Аҳәаа аартреи Аԥсны агәабзиарахьчара аҭагылазаашьеи: Ҭамаз Ҵахнакьиа иҿцәажәара

© Foto / Пресс-служба Министерства здравоохранения РАТамаз Цахнакия
Тамаз Цахнакия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәымза анҵәамҭазы Аԥсны акоронавирустә инфекциа акыр алаҵәара аиуит. Аҿкыра зыхьыз реиҳараҩык амедицинатә усзуҩцәеи урҭ рҭаацәарақәеи роуп.

Аԥсны агәабзиарахьчара  аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа арадио Sputnik аинтервиу аҭо далацәажәеит атуристцәа хыԥхьаӡара рацәала рыҟазаара аԥснытәи амедицина ахәо иамыхәо, аҳәаа иахысуа атестқәа зырзыҟарымҵо, акоронавирус аҟазшьақәа ухы иадубалар хымҩаԥгашьас иаҭаху уҳәа ртәы.

- Ҭамаз Мурман-иԥа, нанҳәа 1 азы иаадыртит аурыс-аԥсуа ҳәынҭқарратә ҳәаа, атуристцәа хыԥхьаӡара рацәала атәылахь иҭалеит. Абри инадҳәаланы аҭагылазаашьа хәшьарас иашәҭозеи?

Граница на реке Псоу  - Sputnik Аҧсны
Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аҳәаа ҩымш рыла 30 нызқьҩык ахысит

- Хәшьарак аҟаҵара макьаназ изаауп. Уажәоуп зегь аналагаз.  Иааиуа ахымчыбжь рыҩныҵҟа иҟало аабап. Ихадароу ашәарҭадаратә ԥҟарақәа рықәныҟәароуп. Урҭ аӡәгьы иаԥимхыцт макьана. Атуристцәа ахьаангыло аобиектқәа, акрыфарҭақәа зегьы  абжьагарақәа рыҭоуп. Шәача аԥышәала иаабоит ауаа шырацәоу, аха аҿкра зауа рхыԥхьаӡара шшәарҭам.

- Аҳәаа ахысраан ауаа ргәабзиаратә ҭагылазаашьа ҭырҵаауама?

- Уаанӡа, аҳәаа иахысуаз рхыԥхьаӡара  анмаҷыз  уи аҟаҵара мариан. Уажәы, зықьҩыла ианахысуа ргәаҭара уадаҩуп. Ауаа уахи-ҽни агәаран иқәгыланы аҳәаа иахысуеит, амра ицәгылоуп. Ҳәарада, ауаҩы ицәеижь аԥхарра асуеит. Атепловизор, ма атермометр абри аан ииашоу аинформациа урҭараны иҟаӡам.

- Ареспубликаҿ аус ауам Агәабзиарахьчара аминистрра "ацәаҳәа ҷыда". Аҿкыра аҟазшьақәа зхы иадызбалаз ауаҩы ихы шԥамҩаԥигар акәу?

Мвд Абхазии - Sputnik Аҧсны
ААР ԥсшьара иаауа ршәарҭадара аиҿкаара иалацәажәеит

- Ааи, атехникатә проблемақәа ыҟоуп, аха амобилтә оператор ҳиҳәоит уаанӡатәи аусуратә режим иазыхынҳәырц. Ауаҩы иҭагылазаашьа дацәшәартә ихы ибозар аҳақьым дидҵаалароуп.

- Аԥсны араионқәа руааԥсыра иҟарҵар акәузеи?

- Араион ауааԥсыра ртәы уҳәозар ишьақәыргылоуп амаршрутизациатә схема ҷыда. Раионцыԥхьаӡа амашьына рыҭоуп, иахәҭахар апациент Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь инагаразы.

- Иазхома ареспубликаҿ алаборантцәа, атестқәа рҭак ҟазҵаша?

Гудаутская больница - Sputnik Аҧсны
Гәдоуҭа асанитартә ҳақьым хада: агоспиталь аҟны аҳақьымцәа азхом

- Аҭҵаарақәа заҟа ирацәахо аҟара еиҳа-еиҳа иуадаҩхоит. ПЦР-диагностика ҟазҵо ҳәа иҳамоу хҩык алаборантцәа роуп, аха ҳара ҳгәы иҭоуп  аҽа ҩыџьа рдырра ацҵаразы иахәҭоу аиҿкаарақәа рахь рышьҭра. Дара алаборатортә диагностика атәы рдыруеит, аметодика ҿыц аҵара рзымариахоит. Иҳәатәуп нанҳәа 8 рзы ишаагахо акомпиутертә томограф. Гәдоуҭатәи агоспиталь аҟны иаразы аҭыԥ рхиоуп.

- Аоперштаб аилатәараҿы шәхаҭыԥуаҩ иҳәеит аепидимиологиатә ҭагылазаашьа еицәахар ҳахәаӡом ҳәа. Уи ииҳәаз шәақәшаҳаҭума?

- Ҳара амедусҳәарҭақәа азҳархион ҳуааԥсыра рхыԥхьаӡара иаҿырԥшны. 100 нызқьҩык ауааԥсыра рҟынтә ихьанҭоу, зрыԥҳа аҳауаҭарсра аҭаху ачымазцәа 20-ҩык ракәхоит ҳәа ҳазнеиуан. Ичмазаҩыз рыстатистика ала, 80% аҿкра рыдубалаӡом, ихьанҭоу ачымазцәа ҳәа изышьҭоу 2,5% роуп иҟоу. Макьаназы абри астатистика инақәыршәаны, хәшәыла, маҭәахәыла ҳаизибархоит.

- Ирҳәон ашоура ҟалар ачымазара ықәҵуеит ҳәа. Логика ҳәа кыр аҵоума ари?

- Иазырыԥхьаӡоит аультрафиолет анырра ҟанаҵоит ҳәа. Уи адагьы ианшоуроу ауаа аҩныҵҟа итәаӡом, адәахьы идәылҵуеит, ус анакәха аҿкрагьы еиҳа  ашьҭкаара уадаҩуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0