Ӡынгьы-ԥхынгьы ашҭа, агәара зыршәҭуа: Аисель Жьиԥҳа лбаҩхатәра иазкны

© Sputnik / Саида ЖибаАисель Жьиԥҳа
Аисель Жьиԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зхәыҷра аахыс аԥсабара бзиа избо, ашәаԥыџьаԥ алакә иеиԥшызтәуа, Ҭырқәтәыла, Сақариа араион иатәу Балбалы (Калдахәара) ақыҭан инхо Аисель Жьиԥҳа лбаҩхатәра атәы ҳадылгалоит Саида Жьиԥҳа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Наџьнатә аахыс, аԥсуаа Ҭырқәтәыла ианықәнагала, рынхара-рынҵыра ала аҭыԥантәиқәа иаарылукааратәы иҟан, иахьагьы убасцәҟьа. Уи иаанаго, амал акәӡам, аиҿкаашьеи, ацқьареи роуп. Егьараан, ҳџьынџьуаа рҟнытә иҳаҳахьеит, аҭырқәцәа аԥсуаа рынхарҭақәа иреилаҳаны ишеибадырбо. Изныкымкәагьы, аҳәынҭқар амаҵ азызуа рмилаҭуаа ирыларҳәахьан, ҿырԥштәыс ижәга ҳәа.

Еда Ҭохәсуа - Sputnik Аҧсны
Рнапқәа хьуп: Ҭырқәтәыла инхо Ҭохәсуаа рҭаацәа аҭоурых

Убас, 2018 шықәса аԥхынразы Сақариа араион аиҳабыра ақыҭақәа зегьы ирыланаҳәаз "иреиӷьу ашҭа" захьӡу аконкурс алҵшәақәа рыла, актәи аҭыԥ даԥсахеит ҳџьынџьуаҩ Аисель Жьиԥҳа.

Лара аландшафттә дизаинер изанааҭ шлымамгьы, ҷыдала уи ахырхарҭала аҵара зҵахьоу даарыҵамхо, уимоу даархыҳәҳәо аԥсабара абаҩхатәра лнаҭеит.

Жьиаа ргәараҭаҟны ԥшьҩык аиҳәшьцәа ыҟоуп. Ашьыжь инаркны, досу луалԥшьақәа дынрыдгылоит.

"Ҳара ԥшьҩык аиҳәшьцәа ҳаҟоуп. Ҳазшаз ус лахьынҵас иҳаиҭеит, ҳақәра анааилак ҳаб иҩны ҳаицынхарц. Ажәлар ражәа иалаҵаны ирҳәоит, ҩнык ԥшәымаԥҳәыск дамазароуп ҳәа. Аха ҳара уи мап ацәаҳкуеит. Аиҳәшьцәа доусы ҳуалԥшьақәа ҳшеит. Аӡәы ахәы ҟалҵоит, даҽаӡәы еиллыргоит, егьи аусура дҭыҵуеит, сара ашҭа сахылаԥшуеит", — ҳәа ҳаиллыркааит Аисель.

Лара лашҭа ихнахуеит сасра имҩахыҵуа, иара убас иавсны ицо зегьы.

© Sputnik / Саида ЖибаАисель Жьиԥҳа
Аисель Жьиԥҳа - Sputnik Аҧсны
1/4
Аисель Жьиԥҳа
© Sputnik / Саида ЖибаАисель Жьиԥҳа
Аисель Жьиԥҳа - Sputnik Аҧсны
2/4
Аисель Жьиԥҳа
© Sputnik / Саида ЖибаАисель Жьиԥҳа
Аисель Жьиԥҳа - Sputnik Аҧсны
3/4
Аисель Жьиԥҳа
© Sputnik / Саида ЖибаАисель Жьиԥҳа
Аисель Жьиԥҳа - Sputnik Аҧсны
4/4
Аисель Жьиԥҳа
1/4
Аисель Жьиԥҳа
2/4
Аисель Жьиԥҳа
3/4
Аисель Жьиԥҳа
4/4
Аисель Жьиԥҳа

Аисель лгәареи лбаҳчеи рҟны ирызҳауеит шәкы инареиҳаны ашәҭ хкқәа, аҩычагатә ҵиаақәа, ашәырҵлақәа.

Аԥштәы ссирқәа змоу хкы-хкыла ашәҭқәа еиҭаҳауп лашҭа иакәыршаны, лаанда авара. Лыҵлақәа ршьапқәа асахьақәа рықәҭыхуп, акьыр рыхьшьуп. Зехьынџьара улаԥш иҵашәоит аԥштәқәа зхалҵаз, алашарбагақәа зҭалыргылаз акәапеиқәа.

Аисель лзы иажәыз маҭәахәы ыҟам. Зегьы ахархәара рымоуп.

"Ажәытә магәқәа уаанӡа агәамсам иасҭозҭгьы, иахьа ишашоу ашәыга ахьшьны, анышә ҭаԥсаны ашәҭ еиҭасҳауеит. Уи убасҟак иԥшӡахоит, амагә акәу, ҷыдала ашәҭ аиҭаҳара иазку ҭаргылагоу узеилмырго", — лҳәоит ашәаԥыџьаԥ абзиабаҩ.

© Sputnik / Саида ЖибаШәҭыла иҭалаҳауп ашҭа-агәара
Ӡынгьы-ԥхынгьы ашҭа, агәара зыршәҭуа: Аисель Жьиԥҳа лбаҩхатәра иазкны - Sputnik Аҧсны
Шәҭыла иҭалаҳауп ашҭа-агәара

Аисель лышәҭқәа еиҭаҳауп иажәыз, аха аԥсы зхалҵаз агәаргәалеиқәа, ауалырқәа, ачуанқәа, аирыӡқәа, ажәакала анышә ҭаԥсаны акы еиҭауҳаратәы иахьыҟоу амаҭәахәқәа рҟны.

Ҳалуқ Саӡба иҭаацәеи иареи иаадыртит ақьафурҭа Сылашара - Sputnik Аҧсны
Иит аибадырреи агәыбылреи: "Сылашареи" сареи Сҭампыл ҳшеиқәшәаз

Аиҳәшьцәа рыкәша-мыкәша инхо агәылацәагьы, Аисель илҿыԥшны даргьы рашҭақәа дырԥшӡоит.

"Агәареи абаҳчеи реиҿкаареи рырԥшӡареи ашьыжь инаркны ахәлара иалагаанӡа санаҿугьы ыҟоуп. Уи сара сарааԥсаӡом, агәалаҟазаара бзиа снаҭоит акәымзар", — ҳәа азгәалҭоит Жьиԥҳа.

Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа ԥҳәыс лнапы иҵҵыз аԥшӡарақәа саргьы илымаздеит. Аҩныҟа санаа, сашьа шәарыцара данцоз ишьаиҵоз арезинатә магәқәа, ашәыга ҟаԥшь аархьысшьын, аазна анышә ааҭасԥсан, ашәҭ хкқәа еиҭасҳаит.

Зны-зынла иара данавсуа илаԥш ақәшәоит, аха макьана изакәу изеилымкаацт.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0