир ахь аҭыҵра ахәҭаны имԥхьаӡеит, аефир аҿы иқәдыргылеит "Аԥшӡара амаӡа" захьӡу Аԥсны Акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа имҩаԥылго адырраҭара. Ар еибашьуан, Ҳабыџь дцәаӷәон ҳәа, Аԥсуа телехәаԥшра ахада иқәгара апроцесс аҭыԥан, акультуратә программа анарбон. Акорреспондентцәа ракәзар, аҽнынтәарак аус руан, асиужетқәа аефир иаздырхион.

Абасала, ареволиуционерцәа рредактор иацы асаат 20:00 рзы "Амшеикәшара" аиркит, нас, зегьы ианраҳа ашьҭахь, игәианны иҭыҵит ажәабжьқәа. Абас иҟоуп ареволиуциа ҿыц "адемократиатә принципқәа". Ахуаадара абас адыруеит.

Азакәан инақәыршәаны, аефиртә программа ашьақәырӷәӷәара азин змоу ателехәаԥшра аиҳабыра роуп, аха еснагь еиԥш, ареволиуционерцәа Аԥсуа телехәаԥшра рнапахьы иааргеит, иаҿагыло анапхгара аныҟам. Абас иалагеит ареволиуционерцәа рдемократиа. Ҳаиӷьымхаӡеит, иабашәцәызӡари.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0