Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр иақәашьын актиорцәа шьахәқәа. Атеатр закәу еилыскаауа саналагаз ашкол санҭаз ауп, насыԥны сара срыхьӡеит атеатр акорифеицәа ҳәа ззырҳәоз актиорцәа рӷьырак, иаҳҳәап разҟны исоуит Леуарса Касланӡиа, Минадора Зыхәба реиԥш иҟаз қәрала усҟан зегьы иреиҳабыз, сқыҭа иалҵыз аҟазацәа рдырра.
Анаҩсан, атеатртә институт санҭала, атеатр еиҳа лассы-лассы саднаԥхьало саналага, алшара соуит аԥсуа театр аҿы 80-тәи ашықәсқәа рзы аус зуаз зегьы хаҭала рбара, рацәажәара.
Сыстуденттә ԥсҭазаара анналага инаркны, иааигәаны издырыз, зыҩны акырынтә снеихьаз дреиуоуп иԥсы ҭазҭгьы иахьа 90 шықәса зхыҵуаз актиор Чынчор Кәасҭа-иԥа Џьениа. Уи иԥеиҳаб Адгәыри сареи курск аҿы аҵара еицаҳҵон, убри аҟынтә Чынчор акырынтә ҳастуденттә ԥсҭазаара даҭааны ибахьан, акырынтәгьы ҳхәы неигахьан.
Схаҿы дынхеит иара, алаф зҿыкәыҳәҳәуаз, аԥсуа цәаҩа инамыцхәны иныҟәызгоз уаҩны. Чынчор данцәажәоз, игәнаҳкыларц ииҭахыз ҽмыршьагала инақәырӷәӷәаны иҳәон. "Сара сцеит, шәҟәышыз", - иҳәон уи, ҳзеиԥшынхарҭа ааныжьны дандәылҵуаз. Иԥа хазы далкааны дизныҟәомызт, Чынчор изы акурс аҿы аҵара зҵоз зегьы ихшара ракәушәа даҳхылаԥшуан.
Аинститут ахыбраҿы даннеилакь, иҷкәын ихәшьара мацарақәа еилкааны дцомызт, зегьы дҳазҵаауан. Абас иҟан Жәлар рартист иҟазшьа. Чынчор зегь раԥхьа иргылон иуаҩра, иаԥсуара, анаҩс азанааҭ усқәа. Акыр дышҳаиҳабызгьы, ҳара дҳақәлоушәа акәын дшаҳзааигәаз, убри аҟынтә, ҳаргьы иабхьӡы адымкылакәа Чынчор ҳәа иаҳҳәон.
Мшаԥымза 4, 1930 шықәсазы Гәдоуҭа араион Аҷандара ақыҭан диит ҳара ҳазлацәажәо актиор, уи аԥсуа театр даднакылт Қарҭтәи атеатртә институт даналга ашьҭахь. Усҟан, 1958 шықәсазы аинститут аҿы зҵара хзыркәшоз аԥсуа студентцәа рыстуденттә спектакль рыманы иааит аԥсуа театр амхурсҭа иҭаларц азы. Урҭ рҵаҩыс ирымаз СССР жәлар рартист Акаки Хәараа иқәиргылаз адипломтә спектакль В. Гиуго "Анджело" иманы истудентцәа ӡыригарц Аҟәаҟа иааигеит.
Атеатрҭҵааҩ Алексеи Аргәын ишазгәеиҭахьоу ала "аспектакль қәҿиарала имҩаԥысит, уи иабзоураны Чынчор иҩызцәа Софа Агәмаа, Нурбеи Камкьиа, Еҭери Коӷониа уҳәа аԥсуа театр атруппа иаалагылеит". Убри ашықәс инаркны Жәлар рартист Чынчор Џьениа иԥсҭазаара зегьы аԥсуа театр иадҳәалан. Актиор иихәмархьоу арольқәа ҵҩа рымам, иаҳәап: Амаиор - "Иван Аԥсуа" (М.Чамагәуа), Иаго - "Отелло" (У. Шекспир), Бадра - "Ахра ашәа" (Б. Шьынқәба), Дадын - "Аԥсҳа Леон - 1" ( А. Агрба), Манучар - "Март" (Шь. Аџьынџьал) уҳәа ирацәоуп актиор ирҿиаратә мҩаҿы инеигӡаз арольқәа.
Иазгәасҭарц сҭахуп Чынчор Џьениа ирольқәа рынагӡашьа ишанубаалоз аԥсуа цәа, асценаҿы ицәырҵра аԥсуа театртә пеизаж иаҩызан, даҽакала иаҳҳәозар ԥсыуа персонажын. Атеатр аҿы иихәмаруаз арольқәа рнаҩсангьы, Чынчор Кәасҭа-иԥа аус иуан Аҳәынҭқарратә филармониаҿы еиҿкааз аминиатиурақәа ртеатр "Чарирама" аҿы. Ҳаныхәыҷқәаз инаркны абри атеатр абзоурала Чынчор ибзианы даадыруан акыр иҵарыз, акыр илахҿыхыз иқәгыларақәа рыла. Араҟа актиор иааиртуан иԥсабара иалаз алаф.
Чынчор абарҭқәа рыдагьы, усҟантәи ашколхәыҷқәа даҳҭаауан алитературатә ԥхьарақәа рымҩаԥгаразы. Еиҳаракгьы, иара исахьаркны иҳадигалон асатирик Шоҭа Ҷкадуа иҩымҭақәа. Асценаҿы еиԥш, Чынчор аԥсҭазаараҿтәи илаф аҵак ҷыда аман. Исҳәарц сҭахуп атеатр аҿы Амиран Ҭаниеи, Мажара Зыхәбеи, Чынчор Џьениеи, Сергеи Сақаниеи бааԥсыла алаф шдырҿиоз. Акыр игәаӷьыуацәоуп урҭ рлафқәа аԥхьаҩ иахь рцәыргара, аха иҟоуп еиҭамҳәакәа сызвымсуа.
Ҽнак зны, аԥсуа театр гастроль ҳасабла идәықәлеит. Изықәтәаз равтобус Гәымсҭа ацҳа иқәсуаны, наҟынтә машьынак рҿалазаап. Ирҿалеит, аха еидыслара ҟамлакәа еивысзаап цәгьала. Атеатраа рмашьына аԥсҟы зкыз, рыԥсы анеиқәха, амҩа иқәнаҵы акыраамҭа ирҿалаз егьи амашьынарныҟәцаҩ изы даӷьуа иҿы иҭашәо ҳәо дцозаарын. Даҟәымҵит рҳәеит ари. Ус ари аӷьра згәы ԥнаҵәаз Чынчор дааҵҟьан, амашьынарныҟәцаҩ иаҳауаз абызшәала "Замолчи, замолчи, ты тоже не лучше он", - иҳәазаап. Чынчор дызлацәажәаз аурысшәа акыр иарччеит рҳәеит артистцәа. Актиор ииҳәарц ииҭахыз "уаргьы иара уиеиӷьым" акәын, аха Чынчор иажәа нхеит атеатруаа рҿы уажәы-уажәы рхы иадырхәо акәны.
Иахьагьы аполитикцәа, ма ус ауаа еимакык анрымоу, "ты тоже не лучше он" рҳәалоит, Чынчор дааргәаларшәо. Хымԥада, актиор ианиасакьаҳәымҭаз сара смаҷын, сырхьымӡеит уи данқәыԥшызтәи ирольқәа, аха ус акәзаргьы, иаԥсуа цәаҩа агьама збаратәы сҟалеит. Ҳҩызцәеи ҳареи акырынтә ҳнеихьан Чынчор иҩны. Уи иԥшәмаԥҳәыс Гала ԥсаҭашкәакәа ачеиџьыка змаз, иҟәымшәышәыз ԥҳәысын. Ҳара дара рҿы ҳаннеиуаз, рыҩны дычмазаҩны дышьҭан ақәра змаз Чынчор иаб Кәасҭа. Ауаҩы иҩны тәарҭас, гыларҭас ианумоу ауп икультура зеиԥшроу анудыруа. Исгәалашәоит ҭаацәаныла абду заҟа ихӡыӡаауаз.
Актиор инысымҩаҿы иубаратәы иҟоуп ишиқәҿиоз акомедиатә цәаҩақәа, иара убас атрагедиатә мотивқәагьы. Акритикцәа иалыркаахьан Нелли Ешба лықәыргыламаҭа "Иван аԥсуа" аҿы амаиор ироль анагӡара Чынчор иқәҿиарақәа ишреиуоу.
Чынчор иԥсҭазаараҿы иҟан акинорольқәагьы: Искандер иҩымҭақәа рыла иҭыху "Маленький гигант большого секса", "Чегемский детектив", "Воры в Законе", Б. Шьынқәба "Хҭарԥа шкәакәа" уҳәа рыҟны аепизодтә рольқәа дыхәмаруан. Иахьа зиубилеи азгәаҳҭо актиор аус рыциухьан аԥсуа режиссиорцәа рӷьырак - Азиз Агрба, Дмитри Кәартаа, Валери Ақаҩба уҳәа. Иара иҟазшьамызт урҭ реилыхра, аҟыҟҿыҟ алалара. Иҟалап убри акәзар ҟазшьа хаданы имаз иара, иҟалап убри азакәзар инеибеиԥшны зегьы бзиа дзырбозгьы.
Чынчор Џьениа Аԥсуа театр аҿы аус иуан 60 шықәса инареиҳаны, уи идунеи иԥсахит мшаԥымза 14, 2014 ш. Анышә дамадоуп иқыҭа гәакьа Аҷандара.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Аԥсуа театр аҳкәажәцәа иреиуаз
-
Абасгьы ҟалахьеит: акомедиа аеҵәахә Хәыта Џьапуа игәалашәара иазкны