Ахамаԥагьара агәаҽанызаара анацым…

© Sputnik / Бадрак АвидзбаАџьықәреи арашәара
Аџьықәреи арашәара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәса рлахьынҵеи еиуеиԥшым аԥсҭазааратә ҭагылазаашьақәа раан аԥсуаа рҿы аԥҳәыс ишлызныҟәози иазку аматериалқәа рцикл иацылҵоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Иахьатә кәасқьа асоф дықәтәаны, иҩны аԥхьа икаршәыз адгьыл иқәаарыхуаз акруҩы дихәаԥшуан Наӷбоу. Уи иусушьа игәаԥхон азы, иҵегьы игәы ирцыхцыхырц "Ҳаи, дзакә круҩузеи, иқәлоу аԥҳа дсымазҭгьы дисымҭоз!" - иҳәеит аӷьара ихыз иаҳауаз абызшәала.

Аԥҳәыс илыԥҟаз

Арҭ ажәақәа Наӷбоу аамҭа-аамҭала "ҳамҭас ииҭон" зҽага зазқәынҵа рашәара иашҭа иҭанагалаз агыруа. Џьаиан лакәзар, амаҵурҭа дыҩнашьқьыруан арашәаҩ шьыбжьон ҳәа аӷьара данаахыҵлак акриҿалҵарц. Арашәаҩ Қобаль ихьӡын, уи иаҳауаз ажәақәа ихшыҩ аус адыруан, "исықәлоу аԥҳа думамзаргьы, уҭаца дыбзиами" ҳәа игәы дҭахәыцуан арҭ адгьыл чашәрақәа рҿы анхара ззы иразҟыз Қобаль.

Днаделуаҩын асоф иқәтәаз Наӷбоу, иҵакыз идгьылқәа наӡынла ауаа инарыҭаны, иҭаацәа ду зланыҟәигашаз дазхәыцуан. Иашьа даныԥсы, иҭаца лыхшареи лареи иара иакәын знапы ианыз. Иаргьы ҩыџьа аԥҳацәа драбын азы, абарҭ зегь еиҵаиааӡар акәын. Аныҳәақәа аныҟаз ихәы ааргон иааигәа анеира азин змаз анхаҩцәа. Ажәакала, усҟантәи аамҭазы Наӷбоу акыр зылшоз наделуаҩын…

Осколки стакана  - Sputnik Аҧсны
Аҭыԥҳа аҵәца даҩызоуп: зыԥшӡара злахьынҵа ареиқәаҵәаз аԥҳәыс лызхәыцра

Амхы зрашәоз ахныҟәгаразы арахь дааижьҭеигьы рацәак ҵуамызт, аха иаразнак еилиргеит иҟаҵатәыз, аԥҳәысеиба Џьаиан лынхара аԥшәмара иқәашьхаразы. "Ҳаи, дзакә круҩузеи, иқәлоу аԥҳа дсымам акәымзар", - иаагалон Наӷбоу ибжьы, амхы зрашәозгьы игәҭакы азааигәахара даҿын уи аамҭазы.

Ҽнак зны Наӷбоу иҭаца Џьаиан арашәаҩ дышиццаз ажәабжь ашҭа еиужь ду иааҭаҩит. Ари зхы иақәызҵаз Наӷбоу Гыртәылаҟа ауаҩы дишьҭит, рҭацагьы арашәаҩгьы Аԥсны ршьапы шалху азы ажәа рынҵаны. Ииҳәаз агьынаигӡеит ашьнаҟма, убри нахыс еибаны инхаз Наӷбоу иашьа ихәыҷқәа абысгьы анысгьы иара иакәхеит ироуз. Џьаиан разҟыцәгьа иабалдыруаз лхаҵацара ишылзаанагоз агәырҩа, уаҳа лыхшара рыбла аҭаԥшра шылмоуаз.

Гыртәыла дахьнанагаз дынхагәышьеит, уаҟа ҩыџьа аԥацәа лоуит, аха убри ашьҭахь ачымазара ҿкы аарылалеит. Арашәаҩ Қобаль атиф ихьын, аҳауа иԥсахырц азы ауардын данҵаны длыманы Қобулеҭи аганахь дышцоз, лхаҵа ихьуаз лара иналыхьын, дыԥсит рҳәеит иахьнеишаз ианнеи. Ауардын ианыз Қобаль иакәзар, уи ашьҭахь ишьапы дықәгылеит.

Очаг - Sputnik Аҧсны
Ахәышҭаара дыҽҳәыганы: жәаха шықәса зхыҵуаз Жозиа лхаҵацара шыҟалаз

Наӷбоу шьнаҟма изыхгомызт рҳәеит ҽмыршьагала ирҽхәоз ирашәаҩ иҭаца дхыхны дахьигаз, иара игәызианра арашәаҩ гызмал ихы иахьаирхәаз. Наӷбоу иҭаца изылуз ихы иақәҵаны, игәхьаалгоз лхәыҷқәа рыла аҭаԥшра азин лымамкәа иҟаиҵаз гәнаҳаны изынхеит. Зхы ду беиа избоз ашьнаҟма усҟан издыруамызт аҩсҭаа ижәҩахыр дшықәтәаз, еиҳа иуадаҩыз аамҭақәа иашҭа ишазыԥшыз...

Ахьатә кәасқьа зҭагылаз ашҭа ҭбааҿы изызҳауаз ахәыҷқәа духеит, Наӷбоу иакәзар, идунеи иԥсахит, агыруа изиуз игәы ахәны дшыҟаз. Ахамаԥагьара агәаҽанызаара анацым, абас ҟалалоит…

Ус иааит априкреплионцәа раамҭагьы. Усҟан аҽагаҟьаҩцәа ҵҩа рымамкәа Аԥсны иалалахьан. Ақыҭанхамҩа иахылаԥшларц арахь иаашьҭыз Доменти иакәзар, амчра знапаҿы иҟаз уадак изалырхит Наӷбоу иԥҳа еиҵбы, зынасыԥ зцымгылаз Татеи лыԥҳа заҵәи лани ахьынхоз, асоф ҭбааҭыцәӡа измаз рыҩнаҿы. Татеи инагаз аамысҭак диман, аха заа дыԥҳәысеибахеит, лыԥшәма даныԥсы, лыԥҳа заҵә длыман лаб иҩныҟа дгьежьгәышьеит, априкреплионцәа раамҭа ианасакьаҳәыз.

Абхазская АССР. 100-летние жители села Лыхны Гудаутского района - Sputnik Аҧсны
Ишьаарҵәырахаз аизара, ма аԥсуа нхаҩы ихьыӡ шихьчаз

Априкреплион Доменти ақыҭа далан иҽырчынуаҩны. Уахьихәаԥшуаз, илақәа еиҩысҭааӡа, хәарҭлаӷьԥсараха иааԥшуан. Татеи лани лареи ирызгәамҭаӡакәа априкреплион аплан шьақәиргылахьан. "Чқьим оқро" (гыршәала "сыхьҟәыршәа" аанагоит - Е. К.) ҳәа иааиҿыҵшәалон иара ибызшәала, зыбла гәыҭбаақәа разӡа аишәа ихәы ықәзыргылоз Татеи даалыхәаԥшны. Аԥҳәыс ԥшӡа ас ажәа лыԥшаахқәа ллымҳа иҭасуа ианналага, дхәыҷаахыс илаҳауаз "аҽагакра арахь иаауа ирыҵкару рыгәра угар ҟалом" атәы аалханаршҭит.

Ҽнак Татеи лыԥҳа хәыҷы дырцәаны, лыҩнусқәа данрылга, ӡык аалықәылҭәарц аҩны аҵаҟа иҟаз аҳамамҭра (аҽыкәабарҭа) дныҩналт. Лара илыԥшнын, аиашазы, игәыкыз лхы-лҿы адагьы, гыларыла деиҟараны, аԥшӡара ҳамҭас Анцәа изиҭаз лакәны.

Татеи лҽааилылхын, лыкәмаан ала лаԥхьа игылаз ачуан ду аӡы ааҭылган, иналыхьлыршеит. Аҽырбага лҽылаҳәаны данаагылоз аамҭазы, аҳамамҭра ашә аавҵрааит. Алыкә аларшәра лхашҭу, анасыԥ дазыԥшызу здырхуада, аха Доменти игызмалыз иблақәа аакылирҳәҳәеит аҳамамҭра ашә. "Чқьим, оқро",  - даҽазнык игәырԥсаҳәагаха априкреплион ибжьы гызмал ллымҳа иааҭасит аԥҳәысеиба...

Анаҩсан ари аҽыкәабарҭа априкреплиони Татеи хазынеи реибабарҭа иаҭыԥхеит…

Араҵла - Sputnik Аҧсны
Амаҳагьареи иџьбараз атрадициақәеи

Татеи лан игәалҭо далагеит лыԥҳа лыҽшылыԥсахыз, илшәыз лымаҭәақәа дырзымкуа дхыгьежьааӡа дшааҟалаз, аха илылшоз уажәшьҭа – априкреплион ашьнаҟма иҩны далахәмархьан. Ан илыӡбеит ахацәа ааизганы априкреплион иҭыԥ дықәырҵаратәы адҵа рылҭарц, уи атәы Татеигьы ллымҳа инҭылшьит. Татеи априкреплион ишьацҳәа ацәцара лҭахымызт, абзиабара илылсыз дарҩашьны даман, убри аҟынтә Доменти игәиҽанылҵеит "ҳабналаны ҳцап" ҳәа, ахацәа еизаанӡа.

Ахәылбыҽха аижәалантәқәа еизаны рзал ду аҿы иааилатәеит априкреплион данааиуа еиҩаӡо, аха уаҳа умԥсит, Доменти ихабаргьы ыҟамызт… Татеи еилылкааит илыхьыз - "чқьим оқро" зҳәоз лыбзиабаҩ лара лыхьӡи лыхьымӡӷи хьаас ишимамыз. Дцеит иара дышцара, зыԥшӡара инапаҿы иааигаз аԥсуа ҭыԥҳа ллахьынҵа акашәа имбакәа. Дзықәшәаз шыгәнылгоз, иҟалҵаз шыԥхалшьоз, Татеи илаамҭамкәа ахшара длоуит. Зашҭа ахьымӡӷ ҭалгалаз лаб игәнаҳа акәу здырхуада, дланамхеит ииз априкреплион иԥа, данииз аухаҵәҟьа иԥсы ааихшәагәышьеит.

Татеи лашьцәа иҟалаз хьымӡӷыршьазаргьы, раҳәшьа дрыцҳаршьон, еиҳа инамыцхәны илхылаԥшуагьы иалагеит, избанзар раҳәшьа ахылаԥшра лыгдырхеит акәын иҟалаз иаанагоз. Наӷбоу ду иҭаца арашәаҩ данига ашьҭахь, аҳәса рхала иахьынхоз априкреплион дахьыҩнарҵаз зхаразгьы дара аижәлантәқәа ракәын… Раҳәшьа дгәыгәҭарыжьит.

Аԥҳәыс лыпатуи ахаҵа ицәгьахәыцреи: иҟалахьоу ахҭыс - Sputnik Аҧсны
Аԥҳәыс лыпатуи ахаҵа ицәгьахәыцреи: иҟалахьоу ахҭыс

Татеи лгәы ихьааны иҭан Доменти иԥа илыхшаз иааӡара ахьылқәашьымхаз, лаҳаҭыр ас даназныҟәах, "иԥсы ҭандаз исыхшаз, сыԥҳа аиашьа дылмоуаз" ҳәа лхы дацәажәон. Лыла ҭраа амҩаду дазыԥшуан Татеи акыраамҭа, знымзар–зны Доменти ицәаара ахьыԥшра лоуазар ҳәа, аха уаҳа умԥсит. Доменти иакәзар, иԥсадгьыл аҿы ишьапы аркны дынхон, анкьа зны иижьаз аԥҳәыс лызхәыцра хшыҩзышьҭрагьы аиҭомызт.

Аамҭа анца, Татеи лыԥҳа аҩнра ҳәа дцеит, лангьы лдунеи лыԥсахит. Ари ашҭа ҭбаа лара лхала дазынхеит, лаб Наӷбоу иҭыԥ аанкыланы. Ахаҵа усгьы, аԥҳәыс усгьы лара дырҿын.

Ҽнак зны, ари ақыҭаҿы арашәаҩцәа ианраамҭаз хатәара разҟыс изауз, аԥсшәагьы хара амамкәа изҵаз Хәымԥо имхы Татеи лкамбашьқәа ҭалазаап. Дааит уи ахатәа иара итәала ирдыдырц, акамбашьқәа зтәыз Татеи длықәымчырц. Хәымԥо игәы аныԥжәа, аҽԥныҳәа лиҭазаап априкреплион ибзиабара лыҽшалҭахьаз Татеи иаалгәаларшәо. Дааицрашәеит рҳәеит лара, аҽԥныҳәа илаҳаз зҟынтә илаҳаз иакәын илызхымгоз, избанзар хатәара иааз иаҳаҭыр уамакгьы идумызт аԥсуаа рҿы. Ашҭа зларыԥссоз адыӷаҷа ԥацхьахь рхха Хәымԥо иганахь лымч зегь ааизыркәкәаны зҿыналырхаз, агыруа хатәа ихаҿсахьа ҟәыбаса иаашьҭанаҵан, ашьаҟәадабаа ааиҿашәит рҳәеит. Дыкшеит лара ишлымчыз, лаԥхьа игылаз лыбзиабара иаӷрагылаз Доменти иакәушәа баны…

Татеи абри ашьҭахь зшьа зуз ԥҳәысны лхы лбо дҟалеит рҳәеит. Зҿыналырхаз уи ашҭаԥссага ԥацхьахь лыбзиабара змалдаз априкреплион цәыршәага иқәшәазшәа лгәы лҟажон. Ахатәа Хәымԥо иакәзар, аҟәада шиҿашыз лашҭа дынҭыҵны дцеит, уинахысгьы ауаа рҿы дзымцәажәо дааҟалеит, "аԥҳәыс илыпҟаз" ааихьӡхалеит…

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Иара убас шәаԥхьар шәылшоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0