Зыҵәҩаншьап мыӡыз: Мамсыр Аргәын ихылҵшьҭра рҭоурых

© Foto / предоставлено Саидой ЖибаГьаргь Аргәын
Гьаргь Аргәын - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амҳаџьырра ашықәсқәа раан Ҭырқәтәылаҟа иахнагаз Мамсыр Аргәын атәым жәҩан аҵаҟа изқәаҭыԥхеит, аха иҵәҩаншьап змырӡшаз иԥа хәыҷи, иабџьари рџьынџь ахь ишыхынҳәыз иазкуп ари анҵамҭа. Ажәабжь еиҭеиҳәеит Мамсыр ихылҵшьҭроу, аҭаацәаратә ҭоурых иахӡыӡаауа Гьаргь Аргәын.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Азеижәтәи ашәышықәса анҵәамҭазы аԥсуа жәлар реиҳараҩык Ҭырқәтәылаҟа иқәымҵыр амуа аамҭа хьанҭа иҭагылан. Убарҭ ашықәсқәа рзы зынӡа иқәыԥшыз, аха аҭаацәара иалалахьаз Мамсыр Аргәыни иԥшәмаԥҳәыс Ҳагԥҳаи (лыхьӡ ргәалашәом), агара игараз рԥа хәыҷы Хаџьгәаҭи Амшын еиқәа егьи аган ахь иахнагоит, иҟоу адыррала Трабзон иахьазааигәаз џьара иӡхыҵит. Аҭаацәара ҿа атәым жәҩан аҵаҟа рыуаажәлар ирхыргоз агәаҟрақәеи ауадаҩрақәеи ирыниеит.

Горы Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Ашьажә баауам, иԥсуам: Инна Бенделиании Еџье Џьаԥреи шеиуацәоу шеилкаахаз

"Ҳара иахьынӡаҳдыруа, Мамсыр Ҭырқәтәыла ҩыџьа ахәыҷқәагьы ихылҵит, аха ишысабицәаз адунеи рыԥсахит. Иара иакәзаргьы 26 шықәса заҵәык ракәын ихыҵуаз иԥсҭазаара даналҵ. Ихатәҩыза ахаҵамԥҳәысра аарԥшны, уи аамҭазы фышықәса зхыҵхьаз лыҷкәын длыманы Аԥсныҟа ахынҳәра лыллыршоит. Хаџьгәаҭ илагьы Аргәынаа рабиԥара ҿыц еиҵагылоит", - ҳәа ажәабжь еиҭеиҳәоит Хаџьгәаҭ имоҭа Гьаргь Аргәын.

Ан ибзиаӡаны еилылкаауан, атәым дгьыл аҟны ԥеиԥш шрымамыз лԥеи лареи. Лыԥшәма Мамсыри анышә иамалдахьаз лхәыҷқәеи рҳаҭгәынқәа лнапы нықәшьны, лгәы иҭылҳәааит Хаџьгәаҭ дшеиқәлырхо. Уимоу иҵәҩаншьап иџьынџьдгьыл аҟны иаирсыртә ишыҟалҵо.

Ҳагԥҳа Ҭырқәтәылантәи данықәҵуаз, лгәы иаҭаххеит мышкызны лԥа, иаб ихьӡала акы изынхарц. Убри аҟнытә амҳаџьырра ианцоз, Хаџьгәаҭ игара иаҵаҵаны Мамсыр иигаз ишәақь, шьҭахьҟа аагара лыӡбоит, уи лыдырбалар дшахҭнырҟьоз бзиаӡаны ишеилылкаауазгьы. Аха Анцәа имчала, рҩыџьагьы еибга, еизҩыда рыԥсадгьыл ршьапы ықәдыргылоит, ацәарҭа иларҵаз абџьаргьы уаҩ илаԥш иҵамыршәакәа иааргоит.

Дамеи Чаӷыр-иԥа Мықәба ихылҵшьҭра - Sputnik Аҧсны
Мықәаа рҭаацәара аҭоурых: ҩыџьа аицалацәа абиԥарак шыдмырӡыз

Ани аԥеи ӡхыҵуеит Аҟәа араион, Шыцкәара ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥан. Анаҩс, Ҟәланырхәа ақыҭа ауа-аҭахы рыцхыраарала адгьыл ԥшааны анхара-анҵыра иалагоит. Хаџьгәаҭ хаҵаҵас даныҩагыл, 1914 шықәсазы иргылаз акәасқьаҿы иахьагьы аԥсҭазаара еилашуеит.

Хаџьгәаҭи, уи иразҟхаз Нина Оҭырԥҳаи хҩык ахшара рхылҵит: ԥаки, ҩыџьа аԥҳацәеи. Махәҿыла мацара акруны ршьапы иқәдыргылеит, ауаҩра рылырхит.

Аргәынаа рҭаацәара, даҽа ԥсҭазааратә ԥышәарак рзыԥшызаарын. 1926 шықәсазы Хаџьгәаҭ иԥазаҵә Гәдиса ажәлар раӷа ҳәа ашьра иқәырҵоит.

"Сталини Бериеи рполитика хәашь дахәлабгарц акы ааигымхеит Гәдиса. Ацәгьаҳәаҩцәа ҳауалатәи арадио шимаз анырба, "ари маӡалатәи аимадароуп, Сталин диҿагылоуп" ҳәа изашшит, ашьрагьы иқәырҵеит. Аҭоурыхтәи, аԥсҭазаратәи ӡыбларақәа зхызгахьаз Хаџьгәаҭ иԥазаҵә дизыгәаӷьуамызт. Сабду иҩызаз, еицырдыруаз ареволиуционер Орџьоникиӡе идгыларала Сталин иҿы данца, ашьоура жәашықәса аҭакрала иԥсаххоит", - иҳәоит Гьаргь Аргәын.

Тарас Ажиба - Sputnik Аҧсны
Ахҭырԥа еиқәнархаз абиԥара

Гәдиса хәышықәса Сибра аҭакра ихигеит, уи ашьҭахь даҽа хәышықәса Аԥсныҟа аара азин имамызт азы Жәаргьыҭ дыҟан.

Аб иԥазаҵә аҩныҟа даныхынҳә ауп иҭаацәа рыԥсы анеивырга, аԥсҭазаара ашәыгақәа рбо ианалага. Аамҭакы ашьҭахь Гәдиса ихы аразҟы аиҭоит, динасыԥхоит Елена Гагәылиаԥҳа. Мышьҭабзиала зыԥсҭазаара еилазҵаз хаҵеи ԥҳәыси ирхылҵуеит жәаҩык ахәыҷқәа.

Иахьа, Ҟәланырхәа ақыҭа, аб игәараҭа дахагылоуп Гьаргь Гәдиса-иԥа Аргәын. Ахаҵа иабиԥара ирхыргаз аҭоурых деиҷаҳауа ихшареи, имоҭацәеи ирызнеигоит. Убас иҵәахны имоуп Хаџьгәаҭ игара иаҵаҵаны Ҭырқәтәылаҟа игаз, анаҩс ацәарҭа илаҳәаны Аԥсныҟа идырхынҳәыз ашәақьгьы.

© Foto / предоставлено Саидой Жиба Амҳаџьырра ицаны иааз ашәақь
Зыҵәҩаншьап мыӡыз: Мамсыр Аргәын ихылҵшьҭра рҭоурых - Sputnik Аҧсны
Амҳаџьырра ицаны иааз ашәақь

Гьаргь аҭоурыхтә бџьар аламала ицәыригаӡом, аха саниҳәа мап сцәыимкит. Снапаҿы ианааныскыла, аиаша шәасҳәап, сгәы хыҭ-хыҭуа сҟалеит. Шәҩыла ҳауаажәлар ргәаҟрақәа шаҳаҭра рзызуаз ашәақь агәыцә рыӷзбжьқәа ҭыҩуазшәа саҳауан...

Ажәабжьқәа зегьы
0