Аҽы жәлала иҩуеит рымҳәои: Аԥсны акультура ӡырызгоз Џьоџьа Ферыз

© Foto / семейного архива семьи ФерзбаДжоджа Ферзба
Джоджа Ферзба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Кәтол ақыҭан инхоз, зыԥсҭазаара зегьы Аԥсны акультура аӡыргара иазызкыз, аҭаацәаратә ансамбль аԥҵаны измаз Џьоџьа Ферыз изкуп Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа иахьатәи ланҵамҭа.

Саб диқәлан, аха иареи сареи ҳаиҩызцәан. Ахәыҷы иҿы дхәыҷын, аду иҿы ддуун ззырҳәоз иакәын санҵамҭа афырхаҵа Џьоџьа Ферыз. Дауцәамкәа, дкьаҿцәамкәа, зхы шлаӷәаӷәаӡа иҟаз ауаҩы лаша ҳқыҭа Акультуратә хан дахагылан сара дысгәалашәонаҵы. Џьоџьа Ферыз - абас акәын ишишьҭаз иара, ари аҩыза ахьӡгьы уаҳа уаҩы имамызт ҳқыҭаҿы, уаҳа дара ирыжәлантәызгьы даҽаӡә дынхомызт Кәтол ақыҭан.

Аҭаацәа ирхаҭарнаку ишсарҳәахьоу ала, Џьоџьа шьҭрала Отаԥтәин, данқәыԥшӡаз имҵадырсыз иаҳәшьа дызгаз дрымхны данига, рқыҭаҿы инхоз амҵарсра ҟазҵазгьы иқәнага данақәиршәа ашьҭахь, иуацәа ахьынхоз Кәтолҟа нхара ҳәа дааит. Акыр ҟыба-ӡыба ихигазаргьы, Џьоџьа ҳқыҭауаа бзиа ирбоз, зыхьӡи зыжәлеи еидкыланы ирҳәоз уаҩны дҟалеит. Иара уахьиҿаԥшуаз ихы-иҿы еснагь илашон, аха иаҳәшьа лыхьчара иазку аҭоурых иаанарԥшуеит ҩнуҵҟала алеишәа змаз уаҩны дшыҟаз. Уи иҟазшьа иабзоураны анхаҩрагьы, аҟазарагьы, ахшара бзиа рааӡарагьы илшеит.

© Foto / из семейного архива семьи ФерзбаЏьоџьа Ферызбеи иԥшәмаԥҳәыс Светлана Ҵнариаԥҳаи
Аҽы жәлала иҩуеит рымҳәои: Аԥсны акультура ӡырызгоз Џьоџьа Ферыз - Sputnik Аҧсны
Џьоџьа Ферызбеи иԥшәмаԥҳәыс Светлана Ҵнариаԥҳаи

Сықәра цо ианалага, еиҳагьы ихьаазго салагеит сызхааныз ауаа нагақәа ргәалашәара, исылшонаҵы, урҭ рыбзырӡы аԥхьаҩцәа ирыдызгалаларцгьы сҭахуп.

Ферызаа рҭаацәа ҭаацәара дуун, Џьоџьа иԥшәмаԥҳәыс Светлана Ҵнариаԥҳаи иареи ирааӡеит хәҩык ахшара: Џьулетта, Анри, Анета, Нонна, Оҭар. Рыхәҩыкгьы рыԥсҭазаара Аԥсны акультура аӡыргара иазыркит. Џьоџьа аус ахьиуаз аклуби ҳашколи еидгылан, хҭацәыхак шаасоуз, уахь снеиуан. Исҳәарц сылшоит Џьоџьа схәыҷаахыс ҩызас дсыман ҳәа.

© Foto / семейного архива семьи ФерзбаЏьоџьа Ферызба еиҿкааны имаз аҭаацәаратә ансамбль изныкымкәа аицлабрақәа иалахәын, уантәи аиааира рымамкәа иаауамызт
Аҽы жәлала иҩуеит рымҳәои: Аԥсны акультура ӡырызгоз Џьоџьа Ферыз - Sputnik Аҧсны
Џьоџьа Ферызба еиҿкааны имаз аҭаацәаратә ансамбль изныкымкәа аицлабрақәа иалахәын, уантәи аиааира рымамкәа иаауамызт

Усҟантәи аамҭазы акультура аусқәа акыр еиҿкаан, лассы-лассы аклуб иаҭаауаз атеатрқәеи ашәаҳәаратә коллективқәеи рыдагьы, еиҿкааны иҟан ақыҭа ахор. Сызхаану аамҭазы Кәасҭа Ченгьелиа иакәын ахор еиҳабыс иамаз. Ферызаа кәтолтәи ахор иалан, аха уи адагьы, дара рҭаацәаратә ансамбль хазы иқәгылон.

Исгәалашәом абас зҳәоу еиқәшәаз, ҟазарала еибаркыз даҽа ҭаацәарак ҳара ҳқыҭаҿы. Џьоџьа иԥа, Аԥсны Жәлар рартист Анри Ферызба ишигәалашәо ала, иаб Џьоџьа ақыҭаҿы игылаз ауахәама ахыбраҿы ашәаҳәара злаз ахацәа еизганы ахор еиҿкааны иман. Бжьаратәла арҭ аҭысқәа 1960–тәи ашықәсқәа ирыҵаркуеит. Урҭ арепетициақәа рахь ихәыҷқәагьы игон. Занааҭла Џьоџьа ақыҭанхамҩатә ҵаран имаз, аха шьҭрала, иаб, иабду уҳәа зегь шәаҳәаҩцәан рҳәеит. Иԥшәмаԥҳәысгьы ашәаҳәаҩцәа ирылиааз лакәын, убри аҟынтә уаха ианааилатәоз рашәа шьахәқәа аацәырыргон Ферызаа рҳәоит урҭ ирзааигәаны инхоз ауаагьы.

Ферызаа рҭаацәаратә ансамбль аиҿкаашьа аҭоурых далацәажәо, Анри Ферызба игәалаиршәоит уи зыбзоуроу Иван Ақырҭаа шиакәу. Иара усҟан Кәтол ахор азыҟаиҵарц днарыԥхьеит. Арепетициақәа рышьҭахь Иван Аҟәаҟа данзымаалак, Џьоџьараа рҿы ԥхьара даангылон.

© Foto / Предоставлено Элеонорой КогониаЕлеонора Коӷониаԥҳа Џьоџьа Ферыз идылгалаз Ӡаӡ Дарсалиа ипиеса "Аныхеи агәҭыхеи" иалху аспектакль қәҿиарала иқәдыргылеит Кәтоли Џьгьардеи ақыҭақәа рҿы
Аҽы жәлала иҩуеит рымҳәои: Аԥсны акультура ӡырызгоз Џьоџьа Ферыз - Sputnik Аҧсны
Елеонора Коӷониаԥҳа Џьоџьа Ферыз идылгалаз Ӡаӡ Дарсалиа ипиеса "Аныхеи агәҭыхеи" иалху аспектакль қәҿиарала иқәдыргылеит Кәтоли Џьгьардеи ақыҭақәа рҿы

"Уаххьа ашьҭахь аҭаацәа ҳашәақәа анаацәыраҳга, Ақырҭаа даршанхеит иибаз, инеибеиԥшны зегьы абжьы ҳханы, ашәа еинрааланы ишеицаҳҳәаз аниба, иаразнак аидеиа ааизцәырҵит хаз иҟоу аҭаацәаратә ансамбль аиҿкаара", - ҳәа игәалаиршәоит Анри.

Убри нахыс, Кәтолтәи ахор анаҩсангьы, Ферызаа рансамбль инеиԥынкыланы асценахь ицәырҵуан аибашьра иалагаанӡа. Џьоџьа иҭаацәеи иареи ааԥхьара роуан еиуеиԥшымыз афестивальқәа рахь, актәи аҭыԥқәа мгаӡакәагьы игьежьуамызт. Иқәгылахьан дара Москва "Колонный зал" ҳәа иахьашьҭаз, москваа уамашәа ибаны напеинҟьарыла иалыркааит аԥсуа ҭаацәаратә ансамбль.

Хута Джопуа. Кадр из фильма Созвездие Козлотура  - Sputnik Аҧсны
Абасгьы ҟалахьеит: акомедиа аеҵәахә Хәыта Џьапуа игәалашәара иазкны

Џьоџьа ашәаҳәара дшазҟазаз еиԥш, акәашарагьы дазҟазан, иара асцена данаақәлалакгьы, дԥыруашәа дазыласны иԥсуа кәашаратә елементқәа наигӡон.

Сажәабжь афырхаҵа иеиԥш зеиԥшу иахьа Кәтол акәым, иара ҳтәыла ахьынӡанаӡааӡо дузымԥшааргьы ауеит. Дуаҩ наган аиашазы. Имариоума аҟазара, аколхоз, ацәгьа-абзиа, ақыҭанхамҩа, ахшара рааӡара уҳәа зегь еидкыланы рбара, имариоума ухьӡ-уԥша камыжькәа аԥсҭазаара анысра?

Уажәшьҭа сазааирц сҭахуп сара сыгәра ганы Џьоџьа Ферыз аспектакль аҿы ароль ахәмарра дшақәшаҳаҭхаз атәы. Ашкол санҭаз сҩызцәа алархәны аспектакль ақәыргылара сҽазысшәахьан, уи ашьҭахь атеатртә институт сҭаларц сгәы излаҭаз ала, адуцәа злахәыз аспектакль сазхәыцуан.

© Foto / Предоставлено Элеонорой КогониаАспектакль "Аныхеи агәҭыхеи" рыманы гастрольла Џьгьарда ақыҭа ианыҟаз
Аҽы жәлала иҩуеит рымҳәои: Аԥсны акультура ӡырызгоз Џьоџьа Ферыз - Sputnik Аҧсны
Аспектакль "Аныхеи агәҭыхеи" рыманы гастрольла Џьгьарда ақыҭа ианыҟаз

1980 шықәсазы ашкол салгеит, шықәсык аус зуан Кәтол агәаны игылоу ашәыр адкыларҭаҿы. Усҟан аус шууаз азы аршаҳаҭга умамкәа аҵарахьы ушәҟәқәа узалаҵомызт. Аус ахьаҳуаз ҳаибабон ақыҭа аиҳабыра рҿы аус зуазгьы ҳаргьы. Ҽнак Џьоџьа идызгалеит "Ақыҭа спектакль" захьӡыз апроект. Аклуб аиҳабы Џьоџьа ари аидеиа игәаԥхеит.

Абасала, сҩызцәа Емма Чагәааԥҳаи, Закан Табаӷәуеи, Џьоџьеи, сареи Ӡаӡ Дарсалиа исоциал-бзазаратә пиеса "Аныхеи агәҭыхеи" ақәыргылара ҳалагеит. Арепетициақәа  аклуб аҿы иҟаҳҵон, сабша ҳамамызт, мҽыша ҳамамызт, ҳидеиа анагӡара ҳаҿын. Аспектакль ақәыргылараҿы адгылара ҳаиҭон атеатр бзиа избоз Водик Џьынџьал. Аусура ашьҭахь аҩныҟа смааӡакәа аклуб ахь сцон. Џьоџьа иакәзар, минуҭк дагхарангьы дыҟамызт.

© Foto / Предоставлено Элеонорой КогониаЕлеонора Коӷониаԥҳа, Џьоџьа Ферыз, Емма Чагәааԥҳа
Аҽы жәлала иҩуеит рымҳәои: Аԥсны акультура ӡырызгоз Џьоџьа Ферыз - Sputnik Аҧсны
Елеонора Коӷониаԥҳа, Џьоџьа Ферыз, Емма Чагәааԥҳа

Анри Ферызба иаб дихлафаауа ишиҳәо еиԥш, "дычмазаҩызаргьы, асцена иқәлатәуп ануҳәалак, дкаххаа дааҟалон". Ари зхысҳәаауа, Џьоџьа арепетициа дагханы иҟаломызт, аха грак иман - атекст ихашҭуан. Абри апроблема аӡбара Џьоџьа дадигалеит иԥҳа Анета, ҳшыхәмаруаз, ииҳәашаз анааихашҭлакгьы, исуфлиор лахь ихы нарҵысны ишиҵаҳәатәыз лирбон.

Зегь раԥхьа иргылон иуаҩра: аԥсуа персонаж даазырԥшуаз Чынчор Џьениа изкны - Sputnik Аҧсны
Зегь раԥхьа иргылон иуаҩра: аԥсуа персонаж даазырԥшуаз Чынчор Џьениа изкны

"Аныхеи агәҭыхеи" апремиера ҟалараны ишыҟаз, иаалырҟьаны санду лдунеи лыԥсахит. Ақыҭа зегьы ирыларҳәахьан аспектакль шыҟалоз, уи аус рнапы ианын абригадирцәа. Ажәакала, кәтолаа апремиера иазыԥшын маитәи аныҳәақәа рзы. Санду анышә данарҭа адырҩаҽны, Џьоџьа Ферзба даҽа кәтолтәык дицны ҳгәашә иаалагылт. Саб изҿырҭит. Сара иаразнак издырит аԥсра ашьҭахь асценахь сцәырҵра ишазкыз. Иааицәажәақәан, саб "бца брыцны" ҳәа са сахь ҿааиҭит.

Кәтолтәи аклуб уааԥсырала иҭәын ҳара ҳаспектакль апремиераҿы. Хымԥада, декорациала ҳаиқәшәамызт, аха иаҳшәаҳҵашаз ҳархиахьан, ҳсуфлиор Анета лтекст кны акулиса даватәан. Наҟынтәи театр дук аазшәа ирыдыркылеит ҳқыҭауаа аспектакль. Анапеинҟьабжьқәа еихсыӷьуамызт. Ҳаргьы ҳхы ду беиа ибо ҳааҟалеит, еиҳаркгьы Џьоџьа длашон апремиера ашьҭахь.

© Foto / Предоставлено Элеонорой КогониаАсценаҿы Ӡаӡ Дарсалиа ипиеса "Аныхеи агәҭыхеи" аҟны арольқәа назыгӡоз Џьоџьа Ферызбеи Елеонора Коӷониаԥҳаи
Аҽы жәлала иҩуеит рымҳәои: Аԥсны акультура ӡырызгоз Џьоџьа Ферыз - Sputnik Аҧсны
Асценаҿы Ӡаӡ Дарсалиа ипиеса "Аныхеи агәҭыхеи" аҟны арольқәа назыгӡоз Џьоџьа Ферызбеи Елеонора Коӷониаԥҳаи

Абри анаҩс, "ҳамҵәыжәҩақәа" аазар акәхап, Џьоџьеи сареи Џьгьарда гастроль ҳасабла ҳцарц ҳаӡбеит ҳақәыргыламҭа ҳаманы. Ақәгылара иазалхыз амш аҽны Џьгьардатәи аклуб уааԥсырала иҭәын, ақыҭауаа, ашколхәыҷқәа уҳәа еизаны иахәаԥшит ирыдаҳгалаз аспектакль. Араҟагьы шьахәла ҳрыдыркылеит, уимоу, асасцәа ааит рҳәан, ашкол ахыбраҿы ачеиџьыка дырхиеит. Ашьҭахь сара атеатртә институт сҭалеит, убри аҟынтә уаҳа аспектакльқәа ықәҳаргылартә иҟамлеит, ус акәзаргьы, сара сзы иреиӷьу гәалашәароуп уажә еиҭасҳәо.

Иахьа иџьасшьоит Џьоџьа дуӡӡа, сара сыгәра ганы арҿиартә ус еиҿылкаауеит ҳәа адгылара ахьсиҭоз, иџьасшьоит зхахәы шлаз, аха гәыла иқәыԥшыз аҟаза заҟа дҳаракыз, заҟа дгәыҭбааз. Аибашьра ашьҭахь имаҷны ҳаибабон Џьоџьеи сареи, аха ихшара рыла асалам ҳабжьысуан. Џьоџьа Ферызба идунеи иԥсахит 80 шықәса дшырҭагылаз 2005 шықәсазы. Идунеи иԥсахит, аха зырҳара уадаҩу ахьӡ ду нижьит. Абри акәхап аԥсҭазаара аҵакгьы.

© Foto / семейного архива семьи ФерзбаЏьоџьа Ферызба
Аҽы жәлала иҩуеит рымҳәои: Аԥсны акультура ӡырызгоз Џьоџьа Ферыз - Sputnik Аҧсны
Џьоџьа Ферызба

P.S. Сколонка азы афотосахьақәа реизгаразы снеит сааигәара инхо Анри Ферызба иҩнаҭаҿы. Уи иԥшәмаԥҳәыс Аԥсны Жәлар рартистка Роза Чамагәуаԥҳа асас дахь длызнеизшәа слыдылкылт. Зегь реиҳа иџьасшьаз аҭаца абас афотосахьатә документқәа еиқәырҷаб иахьлымаз ауп. Иахьа дара рҭаацәара, егьырҭ Џьоџьа ихылҵыз зегь реиԥш, ашәаҳәаратә, акәашаратә культура иацырҵоит. Аҽы жәлала иҩуеит рымҳәои…

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0