Акоронавируси, алхрақәеи, ҳаамҭазтәи афольклори

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАкоронавируси, алхрақәеи, ҳаамҭазтәи афольклори
Акоронавируси, алхрақәеи, ҳаамҭазтәи афольклори - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭақәа ажәытәӡатәи аамҭақәа рҟынтәи ишаауагьы, иахьа уажәраанӡа иҿиоит, убри аан урҭ анцәырҵуазаалакгьы иаадырԥшуеит ианаԥҵаз аамҭа аҟазшьа. Убас, иахьа аҿиара иаҿу афольклор аҷыдарақәаки уи ацәырҵра шыҟалази атәы дазааҭгылоит афольклорист Есма Ҭодуа.

Есма Ҭодуа, Sputnik

Жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа рыҿиара аформақәа рҳәаақәа акырӡа иҭбаауп. Дара злиаауа аамҭа аҟазшьа хадақәа аадырԥшуеит. Иазгәаҭатәуп ақалақьтә фольклор итрадициатәу афольклор асахьаркыратә стиль ишацәхьаҵуа. Араҟа ицәырҵуеит иҿыцу ажәабжьеиҭаҳәаратә формақәа.

Лыхнашҭа - Sputnik Аҧсны
Уаҟара уцызҵо аԥсуа лаф

Аинтернет фольклор

Ҳаамҭазтәи афольклор ахырхарҭақәа иреиуоуп аинтернет фольклор. Аԥсны аинтернет фольклор аҿиара иалагеижьҭеи рацәак ҵуам. Аԥсуа цәа зыҟәну еиуеиԥшым аҿаԥыцтә жәабжьқәа, алафқәа (аиҳарак аполитикатә лафқәа), амемқәа (иарбанзаалак идеиак, хаҿсахьак, символк аазырԥшуа аинформациа ҩырала, фотосахьала, ма авидео ала ауаа ианеимырдо), акарикатурақәа, уҳәансҳәанқәа аԥсуа интернет хархәаҩцәа рыбжьара ицәырҵуазаргьы, урҭ рхыԥхьаӡараҿы аԥсышәала ианҵоу маҷуп. Ари иаанарԥшуеит аԥсуа бызшәа ҳаамҭазтәи атехнологиақәа рҿы ахархәара шхьысҳау. Аха егьа ус акәзаргьы Аԥсны аинтернет фольклор аҿиара ишаҿу убоит.

Убас, 2020 ашықәс азы адунеи зегьы иахыҵәаз, Китаи ахы зкыз аҿкы чмазара COVID-19 ажәлар рыҩнуҵҟа ицәырнагеит еиуеиԥшым "уҳәансҳәанқәа". Убри инамаданы мызкы маҷк инахыҳәҳәо иҵуеит аҭҵаарадырра иаланагалеижьҭеи атермин ҿыц – "инфодемиа" – ауаа аинформациа рацәа анроуа, ииашоугьы имцугьы реилыргара аныуадаҩхо. Убри иахылҟьаԥылҟьаны жәлар рырҿиарагьы ицәырнагеит ашәарақәа зныԥшуа аҿаԥыцтә жәабжьқәа реиԥш, ахыччареи аҵәылхреи злоу алаф ажәабжьқәеи ашәақәеи. Ари убоит аинтернет фольклор Facebook аԥсуа сегмент аҟынгьы.

Урҭ иреиуоуп амемқәа: "аԥсуа маска", мамзаргьы "аԥсуаа авакцина аҟаҵаразы рыҽԥыршәацыԥхьаӡа еснагь ирзалҵуеит ажьаӷь уатка", иара убас аԥсуа Аԥсны шиоуз аҳәамҭа иахаршалоу – "Анцәа акоронавирус ажәларқәа ианырзишоз, аԥсуа дагхеит" уҳәа реиԥш иҟақәоу.

Иҟоуп акоронавирус иазкны зхатә ашәақәа аԥызҵаз аинтернет хархәаҩцәагьы. Урҭ рыбжьара иҟоуп аԥсуа цәа зхоу, аха цәаҳәак, ҩ-цәаҳәак рыда аԥсшәа злам реиԥш, ԥсышәала мацара ихәыцуагьы.

Уҳәансҳәанқәеи алхрақәеи

COVID-19 акәшамыкәша иҟоу ажәабжьқәа инарываргыланы, Аԥсны аҭоурых аҿы ихадароу хҭыскгьы мҩаԥысуеит – уи алхрақәа роуп.

Алхрақәа ирызку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Иаахҵәаны иуҳәозар, аҵыхәтәантәи ажәашықәса рыҩнуҵҟа Аԥсны ахадарахьы алхрақәа есҩышықәса-ҩышықәсеи бжаки рыла ишымҩаԥысуа ала, аԥсуаа ари ахҭыс иашьцылан, уажәшьҭа уи ус дук акәынгьы иахәамԥшуа рацәахеит, уимоу ргәы ԥызҵәахьоу акы акәны иазнеиуа рхыԥхьаӡара иацымлозар, иагхом. Ажәакала, алхрақәагьы чмазара ҿкны иҳалахеит уҳәар ауеит.

Аԥсны ахада иалхрақәа 2020 - Sputnik Аҧсны
Ахада иалхрақәа: акандидатцәеи урҭ рхаҭыԥуааи

Алхрақәа рыкәша-мыкәша еиуеиԥшым амифқәеи алегендақәеи еснагь иныҟәон, аха урҭ зегьы аартны рҳәара ауаа ацәшәоит, хәыҭхәыҭлоуп ишеибырҳәо "ари маӡазааит, аӡәгьы имаҳазааит" ҳәа адунеи иахырҵәо.

Аинтернет аҟны акәзар, иуԥылоит хыԥхьаӡара рацәала аполитика иазку арччархәқәа, авидеороликқәа – ажәеинраалақәа, ачынуаа ирыхҳәаау алафқәа. Акомиксқәеи, акарикатурақәеи, амемқәеи ракәзар, еиҳагьы еиҳауп. Аҵыхәтәантәиқәа раӷьырак егьырҭ ажәларқәа рҟынтәи еиҭагақәоу роуп умҳәозар.

Адунеи аҟны имҩаԥысуа аглобализациатә процессқәа ҳәарада Аԥсынтәылагьы ианымԥшыр залшом. Уажәнатә ирҳәоит COVID-19 аекономикатә, аполитикатә процессқәа анырра анаҭар шалшо атәы. Аҳәара уадаҩуп уажәтәи алхрақәа заҟа аамҭа ҳнарго атәы, аха еилкаауп акы – арҭ аҿкы чмазарақәа хымԥада ҳариааираны ҳаҟоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0