АҞӘА, нанҳәа 3 - Sputnik. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны аԥхынтә курорттә сезон аамҭазы азинеиҿкаареи ауаажәларратә шәарҭадареи иазыхиоуп ҳәа иҳәеит аусбарҭа ахада Дмитри Дбар аилацәажәараҟны.
"Акурорттә сезон аан актуалра алоуп ԥсшьара иаауа ршәарҭадара аиҿкаара. Амилициа аусзуҩцәа рымчқәа зегьы ацәгьоурақәеи азинеилагарақәеи раԥырҟәҟәаара иазырхазароуп", - иҳәеит иара.
Аилацәажәараҿы араионтә ҟәшақәеи ақалақьтә усбарҭақәеи реиҳабацәа ишырҳәаз ала арежим ҷыдахь аусуцәа ииагоуп. Ақалақьқәеи араионқәеи рҿы апатруль нариадқәа аԥҵоуп. Урҭ ҷаԥшьалоит акурорттә зонақәеи атуристтә хырхарҭақәеи рҿы.
Ацуҭа милициеи аоперативтә усзуҩцәеи атуристцәа ахьынхо аобиектқәа ирхылаԥшлоит.
Дмитри Дбар ашьаусԥшаара аусбарҭа анапхгара рнапы ианиҵеит ацәгьоурақәа рыҟамларазы агәҽанҵара-профилактикатә усурақәа рымҩаԥгара, ААИ апостқәа рырӷәӷәара амҩаду Ԥсоу-Егры ашәарҭадара аиҿкааразы.
Аекономикатә шәарҭадара аусбарҭеи акоррупциа аҿагылареи русбарҭа ахылаԥшра мҩаԥнагалоит афатәаалыҵ аҭиреи уи аганахь ала амаҵзурақәа рымҩаԥгареи.
Аԥсныҟа ԥсшьара иаауа зегьы ирызшахоит аинформациа зну абӷьыцқәа.
Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа аадыртит нанҳәа 1 азы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрраҿы аилатәара мҩаԥган
-
Гәдоуҭа асанитартә ҳақьым хада: агоспиталь аҟны аҳақьымцәа азхом