Аҭыԥҳа аҵәца даҩызоуп: зыԥшӡара злахьынҵа ареиқәаҵәаз аԥҳәыс лызхәыцра

CC0 / / Осколки стакана
Осколки стакана  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа аԥҳәызба аҵәца дадыркылоит. Аҵәца знык иԥҽыр, иузеидкылом, аԥҳәызба лаҳаҭыргьы знык иԥыххааса ицар, ашьақәыргылара ауам. Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа дазхәыцуеит зҿараан оумашәа иԥшӡаз, аха уи амшала злахьынҵа цәгьахаз аԥҳәыс лхаҿра.
Аҭыԥҳа аҵәца даҩызоуп: зыԥшӡара злахьынҵа ареиқәаҵәаз аԥҳәыс лызхәыцра

Лара санлыхьӡаз аразҟыцәгьара ихнарҩаԥшьаахьан лҭеиҭԥш, аха "леиԥш зеиԥшыз дыҟамызт, убас сахьала дчаԥан" рҳәон аҽарҳаиԥш ақыҭа агәы далсны данныҟәоз лыԥшӡара збахьаз зегьы. Сара сашьҭан абас ззырҳәоз лыԥшӡара агәаҭара, аха Лахьыцәгьа ҳәа ззырҳәо иалагахьаз аԥшӡара ацәаара лнубааларатәы дыҟамызт. Мыцхәы дҭынчын, хрыжь-хрыжь дцәажәон, шамахагьы ауаа рахь дцәырҵуамызт, ҭеиҭԥшлагьы деҩцамызшәа дыҟан.

Беременная женщина - Sputnik Аҧсны
Аԥҳәыс лыпату

Аԥшӡара иамазкуаз аԥҳәыс лыԥсҭазаара аӷьырак зыхшыҩ аҭыԥ иҭҟьаз ахьырхәышәтәуаз ахәышәтәырҭаҿы илхылгон. Лахьыцәгьа "дырҩегьых деиҭашәан дыргеит" ҳәа аарылаҩҩуан ааигәа-сигәа инхоз ауаа, нас ԥыҭрак ашьҭахь "дааргеит аҩныҟа" рҳәон.

Зыԥшӡара иақәӡыз ԥҳәызбахеит Лахьыцәгьа, даҽакала иаҳҳәозар, зыԥшӡара ззымыхьчаз лакәхеит. Дыҵәрышкәаӡа, дшеишеиуа данааҩагыла, ԥсабарала Анцәа илиҭаз аԥшӡареи, иара убас лыкәашареи лышәаҳәареи уҳәа рыла, зегьы деицгәарҭеит. Ашьҭазааҩцәа рацәаҩны изауз аҭыԥҳа ԥшӡа аҽацә лас еиԥш дҽырба-ҽырбо аԥсҭазаара данын, лаԥхьаҟа аразҟыцәгьара шылзыԥшыз лзымдыруа.

Ҽнак зны, даҽа қыҭак аҟынтәи лабраа рахь ауаҩы дааит, абригь-абригь иԥа рыӡӷаб дшигәаԥхо, лнапы дшаҳәо реиҳәаразы. Иаргьы анцәахша диеиԥшын рҳәеит ҭеиҭԥшла, аха лабраа ирымаз ауаҩ нагара арԥыс иҭаацәа рҿы еиҳа ихьысҳазаарын, убри аҟынтә, ахамаԥагьара иарҵысуаз амакратә ажәақәа рыцҳаит арахьынтә "иара дара дышрықәнагам" азы.

Ус еиԥш ажәа лнызҵоз рацәаҩын, аха лара ашеишеи илнаало адунеи данымызшәа, дшаԥшаԥуа лыԥшӡара лхамаԥагьара еиҳагьы иарӷәӷәо, зылаԥш лхьысуаз зегь ыршанхо адунеи данын. Ани ажәа лнызҵаз Анцәахшагьы изынарыцҳаз ажәақәа гәаӷны игәы иҭан рҳәеит.

Тренировка снайперов Южного военного округа - Sputnik Аҧсны
Абџьар - аҳәса "рықәхразы"

Аамҭа цон, ари ашеишеи аҳҭнықалақь ашҟа иаауаз амҩаду ахь ирлас-ырлас дцәырҵлон. Усҟан уажәеиԥш амашьынақәа рацәамызт, убри аҟынтә, ашеишеи иманшәаланы Аҟәаҟа даазгашаз дазыԥшуан амҩеихда зегь ырлашо. Ажәа лнызҵаз, мап зцәылкыз Анцәахша амашьына имазаарын, убри аҟынтә ибзиабареи игәаӷи еилаӡҩаны лымариа аниоуа ҳәа ари амҩеихада деиҩаӡон рҳәеит...

Сара санылхааныз лыԥшӡара аразҟыцәгьара ихнарҩаԥшьаахьан, аха лҭоурых сгәы ҭнашьаауан, аиашазы, дагьрыцҳасшьон. Адәахьы шамаха уаҩы дибомызт аҟынтә, ҿыҵгак ҟаҵаны рыҩны снеирц сыӡбеит ҽнак зны. Дара рганахь инхоз сыуацәа рҟынтә сшаауаз, рашҭа саназааигәаха, сныҟәашәа иаагсырхеит, аха схала уахь амҩахыҵра сзыгәаӷьуамызт. Санынаԥш, дгәасҭеит лара аԥсҭазаара иардагәаз леиԥш гагаҵас ашҭа дахьықәгылаз. Санылба, лхала ҿылҭит "арахь бааи" ҳәа. Сгәы неиҭаԥеит, хықәкыс исымаз уахь анеира шакәызгьы. Схәыҷымзи, сшәон, избанзар зыхшыҩ аҭыԥ иқәҟьаз рхәышәтәырҭа уажәы-уажә иҭалоз лакәын лара. Сшәон, аха Лахьыцәгьа лылаԥш аҭаԥшрагьы сҭахын, исҭахын зыԥшӡара ззымыхьчаз аԥҳәызба иааигәаны лбара.

Лани лареи ракәын аҩны иҟаз. Рҩыџьагьы мыцхәы ицәажәомызт. Ахаамыхаақәа ирымаз сыдыргалеит, аҩны ҳшыҟоу-ҳшанугьы иазҵаауан.

Сара Лахьыцәгьа сылҿаԥшуан, аха дызқәыӡыз лыԥшӡара ацәаарагьы збомызт. Изакәызеи, мшәан, "леиԥш зеиԥшу дыҟамызт" ҳәа ззырҳәо абас ллакҭа ҭааны, аӡәгьы дузилымкаауа дзыҟоузеи ҳәа схәыцуан. Усҟан иабаздыруаз аԥшӡара ахьчара шыуадаҩыз, аразҟыдара улакҭа ҭыгга уҟанаҵар шалшоз, уҭеиҭԥш шеиҭанакуаз…

Лара дшашаӡа ақыҭеи аҳҭнықалақьи еимаздоз амҩаду ахь данцәырҵуаз, илеиҩаӡоз амашьынарныҟәцаҩ игәҭакы наигӡахьазаарын...

Ҽнак зны иаарылаҩҩит, зыԥшӡара адунеи ианымӡалоз аҭыԥҳа, аҭаацәара ҳәа дымцаӡакәа лыбаҩ лтәымкәа дшыҟаз шааԥшыз. Зхамаԥагьара адунеи ианымӡалоз лабраа акыр еиҵанарӷәӷәеит рҳәеит ари ажәабжь бӷаԥҵәага. Еиҳарак ирызхымгоз "уара ҳара уҳаҭәам" ҳәа ажәа ззырыцҳахьаз рыԥҳа лымгәарҭа иҭаз дахьиабыз акәын. Усҟан, уажәеиԥш, аԥҳәыс илгәыдҵаны дыршьуамызт, ахацәа ааилатәан, ирыӡбеит, рыхьымӡӷ ахыхра аҳаҭыразы, "дигарц, мамзар ахызаҵә ихы ишҭашәо" изырыцҳарц. Ус иагьыҟарҵеит. Дыргеит Лахьыцәгьа зҭацара еилаҳауаз, аха ас ианыҟала еиҵанарӷәӷәаз абхәараа.

Аӡәгьы издыруамызт, лара амчымхара дақәшәоу, мамзаргьы илаҭәалымшьоз арԥыс маҷ-маҷ инапаҿы дааигоу, аха иҟалаз ҟалеит, Лахьыцәгьа хаҵа дцеит ахьӡыртәит. Илыхьыз лԥагьара аарԥсасиин, Лахьыцәгьа ҭацара уа дахьнанагаз лҽамариашашәа дыҟан. Лыхшараиура аамҭа анааи, аҳәса еизаны, ишаԥыз еиԥш, ацхыраара лырҭарц илыдтәалан. Лыхшараиура мариамызт, акыр дгәаҟит рҳәеит. Ашамҭазшәа асаби икьаасбжьы геит, ахаҵарԥыс диит.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Абџьар аҩысҭаа дҭатәоуп

Ахшараиура иаркараз Лахьыцәгьа, лыԥсы анлоу, дылҭаҳәахаа ацәа дынҭанагалеит... Шьыбжьагәазы данааԥш, лысаби длымбеит. Дҩагылан ауадақәа еимдо лҿанаалха, анхәа аҿаалырхеит "аринахыс ибыхшо ҳара даҳтәхоит, ари адәныҟантәи иаабгаз ааӡара ҳәа дызҭахыз драҳҭеит" ҳәа. Лахьыцәгьа дарҭаслымит иларҳәаз ажәабжь ҿаасҭа. Ахьымӡхыхразы ахшара ицәыӡра ачҳара згәы иҭамыз злалакәыз ала, уаҳа ажәак мҳәаӡакәа, иаанлыжьит рҳәеит лабхәараа рашҭа.

Лхәыҷ иаб иҟаиҵо изымдыруа дгыланы дахәаԥшуан зыԥшӡара инапаҿы иааигаз ашеишеи лхы лыкәажьны инхара шаанлыжьуаз. Уи аҩнаҭаҿы анхәа илҳәоз акәын иалнадоз, иара Анцәахша дымчыдан.

Лыҩныҟа дгьежьит зыԥшӡара ззымыхьчаз, зыхшара длыҵԥааны дызцәыргаз аԥҳәыс қәыԥш. Лгәыԥҳәыхш лгәыдымӡало лаб иҩны дааҩнахеит азныказы. Ашьҭахь, лыхшара иааӡаразы илыцгылаз агәыԥҳәыхш иҿаҳәаны иааныркылеит рҳәеит.

Лшьара данықәла ашьҭахь, Лахьыцәгьа лысаби иԥшаара лҽазылкит, аха хра злаз акгьы лзеилымкааит уи аамҭазы. Лабхәараагьы акырынтә ауаа лнырҵеит рҳәеит аҩныҟа дгьежьырц, аха заҳаҭыр ларҟәыз аԥҳәыс ԥшӡа уи аҩыза агәаӷьра лхы илзаҭәамшьеит. Убри нахыс, ачымазара дыхҭанакуа далагеит Лахьыцәгьа, убри нахыс еиҳарак лымҩа ахәышәтәырҭахь ихан зыхшара дзыцәдырӡыз аԥҳәыс қәыԥш. Лахьыцәгьа рҳәон уи лразҟы ианалацәажәоз.

Акыр шықәса рышьҭахь зегь акоуп иан диԥшааит ихбыџхахьаз лԥа. Лара лҽахьылхәышәтәуаз азааигәара инхоз џьоукы драаӡозаарын. Зны-зынла амҩаду ианыршәланы ақыҭа далсны иан разҟыцәгьа дибаразы даауан иара, нас деиҭацон, згәыбылра идыз, сан, саб ҳәа иишьоз дзааӡаз рахь. Ирҳәоит иара данцалакгьы, Лахьыцәгьа лчымазара еиҳагьы аҽарӷәӷәон ҳәа.

Аҭыԥҳа аҵәца дадыркылоит ҳҳәамҭақәа рҿы. Апоет Рауль Лашәриа "Аҵх ҵәца" захьӡу иажәеинраалаҿы иҩуеит:

Абхазская АССР. 100-летние жители села Лыхны Гудаутского района - Sputnik Аҧсны
Ишьаарҵәырахаз аизара, ма аԥсуа нхаҩы ихьыӡ шихьчаз

"Ирҳәалоит: аӡӷаби аҵәцеи,

Иҟоуп избогьы еиԥшны.

Зыбла ҭылашоу аҵх ҵәца

Иагәылсуеит аӡиас ццакны…"

Аҵәца знык иԥҽыр иузеидкылом, аԥҳәызба лаҳаҭыргьы ԥыххааса ицар ашьақәыргылара ауам, убри ауп ари зырҳәогьы.

Лахьыцәгьа лдунеи лыԥсахит аибашьра ашьҭахь. Лҭоубыҭ аҿы иқәгылан, лыԥшӡара аразҟыцәгьара ихнарҩаԥшьаанӡа иҭыхыз афотоқәа. Урҭ сылаԥш анрықәшәа, еилыскааит уи лыԥшӡара аӡбахә абырсҟак изалацәажәоз. Аиашазы, апортрет аҟынтә исыхәаԥшуан зеиҿартәышьа уаршанхоз аԥҳәызба қәыԥш лхаҿсахьа, сара издыруаз лҭеиҭԥш иузадкыломызт, хәыки шьхаки рыбжьан. Ахьышәҭҳәа иааснырит сара сзышьҭаз уи лыԥшӡара амаӡа. Ииашаҵәҟьан, уи аҩыза аԥшӡара ахьчарагьы уадаҩзар акәхарын сгәахәуан зоуреи зыҭбареи, зхаҿы аформақәеи иреиӷьу асахьаҭыхыҩцәа рзы амодельра азызушаз Лахьыцәгьа данқәыԥшызтәи лсахьа сахьахәаԥшуаз…

Избан изысыҩуеи Лахьыцәгьа илызку аҭоурых? Акы, сара еснагь саргәамҵуан зыԥшӡара аилкаара сашьҭаз аԥҳәыс лахьыцәгьа лҭоурых. Залымдараны сахәаԥшуан уи илхылгаз ахьаа. Иҩбахаз, иахьатәи ҳаԥсҭазаараҿы ас азалымдара иақәшәо, разҟыла еиқәымшәо иргәыдҵаны ианыршьуа сақәшаҳаҭым. Аԥҳәыс лаҳаҭыр ахьчара зуалу ахацәа роуп, уи лыԥшӡара акьысра згәаӷьыз ахаҵагьы аҭак аҟаҵара иара иуалуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Аԥшӡара аразҟыдара анацу рацәоуп. Аԥшӡара ахьчара аҭахуп. Хымԥада, лара аԥҳәызбагьы абри дазхәыцлароуп еснагь, "Аӡӷаби аҵәцеи" рымҳәои…

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0